Шәынхала узҿыԥшуа анцәаиҳәара инақәыршәаны. Ахәҭа I
«Хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ» (МАТФ. 6:9).
1. Изааҳгозеи ҳара амаҵзураҿы Матфеи 6:9—13 иану анцәаиҳәара аҟынтәи ажәақәа?
АӠӘЫРҨЫ «Ҳаб» захьӡу анцәаиҳәара ҿырҳәала ирдыруеит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь анаҳҳәо, лассы-лассы ари анцәаиҳәара аҟынтәи ажәақәа ааҳгоит ауаа идеилҳаркаарц азы Анцәа Иаҳра — ари иҟаҵәҟьоу анапхгара шакәу, насгьы уи иабзоураны адгьыл аҿы иааџьоушьаша аԥсахрақәа шыҟало. Иара убас ҳара ари анцәаиҳәара аҟынтәи иааҳгоит актәи аҳәара, Анцәа ахьӡ шимоу, насгьы уи ҳаҭыр ду шақәҵалатәу дҳарбарц азы (Матф. 6:9).
2. Иабантәиаадыруеи ҳара Иисус Анцәа ҳиҳәацыԥхьаӡа иара ииҳәаз ажәақәа ишиҳәаз еиԥшҵәҟьа ҳхы иаҳархәалар шиҭахымыз?
2 Иҭахызма Иисус ҳара Анцәа ҳиҳәацыԥхьаӡа иара ииҳәаз ажәақәа ишиҳәаз еиԥшҵәҟьа ҳхы иаҳархәалар, иахьа ҳқьырсианцәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо аӡәырҩы ауаа ишыҟарҵо еиԥш? Мап, избанзар Иисус ари анцәаиҳәара дирҵаанӡа иҳәеит: «Анцәа шәаниҳәо, ишәҳәо еиҭашәымҳәалан» (Матф. 6:7, АдҾ). Ԥыҭрак ашьҭахь иара ари анцәаиҳәара еиҭеиҳәеит, аха даҽа жәақәак ихы иаирхәеит (Лука 11:1—4). Абас Иисус иааирԥшит иарбан аҳәарақәоу Анцәа иахь ирхалатәу, насгьы иарбанқәоу урҭ рахьтә еиҳа ихадоу. Убри азоуп Христос инцәаиҳәара узҿыԥшуа анцәаиҳәара азуҳәар залшо.
3. Иарбан зҵаарақәоу ҳхы иаҳҭар ҳалшо, узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы иаагоу ажәақәа ҳанрызхәыцуа?
3 Ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы еиҳа инҭкааны еилҳаргоит узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы иану. Уи анҭышәҵаауа, шәхы шәазҵаала: «Ишԥасыцхраауеи сара сынцәаиҳәарақәа реиӷьтәра? Насгьы еиҳарак ихадоу, сынхома сара узҿыԥшуа анцәаиҳәара инақәыршәаны?»
«ЖӘҨАН ИҞОУ ҲАБ»
4. Иаҳгәаланаршәозеи ажәа «Ҳаб», насгьы избан адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу ақьырсианцәа Иегова ус иарҳәалар зрылшо?
4 Иазгәашәҭ, анцәаиҳәараҿы «Саб» ҳәа акәымкәа «Ҳаб» ҳәа ануп. Уи иаҳгәаланаршәоит ҳара зегь бзиа иахьеибабо аиашьара ҳшаҵанакуа (1 Пиот. 2:17). Уи ҳара ҳзы даара иҳаҭыруп! Анцәа идоуҳала ииз ажәҩан аҿы анхара агәыӷра змоу иалху ақьырсианцәа азин рымоуп Иегова Ҳаб ҳәа иаҳәара (Рим. 8:15—17). Адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу ииашоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы Иегова Ҳаб ҳәа иаҳәара рылшоит, избанзар иара аԥсҭазаара риҭеит, насгьы бзиабарала рҭахрақәа дреиҷаҳауеит. Адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу инагӡаҵәҟьаны Анцәа ихәыҷқәа ракәхоит ианынаӡахалак ашьҭахь, насгьы аҵыхәтәантәи аԥышәараан ишизиашоу анаадырԥшлак (Рим. 8:21; Аатр. 20:7, 8).
5, 6. Иарбан хәы змам ҳамҭоу аҭаацәа рхәыҷқәа ирзыҟарҵар рылшо, насгьы ишԥазыҟазар акәу уи ахәыҷқәа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
5 Аҭаацәа рыхшара ирырҭар рылшо иреиӷьу аҳамҭақәа иреиуоуп Иегова и́ҳәашьа, иара убас иаҳхылаԥшуа жәҩантәи Аб иеиԥш изыҟазаара дырҵара. Аладатәи Африка раионтә хылаԥшҩыс амаҵ зуа иашьак иҳәоит: «Ҳаԥҳацәа анииз амш инаркны, ҳара есыуаха Анцәа ҳаициҳәон, џьара сцаны саныҟаз ада. Дара лассы-лассы ирҳәалоит урҭ анцәаиҳәарақәа зызкыз шыргәаламшәо. Аха дара иргәалашәоит уа иҟаз атмосфера: дара жәҩантәи Ҳаб Иегова ихаҭа иацәажәон. Уи аҭынчреи ашәарҭадареи рнаҭон. Урҭ хәыҷык ианрызҳа, рыбжьы ҭыганы Анцәа иҳәаларц ргәазҭасҵон. Абас ала сара ргәы иҭоу еилыскаар сылшон. Ԥыҭрак аамҭа анца, рынцәаиҳәарақәа еиҳа аҵакы рымазарц азы, сара хәыҷы-хәыҷла Иисус узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы зыӡбахә иҳәоз иазкны Анцәа иҳәаларц дсырҵон».
6 Иџьашьатәӡам арҭ ахәыҷқәа анаҩс доуҳала иахьеизҳаз. Иахьа урҭ рхацәеи дареи Анцәа имаҵзура раамҭа зегь азыркуеит. Аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова иҿы аизыҟазаашьа бзиақәа реизырҳара ианрыцхраауа, уи хәы змам акоуп. Ҳәарада, хәы змам арҭ аизыҟазаашьақәа досу ихала ихьчалар ауп. Уи азы Анцәа ихьӡ бзиа ибалатәуп, аҳаҭыр дугьы ақәҵалатәуп (Ԥс. 5:11, 12; 91:14).
«ХЬӠИ-ԤШЕИ АМАЗААИТ УАРА УХЬӠ»
7. Иарбан ҳаҭыру ирыҭоу Анцәа ижәлар, аха иарбан ҭакԥхықәроу уи ирыднаҵо?
7 Ҳара иҳаҭоу аҳаҭыр Анцәа ихьӡ адырра мацара акәӡам, аха ихьӡ зху ажәлар рахь аҵанакрагьы ауп (Аус. 15:14; Ис. 43:10). Ҳара жәҩантәи Ҳаб ҳиҳәоит: «Хьӡи-ԥшеи амазааит уара ухьӡ». Арҭ ажәақәа ҳгәазҭарҵоит Анцәа иԥшьоу ихьӡ ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла илаҳмырҟәларц азы Иегова ҳиҳәаларц. Ҳара актәи ашәышықәсазы инхоз ажәабжьҳәараҿы рхаҭа ирҳәоз ҟазымҵоз қьырсианцәақәак ҳреиԥшхар ҳҭахӡам. Апостол Павел урҭ ирызкны иҩуан: «Шәара ишәыхҟьаны амурҭаҭцәа рыбжьара Анцәа ицәа ԥҽуп» (Рим. 2:21—24).
8, 9. Иаажәга Иегова ихьӡ арҳаракра зҭаху дшырзылԥхо узырбо аҿырԥшы.
8 Ҳара Анцәа ихьӡ арҳаракра ҳашьҭоуп. Норвегиа инхо иаҳәшьак лхаҵа данԥсы, ҩышықәса зхыҵуаз лыҷкәыни лареи рхала инхеит. «Уи даара иуадаҩыз аамҭан,— илгәалашәоит лара.— Сара есыҽны, ессааҭ сҳәар сылшоит, Иегова сиҳәон амч сиҭарц, насгьы аемоциатә ҭышәынтәалара сыхьчаларц. Сара исҭахӡамызт ииашам аӡбара адкылара, ма Иегова изиашамхара, уи Аҩсҭаа Иегова аҽыԥныҳәа иҭара алшара инаҭон. Сара гәык-ԥсыкала исҭахын Иегова ихьӡ арҳаракра. Иара убас сара даара исҭахын сыҷкәын џьанаҭ дгьыл аҿы иаб дибар» (Ажәам. 27:11).
9 Иаҳама Иегова лара лыҳәарақәа? Ҳәарада! Аиаҳәшьа лыгәрахаҵара лыцеиҩызшоз ддырӷәӷәеит. Хәышықәса рышьҭахь лара аизара аиҳабы хаҵа диццеит. Лыҷкәын, иахьа 20 шықәса зхыҵуа, аӡы зыҽӡаазххьоу иашьоуп. «Сара даара сеигәырӷьоит схаҵа сыҷкәын иааӡара дахьсыцхрааз»,— лҳәоит лара.
10. Иаҭахузеи Анцәа ихьӡ аҵыхәтәанынӡа иҳаракхарц азы?
10 Ианбаҳаракхо, насгьы ианбахыххо ахьымӡӷ Иегова ихьӡ аҵыхәтәанынӡа? Раԥхьа Иегова иара имчра мап ацәызкуа зегьы ықәигоит. (Шәаԥхьа Иезекииль 38:22, 23.) Анаҩс ауаа хәыҷы-хәыҷла анаӡарахь инеиуеит. Шаҟа ҳазыԥшузеи ауаа зегьы, насгьы амаалықьцәа Иегова ихьӡ анҳараркло аамҭа (1 Кор. 15:28).
«ИААИААИТ УАРА УԤСҲАРА»
11, 12. Еилыркаазеи ииашоу Христос ишьҭанеицәа XIX ашәышықәса анҵәамҭазы?
11 Иисус ажәҩан ахь дхалаанӡа, апостолцәа иазҵааит: «Иҳақәиҭу, абри аамҭазы акәӡами Израилтәи аҳра еиҭанышьақәургыло?» Иҟаиҵаз аҭак ала Иисус идеилиркааит Анцәа Иаҳра анапхгара ианалаго адырра макьана ишаамҭамыз. Иара иҵаҩцәа ихадоу ажәабжьҳәаратә ус рхы азырышьҭырц ргәазҭеиҵеит. (Шәаԥхьа Аусқәа 1:6—8.) Аха уеизгьы Иисус ишьҭанеицәа идирҵон Анцәа Иаҳра ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшызарц. Убри аҟынтә апостолцәа анынхоз аахижьҭеи ақьырсианцәа иааҟәымҵӡакәа Аҳра ааирц Анцәа иҳәоит.
12 Христос дызхагылаз Анцәа Иаҳра анапхгара иалагаанӡа хәыҷык шагыз, Иегова ижәлар уи аныҟало аамҭа аилкаара дрыцхрааит. 1876 шықәсазы «Абиблиа аҭҵааҩы» ҳәа захьӡыз ажурнал аҿы ианын Чарлз Расселл истатиа «Амурҭаҭцәа раамҭа. Ианбанҵәо уи?» Уи астатиаҿы иҳәан 1914 шықәсазы иналукааша ак шыҟало. Уаҟа Даниил иԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәаз «бжь-аамҭак» Иисус зыӡбахә иҳәоз «амурҭаҭцәа раамҭа» ирыдҳәалан (Дан. 4:16; Лука 21:24)a.
13. Иҟалазеи 1914 шықәсазы, насгьы ишьақәдырӷәӷәозеи уи аамҭа инаркны иҟоу ахҭысқәа?
13 1914 шықәсазы Европа аибашьра иалагеит, уи аҵыхәтәаны адунеи зегь амҽханакит. 1918 шықәсазы аибашьра анеилга, адунеи аҿы амлакра ӷәӷәа ҟалеит, агрипп чымазара иахҟьаны ауаа еиҳаны иԥсит аибашьраҿы аасҭа. Абас Аҳ ҿыц иеиԥш, Христос иубарҭам иҟазаара адырга иазку аԥааимбаражәа анагӡара иалагеит (Матф. 24:3—8; Лука 21:10, 11). Иҳақәиҭу Иисус Христос «агәыргьын ихагылан» 1914 шықәсазы, уи шьақәзырӷәӷәоз рацәан. Усҟан иара «даацәырҵит иаиааиз аӡә иаҳасабала, аиааирагара дазыхианы» (Аатр. 6:2). Иисус ажәҩан ирыцқьеит, Аҩсҭааи уи идемонцәеи адгьыл ахь илашьҭны. Убри инаркны ауаа есыҽны Анцәа идоуҳала иҩу ажәақәа рыгәра ргоит: «Аха адгьылгьы амшынгьы митәеиқәаҵәа шәԥеиԥшуп, избанзар шәара шәахь ԥсахеибакрала аҩысҭаа днеит, уи идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу!» (Аатр. 12:7—12).
14. а) Избан уаанӡа еиԥш изхадоу Анцәа Иаҳра ааирц Анцәа иҳәара? б) Иарбан ҳаҭыру ҳара иҳаҭоу?
14 Аатра 12:7—12 иану аԥааимбаражәа иҳаилнаркаауеит Анцәа Иаҳра аира ауаатәыҩса ргәаҟрақәа ианрылага аамҭа изақәшәаз. Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус иаӷацәа рҿы анапхгара аҟаҵара далагеит. Иаӷацәа зегь ықәгахаанӡа, насгьы адгьыл ацәгьара аҟынтәи ирыцқьахаанӡа ҳара Анцәа ҳиҳәалоит Иаҳра ааирц. Убри аамҭазгьы ҳара ҳанцәаиҳәарақәа инарықәыршәаны ҳанхалар ауп, зегь раасҭа иџьоушьаша Христос иубарҭам иҟазаара адырга иазку аԥааимбаражәа анагӡара ҳҽалархәуа. Иисус заа иҳәахьан: «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа рылаҳәахоит адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭразы, убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матф. 24:14, АдҾ).
«ИҞАЛААИТ УГӘАԤХАРА... ҴАҞА АДГЬЫЛ АҾГЬЫ»
15, 16. Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа игәаԥхара адгьыл аҿы инагӡахарц азы аҳәара инақәыршәаны анхара?
15 6 000-ҟа шықәса раԥхьа Анцәа игәаԥхара адгьыл аҿы ишахәҭаз еиԥш анагӡара иаҿын. Убри азоуп ауаа аниша, Анцәа изиҳәаз: «Ари зегь даара ибзиоуп» (Аҟаз. 1:31). Анаҩс Аҩсҭаа Анцәа диҿагылеит, уи нахыс Анцәа игәаԥхара назыгӡоз ауаа маҷын. Аха иахьа аа-миллионҩык раҟара Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа игәаԥхара адгьыл аҿы инагӡахарц аҳәара адагьы, уи аҳәара инақәыршәаны анхара рҽазыршәоит. Уи рхымҩаԥгашьеи гәацԥыҳәарыла аҵаҩцәа разыҟаҵара аус рҽалархәреи рыла иубарҭоуп.
Шәрыцхраауама шәара шәхәыҷқәа Анцәа игәаԥхара адгьыл аҿы инагӡахарц азы аҳәара инақәыршәаны инхаларц? (Шәахәаԥш абзац 16.)
16 Абар 1948 шықәсазы аӡы зыҽӡаазхыз, насгьы миссионерс Африка амаҵ зуаз аиаҳәшьа еиҭалҳәо: «Узҿыԥшуа анцәаиҳәара аҟынтәи арҭ ажәақәа сгәаларшәо, сара лассы-лассы Иегова сиҳәоит макьана аамҭа ыҟанаҵ згәы цқьоу ауаа зегьы иара деилыркаарц. Иара убас сара аӡәы ажәабжь изеиҭасҳәарц анысҭаху, аҟәыӷара саҳәоит сажәақәа ауаҩы игәаҵанӡа инеирц, убри адагьы ажәабжь бзиа иақәҿызҭхьоу реиҷаҳараҿы дҳацхрааларц». Иџьашьатәым 80 шықәса зхыҵуа ари аиаҳәшьа қәҿиарала амаҵ ахьылуа. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵ рыцуа, лара аӡәырҩы Иегова ишаҳаҭцәаны аҟалара дрыцхрааит. Хымԥада, шәара ижәдыруеит иара убас рықәрахь ишнеихьоугьы, рхы иамеигӡаӡакәа Анцәа игәаԥхара назыгӡо егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 2:17.)
17. Иарбан цәаныррақәоу Иегова адгьыл аҿы игәаԥхара анагӡаразы аҳәара аҭак шыҟаиҵо ишәызцәырнаго?
17 Ҳара Анцәа игәаԥхара нагӡахарц ҳиҳәалоит, адгьыл Анцәа Иаҳра аӷацәа рҟынтәи ицқьахаанӡа. Анаҩс ҳара ҳазышаҳаҭцәахоит Иегова игәаԥхара еиҳау анагӡара, миллиардла ауаа адгьыл аҿы рыԥсы анҭаҵахо. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Иагьџьашәымшьан абри: избан акәзар иаауеит иԥсхьоу, адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳаша аамҭа» (Иоан. 5:28, 29). Шаҟа ҳгәырӷьозеи иԥсхьоу иҳазгәакьоу ауаа ҿыц ианаҳбо! Усҟан Анцәа «лаӷырц цырак... аанижьуам, ирыцқьоит» (Аатр. 21:4). Зыԥсы ҭало реиҳараҩык «агәнаҳа змоу» роуп, рыԥсы анҭаз Иеговеи уи Иԥеи ирызкны аиаша аилкаара иахьымӡаз. Ҳара алшара бзиа ҳауеит зыԥсы ҭало ауаа Анцәа игәаԥхареи игәҭаки ртәы рзеиҭаҳәара, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы (Аус. 24:15; Иоан. 17:3).
18. Иарбан зегь раасҭа ихадоу ҭахрақәоу ауаа ирымоу?
18 Анцәа Иаҳра Иегова ихьӡ ахьҭнаго иабзоураны, Адунеизегьтәи аҭынчреи акзаареи ҟалоит. Убас, узҿыԥшуа Христос инцәаиҳәара аҟынтәи Иегова раԥхьатәи аҳәарақәа хԥа инагӡаны рҭак аныҟаиҵалак, ауаатәыҩса зда ԥсыхәа рымам рҭахрақәа нагӡахоит. Аха Иисус егьырҭ аҭахрақәа рыӡбахәгьы иҳәеит. Узҿыԥшуа анцәаиҳәараҿы зыӡбахә ҳәоу инхаз аҳәарақәа ԥшьба анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.
a 1914 шықәсазы абиблиатә ԥааимбаражәа нагӡахарц азы Анцәа Имессиантә Аҳра шииз еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит аброшиурақәа «Анцәа Иаҳра. Иаанагозеи уи шәара шәзы?», адаҟьақәа 10—13 (аурыс), насгьы «Дыҟаҵәҟьоума Аҩсҭаа?», адаҟьақәа 8—11 (аурыс) рҿы.