АБИОГРАФИА
Иегова исықәнагоу аҵкыс еиҳаны исиҭеит
Сара иаабац 17 шықәса зхыҵуаз, зхатә гәыхәтәқәеи, агәырҿыхагақәеи змаз ҷкәынан. Сара исгәаԥхон сҩызцәа рыҿцәажәара, аӡсара, насгьы ашьапылампыл асра. Аха инасыԥдаз хәылбыҽхак азы, сыԥсҭазаара зегь аҽаԥсахит. Сара авариа бааԥс ҟасҵеит — амотоцикл сақәтәаны сышцоз, амашәыр сақәшәеит,— нас уи иахҟьаны сыхәда инаркны сшьапаҟынӡа схы сзамыхәо сҟалеит. Абар 30 шықәса ҵуеит аиарҭа самоуижьҭеи.
Сара сиит ақалақь Аликанте, уи Испаниа мрагыларатәи агаҿы иҟоуп. Исызҳаит иманшәаламыз аҭаацәараҿы, убри аҟынтә схәыҷра зегь амҩаду аҿы исхызгеит. Ҳаҩны азааигәара иҟан амашьына агьежьқәа рыҟаҵарҭа. Уаҟа сара ҩызас дышьҭысхит Хосе Мариа зыхьӡыз аусуҩцәа руаӡәк. Уи даара иҳалалыз уаҩын, насгьы аҩны исзымхоз аԥхарра ааирԥшуан. Аамҭа уадаҩқәа раан иара, аиашьа еиԥш, дысҩызаҵәҟьан, 20 шықәса рыла дышсеиҳабызгьы.
Хосе Мариа Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара дахысуан. Иубаратәы иҟан Анцәа Иажәа шигәаԥхоз, насгьы иара лассы-лассы Абиблиа ианыз аиаша сзеиҭеиҳәон. Сара сизыӡырҩуан пату ахьиқәысҵоз азы, аха аиашазы, уи аинтерес сымамызт. 17 шықәса анухыҵуа, ухы иҭоу зынӡа даҽакуп. Аха иаарласны зегьы аҽаԥсахит.
СЫԤСҬАЗААРА ЗЫԤСАХЫЗ АВАРИА
Сара исцәымӷуп уи авариа аӡбахә аиҭаҳәара. Исҳәо акоуп, сара сгаӡан, насгьы акгьы сазхәыцуамызт. Мышкала сыԥсҭазаара иаразнак аҽаԥсахит. Зымч ҭаз, еилҟьаз арԥысны сшыҟаз, изымҵысуа, ахәышәтәырҭаҿы аиарҭа иамаз аӡә сакәны сҟалеит. Иџьбараз ари аиаша агәрагара цәгьан. Сара еснагь схы сазҵаауан: «Иаԥсоума анхара?»
Хосе Мариа сбара дааит. Иара иаразнак аҭыԥантәи аизара аҟынтә Иегова ишаҳаҭцәа драцәажәеит ахәышәтәырҭахь сбара инеиларц. Иегова ишаҳаҭцәа иаадырԥшыз аиҷаҳара сгәаҵанӡа инеит. Ареанимациа аҟынтә саниарга ашьҭахь, иаразнак Абиблиа аҵара салагеит. Сара еилыскааит ауаа згәаҟуа, изыԥсуа, насгьы Анцәа агәаҟрақәа зиаҩижьуа ирызку аиаша. Иара убас сара еилыскааит Анцәа иқәыргәыӷра аӡбахә, адунеи зегь инаӡоу, насгьы ахаан ичмазҩымхо ауаа рыла иширҭәуа (Исаиа 33:24). Раԥхьаӡа акәны сара исоуит ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы агәыӷра бзиа.
Ахәышәтәырҭа санҭыҵ ашьҭахь, сара еиҳагьы гәыкала Абиблиа аҵара схы азыскит. Аинвалидцәа рзы иҟоу иҷыдоу акәырҷыжь ацхыраарала, сара Иегова ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь снеиуан, насгьы ажәабжьҳәаратә маҵзура сҽаласырхәуамызт. 1988 шықәса ноиабр 5 рзы 20 шықәса анысхыҵуаз, сара аӡы сыҽӡаасхит ҷыдала иҟаҵаз аҽыкәабарҭаҿы. Анцәа Иегова сдунеихәаԥшышьа аԥсахра дсыцхрааит. Аха ишԥасылшоз сара иара иахь аџьшьара аарԥшра?
СИНВАЛИДУП, АХА АКТИВЛА СХЫ АЛАСЫРХӘУЕИТ
Сара исыӡбеит сымчыдара Иегова имаҵзура иаԥырхагахарц алшара шасымҭо. Сара еиҳаны иҟасҵалар сҭахын (1 Тимофеи 4:15). Аԥхьа уи мариамызт, избанзар сҭынхацәа сыгәрахаҵара ҿыц иаҿагылон. Аха сара исыман сыгәрахаҵара сыцеиҩызшоз — адоуҳатә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Урҭ рыцхыраарала сара аизарақәа зегьы рахь снеиуан, насгьы активла ажәабжьҳәаратә маҵзура сҽаласырхәуан.
Аамҭак ашьҭахь сара уахгьы-ҽынгьы ҷыдала ахылаԥшра сҭаххеит. Сара акыраамҭа сзышьҭаз иснаалашаз аинвалидцәа рзы иҟоу ацентр сыԥшааит ақалақь Валенсиа, уи шьҭан Аликанте аҟынтә 160 километра алада. Уи ацентр сара сзы иҩнхеит.
Сара аиарҭа сшамоугьы, сыгәрахаҵара атәы егьырҭ рзеиҭаҳәара алшара саҩсыжьӡом
Сара аиарҭа сшамазгьы, сгәы акажьра схахьы иаазгомызт. Стәанчахәы, насгьы егьырҭ исоуаз ацхыраагӡақәа еицҵаны, акомпиутер аасхәеит, нас срыҳәеит сиарҭа ааигәара иқәыргыланы исзыҟарҵарц. Иара убас сара амобилтә ҭел аасхәеит. Уажәшьҭа есышьыжь амедицинатә усзуҩы сҭел, насгьы скомпиутер аҿеикуеит. Акомпиутер аҿы аусуразы сара схы иасырхәоит аџьоистик, уи сыцламҳәа ала аус асыруеит. Иара убас сара исымоуп ҷыдала иҟоу алабыҵә. Уи сҿакны сара акомпиутер аҿы атекст сыҩуеит, насгьы аҭел аҿы аномер ылсхуеит.
Алабыҵә ацхыраарала аҭел аномер алхра сылшоит
Ишԥасыцхраауеи сара арҭ атехнологиақәа? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, уи иснаҭоит алшара Иегова ишаҳаҭцәа рофициалтә саит, насгьы «Ахьчаратә бааш Онлаин-библиотека» рахь аҭалара. Шаҟа ицхыраагӡа ссирузеи урҭ сара сзы! Есыҽны сара сааҭла абиблиатә публикациақәа ҭысҵаауеит, Анцәеи иҟазшьақәеи рыӡбахә еиҳаны еилыскааларц азы. Сзаҵәны схы анызбо, насгьы сгәы анкаҳалак, есымша асаит аҿы сгәы шьҭызхуа ак сыԥшаауеит.
Акомпиутер ала сара аизарақәа сырзыӡырҩуеит, насгьы схы рыласырхәуеит. Сара аҭакқәа асҭоит, Анцәа сиҳәоит, ажәахәқәа сҳәоит, насгьы дҵас иансырҭалак, аброшиураҿы иану аҵаразы астатиақәа срыԥхьоит. Хаҭала аизарақәа рҭаара шсылымшогьы, сара аизара сахәҭакны схы збоит.
Акомпиутери аҭели инагӡаны ажәабжьҳәара аус аҽалархәра исыцхраауеит. Ҳәарада, еиҳараҩык Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш сара ҩнаҭацыԥхьаӡа сызныҟәаӡом. Аха уи сара сзы ԥынгылам. Сара уеизгьы исылшоит сыгәрахаҵара аӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара. Аизара аиҳабацәа аҭел ала ажәабжьҳәара шысгәаԥхо анырба, ари ажәабжьҳәара ахкы напхгаҩыс сарҭеит. Аҭел ала ажәабжьҳәара абзоурала, аҩны адәылҵра алшара змам ҳаизара алахәылацәа ажәабжьҳәараҿы активла рхы аладырхәлар рылшоит.
Абиблиатә ҵара мҩаԥызгоит
Аха сыԥсҭазаара — ари акомпиутери аҭели рымацара ракәӡам. Есыҽны сара сҩызцәа сбара иаауеит. Дара иааргоит Абиблиа ахь аинтерес аазырԥшуа рҭынхацәеи ирдыруа ауааи. Лассы-лассы дара абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызгаларц исыҳәоит. Зны-зынла сара сахь ҭаацәала иаауеит аҭаацәаратә мҵахырхәара еицымҩаԥаҳгаларц азы. Еиҳараӡак сара исгәаԥхоит ахәыҷқәа сыдтәаланы Иегова бзиа дзырбо анысзеиҭарҳәо.
Сҩызцәеи сареи аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥаҳго
Сара еснагь асасцәа среигәырӷьоит. Лассы-лассы суада ашьхымӡа угәаланаршәоит — еснагь аӡәы сбара даауеит. Ишеилышәкаауа еиԥш, уи амедицинатә усзуҩцәа ирызгәамҭар ауӡом. Есыҽны сара Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит зеиԥшыҟам аиашьара сахәҭакны аҟалара азин ахьсиҭаз.
АҚӘԤАРА САҾУП
Аӡәы аԥсшәа саҳәаны, ушԥаҟоу ҳәа дансазҵаалак, ус иасҳәоит: «Сара ачымазара ус баша сҽасҭом!» Ҳәарада, сара издыруеит ақәԥара иаҿу сара схала шсакәым. Ақьырсианцәа зегьы ҭагылазаашьас изықәшәозаалакгьы, ақәԥара иаҿуп — рыҽԥыршәоит, рхы «аџьыка ықәх агәрахаҵара ахьчаразы» (1 Тимофеи 6:12). Исыцхраауазеи сара сгәы камҳаларц? Арҭ ашықәсқәа зегьы сара есыҽны Иегова сиҳәоит, насгьы ҭабуп ҳәа иасҳәоит сыԥсҭазаара аҵакы аманы иахьыҟаиҵаз азы. Сара сҽазысшәоит ишсылшо ала Анцәа имаҵзура активла аҽалархәра, насгьы ақьырсиантә гәыӷра сазхәыцуеит.
Хосе Мариа
Сара лассы-лассы адунеи ҿыц сазхәыцуеит, ҿыц сыҩуа, сыԥо саныҟало. Аполиомиелит чымазара змоу сҩыза бзиа Хосе Мариа зны-зынла хәмаршақә идызгалоит амарафон аҽалархәра. «Раԥхьа инеиуада?» — сиазҵаауеит сара. «Уи акәӡам ихадоу! — иҳәоит иара.— Ихадоу, џьанаҭ аҿы аҟалара, насгьы агәабзиара амазаара ауп».
Сара схы сышзамыхәо агәра агара сцәыцәгьоуп. Издыруеит санқәыԥшыз агаӡара шыҟасҵаз, уи азы ахә ҳаракны исшәар акәхеит. Аха шаҟа сеигәырӷьозеи Иегова сахьаанимыжьыз! Иара ҳамҭас исиҭаз рацәоуп — адоуҳатә ҭаацәара ду, анхаразы агәаҳәара, егьырҭ рыцхрааразы алшара, насгьы ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы зеиԥшыҟам агәыӷра. Сцәаныррақәа ҳәоук ала иҳәатәызҭгьы, абас сҳәон: «Иегова исықәнагоу аҵкыс еиҳаны исиҭеит».