АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?
Абиблиа еиқәхеит, аамҭа рацәаны ишцазгьы
ИЗҬАГЫЛАЗ АШӘАРҬАРА: Раԥхьаӡа Абиблиа зыҩуаз, насгьы анаҩс уи хызҩылаауаз рхы иадырхәон апапируси апергаменти (2 Тимофеи иахь 4:13)a. Иарбан шәарҭароу уи иацыз?
Апапирус ирласны иԥжәоит, еиқәаҵәахоит, насгьы ихәаш-хәаша ицоит. «Аҵыхәтәаны апапирус хәаш-хәашаны ианцалак, арахәыцқәеи уаԥсҵәык асабеи роуп иалҵуа,— рҳәоит аҵарауаа-аегиптологцәа Ричард Паркинсони Стивен Куиркии.— Аамҭа цацыԥхьаӡа апапирус иалху аикәарҳә аԥакәа ахылар, ма ацәаакыра иахҟьаны абаара иалагар алшоит. Уи иара убас аҳәынаԥқәеи ахәаҷа-маҷақәеи, еиҳарак ашышкамс шкәакәақәа ибжьырхыр рылшоит. Папирусқәак анырыԥшаа ашьҭахь, амра ашәахәақәеи ацәаакыра ӷәӷәеи ирыхҟьаны ирласны ибжьысит.
Апергамент апапирус аасҭа еиҳа иӷәӷәоуп, аха уигьы бжьысуеит ишахәҭоу ихьчамзар, аҳауа аҽаԥсахуазар, ацәаакыра ахьыҟоу ишьҭазар, ма амра ақәԥхозарb. Иара убас ахәаҷа-маҷақәагьы аԥырхагахоит. Убри азоуп ажәытәтәи анапылаҩырақәа жәпакы иахьанӡа изеиқәымхаз. Абиблиатә напылаҩырақәа аамҭа анца ибжьысызҭгьы, усҟан абиблиатә жәабжьгьы ыӡуан.
АБИБЛИА ШЕИҚӘХАЗ: Аиудеицәа рзакәан инақәыршәаны, аҳцәа зегьы «рхазы азакәан хырҩылаар» акәын, уахь иаҵанакуан Абиблиа раԥхьатәи ашәҟәқәа хәба (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 17:18). Уи инеиҳангьы, зус бзианы издыруаз ахҩылааҩцәа Иԥшьоу Аҩыра ахҩылаақәа рацәаны иҟарҵеит, убри аҟынтә актәи ашәышықәса алагамҭазы ҳ. ҳ. урҭ израильтәи асинагогақәа рҿы мацара акәымкәа, хара иҟаз Македониагьы иуԥшаар улшон! (Лука 4:16, 17; Аусқәа 17:11). Ишԥеиқәхеи ажәытә напылаҩырақәак иахьа уажәраанӡа?
Иԥсу амшын аикәарҳәқәа еиқәхеит ашоура ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы, анышәаԥшь иалху аԥҳалқәа ирҭаҵаны аҳаԥқәа рҿы иахьыҵәахыз абзоурала
«Аиудеицәа Иԥшьоу Аҩыра атекст зныз аикәарҳәқәа рыхьчарц азы, аирыӡ ма аԥҳал еиԥш иҟоу амаҭәарқәа ирҭарҵон»,— иҳәоит Ауасиаҭ Ҿыц аҭҵааҩы Филипп Камфорт. Иҟалап ақьырсианцәа уи аҵас ртәыртәзар. Убри азоуп раԥхьатәи абиблиатә напылаҩырақәак анышәаԥшь иалхыз аԥҳалқәа, илашьцаз ауада хәыҷқәа, аҳаԥқәа, насгьы ашоура ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы изырԥшааз.
АЛҴШӘА: Абиблиатә напылаҩырақәа рыхәҭақәа иахьанӡа зқьыла еиқәхеит, урҭ рҟынтә 2 000 шықәса инареиҳаны зхыҵуагьы ыҟоуп. Абас еиԥш ашәышықәсақәа ирылсны ҳара ҳҟынӡа иааз, зхыԥхьаӡара рацәоу аманускриптқәа рыла ишьақәырӷәӷәоу даҽа документк ыҟам.
a Апапирус — ари аӡаҿы изызҳауа, апапирус захьӡу аҵиаа иалху маҭәаруп. Уи аҩразы рхы иадырхәон. Апергамент аԥстәқәа рцәа иалху маҭәаруп.
b Иаҳҳәап, напаҵаҩрала ишьақәырӷәӷәоу Еиду Аштатқәа рхьыԥшымра адекларациа апергамент аҿы иҩын. Иахьа, 250-ҟа шықәса рышьҭахь, уа иану атекст аԥшшәы цеит, насгьы аԥхьара цәгьахеит.