Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 сентиабр ад. 3—4
  • Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУС ХРИСТОС ИРОЛЬ ИГӘЫРҨО РГӘЫРҬЫНЧРАҾЫ
  • Асексуалтә қәымчра иақәшәаз рзы ацхыраара
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Алагалажәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • «Иҵәыуо шәрыцҵәуа»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Игәырҩо рзы ацхыраара
    Еиуеиԥшым атемақәа
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 сентиабр ад. 3—4

АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИАБАԤШААТӘУ АГӘЫРҬЫНЧРА?

Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра

Апостол Павел иҳәеит Иеговаa — «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа... гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит» ҳәа (2 Коринфаа рахь 1:3, 4). Убас ала Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит Анцәа хаҭала зегьы дҳацхраар шилшо, насгьы ҳаԥсҭазаараҿы рыцҳарас ҳзықәшәозаалакгьы ҳгәы ширҭынчуа.

Ҳәарада, Анцәа иҟынтә агәырҭынчра ҳаурц азы ҳаргьы ак ҟаҳҵалароуп. Илшома аҳақьым дҳацхраар, иара иахь ҳамнеир? Абиблиаҿы иануп: «Изеиццома ҩыџьа имеицәажәар, насгьы еиқәымшәар?» (Амос [Амос] 3:3). Убри аҟынтә Анцәа Иажәа ҳгәазҭанаҵоит: «Шәизааигәаха Анцәа — усҟан Иаргьы дышәзааигәахоит» (Иаков 4:8).

Аха иабантәиаадыруеи ҳара Анцәа даҳзааигәахарц шиҭаху? Акы, Иара изныкымкәа ҳақәиргәыӷуеит дҳацхраарц шиҭаху. (Шәахәаԥш арамка.) Ҩбагьы, ҳара иҳамоуп Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра зыԥсҭазаараҿы изнырыз ауаа рҿырԥштәқәа, урҭ иҟаҵәҟьаз анкьа инхоз, иара убас ҳаамҭазы инхо уаауп.

Иахьа Анцәа ицхыраара иашьҭо аӡәырҩы ауаа реиԥш, аҳ Давидгьы ирацәаны агәаҟрақәа ихигеит. «Сыматанеирақәа урҳа. Уара уахь схы ансырҳауа аамҭаз»,— диҳәон иара зны Иегова. Ииҭама аҭак Анцәа? Ааи. Давид иҳәеит: «Иаргьы дсыцхрааит, сыгәгьы ҭгәырӷьааит» (Аԥсалом 27:2, 7 [28:2, 7, АдҾ]).

ИИСУС ХРИСТОС ИРОЛЬ ИГӘЫРҨО РГӘЫРҬЫНЧРАҾЫ

Анцәа Иисус ауаа ргәы арҭынчраҿы ихадоу ароль изалихит. Иисус адгьыл ахь дзааз амзызқәа иреиуан «ӷәӷәала згәы каҳаны иҟоу рыхәшәтәра», насгьы «игәырҩо зегьы ргәы арҭынчра» (Исаиа [Исаия] 61:1, 2). Заа ишҳәаз еиԥш, Иисус ҷыдала дрызхьаԥшуан «игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу» ауаа (Матфеи 11:28—30).

Иисус ауаа ргәы ирҭынчуан еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла: иҟәыӷоу алабжьара риҭон, ақьиара ааирԥшуан, зны-зынлагьы ачымазарақәа ихәышәтәуан. Ҽнак зны ацәеилабаара змаз ауаҩы Иисус диҳәеит: «Иуҭахызар сцәацқьатәра улшоит». Агәрыцҳашьара аарԥшуа Иисус иеиҳәоит: «Исҭахуп, ицқьахааит» (Марк 1:40, 41). Ацәеилабаара змаз ичымазарагьы ихыҵит.

Иисус уажәы адгьыл аҿы дыҟаӡам, насгьы хаҭала ҳгәы изырҭынчӡом, аха иара Иаб Иегова агәыжьжьара Анцәа, ацхыраара зҭаху рыцхраара даҿуп (2 Коринфаа рахь 1:3). Еилҳаргап Анцәа ҳгәы ирҭынчыр шилшо ҳзырбо ԥшь-знеишьак.

  • Абиблиа ала. «Аханатә аахыс ирыҩуаз зырҩуазгьы ҳара иҳалабжьарц акәын, ахачҳара аарԥшуа, урҭ Аҩырақәа ирҳәоз азхаҵаны, гәыӷрала ҳаҟазааразы» (Римаа рахь 15:4).

  • Иԥшьоу адоуҳа ала. Иисус данԥсы ашьҭахь, ақьырсиантә еизара даараӡа агәырҭынчра аҭахын. Абиблиа аҟынтә ишаабо еиԥш, Анцәа ақьырсианцәа ргәы ирҭынчит акыр зымчу, аус зуа иԥшьоу идоуҳала (Аусқәа 9:31). Иԥшьоу адоуҳала Анцәа илшоит дарбанзаалак ауаҩы дзықәшәозаалакгьы игәы арҭынчра.

  • Анцәаиҳәара ала. «Ак гәырҩажәымган»,— ануп Абиблиаҿы. Уи ҳгәазҭанаҵоит: «Гәҭыхас ишәымоу, шәзыргәамҵуа шәныҳәарақәа раан Анцәа инапы ианышәҵала, шәиаҭабуны,— убасҟан ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи [«иҭынчра», АдҾ] шәгәы-шәыԥсы... еиқәдырхоит» (Филиппаа рахь 4:6, 7).

  • Егьырҭ ақьырсианцәа рыла. Агәырҭынчра ду ҳзааргар рылшоит ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳҩызцәа бзиақәа. Апостол Павел иҳәеит игәрахаҵара ицеиҩызшоз иашьцәа иара даара ацхыраара ширҭоз, насгьы аамҭа цәгьақәа раан игәы шдырҭынчыз (Кәаласаа рахь 4:11; 1 Фессалоникаа рахь 3:7).

Аха иҟалап ишәызцәырҵуазар азҵаара: «Ишԥааԥшуеи уи аԥсҭазаараҿы?» Шәааи еилҳаргап хыхь зыӡбахә ҳәаз ауадаҩрақәа ирықәшәаз ауаа рҿырԥштәқәа. Урҭ реиԥш шәаргьы агәра жәгар шәылшоит иахьагьы Анцәа ишынаигӡо угәы шьҭызхуа иқәыргәыӷра: «Ауаҩы иан игәы шлырҭынчуа еиԥш, убас сара шәгәы сырҭынчлоит» (Исаиа [Исаия] 66:13).

a Абиблиа инақәыршәаны Иегова — ари Анцәа ихьӡ ауп.

Анцәа ҳгәы ирҭынчыр шиҭаху узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа

  • «Нцәа Ҳазшаз, Уара усыцхрааит, сужьжьеит» (Аԥсалом 85:17 [86:17, АдҾ]).

  • «Ишәырҭынчла, ишәырҭынчла сара сыжәлар ргәы — иҳәоит шәара Шәынцәа» (Исаиа [Исаия] 40:1).

  • «Ауаҩы иан игәы шлырҭынчуа еиԥш, убас сара [Иегова] шәгәы сырҭынчлоит» (Исаиа [Исаия] 66:12, 13).

  • «Бзазара рымоуп иҵәыуо, урҭ агәҭынчра роуеит» (Матфеи 5:4).

  • «Шәыгәҭыхақәа, шәхьаақәа зегьы Иара [Анцәа] изшәырха, Иара изышәк, избан акәзар Иара гәҭыха-хьаас шәимоуп» (1 Пиотр 5:7).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра