Хьӡи-ԥшеи рышәҭала уи иаԥсоу
«Атәарҭа ҳарак Иқәтәоу, иара убас Асыс — лыԥхала, хирла, мчы-лшарала иҟазааит, шеишықәса хьӡи-ԥшеи рымазааит» (ААТ. 5:13).
1. Избан шьоукы ахьӡ-аԥшеи апатуқәҵареи иаԥсахар залшо, насгьы иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
АӠӘЫ ахьӡ-аԥша иҭара иаанагоит иара иахь аҳаҭыри апатуи раарԥшра. Ҳәарада, ауаҩы ус еиԥш иҟоу аҳаҭырқәҵара иусқәа, ма иааникыло аҭыԥ абзоурала даԥсахоит ҳҳәар алшоит. Уи инадҳәаланы ицәырҵуеит азҵаарақәа: изҭалатәыда ахьӡ-аԥша, насгьы избан?
2, 3. а) Избан Иегова зегь раасҭа ахьӡ-аԥша дзаԥсоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Дызусҭада Аатра 5:13 аҿы Асыс ҳәа зыӡбахә ҳәоу, насгьы избан иара ахьӡ-аԥша дзаԥсоу?
2 Аатра 5:13 ишаҳнарбо ала, «Атәарҭа ҳарак Иқәтәоу, иара убас Асыс», ҳәарада, ахьӡ-аԥша ирыԥсоуп. Аатра 4-тәи ахаҿы иаагоуп Иегова ахьӡ-аԥша дзаԥсоу амзызқәа руак. Иҳараку аҭыԥ аанызкыло адоуҳатә шамҭақәа зегьы еицҿакны Иегова дҳараркуеит: «Иҳақәиҭу, абри аҩыза ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр, амч-алшара рыдкылара уаҭәоуп, избанзар уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу» (Аат. 4:9—11).
3 Асыс Иисус Христос иоуп. Иара «аԥсабара агәнаҳарақәа Зхахьы изгауа Анцәа Исыс» иоуп (Иоанн 1:29). Абиблиаҿы иануп иара адгьыл аҿы напхгара ҟазҵоз аҳцәа зегьы дреиҳауп ҳәа. Иара «мчы-лшара змоу Аԥсҳацәа Рыԥсҳа, мчра змоу Ирықәиҭу,— Иаӡәу, ԥсра зқәым, неирҭа змам алашараҿ иҟоу, дарбан уаҩԥсызаалакь иимбац» ҳәа иӡбахә ҳәоуп (1 Тим. 6:14—16). Дарбан аҳау ма напхгаҩу ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿыхразы хатәгәаԥхарала зыԥсҭазаара ҳахҭнызҵаз? Ҳәарада, ажәҩан аҿы иҟоу ҵҩа змам ашамҭақәеи ҳареи ҳаицҿакны иаҳҳәар ҳҭахуп: «Иршьыз Асыс — амч-алшара, адоуҳатә мазара, аҟәыӷара, ахачҳара, ахьӡ-аԥша, алыԥха-агәыԥха роура иаԥсоуп» (Аат. 5:12).
4. Избан Иеговеи Иисуси ахьӡ-аԥша раҳҭалар зҳахәҭоу?
4 Ҳара Иеговеи Иисус Христоси ахьӡ-аԥша раҳҭалар ауп. Усҟан наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаур ҳалшоит. Уи еилыкка иубарҭоуп Иоанн 5:22, 23 иану Иисус иажәақәа рҿы: «Аб иакәзар, аӡәгьы диқәыӡбуам, аӡбара зегьы Аԥа имаидеит. Аԥагьы, Аб иеиԥш, зегьы аҳаҭыр иқәырҵаларазы. Аԥа аҳаҭыр иқәзымҵауа, уи даазышьҭыз Абгьы аҳаҭыр иқәиҵуам». (Уаԥхьа Аԥсалом 2:11, 12.)
5. Избан ауаа зегьы ҳаҭыр рықәҵара изаԥсоу?
5 Анцәа ауаа иара иеиԥшны ишеит (Аҟаз. [Быт.] 1:27). Убри аҟынтә ауаа реиҳараҩык, еиԥшны акәымзаргьы, Анцәа иҟазшьақәа аадырԥшуеит. Ауаа абзиабареи, ақьиареи, агәрыцҳашьареи аарԥшра рылшоит. Анцәа иҳаиҭеит аламыс — ацәгьеи абзиеи, ииашоуи ииашами, иаԥсоуи иаԥсами реилкааразы иҳациз алшара. Ҳәарада, ҳаламыс ҳажьар ауеит, зны-зынлагьы ииашам ҳаҵанаҳәар алшоит (Рим. 2:14, 15). Ауаа ацқьареи аԥшӡареи бзиа ирбоит. Иааизакны иугозар, ауаа аҭынчра рыманы инхаларц рҭахуп. Еилыркаа-еилырымкаа, дара зны-зынла Иегова иҿыԥшуеит, убри аҟынтә аҳаҭырқәҵара иаԥсоуп (Аԥсал. 8:6 [8:5, АдҾ]).
АХЬӠ-АԤША ЗҬАЛАТӘУ, НАСГЬЫ ИШРЫҬАЛАТӘУ
6, 7. Излареиԥшымзеи Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ ауаа?
6 Егьырҭ ауаа ахьӡ-аԥша шрыҭалатәу аганахь ала ииашоу ахәаԥшышьа ҳамазар ауп. Инаӡам ауаа реиҳараҩык Аҩсҭаа идунеи анырра ӷәӷәа рнаҭоит. Аӡәырҩы ауаа ахацәеи аҳәсеи шьоукы мыцхәы иҳараркуеит, нцәахәыс иҟарҵоит. Иегова хьӡи-ԥшеи иҭара аҭыԥан, дара адиннапхгаҩцәа, аҳәынҭқарцәа, аспортсменцәа, актиорцәа, иара убас егьырҭ еицырдыруа ауаа ҳараркуеит. Иқәыԥшу реиԥш, зықәрахь инеихьоугьы урҭ рхымҩаԥгашьа, рҟазшьақәа, насгьы реилаҳәашьа иаҿыԥшуеит.
7 Ииашоу ақьырсианцәа еилыркаауеит абас еиԥш ауаа рырҳаракра шиашам. Зҿыԥшра иаԥсоу, аҿырԥшы наӡа ҳзаанзыжьыз Иисус Христос заҵәык иоуп (1 Пиотр 2:21). Ауаа мыцхәы аҳаҭыр анрықәаҳҵо, Анцәа дҳаргәаар ауеит. Иаҳхаҳмыршҭлароуп ауаа «зегьы Анцәа илыԥха, ихьӡ-иԥша» ишалыхәдоу (Рим. 3:23). Ииашаҵәҟьаны, аӡәымзар аӡәы нцәахәыс дҟаҵо ахьӡ-аԥша иҭара даԥсам.
8, 9. а) Ишԥарзыҟоу Иегова ишаҳаҭцәа амчра знапаҿы иҟоу ауаа? б) Иаҳхаҳмыршҭлар ахәҭоузеи, аиҳабыра рхаҭарнакцәа рҿы уск анҳамоу?
8 Шьоукы ари адунеи аҿы амчра рымоуп. Ачынуаа азакәанқәеи аиҿкаареи еиларымгаларц иацхраауеит, иара убасгьы ауаажәлар ацхыраара рырҭоит. Уи ауаа зегьы ахәарҭа рзаанагоит. Убри азоуп Павел «иаԥу амчра» ҳшырзыҟазаалаша, насгьы рҳәатәы шхаҳҵалаша зрабжьигоз. Иара иҩуан: «Доусы ираҭәоу рышәҭала: ашәахтә зықәнаго — ашәахтә... ахьӡ-аԥша заҭәоу — ахьӡ-аԥша» (Рим. 13:1, 7).
9 Абарҭ ажәақәа инарықәыршәаны, Иегова ишаҳаҭцәа ус иҟоу ауаа рҭыԥ аҿы ишаԥу еиԥш ҳаҭыр рықәырҵоит. Ачынуаа рус анынарыгӡо, ҳара урҭ аус рыцура ҳазхиоуп. Уи аамҭазгьы, абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны иахәҭоу аҳаҭыр рықәаҳҵоит. Ари азҵаараҿы Анцәа иахь азымӡырҩра ааҳарԥшӡом, насгьы ақьырсиантә неитралитет еилаҳгаӡом. (Уаԥхьа 1 Пиотр 2:13—17.)
10. Иарбан ҿырԥшу ачынуаа ҳшырзыҟазар ахәҭоу аганахь ала ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа иҳарҭаз?
10 Ажәытәан инхоз Иегова имаҵзуҩцәа ачынуаа ҳшырзыҟазар ахәҭоу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳарҭеит. Римтәи аимператор ажәлар ашәҟәынҵаразы адҵа анриҭа, Мариа ахшара длоураны дшыҟазгьы, Иосифи лареи азыӡырҩра аарԥшны, Вифлеемҟа амҩа иқәлеит (Лука 2:1—5). Ԥыҭрак ашьҭахь Павел ахара ӷәӷәа анидырҵа, ҟәышрала ихы ахьчара далагеит, насгьы аҳ Ирод Агриппеи Иудеиа иҟаз римтәи апровинциа анапхгаҩы Фести рахь аҳаҭырқәҵара ааирԥшит (Аус. 25:1—12; 26:1—3).
11, 12. а) Избан ҳара аиҳабыра ахаҭарнакцәеи адиннапхгаҩцәеи еиԥшымкәа ҳзырзыҟоу? б) Иалҵшәахазеи Австриа инхо Иегова ишаҳаҭ аполитик иахь аҳаҭырқәҵара ахьааирԥшыз?
11 Аха уеизгьы, Иегова ишаҳаҭцәа адиннапхгаҩцәа рахь иҷыдоу аҳаҭыр аадырԥшӡом, дара уи иазыԥшызаргьы. Амцдинхаҵара Анцәеи иара Иажәеи ирызкны ауаа аҵабырг днарҵаӡом. Убри аҟынтә амцдиннапхгаҩцәа егьырҭ ауаа ҳаҭыр шрықәаҳҵо еиԥш ауп даргьы ишрықәаҳҵо, ҷыдала иалымкаакәа. Ишдыру еиԥш, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ас еиԥш иҟаз ауаа ҿаԥиҽуан, агәыҩбацәеи алашә ԥызацәеи ҳәа рыӡбахә иҳәон (Матф. 23:23, 24). Аха убри аамҭазы, ҳара ишақәнагоу ала ачынуаа ҳаҭыр рықәаҳҵозар, уи ҳаззыԥшым алҵшәа бзиақәа аанагар алшоит.
12 Абар Австриа инхо агәацԥыҳәара аазырԥшуа Леопольд Енглаитнер зыхьӡу Иегова ишаҳаҭ дзықәшәаз ахҭыс. Иара анацистцәа дәыӷбала аконцентрационтә лагер ахь дрышьҭит. Авагон аҿы анацистцәа иҭаркыз австриатәи аполитик Генрих Глаисснер диқәшәеит. Амҩа иахьықәыз аиашьа Енглаитнер аҳаҭырқәҵара аарԥшны Глаисснер аҵабырг изеиҭеиҳәон, уи ибзианы дизыӡырҩуан. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, ари аполитик имаз амчра ихы иархәаны, Австриа инхоз Иегова ишаҳаҭцәа зныкымкәа дрыцхраауан. Иҟалап шәаргьы ижәдыруазар егьырҭ ахҭысқәа ақьырсианцәа Абиблиа иаҳәо иқәныҟәо, ачынуаа иахәҭоу аҳаҭыр анрықәырҵоз, алҵшәа бзиақәа шаанагаз.
АХЬӠ-АԤША ЕИҬА ИАԤСОУ
13. Иаԥсада еиҳарак аҳаҭырқәҵара, насгьы избан?
13 Ҳара ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аҳаҭырқәҵара иаԥсоуп, еиҳарак аҭакԥхықәра зхахьы изго аизара аиҳабацәа. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:17.) Ҳара арҭ аишьцәа ҳаҭыр рықәаҳҵоит рмилаҭ, рҵара, рҭыԥ, рматериалтә ҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы. Абиблиаҿы дара «ауаа аҳамҭақәа» ҳәа рыӡбахә ҳәоуп, насгьы Анцәа урҭ рыла ижәлар дреиҷаҳауеит (Еф. 4:8). Шәрызхәыц аизара аиҳабацәа, араионтә хылаԥшыҩцәа, насгьы афилиали Анапхгаратә хеилаки ркомитетқәа рҿы амаҵ зуа аишьцәа. Актәи ашәышықәсазы ақьырсианцәа аҭакԥхықәра здыз аишьцәа рахь аҳаҭырқәҵара аадырԥшуан, ҳаргьы иахьа ус ҳарзыҟоуп. Ҳара аишьцәа ҳанрыҿцәажәо, урҭ ажәҩан ахьтә илбааз амаалықьцәа ракәушәа иҳараҳкӡом. Аха уеизгьы, арҭ аишьцәа рџьабааи рхынраалареи рзы ҳаҭыр рықәаҳҵоит. (Урыԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:24; Аатра 19:10.)
14, 15. Излеиԥшымзеи ииашоу ақьырсиантә хьчацәеи егьырҭ адиннапхгаҩцәеи?
14 Арҭ аишьцәа ахынраалара змоу адоуҳатә хьчацәоуп. Дара ирымоу ахынраалара иунарбоит еицырдыруа реиԥш иҟазарц шырҭахым. Убри ала дара иахьатәи адиннапхгаҩцәеи Иисус ихаан иҟаз адиннапхгаҩцәеи иреиԥшӡам. Иара урҭ абас рзиҳәеит: «Ачарақәа рҿы бзиа ирбоит аханы атәара, асинагогақәа рҿы аԥхьатәара, жәлар реизарақәа рҿы иргәаԥхоит ирырҭауа асалам» (Матф. 23:6, 7).
15 Ииашоу ақьырсиантә хьчацәа ахынраалара аарԥшны Иисус иажәақәа ирықәныҟәоит: «Шәара арҵаҩцәа ҳәа ишәышьҭаӡам, избан акәзар Рҵаҩыс ишәымоу аӡә иоуп — Христос, шәарҭ зегьы шәеишьцәоуп. Аԥсабараҿы ҳабҳәагьы аӡәы изышәымҳәан, избанзар Абыс ишәымоу аӡә иоуп, ажәҩан аҿы иҟоу. Амҩақәҵаҩцәаҳәагьы шәыхьӡшәымтәын, избанзар Мҩақәҵаҩыс ишәымоугьы аӡә иоуп — Христос. Ишәеиҳау дышәмаҵаҩхааит. Избан акәзар зҽыҳаразкуа — дларҟәхоит; зҽылазырҟәуа — дҳаракхоит» (Матф. 23:8—12). Уамашәа ибатәӡам адунеи зегь аҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи реизара аиҳабацәа бзиа иахьырбо, насгьы ҳаҭыр ахьрықәырҵо.
Ахынраалара аарԥшны егьырҭ рымаҵ зуа аизара аиҳабацәа абзиабареи аҳаҭырқәҵареи иаԥсоуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—15.)
16. Избан егьырҭ ҳаҭыр шрықәҵалатәу аганахь ала Абиблиа иаҳәо аилкаара зҳахәҭоу?
16 Аха аҳаҭыр заҳҭаша, насгьы ишраҳҭаша аганахь ала Абиблиа иаҳәо аилкааразы аамҭа аҭаххар ауеит. Уи раԥхьатәи ақьырсианцәагьы ирҵалар акәын (Аус. 10:22—26; 3 Иоанн 9, 10). Аха, хымԥада, егьырҭ ҳаҭыр рықәҵара аганахь ала Абиблиа иаҳәо ацныҟәаразы аҽазышәарақәа рыҟаҵара иаԥсоуп. Уи азҵаара ииашаны азнеира алҵшәа бзиақәа аанагоит.
АЛҴШӘА БЗИАҚӘА
17. Иарбан лҵшәа бзиақәоу иаанаго, амчра знапаҿы иҟоу ҳаҭыр анрықәаҳҵо?
17 Ҳара амчра змоу ҳаҭыр рықәаҳҵозар, ажәабжьҳәаразы азин ҳамазарц азы ацхыраара ҳарҭар алшоит. Ҳара урҭ ҳшырзыҟоу анырбо, инаҳагӡо аус лассы-лассы ибзианы иахцәажәоит. Шықәсқәак раԥхьа Германиа пионерс амаҵ зуаз Биргит лыԥҳа ашкол аҿы аҵара далгон. Арҵаҩцәа Биргит иларҳәеит Иегова ишаҳаҭцәа аҵара дырҵара агәахәара ду шырзаанагоз. Дара ирҳәеит ас еиԥш иҟаз ахәыҷқәа рышкол аҿы аҵара рымҵозҭгьы, даара илахьеиқәҵагахон ҳәа. Биргит илҳәоит: «Ҳара ҳхәыҷқәа Анцәа ишиҭаху еиԥш рхы мҩаԥыргаларц дҳарҵоит, уи иара убас иаанагоит арҵаҩцәа ҳаҭыр рықәҵара». Рҵаҩык уи ус дахцәажәеит: «Ахәыҷқәа зегьы шәхәыҷқәа реиԥш иҟазҭгьы, ари школхомызт, аха џьанаҭхон». Мчыбжьқәак рышьҭахь даҽа рҵаҩык Леипциг имҩаԥысуаз аконгресс даҭааит.
18, 19. Избан изхадоу аизара аиҳабацәа рахь ииашаны аҳаҭырқәҵара аарԥшра?
18 Аизара аиҳабацәа рахь ирыхәҭоу аҳаҭырқәҵара анааҳарԥшуа, ҳәарада, ҳара инаӡоу, насгьы аҟәыӷара зҵоу Анцәа Иажәа иану апринципқәа ҳрықәныҟәоит. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 13:7, 17.) Ҳара ас еиԥш иҟоу аишьцәа ирбо аџьабаа азы иҳарҽхәалароуп, насгьы иҳарҭо анапхгара ацныҟәара ҳҽазаҳшәозароуп. Ус ҟаҳҵозар, рҭакԥхықәра анаҩсгьы гәырӷьарыла инарыгӡаларц ҳрыцхраауеит. Ҳәарада, аҳаҭыр анрықәаҳҵо, «иаарылукаауа» иҟоу аизара аиҳабацәа реилаҳәашьеи, рҭеиҭыԥши, ажәахә анырҳәо рцәажәашьеи рҿы ҳарҿыԥшӡом. Мамзар ауаа ииашамкәа иҳазхәыцуа иалагар ауеит. Иаҳхаҳмыршҭлароуп иаргьы дшынаӡам. Ҳара Иисус Христос иоуп ҳазҿыԥшуа.
19 Аизара аиҳабацәа рахь иахәҭоу аҳаҭырқәҵара ааҳарԥшуазар, аха уи аамҭазгьы еицырдыруа шьоук реиԥш ҳарзыҟамзар, ацхыраара раҳҭоит. Усҟан дара еиҳа ирзымариахоит аԥагьара аиааира, зегь иреиӷьушәа, насгьы еснагь ииашоушәа ахәыцра аҿагылара.
20. Иарбан лҵшәақәоу иаанаго, егьырҭ рахь аҳаҭырқәҵара анааҳарԥшуа?
20 Уи адагьы, егьырҭ рахь аҳаҭырқәҵара анааҳарԥшуа, мыцхәы ҳхы ҳазхәыцлаӡом. Ҳара ҳахьгьы аҳаҭыр ду шаадырԥшуа ҳдыруазар, ҳхы шьҭаҳхӡом. Уи иара убас иҳацхраауеит Иегова иорганизациа ишаҳнарҵо еиԥш ахымҩаԥгара — ҳара егьырҭ мыцхәы аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи раҳҭаӡом, урҭ ҳагәрахаҵара ҳацеиҩыршозаргьы иҳацеиҩырымшозаргьы. Ҳара ҳзы ус аҟаҵара ҟәыӷарахоит, избанзар ҳаҭырқәҵарала ҳаззыҟаз ауаҩы ҳгәы каижьыргьы, ҳагәрахаҵара ԥсыҽхаӡом.
21. Иарбан ихадоу мзызу иҳамоу иаԥсоу рахь аҳаҭырқәҵара аарԥшразы?
21 Аха зегь реиҳа ихадоу, иаԥсоу рахь аҳаҭырқәҵара анааҳарԥшуа Анцәа дҳаргәырӷьоит. Ҳара Анцәа ишиҭаху еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгоит, насгьы иара иахь азиашара ааҳарԥшуеит. Убас аҽыԥныҳәа изҭо зегьы аҭак риҭартә алшара иаҳҭоит (Ажәам. [Прит.] 27:11). Ари адунеи аҿы ауаа реиҳараҩык егьырҭ рахь аҳаҭырқәҵара шаарԥшлатәу аганахь ала ииашам агәаанагара рымоуп. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш уи аҟаҵашьа ахьаҳдыруа.