Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 апрель ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 апрель ад. 31

Ижәдыруама шәара?

Ишԥацоз ажәытәан егьырҭ атәылақәа рахь амшын ихыланы?

АПОСТОЛ Павел ихаан ауаа ныҟәызгоз аӷбақәа ыҟамызт. Убри аҟынтә ауаҩы дцар ахьиҭахыз аидара ныҟәызгоз ӷбак цоу имцоу, насгьы ауаа агоу иамгоу еиликаарц азы иибоз зегьы дразҵаауан (Аус. 21:2, 3). Аӷба ауаҩы иахьиҭахыҵәҟьаз имцозаргьы, иара илшон уи ахьаангылоз абаӷәазақәа руак аҿы дақәҵны, даҽа ӷбак дашьҭалар (Аус. 27:1—6).

Уи адагьы, аӷбақәа ашықәс аҩныҵҟа еснагь иныҟәомызт, насгьы ианныҟәоз арыцхәқәа зныз аихшанҵақәа ыҟамызт. Иара убас амш аныцәгьаз аӷбақәа дәықәломызт. Аха уи аанызкылоз амш цәгьа мацара акәмызт. Еиуеиԥшым амцхаҵарақәа рыгәра згоз амшынныҟәаҩцәа ишаарҭаххалак еиԥш амҩа иқәломызт. Иаҳҳәап, дара аҟәраан аӷба иқәтәаны ишҿнаҭуа рбазҭгьы, мамзаргьы амшын аҟәараҿы аӷба аԥҽыхақәа рбазҭгьы, амҩа ақәлара ҟалаӡом ҳәа рыԥхьаӡон. Иара убас дара аԥша анасуа иазыԥшын, аԥша дара иахьырҭахыз ианасуаз амҩа иқәлон. Убри аҟынтә ауаҩы игара иақәшаҳаҭыз аӷба изыԥшаазаргьы, иеидара иманы абаӷәаза азааигәара дыҟазар акәын уи андәықәло рҳәаанӡа.

Аҭоурыхҭҵааҩ Лаионел Кассон ишиҳәо ала Рим ақалақь аҿы аныҟәаҩцәа аӷба аԥшаара ирыцхраауаз аиҿкаарақәа ыҟан. Иара иҳәоит: «Уи абаӷәаза аӡиас Тибер аҵыхәаҿы иҟан. Рим иазааигәаз ақалақь Остиа аҟны аконторақәа рыла иҭәыз ҭыԥк ыҟан. Урҭ аконторақәа жәпакы зтәыз еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә ӷбала аидарақәа дәықәызҵоз ракәын, иаҳҳәап, Нарбор [иахьа уи Франциа ауп], Карфаген [иахьа Тунис ауп]... уҳәа убас иҵегьы. Џьара ацаразы аӷба иашьҭаз ауаҩы изынхоз урҭ аконторақәа рҿы днеины аӷбақәа ахьаангылало азҵаара акәын».

Аӷбақәа рыла иныҟәоз ауаҩы иахьиҭахыз атәылахь ирласны днеир илшон, аха уи аҩыза аныҟәара ашәарҭарақәагьы ирыдҳәалан. Апостол Павел имиссионертә ныҟәарақәа раан дызланыҟәоз аӷбақәа зныкымкәа иӡааҟәрылахьан (2 Кор. 11:25).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра