Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 сентиабр ад. 8—13
  • Армагеддон — ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу хҭысуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Армагеддон — ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу хҭысуп
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • ИЗАКӘЫЗЕИ АРМАГЕДДОН?
  • ИАРБАН ХҬЫСҚӘОУ ИҞАЛО АРМАГЕДДОН АЛАГААНӠА?
  • ИШԤАШӘЫЛШО АИБАШЬРА АРМАГЕДДОН АҾЫ АИҚӘХАРА?
  • ИШԤАҲАЛШО АНЦӘА ҲИЗИАШАНЫ ААНХАРА АРҬ АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РААН?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 сентиабр ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36

Армагеддон — ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу хҭысуп

«Урҭ зегьы уи иеизигеит... Армагеддон ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны» (ААТ. 16:16).

АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

АХҲӘААa

1, 2. а) Избан Армагеддон агәырӷьара ҳзаазго хҭысуп ҳәа ҳҳәар залшо? б) Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

ИШӘАҲАХЬОУМА шәара ауаа аиадертә еибашьра ма аԥсабаратә рыцҳара «Армагеддон» ҳәа шазырҳәо? Аха Абиблиа излаҳәо ала Армагеддон агәырӷьара ҳзаанагоит (Аат. 1:3). Ари аибашьра ауаа ннарҵәаӡом, уи дара еиқәнархоит! Ишԥа?

2 Абиблиа ишаҳәо ала, Армагеддон ауаа еиқәнархоит, избанзар ауаатәыҩсатә напхгара аҵыхәтәа ԥнаҵәоит. Уи ауаа цәгьақәа ықәнахуеит, адгьыл аҿы инхало ауаа иашақәа рымацара ракәхоит. Уи адагьы, Армагеддон Адгьыл еиқәнархоит (Аат. 11:18). Уи зегь еиӷьны еилаҳкаарц азы, шәааи ԥшь-зҵаарак еилҳаргап: изакәызеи Армагеддон? Иарбан хҭысқәоу иҟало уи алагаанӡа? Ишԥаҳалшо Армагеддон аҿы аиқәхара? Ишԥаҳалшо Анцәа ҳизиашаны аанхара арҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан?

ИЗАКӘЫЗЕИ АРМАГЕДДОН?

3. а) Иаанагозеи ажәа «Армагеддон»? б) Иаҳҳәар зҳалшозеи Армагеддон иалкаау ҭыԥк акәӡам ҳәа, Аатра 16:14, 16 иану инақәыршәаны?

3 Шәаԥхьа Аатра 16:14, 16. Ажәа «Армагеддон» Абиблиаҿы знык ауп иахьуԥыло, уи ауриатә бызшәа аҟынтә иаагоуп, иагьаанагоит «ашьха Мегиддо». Ажәытәан Израиль Мегиддо захьӡыз ақалақь ыҟан (Иис. Н. 17:11). Аха Армагеддон иалкаау ҭыԥк акәӡам. Уи адгьыл аҳцәа зегьы Иегова иҿагыларц азы ианеизо аамҭа ауп (Аат. 16:14). Аха ари астатиаҿы ажәа «Армагеддон» иара убас иаанарԥшуеит урҭ аҳцәа анеизалак ашьҭахь иалаго аибашьра. Иабантәиҳдыруеи Армагеддон иалкаау ҭыԥк шакәым? Актәи, Мегиддо захьӡу ашьха ыҟаӡам. Аҩбатәи, Мегиддо иаҵанакуа аҭыԥ аҿы «адгьыл аҳцәа зегьы», насгьы урҭ рыбџьар азкӡом. Ахԥатәи, ари астатиа аҟынтә ишеилаҳкаауа еиԥш, аибашьра Армагеддон аналаго «адгьыл аҳцәа» Анцәа ижәлар ианрықәло ауп, урҭ адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхоит.

4. Избан Иегова аҵыхәтәантәи аибашьра Мегиддо зыхьӡыз аҭыԥ изадиҳәалаз?

4 Избан Иегова аҵыхәтәантәи аибашьра Мегиддо зыхьӡыз аҭыԥ изадиҳәалаз? Абиблиатә аамҭақәа раан Мегиддо иаҵанакуаз акаршәреи Изреельтәи акаршәреи рҿы акырынтә аибашьрақәа цон. Зны-зынла Иегова ижәлар рзы деибашьуан. Иаҳҳәап, Израильтәи аӡбаҩ Варак «Мегиддо аӡқәа рҿы» Сисара дызхагылаз ханаантәи аруаа данрабашьуаз, Анцәа Варак аиааира агара дицхрааит. Вараки аԥааимбарԥҳәыс Девореи иџьашьахәыз уи аиааиразы Иегова иҭабуп ҳәа иарҳәон. Абар ашәаҿы урҭ ирҳәоз: «Ажәҩан аҟынтә аеҵәақәа... Сисара иабашьуан... Урҭ Киссон арҩаш иагеит» (Аӡб. 5:19—21).

5. Иарбан ихадоу еиԥшымроу ирымоу Варак дызлахәыз аибашьреи Армагеддони?

5 Вараки Девореи рашәа абас ихдыркәшеит: «Нас, иҭахааит уаӷацәа зегьы, о Иегова, бзиа узбо ракәзар, амч зегь аарԥшуа игыло амра иаҩызахааит» (Аӡб. 5:31). Армагеддон аҿгьы Анцәа иаӷацәа зегьы ҭахоит, Анцәа бзиа дызбо еиқәхоит. Аха Варак ихаан иҟаз аибашьреи Армагеддони еиԥшымрак рымоуп. Армагеддон аҿы Анцәа ижәлар аибашьра рықәшәом. Дара бџьарда иҟазаауеит! Урҭ мчыс ироуа иаадырԥшло «аҭынчреи Иегова иахь агәрагареи» ракәхоит (Ис. 30:15; Аат. 19:11—15).

6. Ишԥақәиго Иегова иаӷацәа Армагеддон аҿы?

6 Ишԥақәиго Иегова иаӷацәа Армагеддон аҿы? Уи азы иара ихы иаирхәо рацәахар алшоит. Иаҳҳәап, адгьылҵысра, акырцх, амацәыс (Иов 38:22, 23; Иез. 38:19—22). Иара убас иаӷацәа дара-дара еиҿаиргылар ҟалоит (2 Аш. 20:17, 22, 23). Уи адагьы, Иегова ауаа цәгьақәа ишьырц азы амаалықьцәа ихы иаирхәар ауеит (Ис. 37:36). Ишыҟазаалакгьы, аиааира зго иара иакәхоит. Иаӷацәа зегьы нырҵәахоит. Ииашоу ауаа ракәзар, зегьы еиқәырхахоит (Ажәам. 3:25, 26).

Уажәнатә Армагеддон шәҽазыҟашәҵа

Абиблиа иҳанаҳәоит ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа рыӡбахә. Ҳара ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ари адунеи иатәу ауаа усҟан рхы шымҩаԥыргало. Шәазхәыцхьоума усҟан шәара шәхы шымҩаԥыжәго?

(Шәрыхәаԥш абзацқәа 7—15.)b

ИАРБАН ХҬЫСҚӘОУ ИҞАЛО АРМАГЕДДОН АЛАГААНӠА?

7, 8. а) Иарбан иааџьоушьартә иҟоу лаҳәароу аполитикцәа иҟарҵо, 1 Фессалоникаа рахь 5:1—6 иану инақәыршәаны? б) Избан уи амц даараӡа изшәарҭахо?

7 «Иҳақәиҭу имш [«Иегова имш», АдҾ]» алагаанӡа ажәлар «аҭынчреи ашәарҭадареи» рылаҳәахоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:1—6.) 1 Фессалоникаа рахь 5:2 аҿы «Иегова имш» ҳәа зыӡбахә ҳәоу «агәырҩа ду» ауп (Аат. 7:14). Излеилаҳкаауазеи агәырҩа ду ишалагаз? Абиблиа иануп иааџьоушьаша алаҳәара шыҟало. Уи агәырҩа ду шалаго узырбо аҵәҵәабжьы иаҩызахоит.

АЖӘЛАР АҬЫНЧРЕИ АШӘАРҬАДАРЕИ АНРЫЛАРҲӘО

АДУНЕИ ИАТӘУ АУАА ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 8.)

ИЕГОВА ИЖӘЛАР ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 8.)

8 Ажәлар «аҭынчреи ашәарҭадареи» рыларҳәоит. Избан аполитикатә напхгаҩцәа убри аҩыза алаҳәара зыҟарҵо? Ирыдгылоума уи аҿы адиннапхгаҩцәа? Иҟалап ирыдгыларгьы. Ишыҟазаалакгьы, уи адемонцәа ирхәыцыз амц акәхоит. Уи даараӡа ишәарҭоу мцхоит, избанзар аҭоурых аҿы ахаан иҟамлацыз агәырҩа ду алагараны ианыҟоу аамҭазы ауаа изыцәшәо ҳәа акгьы ыҟамшәа днарбоит. Ааи, усҟан иаалырҟьаны рҭахара амш иҭагылоит, ахшара дзоураны иҟоу аԥҳәыс иаалырҟьаны ахьаа шлоуа еиԥш. Ирыхьуазеи усҟан Иегова имаҵзуҩцәа? Дара Иегова имш абас иаалырҟьаны ишааиз џьаршьар ҟалап, аха иҟарҵара рзымдыруа иқәхаӡом.

9. Ишԥақәгахо Аҩсҭаа идунеи?

9 Иегова Аҩсҭаа идунеи зныкала иқәигаӡом, Нои ихаан адгьыл зныкала иширыцқьаз еиԥш. Раԥхьа иара Аҩсҭаа идунеи иахәҭаку Вавилон Ду, даҽакала иаҳҳәозар, амцдинхаҵарақәа зегьы, ықәигоит. Анаҩс иқәигоит иаанхаз зегьы, аполитикеи, аруааи, акоммерциеи уахь иналаҵаны. Шәааи уи шыҟало инарҭбааны ҳалацәажәап.

10. Изықәигозеи Иегова Вавилон Ду, Аатра 17:1, 6, насгьы 18:24 иану инақәыршәаны?

10 «Акалҭбааԥс ду» илықәыӡбоит. (Шәаԥхьа Аатра 17:1, 6; 18:24.) Вавилон Ду Анцәа ихьӡ ахьымӡӷ ду анаргоит, насгьы Анцәа изкны ауаа амц днарҵоит. Зых ҳаҭыр ақәзымҵо аԥҳәыс леиԥш, амцдинхаҵара Иегова изиашам, уи ауаатәыҩсатә напхгаҩцәа ирыдгылоуп. Уи иамоу амчра ахы иархәаны ауаа амҟәыҵакны иакуп, насгьы рԥарақәа рыла амал арҳауеит. Уи адагьы, амцдинхаҵара ауаа ршьа акаҭәара иаҿуп, Анцәа имаҵзуҩцәа ршьагьы уахь иналаҵаны (Аат. 19:2). Ишԥақәиго Иегова Вавилон Ду?

«АКАЛҬБААԤС ДУ» ИАНЛЫҚӘЫӠБО

АДУНЕИ ИАТӘУ АУАА ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 11.)

ИЕГОВА ИЖӘЛАР ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 12.)

11. Иаанарԥшуазеи «иҟаԥшьы уаркалеиуа агыгшәыг», насгьы ихы ишԥаирхәо уи Иегова Вавилон Ду ықәихырц азы?

11 Иегова «иҟаԥшьы уаркалеиуа агыгшәыг» иахагылоу «жәа-тәыҩак» ихы иархәаны уи «акалҭбааԥс ду» дықәигоит. Агыгшәыг ҳәа зызҳәоу ООН ауп. Жәа-тәыҩак иаадырԥшуеит иахьа уи аорганизациа иадгылоу аҳәынҭқаррақәа. Анцәа иазԥиҵәаз аамҭазы урҭ аполитикатә мчрақәа Вавилон Ду, «акалҭбааԥс ду», илыжәлоит. Дара уи «дыцәҳәы-ҟьантазны, ак лымамкәа-илыхӡымкәа дҟарҵоит», малс илымоу зегь лымырхуеит, лус цәгьақәа аадыртуеит (Аат. 17:3, 16). Уи мышкала дықәыргазшәа ауп ирласны ишыҟало, убри аҟынтә илыдгылаз зегьы шанханы иаанхоит, избанзар лара лҽырԥагьаны дыҽхәон: «Сара — иеиба-кәеибахаз среиуам, сыԥсҳа-ԥҳәысуп, гәырҩа-гәаҟра срылаԥшраны сыҟам!» (Аат. 18:7, 8).

12. Ирылимыршозеи Иегова ажәларқәа, насгьы избан?

12 Иегова ажәларқәа ирылиршаӡом иара иуаажәлар ықәырхыртә. Анцәа ижәлар иара ихьӡ ахьырху иазгәдууп, насгьы Вавилон Ду иалҵырц ириҭаз адҵа иқәныҟәоит (Аус. 15:16, 17; Аат. 18:4). Иара убас дара рхы иамеигӡакәа егьырҭ ауаагьы уи иалҵырц ирыцхраауеит. Убри аҟынтә Иегова ижәлар Вавилон Ду зықәшәо «азҩа-ҿкқәа» ирықәшәаӡом. Аха уеизгьы рыгәрахаҵара ԥышәахоит.

Анцәа ижәлар ахьыҟазаалакгьы, рықәлара ианалаго иара иқәгәыӷлоит (Шәахәаԥш абзац 13.)c

13. а) Дызусҭада Гог? б) Ианбалаго аибашьра Армагеддон, Иезекииль 38:2, 8, 9 иану инақәыршәаны?

13 Гог ижәылара. (Шәаԥхьа Иезекииль 38:2, 8, 9.) Иегова амцдинхаҵарақәа зегь анықәигалак, адгьыл аҿы иаанхо динхаҵара заҵәык ауп. Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа ахьаанхаз Аҩсҭаа деиланаршәоит. Убри аҟынтә иара аԥсымцқьақәа, мамзаргьы адемонцәа рыпропаганда, ихы иархәаны ажәларқәа ргәазҭеиҵоит еидгыланы Иегова имаҵзуҩцәа ирыжәларц (Аат. 16:13, 14). Еидгылоу урҭ ажәларқәа Абиблиаҿы «Магог аҟынтә Гог» рыхьӡуп. Урҭ ажәларқәа Анцәа ижәлар ианрыжәло, дара, инықәырԥшны иуҳәозар, Армагеддон захьӡу аҭыԥ аҿы еизоит (Аат. 16:16).

«МАГОГ АҞЫНТӘ ГОГ» ДАНЖӘЫЛО

АДУНЕИ ИАТӘУ АУАА ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 14.)

ИЕГОВА ИЖӘЛАР ИҞАРҴАЛО

(Шәахәаԥш абзац 15.)

14. Еиликаауазеи Гог?

14 Гог дақәгәыӷлоит «ацәеижь иалху анапы», даҽакала иуҳәозар, имоу абџьар (2 Аш. 32:8). Аха ҳара ҳзықәгәыӷло Иегова иоуп. Ажәларқәа уи гаӡароуп ҳәа рыԥхьаӡалоит. Избан? Избанзар Вавилон Ду амч ӷәӷәа шамазгьы, уи анцәахәқәа акгьы рылымшеит. «Агыгшәыги» «жәа-тәыҩаки» Вавилон Ду ықәырхит (Аат. 17:16). Убри аҟынтә Гог Анцәа ижәлар рықәхра изымариахоит ҳәа игәы иаанагоит. «Адгьыл иахаԥо аԥсҭҳәа иеиԥш» иара Иегова ижәлар дрықәлоит (Иез. 38:16). Аха иаарласны Гог еиликаауеит ашьацҳәа дшакыз. Амшын Ҟаԥшь аҿы афараон иеиԥш, иара еиликаауеит дзабашьуа Иегова шиакәу (Ақәҵ. 14:1—4; Иез. 38:3, 4, 18, 21—23).

15. Иҟаиҵозеи Христос аибашьра Армагеддон аҿы?

15 Христос жәҩантәи ир иманы Анцәа ижәлар еиқәирхоит, насгьы ажәларқәеи урҭ рыруааи ықәигоит (Аат. 19:11, 14, 15). Аха ихьуазеи амц ҳәаны ажәларқәа Армагеддон ахь иназго Иегова иаӷацәа ираԥхьагылоу Аҩсҭаа? Иисус уи идемонцәеи иареи ԥахны атымитыша иҭаижьуеит, уа дара зқьышықәса иҭакызаауеит (Аат. 20:1—3).

ИШԤАШӘЫЛШО АИБАШЬРА АРМАГЕДДОН АҾЫ АИҚӘХАРА?

16. а) Ишԥааҳарԥшуеи ҳара Анцәа дшаҳдыруа? б) Ирыхьуазеи Иегова дыздыруа ауаа аибашьра Армагеддон аҿы?

16 Ҳара аҵабырг еилаҳкааижьҭеи акыр ҵуазаргьы имҵуазаргьы, Армагеддон аан ҳаиқәхарц азы «Анцәа дшаҳдыруа», насгьы «Иҳақәиҭу Иисус Христос игәырӷьажәа» ҳшазыӡырҩуа ааҳарԥшыроуп (2 Фес. 1:7—9). Ҳара Анцәа дшаҳдыруа ааҳарԥшуеит уи бзиа иибои ицәымӷуи анаҳдыруа, насгьы ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу аилкаара ҳанашьҭоу. Иара убас Анцәа дшаҳдыруа ааҳарԥшуеит бзиа данаҳбо, ҳанизыӡырҩуа, насгьы иара заҵәык имаҵ анаҳуа (1 Иоанн 2:3—5; 5:3). Анцәа дшаҳдыруа анааҳарԥшуа, иаргьы ҳаидыруазаалоит, даҽакала иаҳҳәозар, даҳзыраззаалоит (1 Кор. 8:3). Ус анакәха, Армагеддон аҿы хымԥада ҳаиқәхоит!

17. Иаанагозеи «Иҳақәиҭу Иисус Христос игәырӷьажәа» азыӡырҩра?

17 «Иҳақәиҭу Иисус Христос игәырӷьажәа» ахь иаҵанакуеит Анцәа Иажәаҿы ҳзыԥхьо Иисус ауаа идирҵоз аҵабыргқәа зегьы. Ҳара ажәабжь бзиа ҳшазыӡырҩуа ааҳарԥшуеит уи инақәыршәаны ҳанынхо, иаҳҳәап, Аҳра аусқәа ҳаԥсҭазаараҿы зегь раԥхьа ианҳаргыло, Анцәа инормақәа инарықәыршәаны ҳанынхо, насгьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа ианырзеиҭаҳҳәо (Матф. 6:33; 24:14). Уи адагьы, ҳара иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иашьцәа ирыду аҭакԥҳықәра анагӡара ҳрыцхраалароуп (Матф. 25:31—40).

18. Ишԥаадырԥшуеи иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иашьцәа аџьшьара «егьырҭ ауасақәа» рахь?

18 Иахьа «егьырҭ ауасақәа» иԥшьоу адоуҳала иалху Анцәа имаҵзуҩцәа ирыцхраауеит (Иоанн 10:16). Иаарласны Анцәа идоуҳала иалху имаҵзуҩцәа уи азы аџьшьара аадырԥшуеит. Ишԥа? Аибашьра Армагеддон алагаанӡа Анцәа идоуҳала иалху 144 000-ҩык рҟынтә адгьыл аҿы инхаз ажәҩан ахь игахоит, насгьы ԥсра зқәым аԥсҭазаара роуеит. Дара Гог дықәызго, насгьы ауасақәа ирҿырԥшу ҵҩа змам ажәлар зыхьчо ажәҩан аҿы иҟоу Анцәа ир иахәҭакхоит (Аат. 2:26, 27; 7:9, 10). Шаҟа еигәырӷьалозеи ҵҩа змам ажәлар Иегова идоуҳала иалихыз имаҵзуҩцәа адгьыл аҿы ианыҟаз иахьрыцхраауаз!

ИШԤАҲАЛШО АНЦӘА ҲИЗИАШАНЫ ААНХАРА АРҬ АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РААН?

19, 20. Ишԥаҳалшо Анцәа ҳизиашаны аанхара, Армагеддон ааигәахацыԥхьаӡа ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы?

19 Имариам арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауадаҩрақәа зхызго Иегова имаҵзуҩцәа рацәоуп. Ус шакәугьы, ҳара агәырӷьара ҳцәыӡӡом (Иак. 1:2—4). Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҳацхраауа анцәаиҳәара ауп. Ҳгәы ҭыӷьӷьаа Анцәа ҳаниҳәо, ҳамч ҭалоит (Лука 21:36). Иара убас есыҽны Анцәа Иажәа ҭаҳҵаалароуп, ҳагьазхәыцлароуп. Уа ҳара ҳаԥхьоит иаарласны инаӡоу иџьашьахәу аԥааимбаражәақәа рыӡбахә (Аԥсал. 77:12). Убас ҟаҳҵалар, насгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала ҳҽалаҳархәлар, ҳагәрахаҵара ӷәӷәазаауеит, ҳгәыӷрагьы аԥсы ҭазаауеит!

20 Шәазхәыц Вавилон Ду анықәгахо, насгьы Армагеддон анеилго шәыԥсҭазаара зеиԥшрахо! Аха еиҳарак ихадоу, шәазхәыц зегьы Анцәа ихьӡ анҳараркло, насгьы инапхгара ианадгыло шаҟа насыԥ шәоуа! (Иез. 38:23). Ааи, Анцәа дыздыруа, Иԥа изыӡырҩуа, насгьы аҵыхәтәанынӡа азиашара аазырԥшуа Армагеддон ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп (Матф. 24:13).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Иарбан ихадоу хҭысқәоу иҟало Армагеддон алагаанӡа?

  • Избан «аҭынчреи ашәарҭадареи» анрыларҳәо, уи ишәарҭоу мцхоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

  • Ишԥаҳалшо Анцәа ҳизиашаны аанхара арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан?

АШӘА 143 Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп

a Иегова ижәлар Армагеддон иазыԥшуижьҭеи акыр ҵуеит. Ари астатиаҿы ҳара абарҭ азҵаарақәа еилҳаргоит: изакәызеи Армагеддон? Иарбан хҭысқәоу иҟало уи алагаанӡа? Ишԥаҳалшо Анцәа ҳизиашаны аанхара арҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа раан?

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ҳакәша-мыкәша иџьоушьаша ахҭысқәа ҟалоит. Аха ҳара 1) иахьынӡалшо ажәабжьҳәаратә ус ҳҽалаҳархәлоит, 2) Абиблиа ҭаҳҵаалоит, 3) Анцәа ҳиқәгәыӷлоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аполициа аусзуҩцәа Иегова ишаҳаҭцәа рыҩны ажәлара ргәы иҭоуп, аха ҳашьцәа агәра ганы иҟоуп Иисус имаалықьцәеи иареи зегь шырбо.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра