Атеократиатә маҵзура ашкол: аиҭахысра
Анаҩстәи азҵаарақәа еилыргахоит 2014 шықәса ииун 30 рзы иалаго амчыбжь азы.
Избан агәырҿыхагақәа ралхраан Ақәҵымҭа 23:2 иану апринцип ақәныҟәара зҳахәҭоу? (маи 5, w11 15/7 ад. 10—12, абз. 3—7).
Шаҟа ихадази аԥшьаҩцәа Иегова иахь акәырбан наргаанӡа рҽырыӡәӡәаларц ирыдыз адҵа, насгьы ишԥаанарԥшуеи уи агәаларшәара шхадоу иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәа рзы? (Ақәҵ. 30:18—21) (маи 19, w96 1/7 ад. 9, абз. 9).
Избан Аарон дзахьырхәымыз ахьтә ҳәыс ахьыҟаиҵаз азы? (Ақәҵ. 32:1—8, 25—35) (маи 19, w04 15/3 ад. 27, абз. 4).
Ишԥадҳәалоу Анцәа израильаа егьырҭ анцәахәқәа ирымҵахырхәоз рыццареи аҳәсақәа раагареи азин ахьриимҭоз ақьырсианцәа аиниареи аҭаацәалалареи ишазыҟоу? (Ақәҵ. 34:12—16) (маи 26, w90 1/4 ад. 18—19, абз. 11—13).
Избан ҳара Веселеили Аголиави рҿырԥшы ҳгәы зышьҭнахуа? (Ақәҵ. 35:30—35) (маи 26, w10 15/9 ад. 10, абз. 13).
Игәаланаршәози израильтәи аԥхьаԥшьаҩы итиурбан ианыз «иԥшьоу аҽазкратә дырга», насгьы иаҳнарҵозеи ҳара уи адырга аҽазкра аганахь ала? (Ақәҵ. 39:30) (ииун 2, w01 1/2 ад. 14, абз. 2, 3).
Иарбан ҭакԥхықәроу идло ақьырсиан, ихаҵара ицеиҩызшо агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еиликаазар? (Алев. 5:1) (ииун 9, w97 15/8 ад. 27).
Иарбан ҵаку аҭынчратә кәырбанқәа израильаа рзы ирымаз, насгьы иарбан ҵаку ҳара ҳзы иахьа урҭ ирымоу? (Алев. 7:31—33) (ииун 16, w12 15/1 ад. 19, абз. 11, 12).
Иарбан гәнаҳоу Аарон иԥацәа Надави Авиуди иҟарҵаз, насгьы иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? (Алев. 10:1, 2, 9) (ииун 23, w04 15/5 ад. 22, абз. 6—8).
Избан ахшараиура ашьҭахь аԥҳәыс «дыцқьам» ҳәа зыԥхьаӡаз? (Алев. 12:2, 5) (ииун 23, w04 15/5 ад. 23, абз. 2).