АБИОГРАФИА
«Абар ҳахьыҟоу! Ҳашьҭы ҳара!»
ИШӘҬАХУМА шәара шәмаҵзура шәырҭбаарц азы ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥ ахь шәиасырц, иаҳҳәап, даҽа тәылак ахь? Ааи акәзар, аиашьа Бергам Жак иԥҳәыси иареи рҭоурых ишәнарҵар алшо рацәоуп.
Жаки Мари-Лини 1988 шықәса инаркны раамҭа зегь амаҵзура иазыркуеит. Дара рыԥсҭазаараҿы иҟалоз аԥсахрақәа ирласны рыҽрықәыршәашьа рҵеит, уи абзоурала Гваделупеи Франциатәи Гвианеи рҿы еиуеиԥшым амаҵзура хкқәа нарыгӡон. Урҭ аҩ-тәылак франциатәи афилиал ахылаԥшра аҵаҟа иҟоуп. Шәааи Жаки Мари-Лини зҵаарақәак раҳҭап.
Избан шәаамҭа зегь амаҵзура иазышәкырц зышәыӡбаз?
Мари-Лин: Схәыҷра зегьы Гваделупа имҩаԥысит. Сани сареи лассы-лассы шьыжьы инаркны хәлаанӡа ажәабжь еицаҳҳәон. Лара еснагь амаҵзураҿы агәацԥыҳәара аалырԥшуан. Сара ауаа бзиа избон, убри аҟынтә 1985 шықәсазы ашкол саналга, иаразнак пионерс амаҵ аура салагеит.
Жак: Схәыҷра ашықәсқәа рыцысхызгеит ажәабжь аҳәара бзиа избоз, заамҭа зегь амаҵзура иазызкуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Аԥхын ашкол аҟынтә ҳанаурышьҭуаз ицхырааҩу пионерс амаҵ зуан. Аԥсшьарамшқәа рзы зны-зынла апионерцәа амаҵ ахьыруаз аҭыԥқәа рахь втобусла ҳцон, амаҵ рыцаҳурц азы. Урҭ амшқәа рзы шьыжьы инаркны хәлаанӡа ажәабжь ҳҳәон. Ажәабжьҳәара ҳаналгоз аԥшаҳәахьы ҳцон. Шаҟа аамҭа бзиази уи!
1988 шықәсазы Мари-Лини сареи ҳаибагеит. Дук мырҵыкәа сара схәыцит: «Ҳара иаҳԥырхагоу ҳәа акгьы ыҟам, нас ҳмаҵзура заҳмырҭбаарызеи?» Убри аҟынтә саргьы пионерс амаҵ аура салагеит. Шәықәсык ашьҭахь апионерцәа рзы ашкол ҳаналга, иҷыдоу пионерцәас амаҵ ҳауларц ҳадырҵеит. Зны Гваделупа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы амаҵ ҳуан, анаҩс Франциатәи Гвианаҟа ҳрышьҭит.
Шәмаҵзураҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа шәрықәшәахьан, ишәыцхраауази урҭ рыҽрықәыршәара?
Мари-Лин: Франциатәи Гвиана иҟаз Вефиль аҿы амаҵ зуаз аишьцәа ирдыруан зегь раасҭа иаҳгәаԥхоз абиблиатә жәеинраала Исаиа 6:8 шакәыз. Убри аҟынтә дара анаҳзасуаз лассы-лассы ихәмарны ирҳәон: «Ишәгәалашәома зегь реиҳа бзиа ижәбо абиблиатә жәеинраала?» Ҳара иаразнак еилаҳкаауан даҽа ҭыԥк ахь ҳаиасыр шакәыз, убри аҟынтә иаҳҳәон: «Абар ҳахьыҟоу! Ҳашьҭы ҳара!»
Ҳара ҳахьырышьҭуаз аҭыԥи уаанӡа амаҵ ахьаҳуаз аҭыԥи еиҿҳарԥшуамызт, ус ҟаҳҵозҭгьы агәырӷьара ҳцәыӡуан. Иара убас аизара ҿыц аҿы аҩызцәа рырҳара ҳҽазаҳшәон.
Жак: Ҳҩызцәа шьоукы рааигәа ҳаҟазарц рҭахын аҟынтә, даҽаџьара ҳмиасырц иҳаҳәон. Аха Гваделупантәи ҳанца, иашьак иаҳгәалаиршәеит Матфеи 13:38 (АдҾ) иану ажәақәа: «Амхурсҭа — адунеи ауп». Убри аҟынтә даҽаџьара ҳаниасуа, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳахьыҟазаалакгьы аус ахьаҳуа мхурсҭак аҿы шакәу. Иара убасгьы иаҳгәалашәоит еиҳарак ихадоу ҳахьырышьҭуа аҭыԥ акәымкәа, уа инхо ауаа шракәу!
Иҿыцу аҭыԥ ахь ҳаннеиуа ҳара иаҳбоит уа инхо ауаа агәырӷьара шырцәымӡуа. Убри аҟынтә ҳаргьы дара реиԥш анхара ҳалагоит. Рыфатә ҳзышьцылахьоу акәымзар ауеит, аха уеизгьы ирфо ҳфоит, иржәуа ҳжәуеит, ҳәарада, убри аамҭазгьы ҳгәабзиара ацклаԥшра шаҭаху ҳхаҳаршҭӡом. Ҳахьырышьҭуа аҭыԥ зеиԥшразаалакгьы, ҳара уи ибзианы ахцәажәара ҳҽазаҳшәоит.
Мари-Лин: Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҿаҳҵааз даараӡа ирацәоуп. Исгәалашәоит раԥхьаӡа Франциатәи Гвиана ҳаниасыз иҟалаз хҭыск. Ҳара ажәабжь аҳәара ҳцар акәын, аха ақәа кыдҵәаны илеиуан аҟынтә, иаахкәаанӡа ҳааԥшыр ауп ҳәа ҳгәы иаанагеит. Убри аҟынтә аиаҳәшьа «быхиома» ҳәа дансазҵаа, илҳәо уамашәа ибаны ус ласҳәеит: «Ҳазлацозеи?» Лара илҳәеит: «Аҳаргь шьҭых, маланыҟәала ҳцоит». Убас ала аҳаргь кны амаланыҟәа ақәтәашьа сҵеит, исымҵазҭгьы ақәа анлеиуаз ажәабжьҳәара сызцаломызт.
Шәара 15-нтә раҟара шәҭыԥ шәыԥсаххьеит, ишәымоума лабжьарақәак даҽаџьара аиасра зҭаху рзы?
Мари-Лин: Даҽа ҭыԥк ахь аиасра даара иуадаҩзар алшоит. Аха уахьиасуа аҭыԥ аҿы иҟазароуп амаҵзура ашьҭахь уаныхынҳәуа уҩны еиԥш ҭынч уԥсы ушьар ахьулшо аҭыԥ.
Жак: Сара есымша ҳахьиасуаз аҩнқәа рыҭӡамцқәа сшәуеит. Афилиал аҟынтә аишьцәа ҭыԥк аҿы рацәак ҳшаанымхо дырны, зны-зынла лафны исарҳәоит: «Жак, уаламгааит уажәы аҭӡамцқәа рышәра!»
Мари-Лин амаҭәа аизгаразы «хәба» лымоуп! Лара иаҳҭаху зегьы акоробкақәа ирҭалҵоит, анаҩс урҭ ирнылҵоит: «аҽыкәабарҭа», «аиарҭамаҭәа», «ахәыҟаҵарҭа», уҳәа убас иҵегьы. Убри аҟынтә аҩн ҿыц ахь ҳаниасуа зегьы рҭыԥқәа рықәҵара еиҳа иаҳзымариоуп. Уи адагьы, лара акоробкақәа ирҭоу абӷьыц ианылҵоит, уи абзоурала ҳзышьҭоу аԥшаара ҳзымариоуп.
Мари-Лин: Даҽа ҭыԥк ахь аиасра иадҳәалоу аусқәа реиҿкаашьа ибзианы иахьаҳҵаз абзоурала ҳара аамҭа мгакәа ҳмаҵзура ҳалагалар ҳалшоит.
Шәхы ишԥашәырхәо шәаамҭа, шәымчқәа зегьы шәмаҵзура иазышәкларц азы? (2 Тим. 4:5).
Мари-Лин: Шәахьала ҳара ҳаԥсы ҳшьоит, насгьы аизарақәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Аҩаша инаркны ажәабжь аҳәара ҳалагоит.
Жак: Ҳәарада, ҳара есымза иалкаау асааҭқәа амаҵзура иазаҳклар ауп, аха ҳара ҳзы асааҭқәа ракәӡам ихадоу. Еиҳарак ихадоу ажәабжьҳәаратә ус ахаҭа ауп. Аҩны ҳандәылҵлак инаркны ҳхынҳәаанӡа иаҳԥыло зегьы рацәажәара ҳҽазаҳшәоит.
Мари-Лин: Ҭыԥк ахь ԥсшьара ҳанцогьы сара абуклетқәа шьҭысхуеит. Шьоукы ҳадгыланы апубликациақәа ирыҳәоит, Иегова ишаҳаҭцәа шҳакәу раҳамҳәацзаргьы. Убри аҟынтә ҳара ҳҽеилаҳәашьеи ҳхымҩаԥгашьеи ҳрыцклаԥшуеит, избанзар ауаа уи иахәаԥшуеит.
Жак: Уи адагьы, ҳара ҳгәылацәа абзиарақәа рзыҟаҳҵоит. Сара икажьу ақьаадқәа сыҟәшәоит, насгьы абаҳчаҿы абыӷьқәа ҳәҳәагала еизызгоит. Агәылацәа уи гәарҭоит, зны-зынлагьы исазҵаауеит: «Сара сзы Абиблиа шәымаӡами?»
Шәара лассы-лассы ихароу аҭыԥқәа рҿы ажәабжь шәҳәоит. Ишәымоума аинтерес зҵоу ҳҭыск?
Жак: Гвиана иҟоу ҭыԥқәак рҟынӡа анеира ус имариам. Лассы-лассы мчыбжьык аҩныҵҟа ҳара 600 километра ҳархысуеит. Амҩақәагьы даараӡа ицәгьоуп. Сара ахаан исхашҭуам амазонкатәи абнараҿы иҟоу ақыҭа Сент-Ели ҳашцоз. Амҩа сааҭқәак ҳцәагеит, зны амҩа цәгьақәа рҿы ицо машьынала, анаҩс моторла аус зуа анышь ала амҩа ҳақәын. Уа инхо аӡәырҩы ауаа рхы ныҟәыргаларц азы ахьы ыҵырхуеит. Дара ҳпубликациақәа бзиа ирбоит, урҭ ахьраҳҭаз азы хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥара ацымхәрас ахьы ҟәырҷахақәа ҳарҭеит! Ахәылбыҽха ҳорганизациа иҭнажьуа афильмқәа руак дҳарбеит. Уи ахәаԥшразы ирацәаны ауаа ааит.
Мари-Лин: Ааигәа Жак Агәаларшәара ахәылԥаз аан ақыҭа Камопи ажәахә иманы дықәгыларц иҳәеит. Уи ақыҭахь ҳнеирц азы моторла аус зуа анышь ала ԥшь-сааҭк аӡиас Оиапок ҳхын. Уи сара ахаан исхашҭуам.
Жак: Аӡы ахьылаҟәыз аҭыԥқәа рҿы ахаҳә дуқәа раҩсра даараӡа ишәарҭан. Агәра шәсыргоит, урҭ ахаҳә дуқәа шәбазҭгьы шәгәы аангылон! Уи аҭыԥ бзианы издыруаз ида уахь цашьа амамызт. Аха уеизгьы даараӡа иаҳгәаԥхеит. Уа Иегова ишаҳаҭцәа фҩык роуп инхо, аха Агәаларшәара ахәылԥаз ахь 50-ҩык раҟара неит, аиндееццәагьы уахь иналаҵаны!
Мари-Лин: Абас еиԥш аинтерес зҵоу ахҭысқәа рзыԥшуп еиҳаны Иегова имаҵ зуларц зҭаху аҿарацәа. Шәиқәгәыӷла Иегова абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа шәанрықәшәо, усҟан шәыгәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Ҳара лассы-лассы иаҳбоит Иегова дышҳацхраауа.
Шәара абызшәақәа шәҵеит. Ишәзымариоума абызшәақәа рҵара?
Жак: Мап, зынӡа иаҳзымариам. Сара урҭ абызшәақәа сҵеит ажәабжь сҳәаларц, насгьы аизарақәа срыцхрааларц азы. Зны исыҳәеит сранан-тонгоa абызшәала «Ахьчаратә бааш» аҟынтә астатиа еилсыргарц, аха усҟан знызаҵәыкгьы уи абызшәала аизараҿы Абиблиагьы самыԥхьаӡацызт! Аизара ашьҭахь аиашьа ишԥамҩаԥызгеи ҳәа сиазҵааит. Иара иҳәеит: «Зны-зынла иуҳәоз ҳзеилкаауамызт, аха уеизгьы ибзианы имҩаԥугеит». Ахәыҷқәа даараӡа исыцхрааит, дара исдырҵаз рацәоуп. Агхақәа аныҟасҵоз, ахәыҷқәа сдыриашон, адуцәа акгьы сарҳәомызт.
Мари-Лин: Ҭыԥк аҿы сара афранцыз бызшәалеи, апортугал бызшәалеи, сранан-тонго абызшәалеи абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызгон. Иаҳәшьак исалҳәеит раԥхьа еиҳараӡак исцәыцәгьаз апортугал бызшәала абиблиатә ҵара мҩаԥызгаларц, аҵыхәтәаны — зегь реиҳа исзымариаз ала. Иаарласны еилыскааит уи алабжьара аҟәыӷара шаҵаз.
Ҽнак сара абиблиатә ҵара раԥхьа сранан-тонго абызшәала имҩаԥызгеит, анаҩс апортугал бызшәала имҩаԥызгар акәын. Аҩбатәи абиблиатә ҵара амҩаԥгара саналага исыцыз аиаҳәшьа ус салҳәеит: «Мари-Лин, ауаҩы ибҳәо лзеилкааӡом!» Усҟан ауп ианеилыскаа Бразилиа иатәыз аԥҳәыс апортугал бызшәала акәымкәа, сранан-тонго абызшәала сышлацәажәоз!
Амаҵ зцыжәуаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи даараӡа бзиа шәырбоит. Излашәырҳазеи урҭ рыбзиабара?
Жак: Ажәамаанақәа 11:25 иануп: «Агәыҭбаара аазырԥшуа ауаҩы ицлоит». Ҳара аишьцәа рзы ҳхы ҳаигӡом. Аҳратә зал аҿы ак аныҟаҵатәу шьоукы ус сарҳәоит: «Ажәабжьҳәаҩцәа иҟарҵааит». Аха сара ирасҳәоит: «Саргьы сжәабжьҳәаҩуп. Уск ҟаҵатәызар, саргьы уи сҽаласырхәырц сҭахуп». Ҳәарада, ҳара зегьы ҳхатә усқәа ҳамоуп, аха лассы-лассы иаҳгәалаҳаршәоит урҭ аусқәа аишьцәа рыцхраара иаҳԥырхагахалар шакәым.
Мари-Лин: Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи русқәа шцо аилкаара ҳҽазаҳшәоит. Уи абзоурала иаҳдыруеит рхәыҷқәа анбатәу, мамзаргьы ашкол аҟынтә ианаагатәу. Анаҩс ҳрыцхраарц азы ҳапланқәа ҳаԥсахуеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳанрыцхраауа, дареи ҳареи ҳаиҩызцәахоит.
Иарбан зылԥхарақәоу ажәабжьҳәаҩцәа ахьазымхо аҭыԥқәа рҿы Анцәа имаҵ аура ишәзаанагаз?
Жак: Ҳаамҭа зегь амаҵзура иахьазаҳкуа абзоурала ҳаԥсҭазаара насыԥла иҭәуп. Уи амаҵзура аԥсабареи ҳареи ҳаизааигәанатәит, ҳара Иегова ишамҭақәа ҳрыцклаԥшлар, насгьы ҳрылагәырӷьалар ҳалшоит. Ҳәарада, ауадаҩрақәагьы ҳрықәшәоит, аха ҳгәы ҭынчуп, избанзар ҳахьыҟазаалакгьы Анцәа ижәлар шҳавагыло ҳдыруеит.
Санқәыԥшыз сара Франциатәи Гвиана абахҭа сҭакын, арра сахьымцаз азы. Усҟан схаҿгьы исзаагомызт знымзар-зны уа миссионерс амаҵ зулоит ҳәа, насгьы абахҭа иҭаку ажәабжь рзеиҭасҳәалоит ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, Иегова ирацәаны азылԥхарақәа ҳаиҭеит!
Мари-Лин: Сара ауаа рыцхраара бзиа избоит, уи еиԥш агәырӷьара сзаазго ак ыҟам. Ҳара даараӡа иаҳгәаԥхоит Иегова имаҵ аура. Уи абзоурала ҳҭаацәалазаара еиҳагьы иӷәӷәахеит. Зны-зынла Жак исеиҳәоит: «Бааи згәы каҳаны иҟоу хаҵеи-ԥҳәыси ааҳаԥхьап, акреицаҳфарц азы». Лассы-лассы ҭакс исҳәоит: «Саргьы убри сазхәыцуан!» Ҳхәыцрақәа абас лассы-лассы еиқәшәоит.
Жак: Ааигәа аҳақьымцәа акьыба шсымоу гәарҭеит. Сара издыруеит Мари-Лин уи шылгәамԥхо, аха ус ласҳәоит: «Сыхаара, уажәшьҭа сажәит ҳәа сызҳәом, аха уаҵәы сыԥсыр, издыруеит сыԥсҭазаара зегь иреиӷьу, агәырӷьара сзаазго адоуҳатә усқәа ишырзыскыз» (Аҟаз. 25:8).
Мари-Лин: Иегова ҳҿаԥхьа ҳазқәымгәыӷуаз ашәқәа ааиртит, насгьы ҳхаҿы иаҳзаамгоз адҵақәа ҳаиҭеит. Ҳаԥсҭазаара ииашаҵәҟьаны насыԥла иҭәуп. Ҳара гәык-ԥсыкала Анцәа ҳиқәгәыӷуеит, убри аҟынтә ҳахьырышьҭлакгьы ацара ҳазхиоуп!
a Сранан-тонго абызшәа ахы ыҵнахит итәцәаз ауаа рыбжьара. Уи англыз бызшәеи, анидерланд бызшәеи, апортугал бызшәеи, африкатәи абызшәақәеи рыла еилаԥсоу бызшәоуп.