Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ииун ад. 30—31
  • Иақәҿышәҭуама шәара абыкь абжьы?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иақәҿышәҭуама шәара абыкь абжьы?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • АИЗАРА ДУҚӘА РАХЬ ҲАНААРЫԤХЬО
  • АИЗАРА АИҲАБАЦӘА РҴАРА ИАЦЫРҴАРЦ ААԤХЬАРА АНРЫРҬО
  • АОРГАНИЗАЦИАҾЫ АԤСАХРАҚӘА ШЫҞАРҴАЗ АНҲАРҲӘО
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ииун ад. 30—31

Иақәҿышәҭуама шәара абыкь абжьы?

ҲАРА зегьы агәра ганы ҳаҟоуп арҭ «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан Иегова ижәлар анапхгара шриҭо, насгьы изааигәахара дышрыцхраауа (2 Тим. 3:1). Аха ҳара уи ҳаизыӡырҩлароуп. Ҳара ҳҭагылазаашьа Израильаа ацәҳәыраҿы ианыҟаз рҭагылазаашьа иаҿҳарԥшыр ҳалшоит. Дара абыкь абжьы иақәҿырҭлар рыхәҭан.

Иегова Моисеи иеиҳәеит араӡны иалху абыкьқәа ҩба ажьаҳәа иаҵихырц. Анаҩс иҳәеит: «Урҭ уара ухы иаурхәалоит ажәлар реизгареи алагерқәа реиҭагареи анаҭаххо» (Ахыԥхь. 10:2). Аԥшьаҩцәа ажәлар иҟарҵаша рарҳәарц азы абыкь абжьы еиуеиԥшымкәа идыргон (Ахыԥхь. 10:3—8). Иахьа Анцәа ижәлар анапхгара роуеит еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла. Иаҳҳәап, Анцәа ижәлар аизара дуқәа рахь иаарыԥхьоит, аизара аиҳабацәа аҵара ддырҵоит, аизарақәа рзы аԥсахрақәа ҟарҵоит. Шәааи уи ажәытәан Израиль иҟаз иаҿҳарԥшып.

АИЗАРА ДУҚӘА РАХЬ ҲАНААРЫԤХЬО

Иегова «ажәлар зегьы» иԥшьоу ақьала мрагыларатәи аган аҿы еизарц аниҭахыз, аԥшьаҩцәа абыкьқәа рыҩбагьы рыбжьы дыргон (Ахыԥхь. 10:3). Уи абжьы аимшьҭрақәа зегьы ираҳауан. Дара ԥшь-гәыԥкны рыҽшаны иԥшьоу ақьала иакәшаны игылан. Аҩналарҭа иазааигәаз уи абжьы анраҳалак, минуҭқәак рыла инеир рылшон. Аҩналарҭа иацәыхараз уахь инеирц азы еиҳаны аамҭеи амчи рҭахын. Ишыҟазаалакгьы, Иегова иҭахын зегьы еизарц, насгьы иреиҳәоз иазыӡырҩырц.

Иахьа ҳара иԥшьоу ақьалаҿы ҳаизаӡом, аха Иегова ижәлар реизарақәа рахь ҳаарыԥхьоит, иаҳҳәап, арегионалтә конгрессқәеи иҷыдоу егьырҭ аиԥыларақәеи рахь. Уа ҳара даараӡа ихадоу ак ҳаҳауеит, насгьы анапхгара ҳарҭоит. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо урҭ аиԥыларақәа рҿы иуаҳауа акоуп. Ааԥхьара здызкыло даараӡа еигәырӷьоит насыԥ змоу Иегова ижәлар рыбжьара аҟазаара алшара ахьрымоу. Шьоукы ус еиԥш иҟоу аиԥыларақәа рахь инеирц азы еиҳаны амҩа иқәуп егьырҭ раасҭа. Аха инеиуа зегьы еилыркаауеит уи азы аџьабаа абара ишаԥсоу.

Иаҳҳәар ҳалшозеи аизара дуқәа ирцәыхароу агәыԥ маҷқәа рзы? Иахьатәи атехнологиақәа рыбзоурала аӡәырҩы урҭ аиԥыларақәа ирыхәаԥшлар ауеит, насгьы аизара дуқәа ирыхәҭакны рхы рбалар рылшоит. Иаҳҳәап, ихадоу аусбарҭа ахаҭарнак Бенинтәи афилиал данаҭаауаз, ашахта ахьыҟоу ақалақь Арли инхо аишьцәа рзы авидеотранслиациа еиҿыркааит. Уи ақалақь ацәҳәыра Сахара иҟоу Нигер иаҵанакуеит. Уи апрограмма иазыӡырҩит хәҩык Иегова ишаҳаҭцәа, насгьы абиблиатә ҵабырг згәаԥхо ааҩык ахацәеи ааҩык аҳәсеи. Дара даараӡа ишыхаразгьы, 44 131-ҩык ахьыҟаз уи аиԥылара ду иахәҭакны рхы рбон. Иашьак иҩит: «Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ари атранслиациа азы! Уи даҽазнык иаҳнарбеит шаҟа бзиа ҳажәбо».

АИЗАРА АИҲАБАЦӘА РҴАРА ИАЦЫРҴАРЦ ААԤХЬАРА АНРЫРҬО

Израильтәи аԥшьаҩцәа быкьк абжьы андыргоз, зықьҩык ирхагылаз ахадацәа рымацара ракәын аизара ақьалахь инеиуаз (Ахыԥхь. 10:4). Уа Моисеи амҩақәҵарақәа риҭон, насгьы аҵара дирҵон. Уи дара рҭакԥхықәрақәа рынагӡара ирыцхраауан. Шәара урҭ ахадацәа шәыруаӡәкызҭгьы, ишәылшоз зегь ҟашәымҵаӡози уи аиԥыларахь шәнеины Моисеи ииҳәо шәазыӡырҩырц азы?

Иахьа аизара аиҳабацәа «хадацәам», дара Анцәа иԥсаса иақәиҭӡам (1 Пиотр 5:1—3). Аха дара ирылшо зегь ҟарҵоит аԥсаса ахьча иеиԥш иеиҷаҳаларц азы. Убри аҟынтә рҵара иацырҵарц ааԥхьара анроуа, гәахәарыла иақәшаҳаҭхоит, иаҳҳәап, Аҳратә маҵзура ашкол аҿы. Ашкол аҿы дара аизараҿы рҭакԥхықәрақәа еиҳа еиӷьны рынагӡашьа рҵоит. Уи аҩыза аҵара абзоурала, аизара аиҳабацәеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи Иегова еиҳа изааигәахоит. Шәара уи аҩыза ашкол аҿы аҵара шәымҵацзаргьы, уи иалгахьоу ирҿышәҵаар шәылшо рацәоуп.

АОРГАНИЗАЦИАҾЫ АԤСАХРАҚӘА ШЫҞАРҴАЗ АНҲАРҲӘО

Зны-зынла израильтәи аԥшьаҩцәа иҿахҵәа-ҿахҵәаз абыжьқәа дыргон. Уи абжьы иаанагон Иегова ажәлар зегьы амҩа иқәларц шиҭахыз (Ахыԥхь. 10:5, 6). Ажәлар зегьы амҩа ианықәлоз еиԥхьытта акәымкәа, даараӡа рҽеиҿкааны идәықәлон, аха уи азы дасу аџьабаа ӷәӷәа ибар акәын. Шьоукы уи рзымариамызҭгьы ҟаларын. Избан?

Иҟалап шьоукы ргәы иаанагозҭгьы абыкь абжьы лассы-лассы, насгьы иаалырҟьаны игоит ҳәа. Абиблиаҿы иануп иԥшьоу ақьала аханы аԥҭа анышьҭыҵуаз Израильаа амҩа ишықәлоз. Шаҟа лассы-лассы иҟалози уи? «Зны-зынла аԥҭа ахәылбыҽха инаркны шьыжьынӡа уа иҟан», зны-зынла «ҩымш, мызкы, мамзаргьы еиҳаны» (Ахыԥхь. 9:21, 22). Шаҟантә ирыԥсахуази ажәлар рҭыԥ? Ахыԥхьаӡарақәа 33-тәи ахы иаҳнарбоит дара 40-нтә раҟара рҭыԥ шырыԥсахыз.

Шьоукы ашәшьыра ахьыҟаз аҭыԥ алхра рылшон, ацәҳәыраҿы уи аҩыза аҭыԥ аԥшаара насыԥ дуун (Ҩынтә. 1:19). Убри аҟынтә еиҭа идәықәлатәуп ҳәа анраҳауаз, аҭыԥ ҿыц еиҳа еицәазар ауеит ҳәа ихәыцыр алшон.

Аимшьҭрақәа зегьы амҩа ианықәлоз, шьоукы дара раамҭа анбааиуеи ҳәа аԥшра рцәыцәгьазар ауан. Иҿахҵәа-ҿахҵәаз абыкь абжьы зегьы ираҳауан, аха зегьы зеицдәықәлаӡомызт. Уи абжьы раԥхьаӡа иангоз, мрагыларатәи аимшьҭрақәа ракәын адәықәлара зыхәҭаз, урҭ рахь иаҵанакуан Иуда, Иссахар, Завулон (Ахыԥхь. 2:3—7; 10:5, 6). Урҭ андәықәлалак ашьҭахь, иҿахҵәа-ҿахҵәаз абыкь абжьы аҩынтәраан игон, аладатәи аган аҿы иҟаз аимшьҭрақәа хԥа дәықәларц азы. Убас, 12 еимшьҭра амҩа иқәлаанӡа абыкь абжьы дыргон.

Иҟалап аорганизациаҿы иҟало ԥсахрақәак рыдкылара шәзымариамзар. Мамзаргьы урҭ даараӡа ирацәоуп ҳәа шәхәыцуазар ауеит. Ма уеизгьы зегь бзиоуп, акгьы аԥсахра аҭахӡам ҳәа шәгәы иаанагозар алшоит. Ишыҟазаалакгьы, аԥсахрақәа рышьцылара мариамхар ауеит, убри аҟынтә уи аамҭа аҭахуп. Аха урҭ рыдкылара ҳҽазаҳшәар, ахәарҭа шаҳзаарго, насгьы Иегова дшаҳзылԥхо ҳбар ауеит.

Моисеи ихаан Иегова миллионҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи ацәҳәыра иалганы игон. Иара ицхыраареи инапхгареи рыда дара зеиқәхомызт. Иахьа Иегова ишәарҭоу арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы инапхгара ҳаиҭоит, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара дҳацхраауеит, ҳагәрахаҵарагьы ирӷәӷәоит! Убри аҟынтә шәааи Израильаа абыкь абжьы ишақәҿырҭуаз еиԥш еснагь Иегова ҳаизыӡырҩлап!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра