АБИОГРАФИА
Ҳара Иегова мап ицәымкшьа ҳҵеит
АФЫРҬЫН бааԥс ашьҭахь аӡиас хыҵны аҳәынҵәеи ахаҳә дуқәеи аманы иӷьны иаауан. Ҳара нырцә ҳаиасыр акәын, аха ацҳа аӡы иагеит. Сыԥшәма Харвии сареи ҳаиҭагаҩи ҳшәаны иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳгылан, аха уеизгьы ҳаиасырц ҳаӡбеит. Аӡиас анхыҵ иаҳзыԥшыз ҳашьцәагьы шәаны игылан. Ҳара ҳмашьына хәыҷ аҵкыс маҷк еиҳаз агрузовик ҳмашьына ақәҳаргылеит, аха иқәымҟьарц азы изладҿаҳҳәалоз акгьы ҳамаӡамызт. Ус шакәызгьы, аӡиас арра ҳалагеит. Уи аамҭа нымҵәоушәа сгәы иабон. Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа Иегова ҳиҳәон. Ари ахҭыс ҳақәшәеит ҳаҩны иацәыхараз Таивань 1971 шықәсазы. Харвии сареи ҳаԥсҭазаара атәы маҷк шәзеиҭасҳәар сҭахуп.
ИЕГОВА ИАХЬ ҲАБЗИАБАРА ШЕИЗҲАЗ
Харви хҩык иашьцәа дреиҳабын. Иҭаацәеи иареи нхон мраҭашәаратәи Австралиаҿы ишьҭоу ақалақь Мидленд-Џьанкшен. Дара аҵабырг еилыркааит аекономикатә кризис аныҟаз 1930-тәи ашықәсқәа рзы. Харви Иегова бзиа дибеит, убри аҟынтә 14 шықәса анихыҵуаз аӡы иҽӡааихит. Хара имгакәа иара еиликааит аизараҿы аҭакԥхықәрақәа ҳадырҵозар, мап акра ишаԥсам. Иашьак Харви аизараҿы «Ахьчаратә бааш» даԥхьарц диҳәеит, аха Харви ибзианы дзамыԥхьар ҳәа дшәаны мап икит. Усҟан уи аиашьа Харви ус иеиҳәеит: «Харви, Иегова иорганизациаҿы аӡәы ак ҟауҵарц дуҳәозар, уи аҟаҵара шулшо агәра ганы дыҟоуп!» (2 Кор. 3:5).
Ҳара Англиа ҳанхон. Сани саҳәшьеиҳаби сареи уа аҵабырг еилаҳкааит. Раԥхьа саб Иегова имаҵ аура ҳахьалагаз игәаԥхаӡомызт, аха аҵыхәтәаны иаргьы иҽҳадикылеит. Саб ишиҭахымыз сара аӡы сыҽӡаасхит. Усҟан жәашықәсагьы схыҵуамызт. Сара исҭахын апионертә маҵзура салагарц, нас миссионерс сҟаларц. Аха саб азин шсимҭоз еилыскаауан. Сара исҭахӡамызт сышықәс наӡаанӡа — 21 шықәса схыҵаанӡа — аԥшра. Убри аҟынтә 16 шықәса анысхыҵуаз саб Австралиа инхоз саҳәшьеиҳаб лахь сишьҭырц сиҳәеит. Уа 18 шықәса анысхыҵ апионертә маҵзура салагеит.
1951 шықәса. Ҳанеибагаз амш аҽны
Австралиа Харвии сареи ҳаибадырит. Иаргьы сара сеиԥш миссионерс амаҵ иулар иҭахын. 1951 шықәсазы Харвии сареи ҳаибагеит. Ҩышықәса пионерс амаҵ анеицаҳу ашьҭахь араионтә маҵзура ҳадырҵеит. Ҳраион даараӡа идуун аҟынтә лассы-лассы ашоураха амҩа хара ҳақәын.
ҲГӘЫХӘТӘЫ НАӠЕИТ
Галаад ҳалгеит. Ианки астадион аҿы адипломқәа ҳарҭоит
1954 шықәсазы ҳара ҳгәыхәтәы ҳазааигәахеит. Уи ашықәс азы Галаад ашкол 25-тәи акласс ахь ҳаарыԥхьеит. Уажәшьҭа миссионерцәас ҳҟалар ҳалшон. Ниу-Иорк ҳаннеи ҳхы Абиблиа аҭҵаара иазаҳкит. Галаад аҿы ҳара иара убас аиспан бызшәа ҳҵон. Аха Харви уи ицәыцәгьан, избанзар анбан «р» дара реиԥш изҳәомызт.
Галаад аҵара анаҳҵоз Иапониа амаҵ аура зҭаху уи абызшәа аҵаразы агәыԥ шәыҽҭажәҩыр шәылшоит ҳәа ҳарҳәеит. Аха ҳара ҳахьиасшаз Иегова иӡбар ҳҭахын, убри аҟынтә ҳаҽҭаҳмыҩӡеит. Альберт Шриодер уи анеиликаа даҽазнык ҳазхәыцырц ҳаиҳәеит. Аха ҳара уеизгьы ҳаҽҭаҳамҩырц ҳаӡбеит. Усҟан иара иҳаиҳәеит: «Егьырҭ аишьцәеи сареи шәҭаҳаҩхьеит. Ҳахәаԥшып аиапон бызшәа шышәҵо». Харви аиапон бызшәа аҵара даара изымариахеит.
1955 шықәсазы ҳара Иапониаҟа ҳаиасит. Усҟан уа Иегова имаҵ зуаз 500-ҩык ракәын. Харви 26 шықәса ихыҵуан, сара — 24. Ԥшьышықәса амшынбаӷәаза ахьыҟаз ақалақь Кобе аҿы амаҵ ҳуан. Анаҩс ақалақь Нагоиа аҿы араионтә маҵзура иацаҳҵарц иҳаҳәеит. Ҳара уи даараӡа ҳаигәырӷьеит. Уа зегь ҳгәаԥхон: аишьцәеи аиҳәшьцәеи, афатә, аԥсабара. Аха дук мырҵыкәа, даҽа дҵак ҳадырҵеит. Усҟангьы Харвии сареи Иегова мап ицәаҳамкит.
АДҴА ҾЫЦИ АУАДАҨРА ҾЫЦҚӘЕИ
Харвии сареи егьырҭ амиссионерцәеи. Кобе, Иапониа, 1957 шықәса
Хышықәса араионтә маҵзураҿы ианаҳхаҳга ашьҭахь иапониатәи афилиал Таиваньҟа аиасра шәылшома ҳәа иҳазҵааит, уа ами бызшәала ицәажәоз ауаа ажәабжь рзеиҭаҳҳәаларц азы. Таивань инхоз аишьцәа шьоукы аҵабырг иахьацәхьаҵыз иахҟьаны уа ауадаҩрақәа ыҟан. Урҭ ауадаҩрақәа рыӡбаразы аиапон бызшәала ибзианы ицәажәоз аиашьа дырҭахынa. Ҳара Иапониа амаҵ аура даара иаҳгәаԥхон аҟынтә, уи аӡбара адкылара ҳзымариамызт. Аха Харви еилкааны иман Иегова мап ицәкра ишаԥсам, убри аҟынтә ҳақәшаҳаҭхеит.
Ноиабр 1962 шықәсазы ҳара Таиваньҟа ҳаиасит. Усҟан уа 2 271-ҩык жәабжьҳәаҩцәас амаҵ руан. Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара акитаи бызшәа ҳҵар акәын. Аха уи аҵаразы иҳамаз шәҟәы заҵәыки англыз бызшәа ззымдыруаз арҵаҩи ракәын. Ус шакәызгьы, ҳара акитаи бызшәа ҳҵеит.
Дук мырҵыкәа Харви афилиал амаҵзуҩыс дҟарҵеит. Афилиал хәыҷын аҟынтә, уатәи аусқәа мчыбжьык ала дрыхьӡон. Анаҩс хымчыбжь рыҩныҵҟа ами бызшәала ицәажәоз аишьцәа ажәабжь рыциҳәон. Зны-зынла Харви аобласттә хылаԥшҩыс амаҵ иуан, аконгрессқәа рҿгьы ажәахәқәа иманы дықәгылон. Харви аиапон бызшәала ажәахәқәа иҳәалар илшон, избанзар аишьцәа уи абызшәа еилыркаауан. Аха аиҳабыраа иҭрыжьыз азакәан инақәыршәаны адинхаҵаратә еиԥыларақәа зегьы акитаи бызшәа мацарала имҩаԥгалатәын. Убри аҟынтә Харви ишицәыцәгьазгьы акитаи бызшәала ажәахәқәа иҳәон, егьи аиашьа урҭ ами бызшәахьы еиҭеигон.
Таивань аибашьра ианазыԥшыз аамҭа иҭагылан аҟынтә, аконгресс амҩаԥгаразы аиҳабыраа азин рымхтәын. Уи мариамызт, убри аҟынтә аполициа аусзуҩцәа уи ҳаҭара иахыццакуамызт. Зны-зынла аконгресс мҩаԥысраны ианыҟаз амчыбжь алагон, аха уи амҩаԥгаразы азин ҳамамызт. Усҟан Харви аполициахь дцон, насгьы азин ирҭаанӡа дхынҳәуамызт. Аполициа аусзуҩцәа ацәыԥхашьон атәымтәылауаҩ дтәаны дахьырзыԥшыз, убри аҟынтә Харви ииҭахыз ирҭон.
РАԤХЬАӠАКӘНЫ АШЬХА СЫШХАЛАЗ
Таивань акәара ҳаиасуеит, ажәабжьҳәара ҳцарц азы
Аишьцәа ҳрыцны ажәабжьҳәара ҳанцоз сааҭк ма еиҳаны амҩа цәгьа ҳақәын — ашьхақәа ҳархалон, аӡиасқәа ҳарҭысуан. Исгәалашәоит раԥхьаӡакәны ашьха сышхалоз. Харвии сареи иаарласны шьыжьхьа ыфаны фба рыбжазы автобус ҳҭатәахьан, ихароу ҭыԥк ахь ҳцарц азы. Анаҩс аӡиас ду ҳарны амардара ҳкыдлеит. Уи ахалара даара иуадаҩын. Схы шьҭыхны саныԥшуаз саԥхьа ицоз аиашьа ишьапсыргәыҵа саҵаԥшуан.
Уи аҽны Харви аҭыԥантәи аишьцәа амаҵ рыциуан, сара аиапон бызшәала иахьцәажәоз қыҭа хәыҷык аҿы сымацара ажәабжь сҳәон. Асааҭ акы аҟынӡа аамҭа анца даараӡа амла сакит, сыԥсы сылышәшәома ҳәа сҳәо аҟынӡагьы снеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Харви х-кәтаӷьк иманы дааит. Иара урҭ ажурналқәа ирыхҭниԥсахит. Харви исирбеит урҭ акәтаӷьқәа кылҵәаны ишыфатәыз. Ҳәарада, уи исгәаԥхоз акәмызт. Аха иҟасҵарыз, исфар акәхеит. Харвии сареи акака ҳфеит, ахԥатәигьы сара исфар акәхеит, избанзар сыԥсы маҷхазҭгьы Харви сизылбаагомызт.
УАМАШӘА ИУБАШАЗ АҼЫКӘАБАРҬА
Зны сара уамашәа иубашаз хҭыск сақәшәеит. Харвии сареи Аҳратә зал азааигәара инхоз иашьак иҿы ҳаанҿасит. Ами бызшәала ицәажәо ауаа ацқьара бзиа ирбоит, убри аҟынтә араионтә хылаԥшҩы иԥҳәыс аҽыкәабарҭа ҳазлырхиеит. Харви деилахан аҟынтә, аԥхьа сара сцарц сеиҳәеит. Аҽыкәабарҭа ҳәа изышьҭаз уедрак аӡырши, уедрак аӡы хьшәашәеи, иҭацәыз алагьани ракәын. Аха зегь раасҭа иџьасшьаз аиаҳәшьа уи зегь Аҳратә зал аҿаԥхьаҵәҟьа иахьлыргылаз ауп. Аҳратә зал аҿы аишьцәа аконгресс аҽазыҟаҵара иаҿын. Убри аҟынтә аиаҳәшьа урҭ срымбарц азы икнасҳашаз ак сылҭарц слыҳәеит. Аха лара зегь зныԥшуаз қәыршә хәыҷык лыманы дааит. Ҳәарада, аӡәгьы сахьимбоз аҩны ашьҭахь сҽыскәабаргьы сылшон, аха уа аҟызқәа ыҟан. Аанда шыбжьазгьы, урҭ рааигәа инеиуаз зегь ирыцҳауан. Уаҳа ԥсыхәа анысмоу ус схәыцит: «Аишьцәа еилахоуп, саха рымаӡам. Сҽысымкәабар, рҵас саӷрагылоит». Ажәакала, сҽыскәабар акәхеит.
Ами рымаҭәа ҳшәуп
АМИ БЫЗШӘАЛА АПУБЛИКАЦИАҚӘА
Харви еиликааит ами бызшәала ицәажәоз аишьцәа доуҳала изеизымҳауаз аԥхьашьа ахьырзымдыруаз, насгьы рхатәы бызшәала апубликациақәа ахьрымамыз азы шакәыз. 1963 шықәсазы ами бызшәала анбан ҭрыжьит. Убри аҟынтә аишьцәа ирыӡбеит ами бызшәала ицәажәоз аишьцәа рхатәы бызшәала аԥхьашьа ддырҵарц. Ҳәарада, уи ус мариамызт, аха алҵшәа бзиақәа аанагеит, избанзар аишьцәа рхаҭа Абиблиа ҭырҵаалар рылшон. 1966 шықәсазы ами бызшәала ҳпубликациақәа ҭыҵуа иалагеит, 1968 шықәсазы «Ахьчаратә баашгьы» ҭыҵуа иалагеит.
Аха апубликациақәа рҭыжьра акитаи бызшәа мацарала акәын ишыҟалоз. Убри аҟынтә ҳара еиуеиԥшым аметодқәа ҳхы иаҳархәон. Иаҳҳәап, акитаи бызшәагьы ами бызшәагьы зныз «Ахьчаратә бааш» ҭҳажьуан. Аӡәы имԥыхьашәар, уи ацхыраарала ауаа акитаи бызшәа дҳарҵоз џьишьон. Убри инаркны ами бызшәала ирацәаны апубликациақәа ҭыҵуа иалагеит. Урҭ рыцхыраалара ҳара гәыкала иҟаз ауаа аҵабырг дҳарҵон (Аус. 10:34, 35).
ИЕГОВА АИЗАРА ИРЫЦҚЬОИТ
Акыршықәса рыҩныҵҟа ами бызшәала ицәажәоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова инормақәа инарықәыршәаны инхаӡомызт. Дара абиблиатә принципқәа рзеилкааӡомызт, убри аҟынтә аламысдареи, арыжәтә аҽаршьреи, аҭаҭын ахареи, абетель аҟаҟареи цәгьарак адырбалаӡомызт. Иегова урҭ аусқәа дшырзыҟоу аилкаара дрыцхраарц азы Харви аизарақәа дырҭаауан. Еизарак ахь ҳцоит ҳәа амҩа ҳанықәыз ауп ҳҭоурых сызлалагаз ахҭыс ҳанақәшәа.
Ахынраалара злаз аишьцәа аҽыԥсахра иазхиан, аха реиҳараҩык ус иҟамызт. Убри аҟынтә ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 20 шықәса рыла 2 450-ҩык рҟынтә 900-ҩык рҟынӡа илбааит. Ҳәарада, уи ҳгәы канажьит, аха ҳара еилаҳкаауан Иегова иорганизациа цқьазарц шиҭаху (2 Кор. 7:1). Ԥыҭрак ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова ишиҭахыз еиԥш имаҵ аура иалагеит. Уажәы Таивань 11 000-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа Иегова имаҵ руеит.
1980-тәи ашықәсқәа рзы ами бызшәала иҟаз аизарақәа доуҳала иӷәӷәахеит. Убри аҟынтә Харви акитаи бызшәала иҟаз аизарақәа еиҳа дрыцхраалар илшон. Харви даараӡа деигәырӷьон ҳаҳәшьцәа ԥыҭҩык рхацәа аҵабырг аилкаара дахьрыцхрааз. Исгәалашәоит шаҟа дгәырӷьоз урҭ руаӡәк раԥхьаӡакәны Иегова даниҳәа. Саргьы даараӡа сеигәырӷьоит аҳәса аӡәырҩы Иегова иҩызахара сахьрыцхрааз. Аҵабырг аилкаара сзыцхрааз иаҳәшьак лыҷкәыни лыӡӷаби таиваньтәи афилиал аҿы амаҵ рыцызуан.
АЦӘЫӠ ДУ
Харвии сареи 59 шықәса амаҵ еицаҳуан. Аха ианвар 1, 2010 шықәсазы Харви акьыба дагеит. 60 шықәса раҟара иара иаамҭа зегь амаҵ аура иазикуан! Иахьа уажәгьы Харви дыгәхьаазгоит. Аха даараӡа сеигәырӷьоит Иапониеи Таивани ажәабжьҳәаратә ус аизҳазыӷьара ианалагоз сахьивагылаз. Ҳара ицәгьаз ҩ-бызшәак рыла ацәажәашьа ҳҵеит, Харви — аҩышьагьы.
Ԥыҭрак ашьҭахь Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз аишьцәа Австралиа сиасыр еиӷьхоит ҳәа рыӡбеит, избанзар сықәра иахҟьаны еиҳа ахылаԥшра сҭахын. Раԥхьа уи сгәамԥхеит, избанзар Таивань саанхар сҭахын. Аха Харви Иегова мап ицәкра шаԥсам сирҵеит. Убри аҟынтә сақәшаҳаҭхеит. Ԥыҭрак ашьҭахь избеит уи шаҟа ҟәыӷара аҵаз.
Даара сеигәырӷьоит исҵаз акитаи бызшәалеи аиапон бызшәалеи афилиал аҿы аекскурсиақәа мҩаԥызгалар ахьсылшо
Иахьа сара австралазиатәи афилиал аҿы амаҵ зуеит. Аԥсшьара мшқәа рзы сеизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцызуеит. Сара даара сеигәырӷьоит исҵаз акитаи бызшәалеи аиапон бызшәалеи афилиал аҿы аекскурсиақәа мҩаԥызгалар ахьсылшо. Аԥсҭалара иазку агәыӷра сгәы арԥхоит. Агәра ганы сыҟоуп Иегова ахаангьы мап ицәызымкуаз Харви дшихамышҭуа (Иоанн 5:28, 29).
a Уажәы Таивань излацәажәо акитаи бызшәала ауп, аха уаанӡа жәашықәсала уа излацәажәоз аиапон бызшәала акәын. Убри аҟынтә Таивань инхоз еиуеиԥшым ажәларқәагьы аиапон бызшәа рдыруан.