АБИОГРАФИА
Иегова сымҩа ириашоит
ЗНЫ иқәыԥшыз иашьак дсазҵааит: «Иарбан жәеинраалоу зегь раасҭа иугәаԥхо?» Сара иаразнак исҳәеит: «Ажәамаанақәа 3:5, 6: „Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара. Дугәалашәала умҩақәа зегь рҿы, иаргьы умҩақәа ириашоит“». Ааи, Иегова ииашаҵәҟьаны сымҩа ириашеит.
СҬААЦӘА ИСЫРҬАЗ АНАПХГАРА АМҨА ИАША СЫҚӘНАҴЕИТ
Сҭаацәа аҵабырг еилыркааит 1920-тәи ашықәсқәа рзы. Усҟан дара еибамгаӡацызт. Сара сиит 1939 шықәсазы. Ҳара Англиа ҳанхон. Схәыҷаахыс сҭаацәа аизарақәа рахь сныҟәыргон. Маҷк иансызҳа атеократиатә маҵзура ашкол сыҽҭазҩит. Ахаан исхашҭуам раԥхьатәи ажәахә сыманы сшықәгылоз. Усҟан фышықәса ракәын исхыҵуаз. Аӡырҩцәа збаларц азы аиашьыкь сықәгылар акәын. Ҳәарада, адуцәа рҿаԥхьа сахьықәгылоз сгәы еиҭаԥон.
Сҭаацәа срыцны амҩаду аҿы ажәабжь сҳәоит
Саб амаҵзураҿы схы иасырхәалаша имариаз адгаларақәа зныз акарточкақәа сзикьыԥхьуан. Раԥхьаӡакәны схала ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара санца аашықәса ракәын исхыҵуаз. Шаҟа сеигәырӷьазеи ауаҩы акарточка дахьаԥхьаз, насгьы ашәҟәы «Бог верен» ахьидикылаз. Уи саб изеиҭасҳәарц азы сыҩны иара иахь сцеит. Иаргьы уи амҩаду аҿы ажәабжь иҳәон. Ажәабжьҳәареи аизарақәеи агәырӷьара ду сзааргон, урҭ саамҭа зегь Иегова имаҵ аура азкра исыцхрааит.
Саб хаҭала сара сзы «Ахьчаратә бааш» иҿыцу аҭыжьымҭақәа ааларц азы арзаҳал анхеирҭәаа абиблиатә ҵабырг еиҳагьы бзиа избо салагеит. Иҿыцу «Ахьчаратә бааш» шааиз еиԥш уи аԥхьара сҽазыскуан. Уи абзоурала Иегова еиҳагьы сиқәгәыӷуа салагеит, сыԥсҭазаарагьы иара изыскырц сҭаххеит.
1950 шықәсазы ҳара ҳшынҭаацәаз «Атеократиатә аизҳара» захьӡыз Ниу-Иорк имҩаԥысуаз аконгресс ҳаҭааит. Аԥшьашамш темас иаман «Амиссионерцәа рымш». Аиашьа Кери Барбер уи амш азы аӡӡаахра иазкыз ажәахә иманы дықәгылеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Анапхгаратә хеилак дахәҭакхеит. Ажәахә аҵыхәтәаны иара аӡӡаахра згәы иҭаз ҩ-зҵаарак риҭеит. Саргьы сгыланы урҭ азҵаарақәа рҭак ҟасҵеит. Усҟан 11 шықәса ракәын исхыҵуаз, аха иҟасҵоз ашьаҿа шаҟа ихадаз еилыскаауан. Сара аӡсашьа сыздыруамызт, убри аҟынтә аӡы аҭалара сшәон. Саб иашьа абассеин аҟынӡа снаскьеигеит, насгьы «умшәан, зегь бзиахоит» ҳәа сеиҳәеит. Ус иагьыҟалеит. Аишьцәа даараӡа ирласны сӡаархит, сшьапқәа абассеин аҵа ахькьысрагьы иахьымӡеит. Иашьак сӡааихит, даҽа иашьак сышьҭыхны абассеин сҭигеит. Убри амш инаркны Иегова сымҩа ириашоит.
ИЕГОВА СИҚӘГӘЫӶЫРЦ СЫӠБОИТ
Ашкол ашьҭахь сара апионертә маҵзура салагар сҭахын, аха арҵаҩцәа ааҟәымҵӡакәа аҵара ду уалгароуп ҳәа сарҳәон. Урҭ сырзыӡырҩны ауниверситет сҭалеит. Аха иаарласны еилыскааит уи иахҟьаны Иеговеи сареи ҳаиҩызара бжьысыр шалшоз. Убри аҟынтә аҵара аансыжьырц сыӡбеит. Сара уи Иегова изеиҭасҳәеит, насгьы ауниверситет сышҭыҵуа патуқәҵарала арҵаҩцәа идеилсыркаарц азы асаламшәҟәы рзызҩит. Сара Иегова сиқәгәыӷырц сыӡбеит, убри аҟынтә иаразнак апионертә маҵзура салагеит.
Ииуль 1957 шықәсазы ақалақь Уелинбор аҿы апионертә маҵзура салагеит. Сара Лондонтәи афилиал аҿы амаҵ зуаз аишьцәа аԥышәа змаз аиашьа сицырҵарц срыҳәеит. Уи Берт Веизи иакәхеит. Иара иҿысҵааз даара ирацәоуп. Аиашьа Веизи ажәабжьҳәара даара бзиа ибон. Иара ҟәыӷарала аамҭа ахархәашьа сирҵеит. Ҳаизараҿы амаҵ зуаз фҩык ракәын. Ԥшьҩык зықәрахь инеихьаз аиҳәшьцәеи Веизии сареи. Аизарақәа зегь сҽахьырзыҟасҵоз, насгьы сҽахьрыласырхәуаз абзоурала Иегова иқәгәыӷшьеи сҭакқәа рыла ирҽхәашьеи сҵеит.
Арра сахьымцаз азы аамҭа кьаҿк аҩныҵҟа абахҭа сҭакын. Саноурышьҭ иҷыдоу пионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьа Барбара слабадырит. 1959 шықәсазы лареи сареи ҳаибагеит. Ҳара ҳахьырышьҭлакгьы амаҵ ҳауларц ҳаӡбеит. Раԥхьа Англиа аҩада-мраҭашәара ишьҭоу Ланкаширҟа ҳрышьҭит. 1961 шықәсазы Лондонтәи афилиал аҿы имҩаԥысуаз мызкы ицоз Иԥшьоу амаҵзура ашкол ахь саарыԥхьеит. Ашкол ашьҭахь сызқәымгәыӷуаз амаҵзура хкы сыдырҵеит — раионтә хылаԥшҩыс сҟарҵеит. Уи ашьҭахь ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа ақалақь Бермингем аҿы аԥышәа змаз араионтә хылаԥшҩы иҿы аҵара сҵон. Усҟан Барбарагьы дсыццарц азин лырҭеит. Нас Ланкаширҟа, насгьы Чеширҟа ҳцеит.
ИЕГОВА ИҚӘГӘЫӶРА ААСҬА ЕИӶЬУ АК ЫҞАМ
Август 1962 шықәсазы Барбареи сареи ԥсшьара ҳаныҟаз аамҭазы афилиал аҟынтә асаламшәҟәы ҳауит. Уи асаламшәҟәы ашкол Галаад ахысразы ихарҭәаатәыз арзаҳалқәа ацын! Барбареи сареи Иегова ҳиҳәан арзаҳалқәа хаҳарҭәааит. Анаҩс иаразнак афилиал ахь иҳашьҭит. Хәымз рышьҭахь Бруклинҟа амҩа ҳақәлеит, жәамз ицоз ашкол ҳалгарц азы. Убас ала 38-тәи акласс ҳалгеит.
Галаад ашкол ҳацхрааит Анцәа Иажәеи иорганизациеи еиӷьны реилкаара. Уи адагьы, уи ашкол абзоурала ҳаиашьара иазкны еилаҳкааз рацәоуп. Усҟан 25 шықәсагьы ҳхыҵуамызт, аха аҵара ҳацызҵоз рҟынтә еилаҳкааз рацәоуп. Сара сзы ҳаҭыр дуун ҳарҵаҩцәа ируаӡәкыз аиашьа Фред Раск амаҵ ахьицызуаз. Иара ицхыраарала сара еилыскааит аӡәы алабжьара исҭар сҭахызар, уи Анцәа Иажәа шьаҭас иамазар шахәҭоу. Аҵара ҳзырҵоз аԥышәа ду змаз аишьцәа иреиуан Неитон Норр, Фредерик Френц, Карл Клеин, насгьы ахынраалара злаз аиашьа Александр Макмиллан. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит 1914-тәи ашықәс инаркны 1919-тәи ашықәс аҟынӡа Иегова ижәлар дышрыцхраауаз.
ИҾЫЦУ АДҴА ҲАУИТ
Аҵара ҳалгараны ҳаныҟаз аиашьа Норр иҳаиҳәеит Барбареи сареи Бурундиҟа ҳшырышьҭуаз. Ҳара иаразнак Вефиль иҟаз абиблиотекахь ҳаҩит, уа шаҟаҩы амаҵ руаз еилаҳкаарц азы. Акгьы анаҳзымԥшаа даараӡа иџьаҳшьеит. Иегова ишаҳаҭцәа ршьапы ахьықәдмыргылацыз атәылаҿы амаҵ аура шаҳзыԥшыз анеилаҳкаа ҳгәы ҭыԥсааит. Уи адагьы, Африка иазкны иаҳдыруаз маҷын. Аха Иегова ҳахьиҳәоз абзоурала агәҭынчра ҳауит.
Бурундитәи аҳауеи, акультуреи, абызшәеи ҳара ҳзы иҿыцын. Ҳара афранцыз бызшәа ҳҵар акәхеит. Уи адагьы, ҳахьынхалаша аҭыԥ ҳмыԥшааӡацызт. Ҩымш рышьҭахь Галаад аҿы аҵара ҳацызҵоз Харри Арнотт даҳзааит. Иара миссионерс амаҵ ахьиуаз Замбиаҟа дцон. Харри ҳахьынхалашаз аԥшаара дҳацхрааит. Аха иаарласны аиҳабыра аҟынтә аԥышәарақәа ҳрықәшәеит, избанзар дара Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны акгьы рыздырӡомызт. Бурунди амаҵ аура ҳгәаԥхо ҳаналага иҳарҳәеит аусуразы азин ҳазҭо ашәҟәы ахьҳамам азы атәылаҿы ҳаанхар шыҟамлоз. Бурунди ааныжьра шаҳцәыцәгьазгьы Уганда ҳаиасыр акәхеит. Уатәи аԥсҭазаара зынӡа даҽакын.
Ҳара авиза ҳамаӡамызт аҟынтә, Уганда ҳнармышьҭыр ҳәа ҳшәон. Аха ҳагәҭыхақәа Иегова инапы ианаҳҵеит. Уганда амаҵ иуларц азы Канадантәи ииасыз аиашьа ҳҭоурых ачынуаҩ изеиҭеиҳеит. Уи иҳәеит атәылаҿы анхаразы азин ҳауаанӡа ҳаангылар шҳалшоз. Ҳусқәа зегь ахьыманшәалахаз агәра ҳнаргеит Иегова дышҳацыз.
Угандеи Бурундии зынӡа еиԥшӡамызт. Ара 28-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа амаҵ руан. Урҭ шмаҷызгьы, дара рыбзоурала ажәабжь бзиа заҳахьаз ыҟан. Ажәабжьҳәараҿы ҳара англыз бызшәала ицәажәоз ауаа ҳԥылон. Аха уи рхатәы бызшәа акәӡамызт. Ажәабжь иақәҿызҭуаз доуҳала аизҳара ҳрыцхраарц азы рхатәы бызшәа ҳҵар акәын. Ҳара Кампала араион аҿы амаҵ аура ҳалагеит. Уа луганда абызшәала ицәажәон, убри аҟынтә уи абызшәа ҳҵарц ҳаӡбеит. Абызшәа ҿыц бзианы иаҳҵарц азы шықәсқәак ҳҭаххеит, аха уи алҵшәа бзиақәа аанагеит. Уажәшьҭа Абиблиа зҳарҵоз ауаа рдоуҳатә ҭахрақәа бзианы еилаҳкаауан. Даргьы хьаас ишҳамаз ахьырбоз абзоурала еиҳа ҳагәра ргон, насгьы еилыркаауаз рыԥсҭазаара шаԥсахуаз ҳзеиҭарҳәон.
АИНТЕРЕС ЗҴОУ АДҴА
Уганда амаҵ анаҳуаз
Гәык-ԥсыкала иҟаз ауаа аҵабырг аилкаара ҳахьрыцхраауаз агәырӷьара ду ҳзаанагон. Аха араионтә маҵзура анҳадырҵа ҳгәырӷьара еиҳа еиҳахеит. Уганда зегь ҳраион иаҵанакуан. Кениатәи афилиал ҳаҳәеит ауаа ажәабжь бзиа иахьақәҿырҭуаз аҭыԥқәа ҳаԥшаарц, анаҩс уа иҷыдоу апионерцәа амаҵ руларц азы. Ҳара даара иџьаҳшьеит Иегова ишаҳаҭцәа ахаан изымбацыз ауаа ҳара ҳахь асасдкылара ду ахьаадырԥшуаз. Дара ҳахәгьы ҟарҵон.
Анаҩс сара аинтерес зҵаз даҽа дҵакгьы сыдырҵеит. Ақалақь Кампала аҟынтә кениатәи амшынбаӷәаза ахьыҟаз ақалақь Момбаса ахь дәыӷбала сцар акәын. Уи ҩымш сцәагеит. Уаантәи ӷбала Индиатәи Аокеан аҿы иҟоу Сеишелатәи Адгьылбжьахақәа рахь сцеит. 1965 шықәса инаркны 1972-тәи ашықәс аҟынӡа Барбареи сареи урҭ адгьылбжьахақәа ҳарҭаауан. Раԥхьа уа Иегова имаҵ зуаз ҩыџьа заҵәык ракәын. Аха нас гәыԥ хәыҷык ҟалеит, анаҩс еизҳазыӷьо аизарагьы. Уи адагьы, Еритреиеи, Ефиопиеи, Судани иҟаз аизарақәа сырҭаауан.
Иаалырҟьаны Уганда аилаҩынтрақәа ҟалеит. Аҭагылазаашьа даара ишәарҭахеит. Ицәгьаз урҭ ашықәсқәа раан сара еилыскааит заҟа иҟәыӷароу акесарь иитәу акесарь иҭара (Марк 12:17). Исгәалашәоит атәымтәылаҟынтә нхара ииасыз зегьы рыҩны иазааигәоу аполициа аҟны рыҽҭарҩырц шрарҳәаз. Ҳара иаразнак ҳцаны ҳаҽҭаҳҩит. Мышқәак рышьҭахь миссионерки сареи Кампала имаӡоу аполициа аусзуҩцәа ҳныркылеит. Ҳара иаразнак ҳгәы ҭыԥсааит. Дара шәышпионцәоуп ҳәа ҳарҳәан, ихадоу аполициатә ҟәшахьы ҳаргеит. Ҳара ҳашмиссионерцәаз, насгьы аполициаҿы ҳаҽшҭаҳаҩхьаз раҳҳәон, аха аӡәгьы даҳзыӡырҩуамызт. Анаҩс бџьарла еибыҭаз ауаа ҳацҵаны ҳахьыҽҭаҳаҩхьаз аполициахь ҳаргеит. Шаҟа ҳаигәырӷьазеи уа аус зуаз ҳанидыр, насгьы ҳаурышьҭырц анреиҳәа.
Урҭ иуадаҩыз аамҭақәа раан амҩа кны игылаз аруаа ҳанрықәшәоз ҳгәы ҭыԥсаауан, еиҳарак арыжәтә иашьны иҟаз аруаа ҳанааныркылоз. Урҭ ҳарзааигәахацыԥхьаӡа Анцәа ҳиҳәон. Ҳанаурышьҭуаз «уф гәышьа» ҳәа ҳаԥсы еиваҳгон. 1973 шықәсазы атәымтәылаҟынтә иааны иҟаз амиссионерцәа зегь атәыла иалҵырц рарҳәеит.
Амимиограф ала «Иԥшьоу ҳмаҵзура» скьыԥхьуеит (Абиџьан, Кот-д’Ивуар)
Убасала ҳара Мраҭашәаратәи Африкаҟа ҳаиасит. Уажәшьҭа Кот-д’Ивуар амаҵ ҳуан. Ара акультура ҿыц ҳашьцылар, насгьы еиҭах афранцыз бызшәала ҳцәажәалар акәын. Иара убас еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә иааны иҟаз амиссионерцәеи ҳареи џьарак ҳаицынхон. Арҭ аԥсахрақәа Иегова дшырзылԥхоз ҳбон. Избанзар ажәабжь бзиа иақәҿызҭуаз ахынраалара злаз ауаа рацәан. Ҳара Иегова ҳиқәгәыӷуан аҟынтә, иара ҳамҩа ириашон.
Иаалырҟьаны Барбара акьыба чымазара лыдырбалеит. Лыхәышәтәразы зныкымкәа Европаҟа ҳцахьан. Аха 1983 шықәсазы еилкаахеит уаҳа Африка амаҵ шаҳзымуло. Ҳәарада, уи ҳҩыџьагьы ҳгәы ҳнархьит.
ЕИҬАХ АԤСАХРАҚӘА
Ҳара Лондонтәи афилиал аҿы амаҵ ҳуан, аха Барбара лгәабзиара еиҳа-еиҳа еицәахон. Аҵыхәтәаны лара дыԥсит. Ицәгьаз уи аамҭазы вефильтәи аҭаацәара сгәы дырӷәӷәон. Ҭаацәарак даара исыцхрааит. Дара рыцхыраара абзоурала Иегова иқәгәыӷра саҟәымҵӡеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Енн слабадырит. Уаанӡа лара иҷыдоу пионерс амаҵ луан, уажәы аамҭа-аамҭала Вефиль аҿы амаҵ луан. Сара игәасҭеит лара доуҳала дышшәыз, насгьы Иегова бзиа дшылбоз. 1989 шықәсазы ҳара ҳаибагеит. Убри нахыс Лондонтәи афилиал аҿы амаҵ ҳуеит.
Енни сареи иҿыцу Британиатәи афилиал аҿаԥхьа
1995 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа сара ихадоу аусбарҭа ахаҭарнак иеиԥш, мамзаргьы уаанӡа ишырҳәоз еиԥш зоналтә хылаԥшҩыс амаҵ зуан. Урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа 60 тәыла сырҭааит. Сара сыблақәа рыла избеит Иегова ижәлар рҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы дышрыцхраауа.
2017 шықәсазы сара Африка саҭаауан. Шаҟа сеигәырӷьазеи Енн Бурунди лсырбар ахьсылшаз! Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьеит уа 15 500-ҩык инареиҳаны Иегова имаҵ шыруа анеилаҳкаа. 1964 шықәсазы ажәабжь ахьысҳәоз амҩаду аҿы уажәы Вефиль ԥшӡаӡа игылоуп.
2018 шықәсазы сызҭааран сыҟаз атәылақәа рыбжьара Кот-д’Ивуар анызба даараӡа сгәырӷьеит. Ақалақь ду Абиџьан ҳаннеи сыҩныҟа схынҳәызшәа сгәы иабеит. Афилиал аҿы амаҵ зуаз аишьцәа рҭел аномерқәа зныз ашәҟәы санахәаԥш избеит ҳааигәара Соссу зыхьӡыз аиашьа иуада шыҟаз. Сара уи Абиџьан саныҟаз ақалақь ахадас иҟаз иакәыз џьысшьеит. Аха сҩашьеит, уи иԥа иакәзаарын. Иаргьы Соссу ихьӡын.
Иегова иажәа ажәоуп. Сыԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа маҷмызт, аха сара еилыкка избеит Иегова уаниқәгәыӷуа умҩа шириашаҵәҟьо. Ҳара еиҳа-еиҳа илашахо, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго амҩала анаҩсгьы ацара ҳазхиоуп! (Ажәам. 4:18).