Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 маи ад. 31
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • ИШԤАҞАРҴОЗ АПАПИРУС ИАЛХЫЗ АНЫШЬҚӘА?
  • ИЗБАН АНЫШЬҚӘА РЫҞАҴАРАЗЫ АПАПИРУС РХЫ ИЗАДЫРХӘОЗ?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 маи ад. 31

Ижәдыруама шәара?

Рхы иадырхәозма абиблиатә аамҭақәа раан апапирус анышьқәа рыҟаҵаразы?

Апапирус

ЕИЦЫРДЫРУЕИТ ажәытәан Мысра апапирус изқәыҩуаз аматериал еиԥш рхы ишадырхәоз. Абырзенцәагьы римаагьы уи рхы иадырхәонa. Аха апапирус анышьқәагьы шалырхуаз здыруа маҷҩуп.

Мысратәи адамрақәа руак аҿы ирыԥшааз апапирус иалхыз анышьқәа ҩба рмакет

2 700 шықәса инареиҳаны раԥхьа аԥааимбар Исаиа иҩит Ефиопиа аӡиасқәа рааигәара инхоз ауаа мшынла апапирус иалхыз анышьқәа рыла ацҳаражәҳәаҩцәа шырышьҭуа. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥааимбар Иеремиа иҳәеит амидцәеи аџьамцәеи Вавилон ианақәло, вавилонаа бнамларц азы апапирус иалху рнышьқәа шырбылуа (Ис. 18:1, 2; Иер. 51:32).

Абиблиа Анцәа идоуҳала иҩуп, убри аҟынтә иџьашьатәӡам абиблиатә аамҭақәа раан анышьқәа апапирус ишалырхуаз археологцәа рыҭҵаарақәагьы иахьышьақәдырӷәӷәо (2 Тим. 3:16). Ирыԥшаазеи аҵарауаа?

ИШԤАҞАРҴОЗ АПАПИРУС ИАЛХЫЗ АНЫШЬҚӘА?

Мысратәи адамрақәа рҿы иаагоу асахьақәа иудырбоит апапирус шеизыргоз, насгьы уи анышьқәа шалырхуаз. Апапирус ахәыҵәқәа хыҵәҵәаны еидыркылон, анаҩс еидҿарҳәалон. Апапирус ахәҵәы формала х-кәакьк амоуп. Убри аҟынтә дара-дара анеидҿарҳәалалак иӷәӷәаҟацаӡа иҟалоит. Ажәытә Мысра иазку еилыркаагак аҿы иануп, апапирус иалху анышьқәа роура 17 метра ишынаӡо. Уи аныҟәгаразы ганцыԥхьаӡа 10, ма 12 ҭыԥ аман (A Companion to Ancient Egypt).

Апапирус иалхны анышь шыҟарҵоз зну мысратәи асахьа

ИЗБАН АНЫШЬҚӘА РЫҞАҴАРАЗЫ АПАПИРУС РХЫ ИЗАДЫРХӘОЗ?

Нил азааигәара ирацәаны апапирус иазҳауан, убри аҟынтә уи аԥшаара уадаҩмызт. Уи адагьы, апапирус иалхыз анышьқәа рыҟаҵарагьы мариан. Амҿы иалхыз аӷбақәа рыҟаҵара ианалагагьы аԥсыӡкыҩцәеи ашәарыцаҩцәеи уеизгьы апапирус иалхыз анышьқәа рхы иадырхәон.

Апапирус иалхыз анышьқәа акыраамҭа рхы иадырхәон. I—II ашәышықәсақәа ҳ. ҳ. азы инхоз ажәытәбырзен шәҟәыҩҩи аҭоурыхҭҵааҩи Плутарх иҳәон иара ихаангьы апапирус иалхыз анышьқәа рхы ишадырхәоз.

a Апапирус иазҳауеит аӡмахқәа ахьыҟоу, насгьы ашьшьыҳәа ииасуа аӡиасқәа ирываршәны. Апапирус 5 метрак рҟынӡа иазҳауеит, ахәыҵәы ашьапаҿы 15 сантиметра аҟынӡа иҟәазхоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра