Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииун ад. 25
  • Ижәдыруама шәара?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ижәдыруама шәара?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииун ад. 25

Ижәдыруама шәара?

Иарбан шәахтәқәоу Иисус ихаан ауаа иршәалар рыхәҭаз?

АЖӘЫТӘ инхоз израильаа ииашоу амҵахырхәара ацхрааразы ашәахтә ашәара изышьцылахьаз ак акәын. Аха Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз ашәахтә ашәара ауриацәа рзы иуадаҩыз, насгьы иузеилмыргоз ак еиԥш иҟалеит.

Иԥшьоу ақьалаҿы, нас аамҭак ашьҭахь иҟалаз аныҳәарҭаҿы амҵахырхәара иацхраарц азы ахацәа-ауриацәа зегьы есышықәса ашәахтә асикль абжа (ҩ-драхмак) ршәалар рыхәҭан. Актәи ашәышықәсазы урҭ аԥарақәа амҭанагара иадҳәалаз ахарџь ахҩареи, Ирод еиҭашьақәиргылаз аныҳәарҭа ахылаԥшреи рзы рхы иадырхәон. Зны ауриацәа Пиотр иазҵааит уи ашәахтә ашәара Иисус иахиҳәаауазеи ҳәа. Иисус уи дшаҿамгылоз реиҳәеит. Уи инеиҳаны Иисус Пиотр иеиҳәеит уи ашәахтә ашәаразы амонета иԥшаар ахьилшоз (Матф. 17:24—27).

Уи адагьы Анцәа ижәлар иҭаргалоз аҽаҩра аҟынтә жәа-процентк ршәалар акәын (Алев. 27:30—32; Ахыԥхь. 18:26—28). Адиннапхгаҩцәа убриаҟара зегь кылдыршәшәаауан, ажәлар иааҭаргалоз зегь аҟынтә ажәабатәи ахәҭа ддыршәон, «араҳанеи, аҵыбреи, ашыхәи» рҟынтәгьы. Иисус ажәабатәи ахәҭа ашәара даҿагыломызт, аха ҩ-цәак зхарԥаз ашәҟәдырыҩцәеи афарисеицәеи Азакәан аҿы еиҳа ихадаз ахьынармыгӡоз азы дрықәыӡбон (Матф. 23:23).

Аха усҟантәи аамҭазы ауриацәа римаа рнапхгара аҵаҟа иҟан, насгьы урҭ ирықәырҵаз еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә шәахтәқәа ршәалар рыхәҭан. Иаҳҳәап, адгьыл змаз ауаа еизыргоз аҽаҩра аҟынтә 20—25 процент ршәалар акәын ԥарала, ма иаадрыхыз ала. Уи адагьы ауриацәа зегьы рыцыԥхьаӡа ашәахтә ршәалар акәын. Убри ашәахтә иазкны афарисеицәа Иисус азҵаара анирҭа иара иҳәеит: «Акьесар иитәу — акьесар ишәҭала, Анцәа иитәу — Анцәа» (Матф. 22:15—22). Убас еиԥш иахьагьы ақьырсианцәа ашәахтә ршәоит.

Иара убас аҳәаа иахыргоз атауарқәагьы ашәахтә рхыршәаауан. Урҭ ашәахтәқәа еизыргон абаӷәазақәа, ацҳақәа, амҩеихдақәа, ақалақь ахь узлаҭалоз агәашәқәа, ма аџьармыкьақәа рҿы.

Римаа напхгара аныруаз аамҭазы ашәахтәқәа ршәара даара иуадаҩхеит. Римтәи аҭоурыхҭҵааҩ Тацит излеиҳәаз ала, Иисус адгьыл аҿы даныҟаз напхгара зуаз аимператор Тиберии ихаан «Сириеи Иудеиеи ашәахтә дуқәа ахьрықәырҵаз азы урҭ рырмаҷразы аҳәара ҟарҵеит».

Аха аҭагылазаашьа зырцәгьоз ашәахтәқәа шеизыргоз ауп. Урҭ реизгара азин аукцион аҿы иаархәон. Еиҳаны аԥара зшәоз азин ирҭон. Анаҩс уи ауаҩы ашәахтә еизызгоз ауаа алихуан. Урҭгьы егьырҭгьы ашәахтә змырхуаз рхы рыланыҟәыргон. Закхеигьы ашәахтә еизгаҩцәа зыдкыланы измаз дреиуазҭгьы ҟаларын (Лука 19:1, 2). Иџьашьатәӡам усҟантәи аамҭазы ашәахтә шеизыргоз ауаа иахьыргәамԥхоз, насгьы ашәахтәеизгаҩцәа ахьырцәымӷыз.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра