Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 ииун ад. 26—30
  • Иегова ҳаԥсҭазаараҿы еснагь дхадан

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ҳаԥсҭазаараҿы еснагь дхадан
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • ЛИВАН АЖӘАБЖЬ ҲҲӘОИТ
  • ДАҼА ТӘЫЛАК АХЬ НХАРА ҲАИАСУЕИТ
  • АГӘАҞРА ҲАҚӘШӘЕИТ
  • ИХАДОУ АӠБАРАҚӘА
  • ИХАДОУ ДАҼА ӠБАРАК
  • ҲАЗЗЫԤШЫМЫЗ АҲАМҬА
  • ДЫРҨЕГЬ ҼАЏЬАРА НХАРА ҲАИАСУЕИТ
  • ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА СРЫХЬХӘӠОМ
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 ииун ад. 26—30

АБИОГРАФИА

Иегова ҳаԥсҭазаараҿы еснагь дхадан

ЕИҬЕИҲӘЕИТ ДИА ИАЗБЕК

1984 ШЫҚӘСАЗЫ амра каххаа ианыԥхоз амш аҽны аусурахь сцон. Усҟан ҳара ҳанхон Венесуела аҳҭнықалақь Каракас ибеиаз араион аҿы. Амҩан сара сазхәыцуан «Ахьчаратә бааш» аҟынтә ааигәа ҳазхысыз астатиа. Уи астатиа ҳгәылацәа ҳшырдыруа иазкын. Сара ус схәыцит: «Сышԥардыруеи сара сгәылацәа, ақәҿиара змоу абанк аусзуҩы иеиԥш акәу, мамзаргьы зҭаацәа ныҟәызгаларц азы абанк аҿы аус зуа Анцәа имаҵзуҩы иеиԥш акәу?» Схахьы иааиуаз аҭак сгәы арҭынчуамызт. Убри аҟынтә сыԥсҭазаараҿы ак сыԥсахыр шакәыз еилыскааит.

Сара сиит 1940 шықәса, маи 19 азы Ливантәи ақалақь Амиун аҿы. Шықәсқәак рышьҭахь ҳҭаацәа Триполи нхара ииасит. Сара исызҳаит зегь бзиа иахьеибабоз, анасыԥ ахьрымаз, Иегова бзиа дахьырбоз аҭаацәараҿы. Сара хәҩык ахәыҷқәа среиҵбын: хҩык аиҳәшьцәеи иашьаки сыман. Сҭаацәа рзы аусура ахаан зегь раасҭа ихадаӡамызт. Ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадаз Абиблиа аҭҵаареи ақьырсиантә еизарақәа рҭаареи, егьырҭ Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәареи ракәын.

Ҳаизараҿы доуҳала иалхыз ақьырсианцәа ыҟан. Урҭ дреиуан Мишель Абуд. Иара усҟан иҟаз аизараҿы ашәҟәы аҵара мҩаԥигон. Уи Ниу-Иорк аҵабырг еиликааит, насгьы 1921 шықәсазы Ливан ажәабжь аҳәара далагеит. Уаанӡа Ливан Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ыҟаӡамызт. Ахаан исхашҭӡом иара Галаад ашкол иалгаз иқәыԥшыз аиҳәшьцәа Енни Гуени Бивер шаҟа дреиҷаҳауаз, насгьы қьиарала дшырзыҟаз. Ҳҭаацәареи дареи ҳаиҩызцәахеит. Акыр шықәса рышьҭахь Еиду Аштатқәа рҿы ҿыц Енн данызба даараӡа слеигәырӷьеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Гуенгьы дызбеит. Лара Уилфред Гуч диццеит. Урҭ лондонтәи Вефиль аҿы амаҵ руан.

ЛИВАН АЖӘАБЖЬ ҲҲӘОИТ

Саныхәыҷыз Ливан иҟаз Иегова ишаҳаҭцәа рхыԥхьаӡара маҷын. Аԥшьаҩцәа шьоукы шаҳҿагылозгьы ҳара гәацԥыҳәарала ауаа Аҳра иазку ажәабжь рзеиҭаҳҳәон. Хҭысқәак еиҳараӡак схаҿы иаанхеит.

Зны саҳәшьа Санеи сареи ҩнеихагылак аҿы ажәабжь ҳҳәон. Ауаа ҳашрацәажәоз иаалырҟьаны аԥшьаҩы даацәырҵит. Иҟалап уи ҳшааиз аӡәы еиҳәазар. Иара Сана иҟоу зегьы лықәиҳәацәо далагеит. Убриаҟара иԥсахы еибакны дыҟан Сана длыгәҭасын амардуан далирбгеит. Лара иӷәӷәаны дкыдҟьеит. Аӡәы аполициа дрыԥхьеит. Урҭ Сана илыцхрааит, аԥшьаҩы аполициа аусбарҭахь дыргеит. Уа ирбеит атапанча шимаз. Убасҟан аполициа аиҳабы аԥшьаҩы диазҵааит: «Шәазусҭада шәара? Анцәа имаҵзуҩы шәакәу амафиа аиҳабы шәакәу?»

Абар даҽа хҭыскгьы: ҳаизара автобус арендала иганы, хара иҟаз қалақьк ахь ажәабжьҳәара ицеит. Аҭыԥантәи аԥшьаҩы ҳашнеиз еиликаанӡа ҳкәаԥӡа ажәабжьҳәара ҳаҿын. Аха нас уи ажәлар ҳажәиҵеит. Ауаа ахаҳәқәа ҳгәыдырҵо иалагеит. Аӡәы иршәыз ахаҳә саб ихы иаахеит. Ахаан исхашҭӡом саб ашьа иҿыжжы дышгылаз. Сан уи автобус ахь дылгеит, егьырҭгьы илыцхраарц азы илышьҭалеит. Ахаан исхашҭӡом ихәра анҿалҳәоз лара илҳәаз: «Иегова иаҭоумҵан урҭ, дара иҟарҵо рыздырам».

Ҳауацәа рҿы ҳаныҟаз даҽа хҭыскгьы ҳақәшәеит. Сабду иахь ҳаннеи апап дсасны диҭан. Уи идыруан сҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа шракәыз. Сара фышықәса рыда шысхымҵуазгьы иара сирԥхашьарц азы ус дсазҵааит: «Уажәгьы аӡы уҽӡааумхӡаци?» Сара иасҳәеит макьана сшыхәыҷу, насгьы аӡы сыҽӡаасхаанӡа Абиблиа еиҳа еиӷьны еилыскаар, насгьы сыгәрахаҵара сырӷәӷәар шсыхәҭоу. Сҭак анигәамԥха иара иахь апатуқәҵара аасмырԥшызшәа сабду иеиҳәеит.

Ус шакәызгьы урҭ рҩызцәа ахҭысқәа усҟак ирацәамызт. Ливан инхо реиҳараҩык уаа бзиақәоуп асасдкыларагьы рылоуп. Ҳара абиблиатә еицәажәарақәа рацәаны иҳаман, абиблиатә ҵарақәагьы рацәаны имҩаԥаҳгон.

ДАҼА ТӘЫЛАК АХЬ НХАРА ҲАИАСУЕИТ

Ашкол санҭаз аамҭазы Венесуелантәи Ливанҟа иқәыԥшыз иашьак дааит. Ҳаизараҿы иара саҳәшьа Вафа длабадырит. Аамҭак ашьҭахь дара еибагеит, насгьы Венесуелаҟа нхара ииасит. Вафа даара ҳагәхьаалгон. Убри аҟынтә дааҟәымҵӡакәа саб диҳәон ҭаацәаныла Венесуелаҟа нхара ҳаиасырц. Ԥыҭрак ашьҭахь иара уи дақәшаҳаҭхеит.

1953 шықәсазы ҳара Венесуела иҟоу Каракас ақалақь ахь нхара ҳаиасит. Уа ҳара апрезидент иаҳҭынра азааигәара ҳанхон. Усҟан сара зынӡа сқәыԥшын. Апрезидент имашьына ҳаҩны иаҩсцыԥхьаӡа сылаԥш адхалон. Аха сҭаацәа иҿыцу атәылаҿы анхара рзымариамызт: абызшәа ҿыци, акультуреи, афатәи, аҳауеи изашьцыломызт. Хәыҷы-хәыҷла иашьцыло ианалагагьы ҳҭаацәараҿы агәаҟра ҟалеит.

Арымарахьынтәи арыӷьарахь: Саб. Сан. Сара 1953 шықәсазы Венесуелаҟа нхара ҳаниас ашьҭахь

АГӘАҞРА ҲАҚӘШӘЕИТ

Иаалырҟьаны ҳаб дычмазаҩхеит. Уи џьоушьартә иҟан, избанзар ахаан ак сыхьуеит ҳәа имҳәацызт. Аҳақьымцәа акьыба шимоу ҳарҳәеит. Саб дԥырҟеит, аха акгьы имыхәакәа мчыбжьык ашьҭахь дыԥсит.

Ажәала исызҳәом уи ҳҭаацәара ирзаанагаз ахьаа. Усҟан жәаха шықәса ракәын исхыҵуаз. Аԥсҭазаара аангылазшәа ҳбон. Аамҭак аҩныҵҟа ҳан ҳаб уаҳа дшыҟам лызхаҵомызт. Аха ҳара ԥхьаҟа ишцалатәу еилаҳкааит, насгьы Иегова ицхыраарала уи агәырҩа ахгара ҳалшеит. 16 шықәса анысхыҵуаз ашкол салгеит. Уажәшьҭа сҭаацәа срыцхрааларц азы ак ҟасҵалар сҭахын.

Доуҳала аизҳара исыцхрааз саҳәшьа Санеи лхаҵа Рубени

Убри аамҭазы Сана Рубен Араухо диццеит. Иара Галаад ашкол даналга ашьҭахь Венесуелаҟа дхынҳәит. Нас дара Ниу-Иоркҟа нхара ииасит. Ауниверситет сҭалароуп ҳәа сҭаацәа ианырыӡба саргьы уахь сцеит. Уи сара сзы иманшәалан, избанзар Санеи Рубени рҿы сынхалон. Дара доуҳала аизҳара исыцхрааит. Уи адагьы сеизара («Бруклин, Испантәи») аҟны доуҳала ишәыз аишьцәа рацәаҩын. Уброуп Бруклинтәи Вефиль аҿы амаҵ зуаз Милтон Хеншели Фредерик Френци сахьрабадырыз.

Аӡы сҽанӡаасх 1957 шықәсазы

Сҵара актәи ашықәс ахыркәшамҭаз сазхәыцуа салагеит иҟасҵаз алхра иашоу-иашаму. Аԥсҭазаараҿы иаԥсаз ахықәкқәа ықәзыргылоз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿырԥштәқәа ахьаныз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагаз астатиақәа срызхәыцуа салагеит. Уи адагьы сара избон аизараҿы апионерцәеи Вефиль аҿы амаҵ зуази шаҟа насыԥ рымаз. Саргьы убас еиԥш насыԥ сымазарц сҭахын. Аха усҟан аӡы сыҽӡаасымхӡацызт. Убасҟан ауп ианеилыскаа сыԥсҭазаара Иегова изыскыр шсыхәҭоу. 1957 шықәса март 30 рзы аӡы сыҽӡаасхит.

ИХАДОУ АӠБАРАҚӘА

Аӡы сҽанӡаасх апионертә маҵзура сазхәыцуа салагеит. Уи ада схы ак ҭамызт. Аха апионертә маҵзуреи ауниверситет аҿы аҵара аҵареи реидбалара шысцәыцәгьахоз еилыскаауан. Убри аҟынтә апионертә маҵзура салагарц азы аҵара ааныжьны Венесуелаҟа схынҳәырц сыӡбеит. Исыдыскылаз аӡбара атәы сҭаацәа ирасҳәеит. Уи ҳалацәажәонаҵы дареи сареи ирацәаны асаламшәҟәқәа еимаҳдон.

1957 шықәса ииун мзазы Каракасҟа схынҳәит. Сара иаразнак игәасҭеит ҳҭаацәара аԥара шырзымхоз. Убри аамҭазы абанк аҿы аусура сыдыргалеит. Аха пионерс амаҵ аурагьы сҭахын, убри азы акәын Венесуелаҟа сзыхынҳәызгьы. Убри аҟынтә пионерс амаҵ ауреи абанк аҿы аусуреи еиласыгӡаларц сыӡбеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа ус ҟасҵон. Сара ԥсеивгахак сымамызт, аха сгәырӷьара ҳәаак амамызт.

Сара еиҳагьы анасыԥ соуит Иегова бзиа дызбо Сильвиа зыхьӡу аиаҳәшьа бзиа санлабадыр. Лҭаацәеи лареи Германиантәи Венесуелаҟа нхара ииасит. Сильвиеи сареи ҳаибагеит, насгьы ҩыџьа ахәыҷқәа ҳауит: аҷкәын Мишельи (уи Мик ҳәагьы иаҳҳәоит) аӡӷаб Самиреи. Уи адагьы сан сара сахь нхара дызгеит. Сҭаацәа ныҟәызгаларц азы апионертә маҵзура шаансыжьызгьы ажәабжьҳәаратә ус гәацԥыҳәарала сҽаласырхәуан. Сильвиеи сареи алшара анҳамаз, иаҳҳәап ԥсшьара ҳанцоз, ицхырааҩу пионерс амаҵ ҳуан.

ИХАДОУ ДАҼА ӠБАРАК

Сажәабжь сызлалагаз ахҭыс ҳхәыҷқәа ашкол ианҭаз ауп ианыҟалаз. Ҳара акы ҳаргәаҟуа ҳаҟамызт, ибзиан ҳанхон. Сара абанкқәа русзуҩцәа рыбжьара пату сықәын. Аха сара исҭахын раԥхьаӡа иргыланы Иегова ишаҳаҭ еиԥш сырдыруазарц. Урҭ ахәыцрақәа ҭаха сырҭомызт, убри аҟынтә сыԥҳәыси сареи ҳаидтәаланы ҳбиуџьет ҳаԥхьаӡеит. Ҳара ауалқәа ҳақәӡамызт, насгьы абанк аҿы аусура уанаҟәыҵуаз хар амамкәа аԥара узыршәон. Ҳаԥсҭазаара ҳармариазҭгьы уи аԥара акыраамҭа иҳазхон.

Уи ашьаҿа аҟаҵара мариамызт, аха сыԥҳәыси сани сгәы дырӷәӷәон. Сара дырҩегь саамҭа зегь амаҵзура иазыскларц сыӡбеит. Шаҟа сазыԥшызи уи! Ак сԥырхагахап ҳәа сыҟамызт, аха иаалырҟьаны ҳаззыԥшымыз ҳамҭак ҳауит.

ҲАЗЗЫԤШЫМЫЗ АҲАМҬА

Ахԥатәи ҳхәыҷы Габриель иира ҳшазыԥшымызгьы даара ҳаигәырӷьеит

Сильвиа лцәалтәымкәа дшыҟалаз еилаҳкааит. Ҳара уи ҳазыԥшӡамызт аха даара ҳаигәырӷьеит. Уажәшьҭа пионерс амаҵ аура сылшо-исылымшо ҳәа схәыцуан. Ахәыҷы иира ҳҽазыҟаҳҵон, насгьы схықәкы сзынагӡару ҳәа схәыцуан.

Ҭаацәашәала ҳаицәажәан апионертә маҵзура салагар шсылшо ҳаӡбеит. Габриель диит 1985 шықәса апрель мзазы. Аха сара уеизгьы абанк аҿы аусура саҟәыҵын ииун мзазы пионерс амаҵ аура салагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь афилиал акомитет аҿы амаҵ аура салагеит. Аха Вефиль Каракас акәӡамызт иахьыҟаз, уаанӡа 80 километра бжьан. Сара мчыбжьыкахь ҩынтә-хынтә уахь сцалар акәын.

ДЫРҨЕГЬ ҼАЏЬАРА НХАРА ҲАИАСУЕИТ

Афилиал ақалақь Ла-Викториа аҿы акәын иахьыҟаз, убри аҟынтә уахь ҳаиасырц ҳаӡбеит. Ҳара зегьы иаанҳажьыз ыҟан. Сҭаацәа иаадырԥшыз ахамеигӡара сгәы ҟанаҵон, уи азы ҭабуп ҳәагьы расҳәоит. Саҳәшьа Баха ҳан лара лахь дылгеит. Мик ԥҳәыс дааигахьан, аха Самиреи Габриельи ҳара иҳацынхон. Убри аҟынтә Ла-Викториаҟа ҳаниас урҭ рҩызцәа аанрыжьыр акәхеит. Уи адагьы сыԥҳәыс ақалақь хәыҷ аҿы аԥсҭазаара дашьцылар акәхеит. Ҳаҩнгьы уаанӡатәи еиԥш идумызт. Убас ҳара зегьы ҳзышьцылашаз ҟалеит.

Ҳаԥсҭазаара дырҩегь аҽаԥсахит. Габриель ԥҳәыс дигеит. Самира хазы нхара дцеит. 2007 шықәсазы Сильвиеи сареи Вефильҟа ааԥхьара ҳарҭеит, иахьа уажәраанӡагьы уа амаҵ ҳуеит. Ҳԥеиҳаб Мик аизара аиҳабыс амаҵ иуеит, иԥҳәыс Моникеи иареи пионерцәоуп. Габриельгьы аизара аиҳабыс амаҵ иуеит, иԥҳәыс Амбреи иареи Италиа инхоит. Самирагьы пионерс амаҵ луеит, насгьы аҩнынтәи Вефиль дацхраауеит.

Арымарахьынтәи арыӷьарахь: Сильвиеи сареи Венесуелатәи афилиал аҿы. Ҳԥеиҳаб Мик иԥҳәыс Моникеи иареи. Ҳаԥҳа Самира. Ҳԥа Габриель иԥҳәыс Амбреи иареи

ИСЫДЫСКЫЛАЗ АӠБАРАҚӘА СРЫХЬХӘӠОМ

Сара сыԥсҭазаара шьаҭанкыла изыԥсахуаз аӡбарақәа акырынтә исыдыскылахьан, аха урҭ срыхьхәӡом. Алшара соузҭгьы акгьы сыԥсахуамызт. Иегова имаҵ аураҿы исиҭоз адҵақәа зегь рыхә ҳаракны исшьоит. Ҳаԥсҭазаараҿ иҳадаҳкыло аӡбарақәа маҷзаргьы идузаргьы Иегова агәҭынчра ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7). Сильвиеи сареи Вефиль аҿы амаҵ аура ҳгәаԥхоит. Ҳаԥсҭазаара ҳаназхәыцуа иаҳбоит Иегова иҳадаҳкылоз аӡбарақәа дшырзылԥхоз, избанзар ҳаԥсҭазаараҿы иара иоуп зегь раасҭа ихадаз.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра