Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
Ииҳәарц ииҭахызи Павел «сара закәанԥҟарала азакәан азы сыԥсит» ҳәа аниҳәа? (Гал. 2:19).
▪ Апостол Павел иҩит: «Сара закәанԥҟарала азакәан азы сыԥсит — Анцәа изы аҟазааразы» (Гал. 2:19).
Арҭ ажәақәа рҵакы еилаҳкаарц азы Павел ақалақь хәыҷ Галатиа инхоз ақьырсианцәа иреилиркаарц ииҭахыз ҳазхәыцроуп. Уа инхоз ақьырсианцәа шьоукы амцрҵаҩцәа анырра рырҭеит. Урҭ изларҳәоз ала ауаҩы деиқәхарц азы Моисеи изакәан дықәныҟәалар ихәҭан, еиҳарак аԥхьатәхсара иазкыз азакәан. Аха Павел идыруан уи уаҳа ишаҭахымыз. Исаламшәҟәаҿы урҭ амцрҵарақәа ҿаԥызҽуаз ашьақәырӷәӷәарақәа ааигеит. Убас ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иисус Христос иԥсхҭынҵарахьы рыгәрахаҵара ирӷәӷәеит (Гал. 2:4; 5:2).
Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит иԥсыз ауаҩы акгьы шиимбо, акгьы анырра шинамҭо (Еккл. 9:5). Ус анакәха, «азакәан азы сыԥсит» ҳәа Павел ианиҳәоз Моисеи изакәан уаҳа анырра шинамҭо ауп ииҳәарц ииҭахыз. Аха убри аамҭазы иара агәраганы дыҟан аҿыхра абзоурала Анцәа изы иԥсы шҭалаз.
Избан нас Павел изиҳәаз уи аԥсахра «закәанԥҟарала» иҟалеит ҳәа? Арҭ ажәақәа раԥхьа иара иҳәеит: «Ауаҩы диаша-ҵабыргны, ахаҵара иманы дҟазҵо азакәанԥҟара анагӡара шакәым — Иисус Христос иахь имоу ахаҵара заҵәык ауп» (Гал. 2:16). Ҳәарада, Моисеи изакәан ихадаз ароль нанагӡеит. Уи зҳаҭаз апостол Павел абас дахцәажәеит: «Уи аҭыԥ аиуит изқәыргәыӷу, зыӡбахә ҳәоу дцәырҵаанӡа, ауааԥсыра зҿыз аиакәымҟаҵарақәа, агәнаҳарақәа рыхшыҩ рзырышьҭразы, иархәыцразы» (Гал. 3:19). Азакәан иднарбон агәнаҳа змаз ауаа Анцәа инормақәа инаӡаны рықәныҟәара шрылымшо, насгьы рыгәнаҳақәа ранажьхарц азы аԥсхҭынҵара шырҭаху. Убас ала Азакәан «изқәыргәыӷу» — Христос иахь инанагон. Убринахыс Анцәа Иисус Христос иԥсхҭынҵарахьы агәрахаҵара аазырԥшуаз уаа иашақәаны иԥхьаӡалар илшон (Гал. 3:24). Павел урҭ дреиуан. Азакәан ацхыраарала Павел еиликааит Иисус — Мессиа шиакәу, насгьы уи иахь агәрахаҵара шаарԥшлатәу. Убас ала Павел Азакәан азы дыԥсит, аха Анцәа изы иԥсы ҭалеит. Азакәан уаҳа напхгара инаҭомызт, Напхгаҩыс Анцәа иакәын имаз.
Римаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы Павел уи еиԥшу азхәыцра иҳәеит: «Абас ауп, шәарҭгьы, сашьцәа, азакәан аӡбахә аншәымоу аамҭазы, ижәдыруазааит азакәан азы Христос ицәеижь аҿы шәшыԥсхьоу... Уажәтәи аамҭазы, зны ҳҿаҳәаны ҳазкыз азакәанԥҟарақәа ҳанырцәыԥсы, азакәан ахьтә ҳхы ҳақәиҭхеит» (Рим. 7:4, 6). Арҭ ажәеинраалақәа рҿы еиԥш Галаҭаа рахь 2:19 аҿгьы Павел ииҳәоз Моисеи изакәан дахьықәымныҟәоз азы дыԥсит ҳәа акәӡам. Павел ииҳәарц ииҭахыз иареи егьырҭ ақьырсианцәеи Азакәан аҟынтә рхы ишақәиҭхаз ауп. Уи Иисус Христос иҿыхратә ԥсхҭынҵарахьы иаадырԥшуаз агәрахаҵара иабзоурахеит.