АҴАРАЗЫ АСТАТИА 31
Шәазхиоума шәара Иегова изыԥшра?
«Сара... ачҳара аарԥшны... Сынцәа сизыԥшызаауеит» (МИХ. 7:7).
АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара
АХҲӘААa
1, 2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
ШӘХАҾЫ иаажәг ак шәзааргараны иҟоушәа. Аамҭа цоит, аха уи шәаназыԥшыз ишәзаарымгаӡеит. Ҳәарада уи агәҭынчымра шәызцәырнагоит. Ажәамаанақәа 13:12 аҿгьы убри ауп иану: «Уззыԥшу акыраамҭа ианымнаӡо, угәы ухьуеит». Аха ԥыҭрак ашьҭахь шәара еилышәкаауеит шәыззыԥшыз зышәзаарымгац амзызқәа шыҟоу. Уажәшьҭа уи азыԥшра еиҳа ишәзымариоуп.
2 Ари астатиаҿы ҳара ачҳара аарԥшны аԥшра иҳацхраауа абиблиатә принципқәак еилҳаргоит (Мих. 7:7). Нас ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра ахьҳахәҭоу ҩ-ҭагылазаашьак ҳарзааҭгылоит. Иара убас еилаҳкаауеит иарбан ҳамҭоу ироуа ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшуа.
АЧҲАРА ААРԤШЫШЬА ҲЗЫРҴО АБИБЛИАТӘ ПРИНЦИПҚӘА
3. Ҵакыс ирымоузеи Ажәамаанақәа 13:11 аҿы иану ажәақәа?
3 Ажәамаанақәа 13:11 аҿы ачҳара аарԥшра шаҟа ихадоу атәы ануп: «Имарианы ирҳау амал аӡы иагоит, аха хәыҷы-хәыҷла уи еизызго, еиҳагьы дбеиахоит». Ҵакыс ирымоузеи арҭ ажәақәа? Аҟәыӷара злоу ауаҩы дмыццакӡакәа, ачҳара аарԥшны иусқәа зегь наигӡоит.
4. Изыдҳәалоузеи Ажәамаанақәа 4:18 аҿы иану ажәақәа?
4 Ажәамаанақәа 4:18 аҿы иануп: «Ииашоу ауаа рымҩа — икаԥхо ашьыжьтәи амра лашара иаҩызоуп, уи еиҳа-еиҳа илашоит жәҩангәы инеиаанӡа». Лассы-лассы арҭ ажәақәа здаҳҳәало Иегова игәҭакы ауаа хәыҷы-хәыҷла ишырзааиртуа ауп. Аха арҭ ажәақәа ақьырсиан доуҳала дшеизҳауагьы аадырԥшуеит. Ауаҩы доуҳала деизҳарц азы аамҭа аҭахуп — уи аус узырццакӡом. Ҳара Анцәа Иажәеи иорганизациеи рыла иҳаиҭо алабжьарақәа хшыҩзышьҭрала ҳрызхәыцлар, насгьы ҳрықәныҟәалар еиҳа-еиҳа Христос ҳиеиԥшхалоит, иара убас еиҳа-еиҳа Анцәа деилаҳкаалоит. Шәааи Иисус уи дшахцәажәаз ҳахәаԥшып.
Аҵиаа хәыҷы-хәыҷла ишазҳауа еиԥш ауп ауаҩгьы хәыҷы-хәыҷла доуҳала дшеизҳауа. (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. Изыҿирԥшзеи Иисус ауаҩы идоуҳатә еизҳара?
5 Иисус иҳәеит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь здызкыло игәаҿы хәыҷы-хәыҷла, ажәла еиԥш, ишеизҳауа. Абар иара уи дшахцәажәаз: «Ажәла шаауа, ишазҳауа [илазҵо] издырам,— избан акәзар адгьыл иара ахала аеҵәара еибнаҭоит, арыц ылнахуеит, ишәуеит» (Марк 4:27, 28). Ииҳәарц ииҭахызи Иисус? Аҵиаа хәыҷы-хәыҷла ишазҳауа еиԥш ауп ауаҩгьы хәыҷы-хәыҷла доуҳала дшеизҳауа. Абиблиа зҵо ауаа Иегова изааигәахацыԥхьаӡа доуҳала ишеизҳауа ҳбарҭахоит (Еф. 4:22—24). Аха иаҳхаҳмыршҭлароуп ауаҩы доуҳала иеизҳара зыбзоуроу Иегова шиакәу (1 Кор. 3:7).
6, 7. Иҳаилнаркаауазеи Анцәа Адгьыл шишоз?
6 Иегова уск даналаго ачҳара ааирԥшуеит, насгьы шаҟа аҭаху аамҭа азалихуеит. Иара ус зыҟаиҵо ихьӡ пату ақәырҵаларц ахьиҭаху, насгьы егьырҭ дахьреиҷаҳауа азы ауп. Иаҳҳәап, иара ауаа Адгьыл хәыҷы-хәыҷла ирызирхион.
7 Абиблиа иаҳәоит Иегова Адгьыл анишоз уи «заҟаразар акәу» шиӡбаз, «ашьаҭа зку ихадоу ахаҳә» шышьҭеиҵаз, насгьы «ашьаҭа ӷәӷәа» шаиҭаз (Иов 38:5, 6; Аԥсал. 104:5). Иегова ашара данаҿыз дааҭгыланы иџьабаа ахәшьара аиҭон (Аҟаз. 1:10, 12). Шәазхәыц, амаалықьцәа Иегова ирҿиамҭақәа анырбоз шаҟа игәырӷьоз. Иегова зегь ҟазарыла ишишоз анырбоз дара рыбжьы ҭыганы ддырҽхәон (Иов 38:7). Иҳаилнаркаауазеи ари? Иегова Адунеи ашаразы зқьышықәсақәа иҭаххеит. Аха иџьабаа ахәшьара анаиҭоз иишаз зегь шаҟа ибзиаз иҳәеит (Аҟаз. 1:31).
8. Еилҳаргозеи уажәы?
8 Ишаҳбаз еиԥш, Абиблиаҿы иаагоуп ачҳара аарԥшра шхадоу узырбо апринципқәа рацәаны. Уажәы ҳрылацәажәоит ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра ахьҳахәҭоу ҩ-ҭагылазаашьак.
ҲАИЗЫԤШЫЗАР АНБАҲАХӘҬОУ ИЕГОВА?
9. Ианбаҳахәҭоу Иегова изыԥшра?
9 Зны-зынла Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵаанӡа ҳаԥшыр ауп. Иаҳҳәап, ԥышәарак, ма иҳалоу ԥсыҽрак аиааиразы Иегова амч ҳаиҭарц ҳаниҳәо, иара ҳаҳәара аҭак аҟаҵара дахымыццакуашәа ҳбозар ауеит. Избан Иегова зны-зынла ҳаҳәарақәа рҭак иаразнак изыҟаимҵо?
10. Избан ачҳара аарԥшны Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак аныҟаиҵо аамҭа ҳазыԥшызар зҳахәҭоу?
10 Иегова ҳаниҳәо иара хшыҩзышьҭрала даҳзыӡырҩуеит (Аԥсал. 65:2). Ҳаҳәарақәа рыла ҳара Иегова игәра шаҳго иҳарбоит (Аур. 11:6). Иара убас Иегова иҭахуп ҳаҳәарақәа инарықәыршәаны ҳанхаларц, насгьы игәҭакы наҳагӡаларц (1 Иоанн 3:22). Иҟалап ҳара Иегова ҳиҳәозар иҳалоу ԥсыҽрак, ма шьцыларак аиааира дҳацхраарц. Усҟан ачҳара аарԥшны ҳхы аус адаҳулалароуп. Иегова зны-зынла ҳаҳәарақәа рҭак иаразнак ишыҟаимҵо Иисус иажәақәагьы иаҳдырбоит: «Шәаҳәала, шәызҳәауагьы шәоуп, шәыԥшаала, ишәоуп ишәыԥшаауа, шәасла, шәзысуа шәзаадыртып, избанзар иаҳәауа — иоуеит, иԥшаауа — иԥыхьашәоит, ашә иасуагьы — изаадыртуеит» (Матф. 7:7, 8). Ҳара ари алабжьара ҳақәныҟәозар, насгьы ҳааҟәымҵӡакәа Анцәа ҳиҳәозар, жәҩантәи Ҳаб ҳаҳәарақәа шиаҳауа, насгьы рҭак шыҟаиҵо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Кәал. 4:2).
Анцәа ҳиҳәозар, насгьы уи ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо агәра ҳгозар, ачҳара аарԥшны изыԥшра ҳзымариахоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)c
11. Ишԥаҳацхраауеи Ауриацәа рахь 4:16 иану ажәақәа, Иегова ҳаҳәара аҭак аҟаҵара дахымыццакуашәа ҳбозар?
11 Иегова ҳаҳәарақәа рҭак аҟаҵара дахымыццакуашәа ҳбозаргьы, иара урҭ рҭак ианаамҭоу иҟаиҵоит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 4:16.) Убри аҟынтә Иегова ҳаҳәара аҭак ишаҳҭахыз еиԥш ирласны иҟаимҵазар ахара идҳамҵалароуп. Иаҳҳәап, аӡәырҩы Анцәа Иаҳра ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ԥнаҵәарц азы Анцәа и́ҳәоижьҭеи ажәашықәсақәа ҵуеит. Иисус иҳәеит уи азы Анцәа ҳиҳәалар шҳахәҭоу (Матф. 6:10). Ишԥахшыҩдарахоз адунеи ҿыц ауаа аназыԥшыз аамҭазы иахьымааз азы Анцәа игәра агара ҳаҟәыҵызҭгьы! (Авв. 2:3; Матф. 24:44). Ҳара анаҩсгьы Иегова ҳиҳәалар, насгьы аҭак шҳаиҭо агәра ҳгалар ҟәыӷарахоит. Ари адунеи аҵыхәтәа ианаамҭоу иаауеит, избанзар Иегова амши асааҭи алиххьеит. Уи адагьы, Иегова иалихыз аамҭа бзиа дызбо зегьы рзы зегь реиҳа ианаало аамҭахоит (Матф. 24:36; 2 Пиотр 3:15).
Ишԥааирԥшуаз Иосиф ачҳара, насгьы иаҳнарҵозеи уи иҿырԥшы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 12—14.)
12. Ианбаҳцәыцәгьахар алшо иҵегьы ачҳара аарԥшра?
12 Зны-зынла Иегова аиашара еиҭашьақәиргылаанӡа ҳаԥшлар ауп. Ари адунеи аҿы аӡәырҩы даҽа расак, даҽа культурак, даҽа милаҭк иатәу ауаа атәарбаӡом. Иара убас ахацәа аҳәса, мамзаргьы аҳәса ахацәа анатәарымбогьы ыҟоуп. Уи адагьы, апсихикатә чымазара, ма даҽа чымазарак змоу иҽеимкәа ирызныҟәоит. Иегова ишаҳаҭцәагьы аӡәырҩы аиашамра иақәшәоит. Ҳара ус ианҳазныҟәо Иисус иажәақәа ҳхаҳмыршҭлароуп: «Аҵыхәтәанынӡа изычҳауа деиқәхоит» (Матф. 24:13, АдҾ). Иҟалап аизара аҟынтә аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз еилышәкаазар. Шәара ижәдыруеит аизара аиҳабацәагьы уи шырдыруа, Аха шәзыԥшуама урҭ аӡбара рыдыркылаанӡа? Ачҳара аарԥшра еиҳа ишәзымариахоит, аизара аиҳабацәа ус еиԥш иҟоу аусқәа анеилдырго Иегова дара рҟынтә дыззыԥшу еилышәкаауазар.
13. Дыззыԥшузеи Иегова аизара аиҳабацәа рҟынтә, агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз иус анеилдырго?
13 Аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз аизара аиҳабацәа ианраҳалак, аҭагылазаашьа Иегова ихәаԥшышьала ирбаларц азы Иегова аҟәыӷаразы иҳәоит (Иак. 3:17). Урҭ хықәкыс ирымоу агәнаҳа ҟазҵаз «аиаша мҩа» иқәҵара ауп (Иак. 5:19, 20). Иара убас дара аизара рыхьчарц азы, насгьы агәнаҳа ҟазҵаз ихҟьаны ааха зауз ргәы дырҭынчырц азы ирылшо зегь ҟарҵоит (2 Кор. 1:3, 4). Урҭ рҩызцәа аусқәа анеилдырго аизара аиҳабацәа раԥхьаӡа иргыланы афактқәа зегь ҭырҵаар ауп. Уи азы аамҭа аҭаххар ауеит. Уи ашьҭахь дара Анцәа иҳәоит, агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы аҽыриашара ицхраауа абиблиатә жәеинраалақәа алырхуеит, насгьы ишахәҭоу еиԥш ауаҩы ддыриашоит (Иер. 30:11). Аизара аиҳабацәа аӡбара рыдыркыларц азы аамҭа ргаӡом, аха иагьахыццакӡом. Дара Иегова имҩақәҵарақәа иахьрықәныҟәо аизара зегь ахәарҭа азаанагоит. Аха уеизгьы ақьырсиан иҟаиҵаз агәнаҳа аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ахьаа ӷәӷәа рзаанагар ауеит. Шәақәшәахьоума шәара уи аҩыза? Шәақәшәахьазар, ишәыцхраауазеи ахьаа ахгара?
14. Иарбан библиатә ҿырԥштәу ишәыцхраауа, аизараҿы ииашамкәа ишәызныҟәазар?
14 Зныкыр ииашамкәа ишәызныҟәахьоума? Иҟалап аизараҿгьы ииашамкәа ишәызныҟәахьазар. Ус акәзар, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ачҳара аарԥшны Иегова зегь рҭыԥ ианықәиҵо иазыԥшыз ауаа рҿырԥштәқәа ишәдырҵар алшо рацәоуп. Даҳгәалаҳаршәап Иосиф. Уи иашьцәа гәакьақәа ииашамкәа изныҟәеит. Аха иара урҭ ргәаӷ имкӡеит. Иосиф Иегова имаҵ аураҿы илшоз зегь ҟаиҵон. Иааирԥшуаз ахачҳаразы Иегова дизылԥхеит (Аҟаз. 39:21). Аамҭак ашьҭахь Иосиф иашьцәа убриаҟара ахьаа шизааргазгьы иранаижьит, насгьы Иегова ахаан напхгарада дшаанимыжьуаз еиликааит (Аҟаз. 45:5). Ҳаргьы Иосиф иеиԥш Иегова ҳаизааигәахозар, насгьы зегь рҭыԥ ианықәиҵо ҳазыԥшызар ахаан ҳахьхәӡом (Аԥсал. 7:17; 73:28).
15. Илыцхраази иаҳәшьак ииашамкәа иахьлыхцәажәаз мыцхәы хьаас аҟамҵара?
15 Ҳәарада ҳара Иосиф дзықәшәаз ҳақәымшәар ауеит. Аха ииашамкәа аӡәы дҳазныҟәар ҳгәы ҳахьыр алшоит. Ҳгәы ҳзырхьыз ауаҩы Иегова имаҵ иуазаргьы имуазаргьы абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәозар уи ҳацхраауеит (Флп. 2:3, 4). Ҳахәаԥшып Ианаb зыхьӡу иаҳәшьак дзықәшәаз ахҭыс. Лара еилылкааит аус лыцызуаз ԥҳәыск ииашамкәа дышлыхцәажәаз. Иана уи лгәы шылнархьызгьы агәыԥжәара лҽалымҭаӡеит. Илыцхраазеи Иана? Лара Иисус иҿырԥшы дазхәыцуан. Уи ауаа лассы-лассы дшыладырҟәуазгьы, ахаангьы аҭак риҭаӡомызт (1 Пиотр 2:21, 23). Убри аҟынтә Иана аус лыцызуаз аԥҳәыс лажәақәа хьаас илымкырц лыӡбеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иана еилылкааит уи аԥҳәыс лгәабзиара шҽеимыз, насгьы уи шылгәырҩоз. Уи ҳаҳәшьа илыцхрааит аус лыцызуаз аԥҳәыс дымхәыцӡакәа дышцәажәаз аилкаара. Иана лгәы ҟанаҵеит уи аҭагылазаашьаҿы ачҳара аарԥшны ииашаны лхы ахьымҩаԥылгаз. Уи нахыс лара агәҭынчра лоуит.
16. Иарбан зхәыцроу шәгәы зырҭынчыр алшо ииашамкәа ишәызныҟәазар? (1 Пиотр 3:12).
16 Шәара ииашамкәа иахьшәызныҟәаз, ма даҽа мзызк иахҟьаны шәгәы шәыхьуазар, ишәхашәмыршҭлан Иегова згәы каҳаны иҟоу дшырзааигәоу (Аԥсал. 34:18). Иара бзиа шәибоит ачҳара ахьаашәырԥшуа, насгьы шәыуадаҩрақәа шииӡбо агәра ахьыжәго азы (Аԥсал. 55:22). Иегова адунеи зегь Ӡбаҩыс дамоуп. Иара иимбо ҳәа акгьы ыҟаӡам. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:12.) Убри аҟынтә уадаҩрак шәақәшәазар, насгьы уи шышәыӡбаша шәзымдыруазар ишәхашәмыршҭлан ачҳара аарԥшны Иегова шәизыԥшлар шхадоу.
ИЕГОВА ИЗЫԤШУ РЗЫ ИНЫМҴӘАӠО АЗЫЛԤХАРАҚӘА
17. Ҳзықәиргәыӷуазеи Иегова, Исаиа 30:18 иану инақәыршәаны?
17 Иаарласны Анцәа Иаҳра агәыҳалалра аазырԥшуа Жәҩантәи Ҳаб ҳзықәиргәыӷыз зегь нанагӡоит. Исаиа 30:18 иануп: «Аха Иегова ачҳара ааирԥшуеит, шәрыцҳаишьарц азы, иара иусқәа дрылагоит, шәагьрыцҳаишьоит. Избанзар Иегова аиашара Анцәа иоуп. Насыԥ рымоуп иқәгәыӷуа зегьы». Иегова иқәгәыӷуа, насгьы изыԥшу иахьагьы аԥхьаҟагьы ирацәаны азылԥхарақәа роуеит.
18. Иарбан ҳамҭоу ҳара иаҳзыԥшу?
18 Адунеи ҿыц аҿы Анцәа имаҵзуҩцәа ауадаҩрақәеи агәҭынчымрақәеи роуӡом. Аиашамреи уи иаанаго ахьааи уаҳа ахаан иҟалаӡом (Аат. 21:4). Иаҳфарызеи, иаҳжәрызеи, ҳхы зланыҟәаҳгарызеи ҳәа аӡәгьы дгәырҩалаӡом, избанзар зегь меигӡарахда иҟалоит (Аԥсал. 72:16; Ис. 54:13). Шаҟа ҳамҭа дуузеи иаҳзыԥшу!
19. Ҳаззыҟаиҵозеи Иегова хәыҷы-хәыҷла?
19 Аха уи аамҭа ааиаанӡа Иегова инапхгара аҵаҟа иҟало аԥсҭазаара ҳазыҟаиҵоит. Иара дҳацхраауеит иҽеим аҟазшьақәа ааныжьны игәаԥхо аҟазшьақәа реизырҳара. Ҳара зеиԥшыҟам аԥсҭазаара ҳзыԥшуп, убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьлан. Шәааи, Иегова иқәыргәыӷрақәа наигӡаанӡа анаҩсгьы ачҳара ааҳарԥшлап!
АШӘА 118 «Ҳхаҵара иазырҳа»
a «Армагеддон ааиаанӡа сажәуеит ҳәа сыҟамызт»,— иҟалап зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи абас шырҳәо шәаҳахьазар. Ҳара зегьы ари адунеи цәгьаҿы аԥсҭазаара ҳарааԥсеит аҟынтә, Иегова иаарласны ари адунеи аҵыхәтәа ԥиҵәар ҳҭахуп. Аха уеизгьы ҳара ачҳара аарԥшышьа ҳҵалароуп. Ари астатиаҿы уи аҟны иҳацхраауа абиблиатә принципқәа еилҳаргоит. Иара убас ачҳара аарԥшны Иегова ҳаизыԥшлар ахьҳахәҭоу ҩ-ҭагылазаашьак ҳрылацәажәоит. Уи адагьы еилаҳкаауеит ачҳара аазырԥшуа ирзыԥшу аҳамҭа зеиԥшроу.
b Ахьӡ ԥсахуп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа дхәыҷаахыс Иегова иҳәара шьцыларас илымоуп. Уи лҭаацәа илдырҵеит. Данқәыԥшыз пионерс амаҵ аура далагеит, насгьы лассы-лассы Иегова ацхырааразы диҳәон. Лхаҵа ӷәӷәала данычмазаҩхагьы лара дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова диҳәон амч лиҭарц азы. Уажәы лара деибоуп, насгьы дааҟәымҵӡакәа Анцәа диҳәоит. Лара агәра ганы дыҟоуп жәҩантәи Лаб лыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо, иара уи еснагь ишыҟаиҵоз еиԥш.