АҴАРАЗЫ АСТАТИА 37
«Сара ажәларқәа зегь сырхыџхыџуеит»
«Сара ажәларқәа зегь сырхыџхыџуеит, усҟан ажәларқәа зегь рҟынтә зыхә ҳараку амазара аауеит» (АГГ. 2:7).
АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала
АХҲӘААa
1, 2. Иарбан ҳаамҭазы иҟоу асимволтә ҵакы змоу дгьылҵысроу аԥааимбар Аггеи зыӡбахә иҳәахьаз?
«МИНУҬҚӘАК рыла адәқьанқәеи акрызхыҵуаз аҩнқәеи еилаҳаит», «Ауаа иҟарҵо рзымдыруа еилалеит... Аӡәырҩы ирҳәон уи минуҭқәак рыҩныҵҟа акәын иахьыҟаз ҳәа, аха сара уи ахаан инымҵәозшәа збон» — арҭ ажәақәа зҳәаз 2015 шықәсазы Непал иҟаз адгьылҵысра зхызгаз ауаа роуп. Ус еиԥш иҟоу ак шәхыжәгахьазар, иҟалап иахьа уажәраанӡагьы уи шәыбла ихгылазар.
2 Аха ҳаамҭазы даҽа дгьылҵысрак ыҟоуп. Уи қалақьк аҿы, ма тәылак аҿы акәӡам иахьыҟоу. Уи ажәларқәа зегьы ирныруеит, насгьы ажәашықәсақәа ҵуеит иҟоижьҭеи. Абар аԥааимбар Аггеи уи аӡбахә заа ишиҳәахьаз: «Убас иҳәоит ар реиҳабы Иегова: „Даҽа знык — уи иаарласӡангьы иҟасҵоит — сара ажәҩани, адгьыли, амшыни, абарсҭеи сырхыџхыџуеит“» (Агг. 2:6).
3. Излеиԥшымзеи Аггеи зыӡбахә иҳәоз «архыџхыџреи» адгьылҵысреи?
3 Аггеи зыӡбахә иҳәаз «архыџхыџра» зегь ԥыххааса ишьҭазҵо аԥсабаратә рыцҳара иаҩызаӡам. Иегова иҳәоит, уи алҵшәа бзиақәа шаанаго: «Сара ажәларқәа зегь сырхыџхыџуеит, усҟан ажәларқәа зегь рҟынтә зыхә ҳараку амазара аауеит, ари аҩнгьы хьӡи-ԥшеи рыла исырҭәуеит» (Агг. 2:7). Ҵакыс иамази ари аԥааимбаражәа Аггеи ихаан инхоз ауаа рзы? Ҵакыс иамоузеи уи ҳара ҳзы? Шәааи арҭ азҵаарақәа еилҳаргап, насгьы аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу ажәларқәа «рырхыџхыџра» ҳара ҳҽалаҳархәыр шҳалшо еилаҳкаап.
АГГЕИ ИХААН ИҲӘАЗ УГӘЫ ШЬҬЫЗХУАЗ АЖӘАБЖЬ
4. Избан Иегова ижәлар рахь аԥааимбар Аггеи дзишьҭыз?
4 Иегова Аггеи ихадоу адҵа ииҭеит. Иаҳгәалаҳаршәап уи аԥхьа иҟаз. Иҟалап Аггеи 537 шықәсазы ҳ. ҟ. вавилонтәи атҟәара аҟынтә Иерусалимҟа ихынҳәыз дреиуазҭгьы. Иаарласны Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа аныҳәарҭа аиҭашьақәыргылара иалагеит, ашьаҭагьы шьҭарҵеит (Езд. 3:8, 10). Аха иаарыкәыршаны иҟаз ажәларқәа ахьырҿагылоз ргәы канажьын, аргылара иаҟәыҵит (Езд. 4:4; Агг. 1:1, 2). Убри аҟынтә 520 шықәсазы ҳ. ҟ. Иегова Аггеи иеиҳәеит израильаа излагаз аус нарыгӡарц азы ргәы шьҭихырц (Езд. 6:14, 15)b.
5. Избан Аггеи ииҳәаз ажәабжь Анцәа ижәлар ргәы шьҭнахыр захәҭаз?
5 Аггеи израильаа иреиҳәаз иажәабжь Иегова иахь рыгәрахаҵара арӷәӷәар акәын. Аԥааимбар згәы каҳаны иҟаз ауриацәа абас реиҳәеит: «„Шәыҽшәырӷәӷәа ари адгьыл иқәынхо ажәлар зегьы,— иҳәоит Иегова,— аусгьы нашәыгӡа“. „Избанзар сара сшәыцуп“,— иҳәоит ар реиҳабы Иегова» (Агг. 2:4). Иазгәашәҭ: Иегова ихы ар реиҳабы ҳәа азиҳәеит. Избан? Иара израильаа иргәалаиршәар иҭахын зхыԥхьаӡара рацәоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу ар шимоу. Убри аҟынтә, Анцәа игәҭакы қәҿиарала инарыгӡарц азы ауриацәа аҵыхәтәанынӡа игәра ргалар акәын.
6. Иарбан лҵшәоу иаанагар акәыз Аггеи зыӡбахә иҳәаз ажәларқәа зегь «рырхыџхыџра»?
6 Иегова Аггеи ила иҳәеит: «Сара ажәларқәа зегь сырхыџхыџуеит». Убас ала иара згәы каҳаны иҟаз израильаа агәра диргеит Персиа «ширхыџхыџуа». Усҟантәи аамҭазы уи ажәларқәа рацәаны иахьынхоз амчра ӷәӷәа змаз ҳәынҭқарран. Лҵшәаc иаанагозеи уи? Раԥхьа Анцәа имаҵзуҩцәа аныҳәарҭа аргылара иалгоит, анаҩс еиҭашьақәыргылахо аныҳәарҭаҿы иауриацәамгьы Иегова имҵахырхәаразы ауриацәа рыҽрыдыркылоит. Ҳәарада, Аггеи иажәабжь Анцәа ижәлар ргәы шьҭнахит! (Зах. 8:9).
ИЕГОВА ҲААМҬАЗЫ АДГЬЫЛ «ИРХЫЏХЫЏУЕИТ»
Ишәылшо зегь ҟашәҵома шәара, иахьа адгьыл «зырхыџхыџуа» аус аҽалархәразы? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)d
7. Иарбан ажәларқәа зегь «зырхыџхыџуа» усу ҳара ҳазлахәу? Иҳаилшәыркаа.
7 Ишԥанаӡо Аггеи ииҳәаз аԥааимбаражәа ҳаамҭақәа рзы? Иегова еиҭах ажәларқәа зегь «ирхыџхыџуеит», ҳара уи аҿы ҳицхраауеит. Ишԥа? Шәааи ҳазхәыцып. 1914 шықәсазы Иегова жәҩантәи Иаҳра Иисус Христос напхгаҩыс дахаиргылеит (Аԥсал. 2:6). Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагаз адунеи анапхгаҩцәа рзы жәабжь бзиамызт. Уи иаанагон ажәларқәа ирзалхыз аамҭа шынҵәаз, даҽакала иуҳәозар адгьыл аҿы Иегова инапхгара аазырԥшуаз анапхгаҩы даныҟамыз аамҭа шхыркәшахаз (Лука 21:24). Анцәа имаҵзуҩцәа уи еилыркааит, насгьы ауаатәыҩса гәыӷырҭас ирымоу Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу ажәлар рылаҳәара иалагеит. 1919 шықәса инаркны дара гәацԥыҳәарала Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа рҳәоит, уи ажәабжь адунеи «архыџхыџуеит» (Матф. 24:14).
8. Ишԥақәҿырҭуеи Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа еиҳараҩык ауаа, Аԥсалом 2:1—3 иану инақәыршәаны?
8 Иахырҳәаауазеи ауаа уи ажәабжь? Еиҳараҩык уи ргәаԥхаӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 2:1—3.) Ажәларқәа Иегова иалихыз аҳ дрыдыркылаӡом. Урҭ Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа гәырӷьажәабжьуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом. Уи инеиҳангьы, тәылақәак рҿы аҳәынҭқарцәа ажәабжьҳәаратә ус мап ацәыркит. Урҭ аҳәынҭқарцәа Анцәа имаҵ ҳуеит ҳәа шырҳәогьы, ирымоу амчра рцәыӡыр рҭахӡам. Актәи ашәышықәсазы еиԥш иахьагьы аҳәынҭқарцәа Иисус иҵаҩцәа ирышьҭашәарыцоит, убас ала Иегова иалихыз Аҳ иҿагылоит (Аус. 4:25—28).
9. Иҟаиҵозеи Иегова ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа шрыдрымкыло шибогьы?
9 Иҟаиҵозеи Иегова ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа шрыдрымкыло шибогьы? Аҭак ҳаԥшаауеит Аԥсалом 2:10—12 аҿы: «Аҳцәа, аилкаара аашәырԥшла, шәыҽшәыриаша, адгьыл аӡбаҩцәа. Гәыкала Анцәа имаҵ жәула, шәгәы хыҭ-хыҭуа шәгәырӷьала. Ҳаҭыр иқәышәҵа аԥа, Анцәа иԥсахы еибамкырц, насгьы шәҭамхарц азы, избанзар игәыԥжәара еимгеимцарак ала иааирԥшыр ауеит. Насыԥ рымоуп иара иҿы аҽыҵәахырҭа иашьҭоу». Иегова агәыҭбаара ду аарԥшны иаӷацәа аамҭа риҭоит Анцәа Иаҳра аган ааныркыларц азы. Аха аамҭа маҷны иаанхеит. Ҳара ҳанхоит ари адунеи «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы (2 Тим. 3:1; Ис. 61:2). Ауаа аҵабырг еилыркаароуп, насгьы Иегова имаҵзуҩцәаны иҟалароуп. Аамҭа ҳгар ҟалаӡом!
АЖӘАБЖЬ БЗИА ЗГӘАԤХОГЬЫ ЫҞОУП
10. Иахырҳәаауазеи ауаа ажәларқәа «зырхыџхыџуа» ажәабжь, Аггеи 2:7—9 иану инақәыршәаны?
10 Аха Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь згәаԥхогьы ыҟоуп. Аггеи заа ишиҳәахьаз еиԥш, Иегова адгьыл «ахьирхыџхыџуа» абзоурала «ажәларқәа зегь рҟынтә зыхә ҳараку амазара аауеит», даҽакала иуҳәозар, гәыкала иҟоу ауаа Иегова имҵахырхәаларц азы еизоитc. (Шәаԥхьа Аггеи 2:7—9.) Уи «аҵыхәтәантәи амшқәа раан» ишыҟало аԥааимбарцәа Исаиагьы Михеигьы ирҳәахьан (Ис. 2:2—4; Мих. 4:1, 2).
11. Иахиҳәаазеи аиашьа Кен Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа раԥхьаӡа акәны ианиаҳа?
11 Шәааи еилаҳкаап, ажәларқәа «зырхыџхыџуа» ажәабжь ихадоу аусбарҭаҿы амаҵ зуа аиашьа Кен ишинырыз. Иара иахьа уажәраанӡагьы ибзианы игәалашәоит 40 шықәса раҟара раԥхьа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь аниаҳаз. Иара иҳәоит: «Сара сеигәырӷьеит ари адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо анеилыскаа. Сара еилыскааит Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵаразы, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы иахьатәи адунеи ишақәгәыӷлатәым, насгьы Иегова иган шаанкылатәу. Сара еилыскааз инақәыршәаны сынхаларц иаразнак исыӡбеит, Иеговагьы уи изеиҭасҳәеит. Сара ари адунеи аансыжьит, насгьы ахаан аӡәгьы изықәымго Анцәа Иаҳра садгылеит».
12. Ишԥаҭәуеи хьӡи-ԥшеи рыла аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Иегова идоуҳатә ныҳәарҭа?
12 Иегова имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа убаратәы иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы урҭ рхыԥхьаӡара акырӡа иазҳаит. 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь зҳәоз рхыԥхьаӡара хә-нызқь маҷк иацны акәын иҟаз. Уажәы аа-миллионҩык инареиҳаны ауаа гәыкала Иегова имаҵ руеит! Уи адагьы, миллионҩыла егьырҭ ауаа есышықәса Агәаларшәара ахәылԥаз ҳацазгәарҭоит. Ааи, «ажәларқәа зегь рҟынтә зыхә ҳараку амазара» Иегова ишьақәиргылаз ицқьоу амҵахырхәара аазырԥшуа адоуҳатә ныҳәарҭа ашҭақәа дырҭәуеит. Иара убас, Иегова ихьӡ ахьӡ-аԥша азаанагоит имаҵ аура иалаго ауаа рыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа аныҟарҵо, даҽакала иуҳәозар, хаҭара ҿыцны ианыҟало (Еф. 4:22—24).
Иегова ишаҳаҭцәа гәырӷьаҵәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа ирзеиҭарҳәоит. (Шәрыхәаԥш абзац 13.)
13. Иарбан ԥааимбаражәақәоу иҵегьы Анцәа ижәлар иааџьоушьартә еиԥш ишеизҳало атәы зҳәоз? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
13 Иегова ижәлар иааџьоушьартә еиԥш ишеизҳало аԥааимбар Аггеи имацара иакәӡам заа изҳәахьаз. Уи аӡбахә ҳәоуп Исаиа ишәҟәы 60-тәи ахаҿгьы. Иаҳҳәап, 22-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Имаҷу агәыԥ аҟынтәи зықьҩык ҟалоит, имаҷӡоу аҟынтә — иӷәӷәоу ажәлар. Сара, Иегова, ианаамҭоу уи аус сырццакуеит». Зхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еизҳауа, «зыхә ҳараку амазара» ҳәа иԥхьаӡоу ауаа Анцәа ижәлар рыҽрыдыркылоит. Уи иџьашьахәу алҵшәа аанагоит. Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь аиҭаҳәаразы урҭ ауаа рҟазареи рылшарақәеи рхы иадырхәоит. Уи абзоурала, Исаиа ишиҳәахьаз еиԥш, Иегова имаҵзуҩцәа «ажәларқәа рыхш» ржәуеит (Ис. 60:5, 16). Ҳара зыхә ҳараку урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, зегь еицаҳзеиԥшу аус рҽахьаладырхәуа азы. Иахьа ҳара ажәабжь ҳҳәоит 240 тәылеи аҭыԥқәеи рҿы, ҳпубликациақәагьы 1 000 бызшәа инареиҳаны рала иҭрыжьуеит.
ИААИТ АӠБАРА АДКЫЛАРАЗЫ ААМҬА
14. Иарбан ӡбароу ауаа зегь ирыдыркылар рыхәҭоу?
14 Иахьатәи ҳаамҭазы ажәларқәа «зырхыџхыџуа» ажәабжьҳәаратә ус ауаа алхра ҟарҵарц рыднагалоит: Анцәа Иаҳра аган ааныркылару, ма ари адунеи анапхгаҩцәа рган ааныркылару. Уи аҩыза алхра ауаа зегь иҟарҵароуп. Ҳәарада, Иегова имаҵзуҩцәа иахьынхо атәылақәа рҿы иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәоит, аха аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет рыхьчоит (Рим. 13:1—7). Дара ирдыруеит иахьа иҟоу ауадаҩрақәа зегьы Анцәа Иаҳра мацара шакәу изыӡбо. Анцәа Иаҳреи ари адунеии еицырзеиԥшу акгьы рымаӡам (Иоанн 18:36, 37).
15. Ишԥаԥышәахо Анцәа гәыкала ҳаизыҟоу-ҳаизыҟаму, Аатра ашәҟәы иану инақәыршәаны?
15 Аатра ашәҟәы ишану еиԥш аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Анцәа гәыкала ҳаизыҟоу-ҳаизыҟаму ԥышәахоит. Ашьҭашәарыцарақәеи аҿагыларақәеи рацәахоит. Адунеи анапхгаҩцәа зегь рыла ҳарзыӡырҩларц рҭаххоит, уи мап ацәызкуа ирышьҭашәарыцалоит (Аат. 13:12, 15). Урҭ «дхәыҷыз, ддуз, дбеиаз, дӷарыз, дтәыз, мамзаргьы зых иақәиҭу иакәыз, рарӷьа напы, ма рылахь амҳәыр аадырхаразы» рыдырцалалоит (Аат. 13:16). Ажәытәан атәцәа аӡәы ишитәу рдыруазарц азы адырга рырҭон. Убас еиԥш иахьагьы ауаа зегь «рарӷьа напы», насгьы «рылахь» асимволтә ҵакы змоу адырга рымазаауеит ҳәа иазыԥшуп, даҽакала иуҳәозар рхәыцрақәеи русқәеи рыла аполитика иадгылалоит ҳәа иԥшуп.
16. Избан иахьа Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалар зхадоу?
16 Иалшәыршома шәара ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа шәышрыдгыло шьақәзырӷәӷәо адырга шәнырҵартә? Мап акәзар, ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи шәышрықәшәо жәдыруаз. Абиблиа иаҳәоит «амҳәыр заархамыз ауаҩы акы изыҭиуамызт, изаахәомызт» ҳәа (Аат. 13:17). Аха Анцәа амҳәыр заархо ауаа дрықәыӡбахьеит (Аат. 14:9, 10). Аха ҳара, Анцәа имаҵзуҩцәа, даҽа дыргак ауп иалаҳхуа, даҽакала иуҳәозар «Иегова ситәуп» ҳәа ҳнапы иануп (Ис. 44:5). Уажәы ҳара зегьы ҳхы ҳазҵаар хадоуп: «Гәыкала сизыҟоума сара Иегова?» Ааи акәзар, Иегова дгәырӷьаҵәа ҳидикылоит!
ИЕГОВА АЖӘҨАНИ АДГЬЫЛИ «ИРХЫЏХЫЏУЕИТ»
17. Иаҳдыруазар акәзеи Иегова ичҳара иазкны?
17 Ари ицәгьоу адунеи аҵыхәтәа ааиаанӡа Иегова ачҳара ду ааирԥшуеит. Иара «аӡәгьы дҭамхандаз ҳәа дыԥшуп» (2 Пиотр 3:9). Иегова ауаа зегьы алшара риҭоит рыгәнаҳақәа ирыхьхәны рыԥсҭазаара рыԥсахырц. Аха иара ичҳара аамҭа амоуп. Анцәа Иаҳра аган аанкылара мап ацәызкуа ауаа, афараон ихьыз рыхьуеит. Моисеи ила Иегова афараон убас иеиҳәеит: «Сара уажәраанӡагьы снапы еиҵыхны ужәлари уареи ачымазара бааԥс шәсырхьыр ауан, насгьы адунеи уанысхыр сылшон. Аха сара уԥсы ҭаны уаансыжьит сымч усырбарц азы, насгьы сыхьӡ адунеи ахьынӡанаӡааӡо ирылаҳәахарц азы» (Ақәҵ. 9:15, 16). Аҵыхәтәаны ажәларқәа зегьы Иегова ииашаҵәҟьоу Анцәа шиакәу агәра ргар акәхоит (Иез. 38:23). Ишԥаҟало уи?
18. а) Иарбан «архыџхыџроу» Аггеи 2:6, 20—22 аҿы зыӡбахә ҳәоу? б) Иабантәиаадыруеи Аггеи иажәақәа ҳаԥхьаҟа иҟалараны ишыҟоу?
18 Шәаԥхьа Аггеи 2:6, 20—22. Ашәышықәсақәа рышьҭахь апостол Павел Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҳаилиркааит Аггеи иажәақәа ҳаԥхьаҟа иҟалараны ишыҟоу. Раԥхьа Павел Анцәа иқәыргәыӷра атәы иҳәеит: «Еиҭа, даҽазнык, адгьыл ахы-аҵыхәа сырҵысуеит, еиласырӡыӡоит, адгьыл мацара акәым — ажәҩангьы». Анаҩс иациҵеит: «Ажәақәа “еиҭа, даҽазнык“ ирҳәоит уаҩы ирҵысраны иҟоу, инапылаҟаҵароу зегьы шаԥыххо, иаанхо — рҵасышьа змам, еицакра-ԥсахра зқәым, инаӡаӡатәиу шакәхо» (Аур. 12:26, 27). Уи «архыџхыџра» Аггеи 2:7 иану еиԥшӡам. Уи «архыџхыџра» аан, афараон иеиԥш Иегова инапхгара здызымкыло зегьы наӡаӡа иқәгахоит.
19. Иаанхозеи ԥсахра ақәымкәа, Иегова ажәҩани адгьыли «анирхыџхыџлакь» ашьҭахь, насгьы иабантәиаадыруеи уи?
19 Ииҳәарц ииҭахызи Павел «рҵасышьа змам, еицакра-ԥсахра зқәым, инаӡаӡатәиу» ҳәа аниҳәа? Иара иациҵоит: «Ахаан акгьы змыхьуа аҳра ҳаураны ҳшыҟоу дырны, шәааи, Анцәа игәы ишақәшәо, ҳаҭырқәҵарала имаҵ аура ҳалзыршо ҳзыԥсам Анцәа иқьиара азы еснагь ҭабуп ҳәа ҳҳәалап» (Аур. 12:28, АдҾ). Иегова ажәҩани адгьыли «анирхыџхыџлакь» ашьҭахь ари иажәхьоу адунеи аҟынтә асаба ада акгьы аанхаӡом. Аха Анцәа Иаҳра ԥсахра ақәымкәа наӡаӡа иҟазаауеит! (Аԥсал. 110:5, 6; Дан. 2:44).
20. Иарбан ӡбароу ауаа ирыдыркылар акәу? Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ҳара?
20 Аамҭа маҷны иаанхеит! Ауаа иарбан мҩоу иалырхуа рыӡбароуп: аԥсрахьы уназго акәу, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго акәу? Даҽакала иуҳәозар, дара ирыӡбароуп ари адунеи апринципқәа рыла инхалоу, ма Анцәа ишигәаԥхо еиԥш рыԥсҭазаара рыԥсахуоу? (Аур. 12:25). Ажәабжьҳәаратә ус ҳҽаналаҳархәуа ҳара ихадоу ари азҵаара аганахь ала ауаа аӡбара адкылара ҳрыцхраауеит. Анцәа Иаҳра аган аанызкылар зылшо «зыхә ҳараку амазара» макьана ирацәоуп. Шәааи урҭ ҳаԥшаалап, Иисус Христос ииҳәаз ажәақәа ҳхаҿы иааганы: «Аҳра иазку ари ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ирылаҳәахоит, ажәларқәа зегьы ираҳарц азы, убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа» (Матф. 24:14, АдҾ).
АШӘА 40 Дызусҭада узтәу?
a Ари астатиаҿы Аггеи 2:7 иану аԥааимбаражәа еиҭарҿыцу аилкаара еилҳаргоит. Ҳара еилаҳкаауеит ажәларқәа «зырхыџхыџуа» аинтерес зҵоу аус ҳҽалаҳархәлар шҳалшо, насгьы уи аус згәаԥхогьы-изгәамԥхогьы шыҟоу.
b Аггеи идыз адҵа наигӡеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, избанзар 515 шықәсазы ҳ. ҟ. аргыларатә ус хыркәшан.
c Ари еиҭарҿыцу еилкаароуп. Уаанӡа ҳара иҳаԥхьаӡаӡомызт ажәларқәа «рырхыџхыџра» гәыкала иҟоу ауаа Иегова имаҵ аура ргәазҭанаҵоит ҳәа. Шәахәаԥш 2006 шықәса, маи 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагоу «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» (аурыс).
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аггеи израильаа ргәазҭеиҵоит ргәы камыжькәа аныҳәарҭа еиҭашьақәдыргыларц. Ҳаамҭазы Иегова ижәлар гәацԥыҳәарала Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рҳәоит. Хаҵеи-ԥҳәыси ауаа ирзеиҭарҳәоит Иегова иаарласны ажәҩани адгьыли «ширхыџхыџуа».