Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 декабр ад. 28—30
  • Имариоума уара аус уцура?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Имариоума уара аус уцура?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АПРИНЦИП 1: ЕГЬЫРҬ ПАТУ РЫҚӘҴАЛА
  • АПРИНЦИП 2: АҞӘЫШРА УЛАЗ
  • АПРИНЦИП 3: АҲАЛАЛРА УЛАЗ
  • АУС ЗЦУРА МАРИОУ УСУҨНЫ УҞАЛАР УЛШОИТ
  • Егьырҭ рцәаныррақәа шәрызҿлымҳаз
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Амаҵзураҿы агәрыцҳашьара аашәырԥшла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • «Саб бзиа [дызбоит]»
    «Усышьҭаланы уаала»
  • Иегова шәиҿыԥшла — шәҳәатәы иашәмыргалан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 декабр ад. 28—30

Имариоума уара аус уцура?

«ИАРА иҿы сара зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны сыҟан... иҿаԥхьа еснагь сгәырӷьон» (Ажәам. 8:30). Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Иисус адгьыл ахь даанӡа акыраамҭа Иаб аус шициуаз. Иисус Анцәа дивагыланы ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аус ахьициуаз агәырӷьара ду изаанагон.

Иисус адгьыл ахь данаа, аус ицура зымариаз ажәҩан аҿы даныҟаз аҟазшьа бзиақәа ахьеизирҳаз азы ауп. Шәааи еилҳаргап Иисус иҿырԥшы, насгьы ҳахәаԥшып аус ҳацура егьырҭ ирзымариахарц азы ҳара иҟаҳҵалар акәу ҳзырбо х-принципк. Убасҟан аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ ҳацура ргәаԥхалоит.

Иеговеи Иисуси реиԥш иумоу аԥышәеи адыррақәеи аус зцууа ирыцеиҩшала

АПРИНЦИП 1: ЕГЬЫРҬ ПАТУ РЫҚӘҴАЛА

Ауаҩы аус ицура анымариоу аԥагьара анилам ауп. Уи аус ицызуа рыхә ишьоит, насгьы зегь иара идыруашәа ихы ааирԥшӡом. Иисусгьы Иаб иҿиҵааз уи ауп. Зегьзшаз Иегова заҵәык шиакәугьы, Иисус аус шициуаз зегьы ирдыруазар иҭахын. Убри азоуп Анцәа абарҭ ажәақәа зиҳәаз: «Даҳшап ауаҩы ҳара дҳаиԥшны» (Аҟаз. 1:26). Ҳәара аҭахума, Иисус уи инарбеит Иегова аԥагьара шиламыз (Аԥсал. 18:35).

Иисусгьы адгьыл аҿы даныҟаз ихы ҳареикӡомызт. Ауаа данҳараркуаз ахьӡ-аԥша иаԥсоу Иегова заҵәык иоуп ҳәа иҳәон (Марк 10:17, 18; Иоанн 7:15, 16). Иисус иҵаҩцәа аамҭа ицыхгара ргәаԥхон. Иара имаҵзуҩцәа реиԥш акәым, иҩызцәа реиԥш дырзыҟан (Иоанн 15:15). Дара аԥагьара аадмырԥшлар шрыхәҭоу реилиркаарц азы ршьапқәагьы иӡәӡәеит (Иоанн 13:5, 12—14). Ҳаиҿыԥшлар шԥаҳалшо Иисус? Аус ҳацызуа рыхә ҳшьалароуп, насгьы еснагь ҳара ҳтәы иаҳмыргалароуп. Ҳара-ҳара пату еиқәаҳҵалар, насгьы иҟаҳҵо аӡәгьы изгәамҭар ҳәа ҳамшәалар, акырӡа еиҳаны иҟаҳҵар ҳалшоит (Рим. 12:10).

Аԥагьара злам ауаҩы еиликаауеит «абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара» шыҟало (Ажәам. 15:22). Ҳара аԥышәеи аҟазареи ҳалазаргьы, зегь здыруа аӡәгьы дшыҟам еилаҳкаауазароуп. Иисусгьы изымдыруаз ыҟан (Матф. 24:36). Уи адагьы, Иисус инаӡамыз иҵаҩцәа ргәаанагара дазхәыцуан (Матф. 16:13—16). Иџьашьатәӡам, дара аус ицура ахьыргәаԥхоз. Ҳаргьы аԥагьара аамырԥшӡакәа иаҳзымдыруа шыҟоу еилаҳкаауазароуп, насгьы аус ҳацызуа ргәаанагара ҳазхәыцлароуп. Убасҟан аус ҳацызуеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиахоит, ҳус аҿгьы ақәҿиара ҳауеит.

Изыхәҭада раԥхьаӡа иргыланы Иисус иеиԥш аԥагьара аҽацәыхьчара? Аизара аиҳабацәа. Дара уск анырыӡбо ирхадмыршҭлароуп Иегова иԥшьоу адоуҳа аизара аиҳабацәа зегьы ишриҭо. Аизара аиҳабацәа анеизо дасу дымшәаӡакәа игәаанагара иҳәалартә еиԥш рхы мҩаԥыргалароуп. Убасҟан дара ирыдыркыло аӡбарақәа зегьы ахәарҭа рзаанагалоит.

АПРИНЦИП 2: АҞӘЫШРА УЛАЗ

Иҟәышу ауаҩы аус ицура мариоуп, избанзар иара итәы иаиргаӡом, егьырҭ ргәаанагарагьы дазхәыцуеит. Иегова иусқәа зегьы есымша аҟәышра рныԥшуеит. Иисус уи агәра изыргоз рацәан. Иаҳҳәап, ауаатәыҩса зегьы аԥсра шрықәнагазгьы, ауаа ҿихырц азы Иԥа адгьыл ахь дааишьҭит (Иоан. 3:16).

Ианаҭахымыз Иисусгьы иара итәы иаиргаӡомызт. Иаҳгәалаҳаршәап иара финикиатәи аԥҳәыс дышлыцхрааз, «израилаа... ауаса ҭахақәа рахь» мацара дшынашьҭызгьы (Матф. 15:22—28). Иисус иҵаҩцәа рҟынтә амцхә дахьазыԥшымызгьы иаанарԥшуан аҟәышра шилаз. Иҩыза гәакьа Пиотр зегь рҿаԥхьа дшиҭиизгьы уи ианаижьит, ԥыҭрак ашьҭахь ихадоу адҵақәагьы ииҭеит (Лука 22:32; Иоанн 21:17; Аус. 2:14; 8:14—17; 10:44, 45). Иисус иҿырԥшы иаҳнарбоит Филиппаа рахь 4:5 иану ааԥхьара ишықәныҟәалатәу: «Шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам зегьы ирбарҭазааит».

Иара убас аҟәышра ҳацхраауеит аус зцаҳуа раабра. Иисус ауаа зегьы драабуан. Уи иахҟьаны иҵашьыцуаз иаӷацәа «аҳазалхыҩцәеи гәнаҳа змоуи рҩыза» ҳәа изырҳәон (Матф. 11:19). Иҳалшома ҳара, Иисус иеиԥш, иҳаиԥшым ауаа аус рыцура? Луис зыхьӡу аиашьа дзықәшәаз еиҭеиҳәеит. Араионтә хылаԥшҩыс даныҟаз, насгьы Вефиль аҿы амаҵ аниуаз еиуеиԥшым аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыциуан. Абар иара ииҳәаз: «Агәыԥ аҿы аус аицура еиҟарам ахаҳәқәа рыла аҭӡамц анургыло иаҿсырԥшуеит. Ахаҳәқәа еиҟараӡам, аха ииашоу аҭӡамц ургылар алшоит. Сара хықәкыс исымоу егьырҭ сыҽрықәсыршәаларц ауп. Ҳәарада, егьырҭ аус сыцура рзымариахарц азы схы аус адызулалароуп». Ишԥабзиоу ари аҩыза агәазыҟашьа!

Аусуҩ бзиа аус ицызуа иидыруа рцәиҵәахӡом, иара ида ԥсыхәа ыҟам ҳәа егьырҭ ргәы иаанагаларц азы

Ианбаарԥшлатәу еиҭа аҟәыӷара? Иаҳҳәап, ҳахьныҟәо ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь анрыцаҳҳәо. Ҳара иҳалшоит қәрала еиԥшым, насгьы аҭаацәара иалоугьы иаламгьы ажәабжь рыцаҳҳәалар. Иҳалшома ҳара урҭ ҳаҽрықәҳаршәалар, ажәабжьҳәара еиҳа агәырӷьара рзаанагаларц азы?

АПРИНЦИП 3: АҲАЛАЛРА УЛАЗ

Аусуҩ бзиа дҳалалуп (1 Тим. 6:18). Иисус ажәҩан аҿы Иаб аус анициуаз ибон акгьы шицәимӡоз. Иегова ажәҩан анишоз, Иисус иара иааигәара дыҟан, иҿиҵаар илшозгьы рацәан (Ажәам. 8:27). Ԥыҭрак ашьҭахь Иисус ихаҭагьы Иаб иҟынтә еиликааз иҵаҩцәа ирзеиҭеиҳәон (Иоанн 15:15). Ҳаргьы Иегова ҳаиҿыԥшны иҳамоу аԥышәеи адыррақәеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирыцеиҩаҳшалоит. Зны-зынла ауаҩы иара ида ԥсыхәа ыҟам ҳәа егьырҭ ргәы иаанагаларц азы, иидыруа егьырҭ ирцәиҵәахуеит. Аха аусуҩ бзиа ус ҟаиҵаӡом, иара еиликааз егьырҭгьы ирыхәарц азы ирзеиҭеиҳәоит.

Уи адагьы, аҳалалра злоу аусуҩ аус ицызуа ирҽхәоит. Аӡәы ҳџьабаа ангәеиҭо, насгьы уи азы гәыкала ҳанирҽхәо ҳгәы ҟанаҵоит. Иисус аус зциуаз еснагь ирҽхәон. (Иаҿшәырԥш Матфеи 25:19—23; Лука 10:17—20.) Зны урҭ иреиҳәеит иара иҟаиҵаз аасҭа еиҳаны ишыҟарҵо (Иоанн 14:12). Иԥсра маҷк шагыз гәыкала изыҟаз иҵаҩцәа абас ирҽхәеит: «Шәсыцҟан сзықәшәауаз агәаҟрақәа зегьы рҿы» (Лука 22:28). Ҳәара аҭахума, арҭ ажәақәа дара ргәы шьҭнахит, насгьы амч рнаҭеит. Изакәытә ҿырԥш бзиоузеи ҳара ҳзы! Аус зцаҳуа еснагь иҳарҽхәозар, урҭ агәырӷьара роуеит, насгьы еиҳагьы гәыкала аџьабаа рбалоит.

АУС ЗЦУРА МАРИОУ УСУҨНЫ УҞАЛАР УЛШОИТ

Каиоде зыхьӡу аиашьа иҳәеит: «Аус уцура мариазарц азы унаӡазар акәӡам. Уи азы иаҭаху аус уцызуа агәырӷьара рзаагареи рус арманшәалареи ауп». Имариоума уара аус уцура? Иуҭахызар, амаҵ зцууа аишьцәеи аиҳәшьцәеи уразҵаа. Иисус иҵаҩцәа аус ицура шрызгьамаз еиԥш, ҳаргьы егьырҭ аус ҳацура рызгьамазар бзиоуп. Усҟан, Павел ишиҳәаз еиԥш, аус зцууа агәырӷьара рзааугалоит (2 Кор. 1:24).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра