АҴАРАЗЫ АСТАТИА 5
Шәаамҭа еиӷьны шәхы иашәырхәала
«Нас абас, абзамыҟәцәа, аилымгацәа рхы шымҩаԥырго аиԥш акәымкәа, аҟәыӷацәа реиԥш шәыҟаз. Шәаамҭа шәеиҷаҳа» (ЕФ. 5:15, 16).
АШӘА 8 Иегова ҳбаагәара иоуп
АХҲӘААa
1. Ишԥаҳалшо Иегова аамҭа ицыхгара?
ҲАРА зегьы бзиа иаҳбо ауаа аамҭа рыцыхгара ҳгәаԥхоит. Хаҵеи-ԥҳәыси аусура ашьҭахь хәылбыҽхала аамҭа анеицырхырго ргәаԥхоит. Аҿар рҩызцәа ианрыцу бзиа ирбоит. Иара убас ҳара зегь ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи аамҭа рыцыхгара ҳгәаԥхоит. Аха зегь раасҭа бзиа иаҳбо Ҳанцәа аамҭа ицыхгара ауп. Ишԥаҟаҳҵо уи? Иегова ҳаниҳәо, Иажәа ҳанаԥхьо, иҟазшьақәа, насгьы ҳара ҳзы игәы иҭеикыз ҳаназхәыцуа иааигәара ҳаҟоушәа ҳгәы иабоит. Иегова ицаҳхаҳго аамҭа акы иузадкылом! (Аԥсал. 139:17).
2. Иарбан уадаҩроу ҳзықәшәар алшо?
2 Аха иҟоуп уадаҩрак. Зны-зынла убриаҟара ҳаилахоуп, адоуҳатә усқәа рзы иахәҭоу аамҭа аԥшаара ҳцәыцәгьазар ауеит. Ҳусуреи, ҳҭаацәареи ирыдҳәалоу, иара убас егьырҭ аҭакԥхықәрақәа ахьырацәоу ирыхҟьаны анцәаиҳәареи, Абиблиа аԥхьареи, азхәыцреи рзы аамҭа ҳамамшәа ҳгәы иаанагалар алшоит.
3. Иаҳцәызгалар алшозеи еиҭа ҳаамҭа?
3 Иҟоуп иҳазгәамҭаӡакәа ҳаамҭа зегь ҳцәызгар алшо даҽакгьы. Зны-зынла иҳазгәамҭаӡакәа уск ҳаланагалар ауеит. Уи цәгьарак аҵамзаргьы, Иегова изаҳкшаз аамҭа ҳцәагар алшоит. Ҿырԥштәыс иааҳгап аԥсшьареи агәырҿыхагақәеи. Ҳәарада, ҳара зегьы ҳаԥсы ҳшьалароуп. Аха иалҳхуа агәырҿыхага бзиазаргьы, насгьы ҳаԥсы шаҳшьо зегьы иреиӷьзаргьы, уи мыцхәы аамҭа ақәҳарӡлар адоуҳатә усқәа рзы аамҭа ҳазнымхар ауеит. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп аԥсшьара шакәым зегь раасҭа ихадоу (Ажәам. 25:27; 1 Тим. 4:8).
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит аԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу алкааны иҳамазар зҳахәҭоу. Иара убас еилаҳкаауеит Иегова имаҵ ауразы иалхны иҳамоу аамҭа еиҳа еиӷьны ҳхы иаҳархәалар шҳалшо, насгьы уи хәарҭас иаҳзаанаго.
ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ МҨАԤЫЖӘГАЛА, НАСГЬЫ ЕИҲА ИХАДОУ АЛХНЫ ИШӘЫМАЗ
5. Ишԥарыцхраауеи аҿар Ефесаа рахь 5:15—17 аҿы иану ажәақәа, аԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу амҩа алхра?
5 Аԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу амҩа алшәх. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи аӡәырҩы рыԥсҭазаара ззыркша рыздырӡом. Ганкахьала, арҵаҩцәеи Иегова имаҵ зымуа рыуацәеи аҵара ду рҵарц, насгьы ршьапы иқәгыларц рарҳәоит. Уи аамҭа рацәаны иаҭаххоит. Даҽа ганкахьала, рҭаацәеи аизара аҟынтә рҩызцәеи рыԥсҭазаара Иегова имаҵ аура иазыркырц рарҳәоит. Ирыцхраауазеи Иегова бзиа дызбо аҿар ииашоу аӡбара адкылара? Шәааи иааҳартып Ефесаа рахь 5:15—17, насгьы уа иану ажәақәа ҳрызхәыцып (шәаԥхьа). Иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәхы шәазҵаа: «Дыззыԥшузеи Иегова сара сҟынтә? Иарбан ӡбароу иара дзыргәырӷьо? Иарбан мҩоу сара иалысхыр сыхәҭоу, саамҭа еиҳа еиӷьны схы иасырхәаларц азы?» Ишәхашәмыршҭлан, Аҩсҭаа напхгара зиҭо ари ицәгьоу адунеи иаарласны иқәгахоит. Убри аҟынтә Иегова инапы кны шәызнызаауа амҩа алшәхыр зегьы иреиӷьуп.
6. Иарбан алхроу Мариа иҟалҵаз, насгьы избан уи зегьы изреиӷьыз?
6 Еиҳа ихадоу алшәхла. Ҳаамҭа еиҳа еиӷьны ҳхы иаҳархәаларц азы зны-зынла ҩ-уск рҟынтә еиҳа ихадоу алҳхроуп, урҭ аҩ-уск бзиазаргьы. Уи бзианы еилаҳкаарц азы Иисус Мариеи Марфеи рахь сасра даннеиз ахҭыс ҳгәалаҳаршәап. Ачеиџьыка змаз Марфа акыр илзаԥсаз лысас астол бзиа излырхиарц лҭаххеит. Дызҿызи убри аамҭазы Мариа? Лара илоуз алшара лхы иархәаны «Иисус ишьапаҿы дтәаны иажәа дазыӡырҩуан». Ҳәарада, Марфа илҭахыз абзиара акәын, аха Мариа еиҳа еиӷьыз алылхит (Лука 10:38—42). Иҟалап Мариа аҽны ирфоз зынӡа илгәаламшәозҭгьы, аха Иисус иажәақәа ахаан илхашҭраны дыҟамызт. Мариа Иисус иацәажәара алшара ахә ҳаракны илшьон. Шәааи, ҳаргьы Иегова изаҳкуа аамҭа ахә ҳаракны иаҳшьалап. Иҳацхраауазеи уи аамҭа еиҳа еиӷьны ҳхы архәара?
ИЕГОВА ИЗАЛШӘХУА ААМҬА ХӘАРҬА ШӘЗААНАГАРТӘ ЕИԤШ ИШӘХЫЖӘГАЛА
7. Избан анцәаиҳәареи, Абиблиа аҭҵаареи, ҳзыԥхьаз азхәыцреи рзы аамҭа алхра зхадоу?
7 Ишәхашәмыршҭлан, анцәаиҳәареи, Иажәа аҭҵаареи, ҳзыԥхьаз азхәыцреи Иегова имҵахырхәара ишахәҭаку. Анцәа ҳаниҳәо бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ҳиацәажәоит (Аԥсал. 5:7). Абиблиа анҭаҳҵаауа аҟәыӷара иахыҵхырҭоу Анцәа деилаҳкаауеит (Ажәам. 2:1—5). Еилаҳкааз ҳаназхәыцуа иҟазшьа бзиақәа ҳбоит, иара убас иишаз зегьы рзы, насгьы хаҭала ҳара ҳзы игәы иҭеикыз еилаҳкаауеит. Уи еиӷьу акгьы ыҟаӡам. Аха ишԥаҳалшо ҳаамҭа иахьынӡалшо еиӷьны ҳхы иаҳархәалар?
Ишәылшома Абиблиа аҭҵааразы иахьҭынчроу ҭыԥк аԥшаара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8. Иаҳнарҵозеи Иисус ацәҳәыраҿы дахьыҟаз?
8 Ишәылшозар иахьҭынчроу аҭыԥ шәыԥшаа. Еилҳаргап Иисус иҿырԥшы. Иара имаҵзура далагаанӡа 40 мшы ацәҳәыраҿы дыҟан (Лука 4:1, 2). Уа аӡәгьы дахьиԥырхагамыз ҭынч Иегова диҳәон, насгьы Анцәа игәҭакы шынаигӡаша дазхәыцуан. Уи ицхрааит изыԥшыз аԥышәарақәа рҽырзыҟаҵара. Иаҳнарҵозеи уи? Шәара шәҭаацәара дузар, иахьҭынчроу ҭыԥк аԥшаара шәзымариамзар ауеит. Франциа инхо Жиули уи аҩыза аҭагылазаашьа лымоуп. Лхаҵеи лареи уаҭах хәыҷык иҩноуп, насгьы ргәылацәа есымша рыбжьы цәгьоуп. Иҟалҵозеи Жиули ҭынч Иегова диҳәаларц азы? Абар лара илҳәо: «Сара есыҽны апарк ахь сцоит. Уа аӡәгьы дысԥырхагаӡам, убри аҟынтә ҭынч Иегова сиацәажәалар сылшоит».
9. Иаҳзырбозеи Иисус Иаби иареи реиҩызара ахә ҳаракны ишишьоз?
9 Иисус есымша деилахан. Дахьцалакгьы ажәлар ишьҭан, зегьы иара иҟынтә ак рҭахын. Зны иара дахьаангылаз аҩнахьы ақалақь аҿы инхоз ауаа зегь неит. Урҭ зегьы аамҭа рзалхтәын. Аха иара есымша дшеилахазгьы, Иаб иацәажәаразы аамҭа иԥшаауан. «Ашьжьымҭан, ашара дацгыланы иҿынеихан, ацәҳәырахь дцеит», уа Анцәа диҳәон (Марк 1:32—35).
10, 11. Иарбан лабжьароу Иисус Гефсиманиатәи абаҳчаҿы иҵаҩцәа ириҭаз, насгьы иҟалазеи уи ашьҭахь? (Матфеи 26:40, 41).
10 Иисус адгьыл аҿы даныҟаз аҵыхәтәантәи аҵх азгьы зегьы дрызхәыцырц, насгьы Анцәа диҳәарц азы аамҭа иԥшааит. Уи азы иара Гефсиманиатәи абаҳчахь дцеит (Матф. 26:36). Имаҵзура аныхиркәшоз акрызҵазкуаз уи аамҭазы иҵаҩцәа анцәаиҳәара иазкны алабжьара бзиа риҭеит.
11 Иаҳгәалаҳаршәап уи ауха иҟалаз. Иисус иҵаҩцәеи иареи Гефсиманиатәи абаҳчахь ианнеи аҵх агәахьы инеихьазар ҟаларын. Иисус иапостолцәа ҷаԥшьаларц реиҳәан, ихаҭа днаскьаны Анцәа иҳәара далагеит (Матф. 26:37—39). Аха дгьежьны данааи урҭ шыцәаз ибеит. Усҟан Иисус дырҩегь иреиҳәеит иҷаԥшьаларц, насгьы иааҟәымҵӡакәа Анцәа иҳәаларц. (Шәаԥхьа Матфеи 26:40, 41b.) Иара еиликаауан иапостолцәа уи ауха ирхыргаз шырацәаз, насгьы ишааԥсаз. Убри аҟынтә ирыцҳашьаны уажәы зегьы еицырдыруа ажәақәа иҳәеит: «Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп». Уи ашьҭахь иара даҽа ҩынтәгьы иҵаҩцәа дрыҳәеит иҷаԥшьаларц, насгьы Анцәа иҳәаларц. Аха дгьежьны дааицыԥхьаӡа урҭ шыцәаз ибон (Матф. 26:42—45).
Иарбан аамҭоу анцәаиҳәара анеиӷьу? (Шәахәаԥш абзац 12.)
12. Иҳацхраауазеи ҳааԥсаны ҳаҟазаргьы ҳгәы каҳаны ҳаҟазаргьы анцәаиҳәаразы аамҭа алхра?
12 Анцәаиҳәаразы еиҳа еиӷьу аамҭа алшәхла. Зны-зынла убриаҟара ҳааԥсоуп анцәаиҳәара ҳалымшошәа ҳбозар ауеит. Ус зыхьхьо шәымацара шәакәӡам. Нас иҟаҳҵар ҳалшозеи? Иаҳҳәап, шәара шәанышьҭало акәзар Анцәа шәаниҳәо, ишәылшома уи еиҳа заа иҟашәҵар? Иара убас Анцәа ҳашиҳәо акраҵанакуеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ирҳәоит ишьҭалан аасҭа итәаны, ма ишьамхышгыланы Анцәа ианиҳәо еиҳа ишеиӷьу. Аха анцәаиҳәара шәылымшо аҟынӡа шәгәы каҳаны шәыҟазар? Уи Иегова изеиҭашәҳәа. Агәра ганы шәыҟаз агәрыцҳашьара злоу Ҳаб шәшеиликаауа (Аԥсал. 139:4).
Иаԥсоума аизара анцо смс-аацҳарақәа рҭак аҟаҵара? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
13. Иаҳԥырхагахар шԥалшо аелектронтә хархәагақәа Иегова аамҭа ицыхгара?
13 Аҭҵаара анымҩаԥыжәго ак шәԥырхагахартә алшәмыршан. Ҳара Анцәа ҳаниҳәо адагьы, Иажәа анҭаҳҵаауа, насгьы аизарақәа ҳанырҭаауа Иегова аамҭа ицаҳхаҳгоит. Иҳацхраауазеи уи аамҭа еиҳа еиӷьны ахархәара? Шәхы шәазҵаа: «Исԥырхагоу акрыҟоума аизараҿы сантәоу, ма хаҭала Абиблиа анҭысҵаауа?» Иҟалап аӡәы аҭел даҳзасуазар, ма асаламшәҟәқәа ҳзаауазар. Иахьа миллиардҩыла ауаа ихәарҭоу урҭ амессенџьерқәа рыда иахәаӡом. Аха шәахәаԥш шәҟәык аҿы иану: «Ааигәа иҟарҵаз аҭҵаарақәа ишаҳдырбо еиԥш, шәҭел абжьы ырцәаны иаарҳәны иқәзаргьы, уеизгьы шәызҿу аус аҟынтә шәахнагоит»c. Аконгресс алагаанӡа ҳара иҳаҳәоит ҳелектронтә хархәагақәа егьырҭ ирԥырхагамхартә еиԥш даҽа режимк ахь ииаҳгарц. Иҳалшома ҳара Иегова ҳаниацәажәо ҳелектронтә хархәагақәа ҳара иаҳԥырхагамхартә аҟаҵара?
14. Дышԥаҳацхраауеи Иегова адоуҳатә усқәа ҳанырҿу акгьы ҳахнамгаларц, Филиппаа рахь 4:6, 7 иану инақәыршәаны?
14 Иегова шәиҳәала адоуҳатә усқәа шәанырҿу акгьы шәахнамгаларц. Абиблиа анҭышәҵаауа, ма аизараҿы шәаныҟоу шәхы ҽаџьара ишыҟоу гәашәҭазар, ацхырааразы Иегова шәиҳәала. Ҳгәы ак аныҵхо ҳзыԥхьо азхәыцра, ма аизараҿы иҳаҳауа ҳхы азышьҭра мариамзар алшоит. Аха уи даараӡа ихадоуп. Убри аҟынтә Иегова шәиҳәала шәгәы адагьы, шәыхшыҩгьы зыхьчо аҭынчра шәиҭарц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.)
ИЕГОВА ИЦАҲХАҲГО ААМҬА АХӘАРҬА ДУ ҲЗААНАГОИТ!
15. Иарбан хәарҭоу Иегова ицаҳхаҳго аамҭа иаҳзаанаго?
15 Иегова иацәажәара, изыӡырҩра, насгьы изхәыцра ҳгәаԥхоит. Аха уи адагьы уи ахәарҭа ду ҳзаанагоит. Актәи, уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит. Абиблиаҿы иануп: «Аҟәыӷацәа ирыцу дҟәыӷахоит» (Ажәам. 13:20). Ус анакәха, Адунеи аҿы зегь раасҭа иҟәыӷоу Иегова аамҭа ицаҳхаҳгалар, ҳхаҭагьы ҳҟәыӷахоит. Избанзар убасҟан иаҳдыруазаалоит иарбан ӡбарақәоу Иегова игәаԥхало, насгьы игәамԥхало.
16. Избан Иеговеи ҳареи аамҭа рацәаны ианеицаҳхаҳго рҵаҩцәа бзиақәаны ҳзыҟало?
16 Аҩбатәи, ҳара рҵаҩцәа бзиақәаны ҳҟалоит. Аӡәы Абиблиа аниҳарҵо Иеговеи иареи еиҩызцәахарц ауп хықәкы хадас иҳамоу. Жәҩантәи Ҳаб ирацәаны аамҭа ицаҳхаҳгозар, еиҳагьы бзиа даҳбалоит. Ҳажәақәа Иегова иахь абзиабара рныԥшуазар, Абиблиа зҳарҵогьы Иегова бзиа ибара ҳицхраауеит. Уи аҿы Иисус аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара Иаб данихцәажәоз иажәақәа абзиабареи аԥхарреи рыҵан. Убри аҟынтә иҵаҩцәагьы Иегова бзиа дырбеит (Иоанн 17:25, 26).
17. Избан Анцәа ҳаниҳәо, насгьы хаҭала Абиблиа анҭаҳҵаауа ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
17 Ахԥатәи, ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит. Иегова анапхгара ҳаиҭарц, ҳгәы ирҭынчырц, ма дҳацхраарц азы ҳаниҳәо аҭак шыҟаиҵо анаҳбо еиҳагьы игәра ҳгоит (1 Иоанн 5:15). Изырӷәӷәозеи еиҭа ҳагәрахаҵара? Ҳаҭала Абиблиа анҭаҳҵаауа. Абиблиаҿы иануп: «Ахаҵара — иуаҳауа, уззыӡырҩуа аҟнытә иаауеит» (Рим. 10:17). Аха адыррақәа мацара азхаӡом, даҽакгьы аҭахуп.
18. Избан ҳзыԥхьо азхәыцра зхадоу? Иаажәга аҿырԥштәы.
18 Ҳзыԥхьаз азхәыцра даара ихадоуп. 77-тәи Аԥсалом зҩызгьы убас ҟаиҵон. Аамҭак азы иара Иегова иаргьы ижәларгьы аанижьызшәа игәы иаанаго далагеит. Уи агәҭынчымра изцәырнагеит, ицәагьы ҟьалеит (ажәеинраалақәа 2—8). Иҟаиҵазеи уи? Иара Иегова иеиҳәеит: «Уусқәа зегьы срызхәыцлоит, иҟауҵо сазхәыцлоит» (12-тәи ажәеинраала). Ҳәарада, аԥсаломшәаҳәаҩ идыруан Иегова ижәлар дшырзыҟаз. Аха уеизгьы изеилкаауамызт: «Ихашҭма Анцәа ақьиара аарԥшра? Игәы аныԥжәа агәрыцҳашьара аарԥшра мап ацәикма?» (9-тәи ажәеинраала). Убри аҟынтә аԥсаломшәаҳәаҩ игәалаиршәо далагеит Иегова ажәытәан ижәлар рахь агәрыцҳашьара шааирԥшуаз (11-тәи ажәеинраала). Иеилнаркаазеи уи? Иегова ижәлар ахаангьы иаанижьӡомызт, аԥхьаҟагьы ахаан иаанижьӡом (15-тәи ажәеинраала). Ҳагәрахаҵара еиҳа иӷәӷәахалоит Иегова ижәлар ирзыҟаиҵахьо, насгьы ҳара хаҭала иаҳзыҟаиҵахьо ҳаназхәыцуа.
19. Иарбан зегь раасҭа ихадоу мзызу иҳамоу Иегова аамҭа ицыхгаразы?
19 Аԥшьбатәи, ҳара Иегова еиҳагьы бзиа даҳбалоит. Уи зегь раасҭа ихадоу мзызуп. Иегова изыӡырҩреи иара изы ҳхы амеигӡареи аԥышәарақәа раан гәыкала ҳшизыҟоу ашьақәырӷәӷәареи ҳгәазҭазҵо иара иахь иҳамоу абзиабароуп (Матф. 22:37—39; 1 Кор. 13:4, 7; 1 Иоанн 5:3). Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара аасҭа зыхә ҳараку акгьы ыҟам! (Аԥсал. 63:1—8).
20. Иҟашәҵаларц шәгәы иҭоузеи Иегова еиҳаны аамҭа ицышәхыжәгаларц азы?
20 Шәааи иаҳхаҳмыршҭлап анцәаиҳәареи, Иажәа аҭҵаареи, ҳзыԥхьо азхәыцреи, Иегова имаҵ аура ишахәҭаку. Иегова шәиацәажәарц азы иахьҭынчроу аҭыԥ шәыԥшаала. Аҭҵаара анымҩаԥыжәго ак шәԥырхагахалартә алшәмыршалан. Адоуҳатә усқәа шәанырҿу акгьы шәахнамгаларц азы Иегова шәиҳәала. Уажәы иҳамоу аамҭа хәыҷ еиҳа еиӷьны ҳхы иаҳархәалар, ҳаԥхьаҟа, адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа ҳанынхало зегьы рзы аамҭа ҳазхалоит! (Марк 4:24).
АШӘА 28 Иегова уиҩызаха
a Иегова зегь раасҭа еиӷьу ҳҩыза иоуп. Ҳара ҳаиҩызара ахә ҳшьоит, убри аҟынтә еиҳа-еиҳа деилаҳкаалар ҳҭахуп. Аӡәы ибзианы иабадырразы аамҭа аҭахуп. Убас еиԥш Иегова иҩызахаразгьы аамҭа аҭахуп. Аха ҳаиҳараҩык еснагь ҳаилахоуп. Иабаҳаԥшаари нас аамҭа жәҩантәи Ҳаб ибзианы деилаҳкаарц азы, насгьы избан уи зхадоу?
b Матфеи 26:41, АдҾ: «Шәмыцәан, шәааҟәымҵӡакәа Анцәа шәиҳәала акгьы шәыхнамхырц азы. Ауаҩы игәы ӷәӷәоуп, аха ицәеижь ԥсыҽуп».
c Чаттерџьи Р. Я больше не могу! Как справиться с длительным стрессом и эмоциональным выгоранием.