АБИОГРАФИА
Ачымазарақәа зегь зхәышәтәуа аҳақьым дсыԥшааит!
«АИАША шәҳәома?! Сара уи схәыҷаахыс исҭахуп!» — сгәырӷьаҵәа ирасҳәеит 1971 шықәсазы аҽыхәышәтәразы сара сахь иааз ҩыџьа ауаа. Усҟан схатә клиника аасыртижьҭеи рацәак ҵуамызт. Ишәзеиҭасҳәар сҭахуп урҭ ҩыџьа ауаа зусҭцәаз, ҳаиҿцәажәара сыԥсҭазаара шаԥсахыз, насгьы схәыҷаахыс исҭахыз шыҟало агәра зызго.
Сара сиит 1941 шықәсазы, ақалақь Париж аҿы. Ҳҭаацәа беиамызт. Сара аҵара аҵара бзиа избон, аха 10-шықәса анысхыҵуаз атуберкулиоз сыхьит. Убри аҟынтә ашкол ахь сызныҟәаӡомызт. Уи даараӡа сгәы канажьит. Сырԥҳақәа аусура еиҳа ирзымариахарц азы мызқәак рыҩныҵҟа сышьҭан. Усҟан сара ажәар саԥхьон, насгьы Парижтәи ауниверситет аҟынтә ирышьҭуаз арадиодырраҭарақәа сырзыӡырҩуан. Аҳақьымцәа сшыбзиахаз, насгьы ашкол ахь сныҟәалар шсылшо ансарҳәа сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Сара схәыцит: «Аҳақьымцәа аџьашьахәқәа ҟарҵоит!» Убасҟан саргьы ауаа схәышәтәлар сҭаххеит. Убри нахыс саб уазусҭахода уандухалак ҳәа дансазҵаауаз, ҳақьымс сҟалоит ҳәа иасҳәон. Убас аҳақьымра даара бзиа избеит.
АНЦӘА ИАХЬ СНАЗГAЗ АНАУКА АКӘХЕИТ
Сҭаацәа католикцәан, аха сара Анцәа изкны издыруаз маҷын, насгьы сызҵаарақәа рҭак сымаӡамызт. Ауниверситет аҟны, амедицинатә факультет аҿы аҵара анысҵоз ауп аԥсҭазаара Анцәа ишишаз агәра анызга.
Сара исгәалашәоит раԥхьаӡа акәны амикроскоп ала атиульпан аклеткақәа сышрыхәаԥшуаз. Уи ашәҭ ашоура, ма ахьшәашәара аԥырхагамхарц азы аклеткақәа рҿы имҩаԥысуа апроцессқәа сдыршанхеит. Иара убас сара сахәаԥшуан ацитоплазма (аклеткаҿы иҟоу амаҭәашьар) аџьыкхыш змоу аӡы иӡаауҵар ишеиҵало, ицқьоу аӡы иӡаауҵар ишеиҵыҵуа. Арҭ апроцессқәеи зхыԥхьаӡара рацәоу егьырҭ апроцессқәеи рыбзоурала зыԥсы ҭоу ихәыҷу ашамҭақәа зҽызыԥсахуа аҭагылазаашьақәа рыҽрықәдыршәоит. Аклеткақәа зегьы реиҿартәышьа шаҟа имариам анызбоз аԥсҭазаара ахала иҟалар шалымшоз еиҳа-еиҳа еилыскаауан.
Аҩбатәи акурс аҿы сантәаз Анцәа дшыҟоу агәра сзыргаз даҽа шьақәырӷәӷәарақәакгьы сыԥшааит. Исгәалашәоит анатомиа анаҳҵоз ауаҩы имахәар шеиҿартәоу абзоурала ҳнацәкьарақәа хаҳарҟәалар шҳалшо шҭаҳҵаауаз. Ажьышәақәеи, аидҳәалагақәеи, адашқәеи аус шеицыруа џьоумшьар залшом. Ҿырԥштәыс иаазгар сҭахуп ҳмахәар аҿы иҟоу жьышәки ҳнацәкьыси еидызҳәало адаш. Уи адаш ҩынтә аҽеиҩнашоит. Иара аҵаҟа ҳнацәкьыс анапхыц аҟынӡа инеиуа даҽа дашк цоит. Адашқәа абаҩқәа ирыдуп, ус иҟамызҭгьы адашқәа еибархханы иҟалон, уи иахҟьаны ҳнацәкьарақәа аус рзулаӡомызт. Сара агәра ганы сыҟан ҳцәеижь еиҿызкааз ахшыҩ ду шимоу!
Ҳазшаз ишамҭақәа еиҳагьы сдыршанхо иалагеит ахәыҷы даниуа иԥсыԥ алага-ҩагара далагарц азы имҩаԥысуа апроцессқәа анҭаҳҵаауаз. Аҵара ҳзырҵоз иаҳзеиҭарҳәон ахәыҷы ан лымгәарҭа данҭоу иан лҟынтә аҷапан ала аҳауа шиоуа. Убри азоуп ахәыҷы диаанӡа ирԥҳақәа ҳауала изҭәым. Ахәыҷы диаанӡа мышқәак шагу ирԥҳақәа рҿы асурфактант захьӡу абааӡара цәырҵуеит. Ахәыҷы данилак, раԥхьаӡа акәны аҳауа анылбааидо иџьоушьаша апроцессқәа ирылагоит. Ҿыц ииз ахәыҷы игәаҿы акылҵәара акуеит, уи абзоурала ашьа ирԥҳақәа рахь анеира иалагоит. Асурфактант абзоурала альвеолақәа еидҷаблаӡом, насгьы ирԥҳақәа ҳауала иҭәуеит. Убас ахәыҷы ихала иԥсыԥ алага-ҩагара далагоит.
Сара исҭахын абри зегь еиҿызкааз еиҳа еиӷьны деилыскаарц, убри аҟынтә сыхшыҩ азышьҭны Абиблиа аԥхьара салагеит. Сара сдыршанхеит Анцәа 3 000 шықәса раԥхьа ацқьара иазкны ижәлар ириҭаз азакәанқәа. Иаҳҳәап, израильаа адәахьы ианцалак рдәынцара ржлар, есымша рҽырыӡәӡәалар, насгьы егьырҭ рахь ииасыр алшоз ачымазара змаз акарантин ахь ирышьҭлар акәын (Алев. 13:50; 15:11; Ҩынтә. 23:13). Абиблиаҿы уи зқьышықәсақәа раԥхьа ианын. Аха аҵарауаа ачымазарақәа егьырҭ рахь ишиасуа еилыркааижьҭеи ҩышә-шықәсагьы мҵӡацт. Иара убас сара сдырхәыцит ахацәеи-аҳәсеи ацқьара иацклаԥшлар шрыхәҭоу иазку ашәҟәы Алевит иану азакәанқәа (Алев. 12:1—6; 15:16—24). Урҭ азакәанқәа ажәлар ргәабзиара ахьчон. Сара еилыскааит Зегьзшаз израильаа урҭ азакәанқәа зриҭаз дахьреиҷаҳауаз азы шакәыз, насгьы дара урҭ ианрықәныҟәоз уи ахәарҭа шырзаанагоз. Сара агәра згеит Абиблиа Анцәа идоуҳала ишҩу. Аха усҟан Анцәа ихьӡ сыздырӡомызт.
АЧАРЕИ АӠӠААХРЕИ
Лидиеи сареи ҳаибагеит апрель 3, 1965 шықәсазы
Ауниверситет санҭаз Лиди зыхьӡыз аӡӷаб бзиа слабадырит, бзиагьы дызбеит. 1965 шықәсазы ҳара ҳаибагеит. Усҟан сара аҵара салымгаӡацызт. 1971 шықәсазы ҳара хҩык ахәыҷқәа ҳаухьан. Уи ашьҭахь даҽа хҩыкгьы ҳауит. Лиди аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿ адагьы, аусураҿгьы цхырааҩ бзианы еснагь дсывагылан.
Сара хы-шықәса ахәышәтәырҭаҿы аус зуит, нас схатә клиника аасыртит. Уи ашьҭахь дук мырҵыкәа хыхь зыӡбахә сҳәаз хаҵеи-ԥҳәыси аҽыхәышәтәразы сара сахь иааит. Ахаҵа ахәшәқәа анизылызҩаауаз иԥҳәыс ус салҳәеит: «Ҳшәыҳәоит, илыжәҩаауа ахәшәқәа ашьа рыламзааит». Сара иџьасшьеит: «Избан?» — «Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп». Аха сара Иегова ишаҳаҭцәа ирызкны акгьы смаҳаӡацызт, ашьа ишазыҟоугьы сыздырӡомызт. Убасҟан аԥҳәыс Абиблиа ала ислырбеит лхаҵеи-лареи ашьа мап зацәыркуа (Аус. 15:28, 29). Нас исзеиҭарҳәеит Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа аԥсҭазаара зеиԥшрахо, насгьы агәаҟрақәеи, ачымазареи, аԥсреи шыҟамло (Аат. 21:3, 4). Сара исҳәеит: «Аиаша шәҳәома?! Сара уи схәыҷаахыс исҭахуп! Сҳақьымны сзыҟалазгьы ауаа срыцхрааларц ахьысҭахыз азоуп». Ҳаиҿцәажәара убриаҟара исгәаԥхеит, сааҭки бжаки шцазгьы сызгәамҭаӡеит. Ҳанеиԥырҵуаз сгәаҿы уаҳа скатоликӡамызт. Уи адагьы, зусқәа есымша иџьасшьоз Зегьзшаз Иегова шихьӡу еилыскааит!
Урҭ Иегова ишаҳаҭцәа сыклиникаҿы еиҭа хынтә избеит. Ҳаибабацыԥхьаӡа ҳара сааҭк, ма еиҳаны ҳаицәажәон. Абиблиа аӡбахә еиҳа еиӷьны ҳалацәажәарц азы аҩныҟа ааԥхьара рысҭеит. Лиди Абиблиа аҵара дшақәшаҳаҭызгьы акатоликатә уахәамаҿы ҳхәыҷаахыс иаҳдырҵоз шиашамыз агәра агара лцәыцәгьан. Убри аҟынтә сара апап аҩныҟа ааԥхьара исҭеит. Аха сара сиҳәеит ҳаицәажәараан Абиблиа мацара ҳхы иаҳархәаларц. Ҳара ҵхабжьонынӡа ҳаицәажәон. Уи ауха Лиди еилылкааит ауаа аҵабырг дзырҵо Иегова ишаҳаҭцәа мацара шракәу. Уи нахыс Иегова иахь ҳабзиабара еиҳа-еиҳа еизҳауа иалагеит, насгьы 1974 шықәсазы аӡы ҳаҽӡааҳхит.
ҲАԤСҬАЗААРАТӘ ХЫҚӘКҚӘА РЫԤСАХРА
Анцәа гәҭакыс имоу анеилыскаа сыԥсҭазаара аҽаԥсахит. Сара сызгьы Лиди лызгьы Иегова имаҵ аура зегь раасҭа ихаданы иҟалеит. Ҳара ҳхәыҷқәа абиблиатә ҵабырг рылаҳааӡаларц ҳаӡбеит. Анцәа иахь, насгьы иаҳзааигәоу ауаа рахь иҳамаз абзиабара ҳҭаацәара еиднакылеит (Матф. 22:37—39).
Ҳхәыҷқәа ирбон сыԥҳәыси сареи есымша аҳәоуеиқәшәара шҳамаз. Иара убас дара еилыркаауан Иисус иажәақәа «„Ааи“ ҳәа ишәҳәо „ааи“ акәны, „мап“ ҳәа ишәҳәо — „мап“» ҳара ҳҭаацәараҿы ишыԥҟараз (Матф. 5:37). Иаҳҳәап, ҳаԥҳеиҳаб 17 шықәса анылхыҵуаз лҩызцәа дрыцны дцарц ахьылҭахыз Лиди дылмышьҭӡеит. Усҟан лҩызцәа руаӡәк ус лалҳәеит: «Бан илымуазар, баб биазҵаа». Аха ҳаԥҳа ус лҳәеит: «Ус иалҵӡом, дара есымша ирҳәо еиқәшәоит». Ҳхәыҷқәа зегь ирбон абиблиатә принципқәа ҳшеиднакылоз. Ҳара даараӡа ҳаргәырӷьоит иахьа урҭ реиҳараҩык Иегова имаҵ ахьыруа.
Аҵабырг сыԥсҭазаара шаԥсахызгьы, ауаа рыхәышәтәра бзиа ишызбац избон. Убри аҟынтә уи ииашаны схы иасырхәарц сыӡбеит, насгьы Франциатәи Вефиль аҿы аҳақьым иаҳасабала ацхыраара рыдызгалеит. Раԥхьа уи Париж иҟан, нас Лувье ахь ииаргеит. Абар 50 шықәса ҵуеит Вефиль сацхраауеижьҭеи. Уи аамҭа иалагӡаны ирацәаҩны аҩызцәа бзиақәа сырҳаит. Урҭ рыбжьара 90 шықәса ирҭысхьоугьы ыҟоуп. Зны сара иџьоушьартә иҟаз акы сақәшәеит. Вефиль аҿы амаҵ зуаз иқәыԥшыз иашьак сиабадырит. Аха иареи сареи ҳаибадырхьазаарын. 20 шықәса раҟара раԥхьа, иан ахшара данлоуаз, сара сакәзаарын ҳақьымс илықәшәаз!
ИЕГОВА ИЖӘЛАР ДЫШРЕИҶАҲАУА ЗБОИТ
Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара избон Иегова иорганизациа ала ижәлар ианаамҭоу анапхгара шриҭо, насгьы дшырхылаԥшуа. Уи иара иахь сыбзиабара еиҳагьы иарӷәӷәеит. Иаҳҳәап, 1980-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа Еиду Аштатқәа рҿы иҷыдоу апрограмма еиҿыркааит. Уи хықәкыс иамаз Иегова ишаҳаҭцәа ашьалаҵара мап зацәыркуа аҳақьымцәа реилыркаара акәын.
Анаҩс 1988 шықәсазы Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа Вефиль аҿы аҟәша ҿыц еиҿыркааит — ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зыӡбо амаҵзура. Раԥхьа уи аҟәшаҿы амаҵ зуаз иахылаԥшуан Еиду Аштатқәа рҿы иҟаз ахәышәтәырҭақәа ирыдҳәаланы ацхыраара аҭаразы иҟоу акомитетқәа аус шыруаз. Урҭ акомитетқәа зеиҿыркааз Иегова ишаҳаҭцәа ирнаало аметодқәа рыла изхәышәтәуа аҳақьымцәа рыԥшааразы ауп. Аамҭак ашьҭахь урҭ акомитетқәа адунеи зегь аҿы еиҿыркааит, Франциагьы уахь иналаҵаны. Сара даараӡа сгәы ҟанаҵоит Иегова иорганизациа ала аҳақьым ицхыраара зҭаху ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәыкала дахьреиҷаҳауа.
СХӘЫҶААХЫС ИСҬАХУ ХӘЫҶЫ-ХӘЫҶЛА АНАӠАРА ИАҾУП
Ҳара уаанӡа еиԥш уажәгьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рзеиҭаҳәара бзиа иаҳбоит
Сара аҳақьымра зегь раасҭа бзиа избон. Аха аамҭак ашьҭахь еилыскааит ауаа доуҳала аҽыхәышәтәра рыцхраара, насгьы аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу Анцәа Иегова иабадырреи иҩызахареи рыцхраара зегь раасҭа ишхадоу. Атәанчара санца Лидиеи сареи пионерс амаҵ аура ҳалагеит, Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа еиҳа ирацәаҩны ауаа ирзеиҭаҳҳәаларц азы. Иахьа уажәраанӡагьы уи аус иахьынӡаҳалшо ҳҽалаҳархәуеит.
Лидиеи сареи 2021 шықәсазы
Сара иахьа уажәраанӡагьы ауаа рыхәышәтәра саҿуп, уи иахьрыхәо аамҭала шакәугьы. Иахьа зегь иреиӷьу аҳақьымцәагьы ачымазарақәа зегь рзыхәышәтәӡом, насгьы аԥсра рзаанкылаӡом. Убри аҟынтә сара гәыкала сазыԥшуп ахьааи, ачымазареи, аԥсреи аныҟамло аамҭа. Уи аамҭа ааигәоуп. Усҟан сара Анцәа ишамҭақәа рыҭҵааразы шаҟа сҭаху аамҭа сымазаауеит, џьашьахәыла ишоу ауаҩы ицәеижь аиҿартәышьагьы уахь иналаҵаны. Ааи, схәыҷаахыс исҭахыз хәыҷы-хәыҷла анаӡара иаҿуп. Аха агәра ганы сыҟоуп аԥхьаҟа уи аҵыхәтәанынӡа ишынаӡо!