Аҭаца лыхә аҩнатә ԥстәқәа рылагьы илхыршәаауан
Ижәдыруама шәара?
Избан израильаа аҭаца лыхә зылхыршәаауаз?
АБИБЛИАТӘ аамҭақәа раан аԥҳәыс даазгоз арԥыс, ма иҭаацәа аҭаца лҭаацәа лыхә рзыршәон. Уахь иаҵанакуазар алшон зыхә ҳаракыз амаҭәарқәа, аԥстәқәа, ма аԥара. Зны-зынла арԥыс аӡӷаб дирҭарц азы уск наигӡар акәын. Иаҳҳәап, Иаков Рахиль дирҭарц азы бжьышықәса лаб иуасақәа ихьчалар акәын (Аҟаз. 29:17, 18, 20). Избан уи аҩыза аҵас зыҟаз?
Усумҭак аҿы иануп «Ажәытә Израиль арԥыс иабхәа [аҭаца лыхә] зизишәоз, аус зуаз ауаҩы дахьигхоз азоуп ҳәа»a. Усҟантәи аамҭақәа раан арахә-ашәахә, насгьы адгьыл иқәаадрыхуаз ала инхоз аҭаацәарақәа рзы уи цәыӡ ӷәӷәан. Уи адагьы, ари аҵас арԥыс иҭаацәеи аҭаца лҭаацәеи еиднакылон. Аиуара зыбжьалаз аҭаацәарақәа иуадаҩыз аамҭақәа раан еицхыраалар рылшон. Иара убас, аҭаца лыхә анылхыршәаалак ашьҭахь дҳәаны дтәоуп ҳәа иԥхьаӡан, насгьы уажәшьҭа леиҷаҳара зыхәҭаз лаб иакәымкәа, лхаҵа шиакәыз аанарԥшуан.
Аҭаца лыхә ахьылхыршәаауаз иаанагаӡомызт ауриацәа аԥҳәыс амаҭәа еиԥш даархәар, ма дырҭиир рылшон ҳәа. Енциклопедиак излаҳәо ала «израильаа рыҳәса аархәон ҳәа иҟоу агәаанагара иашаӡам»b. Аҭаца ԥарала, ма даҽакала лыхә лыхшәаара ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра ишеиԥшызгьы, абиблиаҭҵааҩы Боб Атли иҳәеит: «Уи иаанагоз аҭаца лаахәара акәымкәа, аҭаацәа ирыгхоз ауаҩы иџьабаа ахә ашәара акәын»c (акурсив — Аред.).
Ҭыԥқәак рҿы иахьагьы уи аҩыза аҵас ыҟоуп. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи аҭаацәа-ақьырсианцәа рыԥҳа лыхә ианаҳәо? Аҭаацәа иргәалашәозароуп «шәҳәатәы иашәыргарц шәшашьҭам зегьы ирбарҭазааит» ҳәа иҳәоу апринцип (Флп. 4:5, АдҾ; 1 Кор. 10:32, 33). Убасҟан урҭ рыԥҳа лзы ахә ду иаҳәалаӡом, аԥара бзиа избо ауаа каҷбеиқәа ҳәа ахьӡ рмоурц азы (2 Тим. 3:2). Уи адагьы, аҭаацәа рыԥҳа лзы ахә ду иамыҳәар, дызго арԥыс иаҭаху аԥара еизигаанӡа ҳәа ачара ахгара иқәшәаӡом. Ҳәарада, аҭаацәа ирҭахӡам дара ирыхҟьаны арԥыс аԥара ирласны еизигарц азы, апионертә маҵзура ааныжьны еиҳаны аусура далагарц.
Аҭаацәа-ақьырсианцәа ахьынхо атәылаҿы аҭаца илыхшәаатәу ахә закәанла ишьақәыргылазар, дара уи иқәныҟәалароуп. Избан? Избанзар Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит аҳәынҭқарцәа ишьақәдыргыло азакәанқәа ирықәныҟәаларц, урҭ Анцәа инормақәа ирҿамгылозар (Рим. 13:1; Аус. 5:29).
[Албаагақәа]
a Бокем Р. Иисус и женщины. Роль женщин в общине Иисуса и в первоначальном христианстве. М., 2015. Ад. 173.
b Ринекер Ф., Маиер Г. Библейская энциклопедия Брокгауза. М.: Российское библейское общество, 1999. Ад. 107.
c Атли Б. Бесплатные библейские комментарии // Серия «Комментарии для исследователя», Ветхий Завет. Маршалл, 2013. Т. 1Б. Ад. 289.