Ишәгәалашәома шәара?
Шәыхшыҩ азышьҭны шәрыԥхьозма ари ашықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҭыжьымҭақәа? Игәашәҭ анаҩстәи азҵаарақәа рҭак шыҟашәҵо:
Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго Иегова иацәажәареи, изыӡырҩреи, изхәыцреи аамҭа азаҳкуазар?
Уи иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраауеит, рҵаҩцәа бзиақәаны ҳҟалоит, ҳагәрахаҵара ҳарӷәӷәоит, насгьы Иегова еиҳагьы бзиа даҳбалоит (w22.01, адаҟьақәа 30—31).
Избан Иеговеи адгьыл аҿы иҟоу ихаҭарнакцәеи рыгәра агашьа ҳҵалар зхадоу?
Ҳара уажәнатә Анцәа игәра агашьа ҳҵалароуп, иара иҳаиҭо амҩақәҵарақәа шхәарҭоу, насгьы аизара аиҳабацәа ирыдыркыло аӡбарақәа шиашоу ала агәыҩбара ҳазцәырымҵлароуп. Убасҟан арыцҳара ду аан иҳауа анапхгара аҟәышра аҵамшәа ҳбаларгьы, уи ҳазыӡырҩлоит (w22.02, адаҟьақәа 4—6).
Ииҳәарц ииҭахызи амаалықь «Зоровавель инапаҿы ахьнырҳала рбоит» ҳәа Захариа ианиеиҳәа? (Зах. 4:8—10).
Уи абара Анцәа имаҵзуҩцәа агәра днаргеит, зыргылара иаҿыз аныҳәарҭа уаанӡатәи иеиԥшымзаргьы, уи зегь рыла Иегова ииашоу инормақәа ишрықәшәало (w22.03, адаҟьақәа 16—17).
Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳцәажәашьа ҿырԥшыгазарц азы? (1 Тим. 4:12).
Ажәабжьҳәараҿы ҳара ауаа хаала, насгьы патуқәҵарала ҳрацәажәоит; аизарақәа рҿы гәыкала ашәа ҳҳәоит, насгьы урҭ ҳаҽрылаҳархәуеит; ауаа ҳанрацәажәо ҳхәыцны ҳцәажәоит, насгьы улазырҟәуа ажәақәа ракәымкәа, ргәы шьҭызхуа ҳҳәоит (w22.04, адаҟьақәа 6—9).
Избан Даниил 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ԥшь-гыгшәыгк (ԥшь-аҳрак) ирымоу аҟазшьақәа Аатра 13:1, 2 аҿы зыӡбахә ҳәоу агыгшәыг изамоу?
Аатра 13-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу агыгшәыг ҳәынҭқарра заҵәык, мамзаргьы адунеи зегь аҿы амчра змоу ҳәынҭқаррак, иаҳҳәап Рим, акәӡам иаанарԥшуа. Уи агыгшәыг аҭоурых аҿы ауаа напхгара рзызуаз аҳәынҭқаррақәа зегь аанарԥшуеит (w22.05, адаҟьа 9).
Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Анцәа зегь иреиӷьу Аӡбаҩ шиакәу агәра шаҳго?
Аӡәы ишакәым дҳахцәажәазар, ҳиргәаазар, ма ҳара иаҳԥырхагахаз гәнаҳак ҟаиҵазар, агәыԥжәареи агәаареи рҭыԥан, зегьы Иегова инапы ианаҳҵоит. Иара агәнаҳа иаҵоу ауаа рхымҩаԥгашьа иҳаннаҵаз ахәрақәа зегь ирӷьоит w22.06, адаҟьақәа 10—11).
Ихеимыршҭлар ихәҭоузеи ажәабжьҳәаратә еиԥылараҿы, ма аизараҿы Анцәа иҳәо аиашьа?
Анцәаиҳәараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьарақәа рыҭалатәӡам, ма алаҳәарақәа ҟаҵалатәӡам. Аиашьа изыӡырҩуа ажәа иаимыршьыроуп, еиҳараӡак, аизара аналаго акәзар Анцәа даниҳәо (Матф. 6:7) (w22.07, адаҟьақәа 24—25).
Ҵакыс ирымоузеи «ацәгьара ҟазҵоз аӡбарҭа аҿаԥхьа игылоит» ҳәа иҳәоу ажәақәа? (Иоанн 5:29).
Уи иаанагаӡом урҭ ԥсаанӡа иҟарҵоз агәнаҳақәа рзы Иисус дрықәыӡбоит ҳәа. Иара урҭ рхымҩаԥгашьа дахәаԥшны ахәшьара риҭалоит, насгьы рыԥсы анҭалалак ашьҭахь иҟарҵало аусқәа дрыцклаԥшлоит (w22.09, адаҟьа 18).
Иарбан ихадоу ааԥхьароу 1922 шықәса, сентиабр мзазы имҩаԥысыз аконгресс аҿы ирылаҳәаз?
Сидар-Поинт (аштат Огаио, Еиду Аштатқәа) имҩаԥысыз аконгресс аҿы аиашьа Рутерфорд абас иҳәеит: «Аҳ аҳра иуеит! Шәара — уи ицҳаражәҳәаҩцәа шәоуп. Убри аҟынтә ирылашәҳәала, ирылашәҳәала, ирылашәҳәала Аҳ, насгьы иара Иаҳра аӡбахә!» (w22.10, адаҟьақәа 3—5).
Исаиа 30-тәи ахаҿы иануп, аԥышәарақәа раан ачҳара аарԥшны урҭ рыхгара дҳацхраарц азы Иегова ихы иаирхәо х-знеишьак. Иарбанқәоу урҭ?
Ари ахы иаҳнарбоит Анцәа: 1) ҳаҳәарақәа дырзыӡырҩны рҭак шыҟаиҵо, 2) анапхгара шҳаиҭо, насгьы 3) иахьагьы аԥхьаҟагьы дшаҳзылԥхо (w22.11, адаҟьа 9).
Избан иаҳҳәар зҳалшо Аԥсалом 37:10, 11, 29 иану ажәақәа ажәытәангьы инаӡеит, аԥхьаҟагьы инаӡараны иҟоуп ҳәа?
Давид иажәақәа иаҳдырбоит, Израиль аизҳазыӷьара шыҟаз, иаҳҳәап, аҳ Соломон ихаан. Иисус аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу џьанаҭ аӡбахә аниҳәоз, 11-тәи ажәеинраала еиҭеиҳәеит (Матф. 5:5; Лука 23:43) (w22.12, адаҟьақәа 8—10, 14).