Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
16 Анаҩс Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Уаҩ беиак иарҳәеит имаҵуцәа реиҳабы имазара хыда ишнихыз. 2 Усҟан иара уи дааиԥхьан, ус иеиҳәеит: „Уӡбахә ҽеимкәа исаҳауеит. Сԥарақәа ахьцоз-иахьаауаз ақьаад ианҵаны исыҭ, избанзар уусура уамысхуеит“. 3 Усҟан амаҵуҩы ус дхәыцит: „Иҟасҵарызеи? Сыԥшәма сусура самихуеит. Амхаҿы аусура сара исылшом, ауаа снапы рымҵакуа сызтәом, уи сацәыԥхашьоит. 4 Иҟасҵаша здыруеит! Аҩызцәа сырҳарц азы ак ҟасҵоит, сандәылырцалак, урҭ срыдыркыларц азы“. 5 Нас иԥшәма иԥара зқәыз зегьы аӡәаӡәала иааиԥхьан, раԥхьа иааиз диазҵааит: „Аԥшәма иҿы шаҟа уқәуи?“ 6 „100 ҳаԥшьак* ахәша“, — иҳәеит иара. Усҟан амаҵуҩы ус иеиҳәеит: „Абар унапы зҵоуҩыз ақьаад. Утәаны абыржәыҵәҟьа ‚50‘ ҳәа анҵа“. 7 Нас аҩбатәи диазҵааит: „Уара шаҟа уқәуи?“ — „100 корк* ачарыц“, — иҳәеит уи. Усҟан амаҵуҩы иҳәеит: „Абар унапы зҵоуҩыз ақьаад. Ианҵа: ‚80‘“. 8 Аԥшәма ииашамыз уи амаҵуҩы аҟәышра ахьааирԥшыз азы дирҽхәеит. Ари адунеи* иатәу ауаа аӡәы иҿы уск анрымоу, еиҳа аҟәышра аадырԥшуеит, Анцәа имаҵзуҩцәа* раасҭа.
9 Сара ишәасҳәоит: ари адунеи цәгьа иатәу амазара абзоурала аҩызцәа шәырҳала, уи анынҵәалак, урҭ аҩызцәа наӡаӡатәи анхарҭаҭыԥ аҿы шәрыдыркыларц азы. 10 Амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟоу, еиҳау аҿгьы игәра угартә дыҟоуп, амаҷ аҿы зыгәра угартә иҟам, еиҳау аҿгьы игәра узгом. 11 Ари адунеи цәгьа иатәу амазара ииашаны шәхы ишәзамырхәозар, зыхә ҳараку амазара шәнапы ианызҵода? 12 Аӡәы иитәугьы ииашаны шәхы ишәзамырхәозар, шәара шәзы ирхиоу шәызҭода? 13 Ҩыџьа аԥшәмацәа рымаҵ аура зылшо маҵуҩык дыҟам, избанзар руаӡәк еиҳа бзиа дибалоит, егьи — дицәымыӷхоит, мамзаргьы дмаашьаӡакәа руаӡәк имаҵ иулоит, егьи — дицәаашьалоит. Анцәагьы амалгьы рымаҵ шәзеицуӡом».
14 Аԥара бзиа избоз афарисеицәа ари зегь анраҳа, ихыччара иалагеит. 15 Аха Иисус ус реиҳәеит: «Шәара ауаа рҿаԥхьа шәиашоушәа шәхы аашәырԥшуеит, аха Анцәа шәгәаҭа зеиԥшроу идыруеит. Ауаа зыхә ршьо — Анцәа ицәымӷуп.
16 Азакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи Иоанн даанӡа акәын ианыҟаз. Аха Иоанн дааижьҭеи Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәоит, еиуеиԥшым ауаагьы уи Аҳра роурц азы ирылшо зегь ҟарҵоит. 17 Ажәҩани адгьыли шықәымӡаауа еиԥш, азакәан иану нбан хәыҷыкгьы намӡакәа иаанхом.
18 Зыԥҳәыс дкажьны, даҽаӡәы ԥҳәысс дызго ахаҵа агәнаҳа ҟаиҵоит, избанзар иԥҳәыс диԥсахуеит. Уи ахаҵа икаижьыз аԥҳәыс ԥҳәысс дызго ахаҵагьы зыԥҳәыс дзыԥсахыз иеиԥш ахара идлоит.
19 Дыҟан амал ду змаз, маҭәа бзиала* зҽеилазҳәоз хаҵак. Есыҽны ифон-ижәуан, аҳ иеиԥш дынхон. 20 Игәашәқәа рҿы Лазарь зыхьӡыз иӷарыз хаҵак днаганы ддыртәон. Уи ихы инаркны ишьапаҟынӡа ицәа зегьы хҭәасааны иҟан, 21 алақәа неины ихәрақәа дырбзон. Иара ауаҩ беиа истол аҟынтәи икаԥсоз ахәашақәа дреилаҳауа дтәан. 22 Ԥыҭрак ашьҭахь уи дыԥсын, амаалықьцәа Авраам иахь дыргеит.
Ибеиаз ауаҩгьы дыԥсын, дыржит. 23 Дгәаҟуа анышә* дахьамаз дибеит харашәа игылаз Авраам, Лазаргьы уи дицын. 24 Усҟан иара Авраам изҿиҭын, ус иҳәеит: „Саб, Авраам, срыцҳашьа. Лазарь инацәкьыс аӡы иҭшьны, сыбз ирбааӡарц азы дысзаашьҭ, избанзар ари амца қьоуқьад аҿы агәаҟра саҿуп“. 25 Аха Авраам иҳәеит: „Сыҷкәын, иугәаларшәа уԥсы ахьынӡаҭаз аҳ иеиԥш ушынхоз, Лазарь иакәзар, дгәаҟуан. Уажәшьҭа иара ара иԥсы ишьоит, уара угәаҟуеит. 26 Уи адагьы, шәареи ҳареи атыша ду ҳабжьоуп, убри аҟынтә арантәи шәара шәахь аӡә днеирц иҭаххаргьы, дызнеиӡом, уантәигьы ҳара ҳахь аӡәгьы дзааиӡом“. 27 Усҟан ауаҩ беиа иҳәеит: „Ус акәзар, суҳәоит, уи саб иҩнаҭахьы дышьҭы. 28 Сара хәҩык аишьцәа сымоуп, дцаны ргәырҽаниҵааит, даргьы ари аҭыԥ ҿаасҭа иақәымшәарц азы“. 29 Аха Авраам иҳәеит: „Урҭ Моисеи дрымоуп, ирымоуп аԥааимбарцәа, убарҭ ирзыӡырҩлааит“. 30 Усҟан иара иҳәеит: „Мап, саб Авраам, иԥсхьоу рҟынтә аӡә дрызнеир, рыгәнаҳақәа ирыхьхәуеит“. 31 Аха Авраам иҳәеит: „Моисеии аԥааимбарцәеи ирзымӡырҩуазар, иԥсхьоу рҟынтә аӡә иԥсы ҭаланы дрызнеиргьы, изыӡырҩӡом“».