-
Ииашаҵәҟьаны зыхә ҳараку амазара еизшәырҳалаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | ииуль
-
-
4, 5. а) Дзықәшәазеи Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз ақьаҳиа? б) Иарбан ааԥхьароу Иисус ишьҭанеицәа ириҭаз?
4 Уаԥхьа Лука 16:1—8. Ииашам ақьаҳиа изку Иисус иажәамаана иаҳнарҵо рацәоуп. Уи ақьаҳиа хыда аԥара нихуеит ҳәа анизырҳәа, иара «хшыҩла» ихы мҩаԥигеит, насгьы аҩызцәа ирҳаит, урҭ усурада данаанхо ицхраарц азыa. Ҳәарада, Иисус иҵаҩцәа ари адунеи аҿы рхы ныҟәыргаларц азы ииашамкәа рхы мҩаԥыргаларц ргәазҭеиҵомызт. Иара ус ҟазҵоз «агәнаҳа иаҵоу ауаа» ҳәа рзиҳәон. Ари ажәамаана ихы иархәаны иара акрызҵазкуа зхәыцрак аҵишьыр иҭахын.
5 Иисус идыруан иуадаҩыз аҭагылазаашьа иақәшәаз ақьаҳиа иеиԥш, ақьырсианцәа реиҳараҩык рхы ныҟәыргаларазы ииашам ари акоммерциатә системаҿы аусура шрықәшәоз. Убри аҟынтә иара ааԥхьара риҭеит: «Ииашам амазара ацхыраарала аҩызцәа шәырҳала, уи анықәӡаалак дара [Иеговеи Иисуси] шәрыдыркыларазы» (Лука 16:9, АдҾ). Ишԥаҳалшо ари алабжьара ҳадаҳкылар?
6. Избан акоммерциатә система ашьақәгылара Иегова игәҭакы иаҵанакуамызт ҳҳәар зҳалшо?
6 Иисус имҳәаӡеит амазара «ииашам» ҳәа зазиҳәаз, аха Абиблиа иҳаилнаркаауеит акоммерциатә система аҟалара Анцәа игәҭакы ишаҵанамкуаз. Едемтәи абаҳчаҿы Иегова ақьиара аарԥшны Адами Евеи ирҭахыз зегь риҭеит (Аҟаз. 2:15, 16). Актәи ашәышықәсазы доуҳала иалхыз ақьырсианцәа реизара иԥшьоу адоуҳа аныруа ианалага, «аӡәгьы игәы иаанагомызт имаз амазара иара аӡә заҵәык имацара итәуп ҳәа, ирымаз рзеиԥшын, еицеиҩыршон» (Аус. 4:32). Аԥааимбар Исаиа заа иҳәеит адгьыл меигӡарахда иахылҿиаауа зегь ауаа агәахәара шырзаанагало (Ис. 25:6—9; 65:21, 22). Аха уи ҟалаанӡа Иисус ишьҭанеицәа «хшыҩла» рхы мҩаԥыргалар ауп. Дара ари адунеи «ииашам амазара» ацхыраарала рхы ныҟәыргалароуп, убри аамҭазгьы Анцәа игәаԥхара нарыгӡалароуп.
-
-
Ииашаҵәҟьаны зыхә ҳараку амазара еизшәырҳалаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | ииуль
-
-
7. Иарбан лабжьароу Лука 16:10—13 аҿы иану?
7 Уаԥхьа Лука 16:10—13. Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз ақьаҳиа феида алигарц азы ауп аҩызцәа зирҳаз. Аха Иисус ишьҭанеицәа ааиԥхьон аҩызцәа андырҳауа, ииашоу амотивқәа рымазарц. Иисус ажәамаана аиҭаҳәара даналга, иара идеилиркааит ииашам амазара ҳхы ишаҳархәо Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара ишадҳәалоу. Иисус иаҵшьны иҳәарц иҭахын «ииашам амазара» ахархәараҿы азиашара ааҳарԥшларц, даҽакала иуҳәозар, ишахәҭоу еиԥш ҳхы иаҳархәаларц. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?
-