Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииуль ад. 3—8
  • Ииашаҵәҟьаны зыхә ҳараку амазара еизшәырҳала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ииашаҵәҟьаны зыхә ҳараку амазара еизшәырҳала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • ИИАШАМЫЗ АҚЬАҲИА ИЗКУ АЖӘАМААНА
  • ИИАШАМ АМАЗАРА ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
  • ИШԤАҲАЛШО «АБЗАЗАРАТӘ УСҚӘА» УИАҞАРА ҲАҼРЫЛАҲМЫРХӘЛАР?
  • «ИИАШАМ АМАЗАРА» АНЫҚӘӠААЛАК
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииуль ад. 3—8

Ииашаҵәҟьаны зыхә ҳараку амазара еизшәырҳала

«Ииашам амазара ацхыраарала аҩызцәа шәырҳала» (ЛУКА 16:9, АдҾ).

АШӘАҚӘА: 122, 129

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Ишԥаҳалшо Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәарц азы аматериалтә мазара ҳхы иаҳархәар?

  • Ишԥаҳалшо иахьатәи акоммерциатә дунеи тәыс ҳазыҟамларц азы ҳхы ахьчара?

  • Избан адоуҳатә мазара аизырҳара зхадоу?

1, 2. Избан ари адунеи аҿы еснагь аӷарцәа зыҟазаало?

ИАХЬА аекономикатә система мцылеи гәымбылџьбараралеи еибаркуп. Иаҳҳәап, аҿар ирцәыцәгьоуп аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаара. Ауаа шьоукы еиҳа ибеиоу атәылақәа рахь ииасырц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит. Зехьынџьара аӷарра ыҟоуп, ибеиоу атәылақәа рҿгьы. Адунеи зегь аҿы ибеиоу ауаа еиҳагьы ибеиахоит, аӷарцәа еиҳагьы иӷархоит. Ааигәа иҟаз арбагақәа ишаарыцҳауа ала, зегь раасҭа ибеиоу рҟынтә процентк ауаа рмазара инхаз 99 процент рмазара иаҟароуп. Арҭ арбагақәа ргәаҭара шымариамгьы, еилкаауп: аӡәырҩы ауаа ирымоу амазара рхәыҷқәеи, рмаҭацәеи, урҭ рмаҭацәеи ирызхар ауеит, уи аамҭазы миллиардҩыла егьырҭ ауаа даара иӷарны инхоит. Иисус Христос ишьақәирӷәӷәеит илахьеиқәҵагоу уи аҵабырг: «Аччиацәа шәара еснагь ишәыцҟазаауеит» (Марк 14:7). Избан абас еиԥш аиҟарамра зыҟоу?

2 Иисус идыруан ари аекономикатә система Анцәа Иаҳра ааиаанӡа аҽшамԥсахуа. Аатра 18:3 аҿы «аҭуџьарцәа» ҳәа иаарԥшу акоммерциатә система Аҩсҭаа идунеи иахәҭакуп, уахь иара убас иаҵанакуеит аполитикеи адинқәеи. Анцәа ижәлар аполитикеи амцдинхаҵареи рҽацәырыхьчоит, аха Анцәа имаҵзуҩцәа реиҳараҩык уеизгьы Аҩсҭаа идунеи акоммерциа рҽаладмырхәыр ада ԥсыхәа ыҟам.

3. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?

3 Ақьырсианцәа акоммерциатә система ишазыҟоу гәарҭарц азы абас еиԥш рхы иазҵаароуп: «Ишԥасылшо смазара Анцәа сышизиашоу аасырԥшырц азы схы иасырхәар? Ишԥасылшо ари акоммерциатә дунеи еиҳагьы сҽацәысыхьчалар? Иарбан хҭысқәоу иаҳзырбо Иегова ижәлар имариам, аиашара ахьыҟам ари адунеи аҿы иара ишиқәгәыӷуа?»

ИИАШАМЫЗ АҚЬАҲИА ИЗКУ АЖӘАМААНА

4, 5. а) Дзықәшәазеи Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз ақьаҳиа? б) Иарбан ааԥхьароу Иисус ишьҭанеицәа ириҭаз?

4 Уаԥхьа Лука 16:1—8. Ииашам ақьаҳиа изку Иисус иажәамаана иаҳнарҵо рацәоуп. Уи ақьаҳиа хыда аԥара нихуеит ҳәа анизырҳәа, иара «хшыҩла» ихы мҩаԥигеит, насгьы аҩызцәа ирҳаит, урҭ усурада данаанхо ицхраарц азыa. Ҳәарада, Иисус иҵаҩцәа ари адунеи аҿы рхы ныҟәыргаларц азы ииашамкәа рхы мҩаԥыргаларц ргәазҭеиҵомызт. Иара ус ҟазҵоз «агәнаҳа иаҵоу ауаа» ҳәа рзиҳәон. Ари ажәамаана ихы иархәаны иара акрызҵазкуа зхәыцрак аҵишьыр иҭахын.

5 Иисус идыруан иуадаҩыз аҭагылазаашьа иақәшәаз ақьаҳиа иеиԥш, ақьырсианцәа реиҳараҩык рхы ныҟәыргаларазы ииашам ари акоммерциатә системаҿы аусура шрықәшәоз. Убри аҟынтә иара ааԥхьара риҭеит: «Ииашам амазара ацхыраарала аҩызцәа шәырҳала, уи анықәӡаалак дара [Иеговеи Иисуси] шәрыдыркыларазы» (Лука 16:9, АдҾ). Ишԥаҳалшо ари алабжьара ҳадаҳкылар?

6. Избан акоммерциатә система ашьақәгылара Иегова игәҭакы иаҵанакуамызт ҳҳәар зҳалшо?

6 Иисус имҳәаӡеит амазара «ииашам» ҳәа зазиҳәаз, аха Абиблиа иҳаилнаркаауеит акоммерциатә система аҟалара Анцәа игәҭакы ишаҵанамкуаз. Едемтәи абаҳчаҿы Иегова ақьиара аарԥшны Адами Евеи ирҭахыз зегь риҭеит (Аҟаз. 2:15, 16). Актәи ашәышықәсазы доуҳала иалхыз ақьырсианцәа реизара иԥшьоу адоуҳа аныруа ианалага, «аӡәгьы игәы иаанагомызт имаз амазара иара аӡә заҵәык имацара итәуп ҳәа, ирымаз рзеиԥшын, еицеиҩыршон» (Аус. 4:32). Аԥааимбар Исаиа заа иҳәеит адгьыл меигӡарахда иахылҿиаауа зегь ауаа агәахәара шырзаанагало (Ис. 25:6—9; 65:21, 22). Аха уи ҟалаанӡа Иисус ишьҭанеицәа «хшыҩла» рхы мҩаԥыргалар ауп. Дара ари адунеи «ииашам амазара» ацхыраарала рхы ныҟәыргалароуп, убри аамҭазгьы Анцәа игәаԥхара нарыгӡалароуп.

ИИАШАМ АМАЗАРА ҞӘЫӶАРАЛА ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА

7. Иарбан лабжьароу Лука 16:10—13 аҿы иану?

7 Уаԥхьа Лука 16:10—13. Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә иҳәоз ақьаҳиа феида алигарц азы ауп аҩызцәа зирҳаз. Аха Иисус ишьҭанеицәа ааиԥхьон аҩызцәа андырҳауа, ииашоу амотивқәа рымазарц. Иисус ажәамаана аиҭаҳәара даналга, иара идеилиркааит ииашам амазара ҳхы ишаҳархәо Анцәа иахь иааҳарԥшуа азиашара ишадҳәалоу. Иисус иаҵшьны иҳәарц иҭахын «ииашам амазара» ахархәараҿы азиашара ааҳарԥшларц, даҽакала иуҳәозар, ишахәҭоу еиԥш ҳхы иаҳархәаларц. Ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

8, 9. Иаажәга шьоукы агәрахаҵара шаадырԥшуа узырбо аҿырԥштәқәа.

8 Аматериалтә мазара ҳхы ианаҳархәо, Анцәа ҳашизиашоу ааҳарԥшыр ҳалшоит Иисус зыӡбахә иҳәоз адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус азы аԥара аналаҳҵо (Матф. 24:14). Индиа инхо ӡӷаб хәыҷык аԥара ахьеизылгоз кәалаԥк лыман, лара уахь зны-зынла ԥарақәак ҭалыԥсон. Уи лырҭәырц азы лара ахәмаргақәагьы аалхәомызт. Аԥара ахьеизылгоз акәалаԥ анлырҭәы, уа иҭаз аԥара зегь ажәабжьҳәаратә ус иалҭеит. Индиа инхо аиашьа акокосқәа ааирыхуеит. Урҭ рҟынтә хәҭак иара малаиаламтәи аиҭагаратә офис ахь ишьҭуеит. Аофис азы уеизгьы акокосқәа аархәалар акәын, убри аҟынтә уи аиашьа хатәгәаԥхарала аԥара аҭара аҵкыс, ус еиԥш ацхыраара аҟаҵара еиҳа еиӷьуп ҳәа иӡбеит. Убасала иара хшыҩла ихы мҩаԥигеит. Убас еиԥш Грециа инхо аишьцәа еснагь вефильтәи аҭаацәара ирызнаргоит азеиҭынхәшеи, ашәи, егьырҭ афатәқәеи.

9 Уаанӡа Шри-Ланка инхоз, аха уажәы даҽа тәылак аҿы инхо иашьак иҩни идгьыли аизарақәеи аконгрессқәеи рымҩаԥгаразы ириҭеит, иара убас заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа ажәабжьҳәаҩцәа нхаларц азин риҭеит. Уи азы аԥара иоуам, аха уи ала иара уиаҟара аԥара змам ажәабжьҳәаҩцәа дрыцхраауеит. Ажәабжьҳәаратә ус мап ахьацәку тәылак аҿы аишьцәа рыҩнқәа Аҳратә зал еиԥш рхы иадырхәаларц ирырҭоит. Уи абзоурала уиаҟара аԥара змам апионерцәеи егьырҭ ажәабжьҳәаҩцәеи аизарақәа ахьымҩаԥыргаша аҭыԥ арендала агара рықәшәом.

10. Иарбан зылԥхарақәоу иҳауа, агәыҳалалра анааҳарԥшуа?

10 Арҭ аҿырԥштәқәа иаҳдырбоит, Анцәа имаҵзуҩцәа «амаҷ аҟны» азиашара шаадырԥшуа: дара амазара ииашаны рхы иадырхәоит (Лука 16:10). Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵуа Иегова имаҵзуҩцәа ус еиԥш иҟоу ахамеигӡара ахьаадырԥшуа? Дара еилыркаауеит агәыҳалалра анаадырԥшуа, ииашаҵәҟьоу амазара шроуа (Лука 16:11). Еснагь Аҳра аус азы хатәгәаԥхарала аԥара азҭо иаҳәшьак уи илнаҭо азылԥхарақәа ртәы лҳәоит: «Ашықәсқәа рыҩныҵҟа сара аматериалтә мазара аганахьала агәыҳалалра аасырԥшуеит. Сара аинтерес зҵоу ак гәасҭеит: шаҟа хатәгәаԥхарала аԥара асҭо, убриаҟара егьырҭ рахь агәыҳалалра аасырԥшуеит. Уажәшьҭа сара анажьра еиҳа исзымариоуп, егьырҭ рахь ачҳара аасырԥшуеит, иара убас сгәы анкарыжьуа сцәаныррақәа риааира еиҳа исзымариоуп, насгьы алабжьарақәа рыдкылара сҽазысшәоит». Аӡәырҩы агәра ргеит агәыҳалалра доуҳала ушарбеио (Аԥсал. 111:5 [112:5, АдҾ]; Ажәам. 22:9).

11. а) Ишԥаҳалшо еиҭа «хшыҩла» ҳхы мҩаԥаҳгалар? б) Иаажәга аҿырԥштәы Анцәа ижәлар рҿы хатәгәаԥхарала иарҭо аԥара ииашаны рхы ишадырхәо узырбо. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

11 Иара убас ҳара «хшыҩла» ҳхы мҩаԥаҳгоит, ҳматериалтә мазара Анцәа имаҵ аураҿы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыцхрааразы ҳхы ианаҳархәо. Аԥара змоу, аха заамҭа зегь амаҵзура азкра ма даҽа тәылак ахь аиасра аҭагылазаашьа змам хатәгәаԥхарала аԥара аҭара алшара ахьрымоу еигәырӷьоит (Ажәам. 19:17). Хатәгәаԥхарала иалаҳҵо аԥара абзоурала, ҳара аӡәырҩы аҵабырг иахьазыӡырҩуа иӷару атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаратә ус ҳацхраауеит; иара убас уи абзоурала аҭыԥантәи ажәабжьҳәаҩцәа алитература рымоуп. Уаанӡа Адемократиатә Республика Конго, Мадагаскар, насгьы Руанда аишьцәа алхра ҟарҵар акәын: рҭаацәа акрырҿарҵару, мамзаргьы Абиблиа аархәару, уи зны-зынла мчыбжьык ма мызк аҩныҵҟа идырҳауаз аԥара иаԥсан. Уажәшьҭа хатәгәаԥхарала иарҭо аԥара ииашаны рхы иахьадырхәо абзоурала, Иегова иорганизациа Абиблиа еиуеиԥшым абызшәақәа рахь еиҭаргаларц, насгьы аҭаацәараҿы, мамзаргьы Абиблиа зҵо дарбанзаалак хаҭала Иԥшьоу Аҩыра имазарц иеиҷаҳауеит. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 8:13—15.) Убас ала Иегова иҩызцәахар рылшоит аҭара ҟазҵогьы, уи аҭара здызкылогьы.

ИШԤАҲАЛШО «АБЗАЗАРАТӘ УСҚӘА» УИАҞАРА ҲАҼРЫЛАҲМЫРХӘЛАР?

12. Ишԥааирԥши Авраам Иегова игәра шиго?

12 Анцәа ҳаиҩызахарц ҳҭахызар, ҳара ари адунеи аҿы иҟоу акоммерциа иахьынӡаҳалшо ҳҽацәыҳахьчалароуп, насгьы ииашаҵәҟьоу амал ҳарҳаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Ажәытәан инхоз, агәрахаҵара ӷәӷәа змаз Авраам Иегова идҵа дазыӡырҩны еизҳазыӷьоз ақалақь Ур ааныжьны ақьалаҿ дынхон, избанзар Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ирӷәӷәаларц иҭахын (Аур. 11:8—10). Авраам ахаан ихаиршҭуамызт ииашаҵәҟьоу амал изҭар зылшоз Анцәа заҵәык шиакәу, иара Иегова игәра игон, убри аҟынтә амал арҳара дашьҭамызт (Аҟаз. 14:22, 23). Иисус амал змаз иқәыԥшыз уаҩык игәазҭеиҵеит убас еиԥш иҟоу агәрахаҵара еизирҳарц: «Акы згым уакәны уҟаларазы, уцаны умазара ҭины ачичиацәа ирызша; убасҟан ажәҩан аҿы ахазына умазаауеит; нас, уааины усхьыԥшы, усыцла» (Матф. 19:21). Уи иқәыԥшыз ауаҩы Авраам имаз агәрахаҵара аҩыза имамызт, аха иҟан аҵыхәтәанынӡа Иегова игәра згоз ауаа.

13. а) Иарбан жәақәоу Павел ииҩыз Тимофеи изы? б) Ишԥаҳалшо ҳара Павел иажәақәа инарықәыршәаны анхара?

13 Тимофеигьы агәрахаҵара ӷәӷәа иман. «Иисус Христос ируаҩ» ҳәа изҳәаны, Павел уи изиҩит: «Дарбан еибашьҩызаалакь арратә маҵура иатәым абзазаратә усқәа рыла иҽҿеиҳәом, урҭ ирылеигалом — ар реиҳабы убри гәахәас иҟаиҵаразы» (2 Тим. 2:3, 4). Иахьа Христос ишьҭанеицәа, заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа, миллионҩыла ауаа уахь иналаҵаны, иахьынӡарылшо Павел иажәақәа инарықәыршәаны анхара рҽазыршәоит. Дара иаарыкәыршаны иҟоу аӡыргара иҟанаҵо анырра ӷәӷәеи ари адунеи ақәыӷәӷәареи иаҿагылоит. Уи аҿы дара ирыцхраауеит абиблиатә принцип: «Ауал зқәу ауал изҭо димаҵуҩхоит» (Ажәам. 22:7). Аҩсҭаа иҭахуп ҳамчи ҳаамҭеи ари адунеи аҿы иҟоу акоммерциа иақәҳарӡларц. Шьоукы акредит дуқәа ргоит аҩни зыхә цәгьоу амашьынеи аархәарц, аҵара роурц, насгьы ачара ду рурц азы. Ҳара хшыҩла ҳхы мҩаԥаҳгоит ҳаԥсҭазаара ҳармариар, ауалқәа ҟаҳамҵалар, насгьы мыцхәы аԥара наҳамхлар. Убасала ҳара иааҳарԥшуеит ари адунеи аҿы иҟоу акоммерциа акәымкәа, Анцәа итәцәа шҳакәу (1 Тим. 6:10).

14. Ҳҽыззаҳшәалар акәзеи ҳара? Иаажәга аҿырԥштәы.

14 Ирмариоу аԥсҭазаара ҳамазарц азы, иахәҭоуп еиҳа ихадоу аилкаара. Ҭаацәарак ибзианы аԥара рзаазгоз рхатә наплакы рыман. Аха дара раамҭа зегь амаҵзура иазырклар рҭахын, убри аҟынтә рнаплаки, ирымаз ашхәеи, идырҳаз рмазареи рҭиит. Уи ашьҭахь дара Уорвик (аштат Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа) иҟоу адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа аргылара рҽаладырхәырц ицеит. Дара рзы зылԥхара дуун рыԥҳаи, рымаҳәи дареи, насгьы Уорвик аус зуаз рымаҳә иҭаацәеи мчыбжьқәак рыҩныҵҟа Вефиль амаҵ ахьрыцыруаз. Абар даҽа ҿырԥштәык. Колорадо (Еиду Аштатқәа) инхо пионерс амаҵ зуа иаҳәшьак абанк аҿы амш абжа аусура далагеит. Леиҳабацәа аус шылуаз даара иргәаԥхеит, убри аҟынтә иларҳәеит аус еиҳаны илулар, луалафахәы хынтә ишацырҵо. Аиаҳәшьа уи ухызхуаз адгалара мап ацәылкит, избанзар усҟан лара амаҵзура лыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ зааннакыломызт. Ари Иегова имаҵзуҩцәа ахамеигӡара шаадырԥшуа ҳзырбо ҿырԥштәқәак роуп. Анцәа Иаҳра зегь раԥхьа аргыларазы иҳамоу агәаҳәара иаанарԥшуеит Анцәа иҩызахареи адоуҳатә мазареи рыхә шаҳшьо, ари адунеи акоммерциа иҳаднагало аасҭа.

«ИИАШАМ АМАЗАРА» АНЫҚӘӠААЛАК

15. Иарбан хазынақәоу ииашаҵәҟьаны анасыԥ ҳазҭо?

15 Анцәа ауаҩы дшизыразу ибеиара ишьақәнарӷәӷәом. Иегова аус қьиақәа рыла ибеиахо ауаҩы дизылԥхоит. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:17—19.) Абар ҿырԥштәык. Италиа инхоз Лиучиаb зыхьӡыз аиаҳәшьа Албаниа ажәабжьҳәаҩцәа шазымхо анеилылкаа, 1993 шықәсазы уахь диасит. Лара аԥара еизганы илымамызт, убри аҟынтә аҵыхәтәанынӡа Иегова диқәгәыӷит. Лара албан бызшәа лҵеит, уи абзоурала 60-ҩык ауаа Иегова рыԥсҭазаара изкра дрыцхрааит. Ҳәарада, ақьырсианцәа реиҳараҩык амаҵ ахьыруа аҵабырг ахь аинтерес уиаҟара иаадырԥшуам. Аха ауаа аԥсҭазааратә мҩа рыԥшаарц, насгьы уи амҩала ицаларц азы иҟаҳҵо зегь даара ахә ҳаракуп. Уи ала ҳара имыӡуа ахазынақәа еизаҳгоит (Матф. 6:20).

16. а) Иаԥеиԥшузеи иахьа адунеи аҿы иҟоу акоммерциа? б) Ишԥанырлар ахәҭоу ԥхьаҟа иҟало ахьаҳдыруа аматериалтә мазара ҳшазыҟоу?

16 Иисус ииашам амазара иазкны «уи ықәӡаар» ҳәа акәымкәа, «уи анықәӡаалак» ҳәа ауп ииҳәаз (Лука 16:9, [АдҾ]). Уи аныҟало еиуеиԥшым абанкқәеи атәылақәеи рҿы акризис ҟалоит. Аҩсҭаа исистема зегь, адини, аполитикеи, акоммерциеи уахь иналаҵаны, аҵыхәтәа ԥҵәоит. Аԥааимбарцәа Иезекиильи Софониеи заа ирҳәахьан ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа акоммерциа адунеи аҿы ихадоу ароль аанызкылоз ахьи араӡни акгьы ишаԥсамхо (Иез. 7:19; Соф. 1:18). Иарбан цәаныррақәоу шәара ишәызцәырҵрыз, шәыԥсҭазаара анҵәамҭазы адоуҳатә мазара аизгара аҭыԥан, «ииашам амазара» шшәырҳаз еилышәкаазҭгьы? Иҟалап шәара зыԥсҭазаара зегь аԥара зырҳауаз, аха нас уи иԥара зегь шырҩашьоу еилызкааз ауаҩы ицәанырра шәоузҭгьы (Ажәам. 18:11). Ааи, «ииашам амазара» аҵыхәтәаны иқәӡаауеит, убри аҟынтә даара ихадоуп уи ҳхы иархәаны ажәҩан аҿы аҩызцәа рырҳара. Анцәа Иаҳразы иҟаҳҵо зегьы доуҳала ҳарбеиоит.

17, 18. Ирзыԥшузеи Анцәа иҩызцәа?

17 Анцәа Иаҳра анааилак, аҩназы ақьыра, ма ауал шәатәхалаӡом, ауаа зегь меигӡарахда афатә роуеит, насгьы аӡәымзар-аӡәы амедицинатә цхыраара иҭаххаӡом. Анцәа иҩызцәа адгьыл иахылҿиаауа аҟынтә зегь иреиӷьу роулоит. Ахьи араӡни, насгьы зыхә ҳараку ахаҳәқәеи ауаа рмал аизырҳаразы акәымкәа, рԥшӡагас ауп изыҟало. Ауаа зегьы рыҩнқәа рыргыларазы зхаҭабзиара ҳараку амҿтәы, ахаҳәтә, аихатәы материалқәа роуеит. Егьырҭ аԥара дырҳарц азы акәымкәа, гәыкала иҳацхраалоит. Адгьыл иахылҿиаауа зегьы ауаа еиҟараны ироулоит.

18 Ари зегьы ажәҩан аҿы аҩызцәа зырҳауа ирзыԥшу зылԥхарақәак роуп. Шаҟа насыԥ роуазеи Анцәа имаҵзуҩцәа адгьыл аҿы Иисус иажәақәа анраҳалак: «Шәааи, Саб илыԥха змоу, аԥсабара аниша аахыс ишәзырхиоу Аԥсҳара ҭынхас шәазыҟала»! (Матф. 25:34).

a Иисус ари ахарадҵара иашазу иашамзу иазкны акгьы имҳәаӡеит. Лука 16:1 аҿы «иззашшхьаз» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа иаанагозар алшоит ақьаҳиа мцыла ахара шидырҵаз. Иисус иазгәеиҭаз ақьаҳиа аусура дзамырхыз акәӡам, аха уи ихы шимҩаԥигаз ауп.

b Лиучиа Муссанетт лбиографиа анын ииунь 22, 2003 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы, адаҟьақәа 18—22.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра