«Иҵәыуо шәрыцҵәуа»
«Аӡәи-аӡәи шәеизыӡырҩла, шәеилабжьала» (1 ФЕС. 5:11).
1, 2. Избан ауаҩы изааигәоу данԥсуа игәы шҳарҭынчша ҳалацәажәар зҳахәҭоу? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
«ҲԤА данԥсы ашьҭахь шықәсык аҟара ҳара ахьаа ӷәӷәа ҳаман»,— лҳәоит Сузи зыхьӡу қьырсианк. Иашьак иҳәеит иԥҳәыс иаалырҟьаны данԥсы, «ахьаа ӷәӷәа» шимаз. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәо ауаа рацәоуп. Иҟалап ақьырсианцәа аӡәырҩы Армагеддон ааиаанӡа ирзааигәоу ауаҩы дырцәыӡуеит ҳәа ргәы иаанамгозҭгьы. Шәара ма ижәдыруа аӡәы ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа дақәшәазар, ишәызцәырҵыр алшоит азҵаара: «Ишԥаҳалшо игәырҩо ргәы арҭынчра?»
2 Иҟалап шәара ауаа ирҳәо шәаҳахьазар: «Аамҭа хәырбӷьыцуп, зегь ахәышәтәуеит». Аха иалшаҵәҟьома аамҭа ахала ҳгәаҵаҿы иҳамоу ахәрақәа рыхәышәтәра? Абар ԥҳәысеибак илҳәаз: «Сгәы иаанагоит ауаҩы дызхәышәтәуа аамҭа ахала акәым, аха уи ихы ишаирхәо ауп ҳәа». Ахәраҵәҟьа ачҳара аарԥшуа ианухәышәтәуа, уи аамҭак ашьҭахь иӷьоит. Убас азаҳҳәар ҳалшоит ҳгәаҵаҿы иҳамоу ахәра — аамҭак ашьҭахь уи иаҳзаанаго ахьаа ииасыр алшоит. Ирыцхраар алшозеи ирзааигәоу зцәыԥсыз ауаа агәхьаа аиааира?
ИЕГОВА — «АГӘЫРАЗРЕИ АГӘЫЖЬЖЬАРЕИ РЫНЦӘА» ИОУП
3, 4. Избан Иегова игәырҩо ауаа рхьаақәа еиликаауеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
3 Ҳәарада, зегь раҵкыс ҳгәы арҭынчра зылшо агәрыцҳашьара злоу жәҩантәи Ҳаб Иегова иоуп. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:3, 4.) Иегова зегь раасҭа агәрыцҳашьара аарԥшра зылшо иоуп, иара ижәлар агәра диргоит: «Сара, сара соуп шәара шәгәы зырҭынчуа» (Ис. 51:12; Аԥсал. 118:50, 52, 76 [119:50, 52, 76, АдҾ]).
4 Иегова, агәрыцҳашьара Аб, ихаҭа агәхьаа иман изааигәаз ауаа анԥсы,— Авраам, Исаак, Иаков, Моисеи, насгьы Давид (Ахыԥхь. 12:6—8; Матф. 22:31, 32; Аус. 13:22). Анцәа Иажәа аҟны ишаҳәо ала, Иегова урҭ даара игәхьааигоит, насгьы рыԥсы анҭеиҵо аамҭа даара дазыԥшуп (Иов 14:14, 15). Дара џьанаҭ дгьыл аҿы агәабзиара ахьроуа зеиԥшыҟам аԥсҭазаара рзыԥшуп. Шәазхәыц иара убас Анцәа зегь раҵкыс бзиа иибоз Иԥа дгәаҟны дшыԥсыз (Ажәам. 8:22, 30). Иҟалап Иегова уи ухаҿы иузаамго ахьаа изаанагазар (Иоанн 5:20; 10:17).
5, 6. Ишԥаирҭынчуеи Иегова ҳгәы?
5 Иегова дышҳацхраауа аҵыхәтәанынӡа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Убри аҟынтә даара ихадоуп ҳагәхьаа гәыкала изеиҭаҳҳәалар. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова ҳзызгәаҟуа агәырҭынчра шҳаиҭо, насгьы ҳцәаныррақәа шеиликаауа ахьаҳдыруа! Аха ишԥаҟаиҵо иара уи?
6 Анцәа ақьырсианцәа ргәы ирҭынчуеит акыр зымчу, аус зуа иԥшьоу идоуҳа ацхыраарала (Аус. 9:31). Иисус Христос ҳақәиргәыӷит жәҩантәи Ҳаб иԥшьоу адоуҳа риҭарц иҳәо хымԥада ишриҭо (Лука 11:13). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Сузи илҳәоит: «Ҳара лассы-лассы ҳшьамхышгыланы Иегова ҳгәы ирҭынчырц ҳиҳәон! Ҳиҳәацыԥхьаӡа Анцәа иҭынчра ҳгәи ҳахшыҩи шахьчо ҳныруан». (Уаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.)
ИИСУС АГӘРЫЦҲАШЬАРА ААЗЫРԤШУА АԤХЬАԤШЬАҨЫ ИОУП
7, 8. Избан Иисус ҳгәы ширҭынчуа агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
7 Иисус адгьыл аҿы данынхоз, агәрыцҳашьара аарԥшны жәалеи услеи ауаа ргәы ирҭынчуан, уи ала иара Иегова диҿыԥшуан (Иоанн 5:19). Иисус адгьыл ахь даашьҭын «ӷәӷәала згәы каҳаны иҟоу рыхәышәтәра», насгьы «игәырҩо зегьы ргәы арҭынчра» азы (Ис. 61:1, 2; Лука 4:17—21). Ауаа ирбон Иисус рхьаақәа шеиликаауаз, насгьы ииашаҵәҟьаны рыцхраара шиҭахыз (Аур. 2:17).
8 Иисус данқәыԥшыз, ҳәарада, иара изааигәаз ауааи иҩызцәеи шыԥсуаз ибон. Иҟалап иабԥса Иосиф Иисус зынӡа данқәыԥшыз дыԥсызарa. Ухаҿы иааг изакәытә гәхьаау Иисус имаз, насгьы шаҟа ицәыцәгьаз иани, иашьцәеи, иаҳәшьцәеи шгәырҩоз анибоз.
9. Ишԥааирԥши Иисус агәрыцҳашьара, Лазарь данԥсы?
9 Иисус имаҵзура анынаигӡоз, ауаа рахь иааџьоушьаша азҿлымҳареи агәрыцҳашьареи ааирԥшуан. Иаҳгәалаҳаршәап иҩыза Лазарь данԥсы иҟалаз. Иисус уи иԥсы шҭеиҵоз идыруан, аха уеизгьы иара Мариеи Марфеи ирымаз агәхьаа аҩыза изцәырҵит. Урҭ шгәаҟуаз аниба, иара изымычҳан илаӷырӡ ааит (Иоанн 11:33—36).
10. Избан Иисус ҳцәаныррақәа шеиликаауа агәра ганы ҳзыҟоу?
10 Иҳацхраар шԥалшо Иисус адгьыл аҿы даныҟаз егьырҭ рахь агәрыцҳашьара шааирԥшуаз, насгьы ргәы ширҭынчуаз ахьаҳдыруа? Абиблиа агәра ҳнаргоит Иисус иҽшимԥсахыз, уи «иацгьы, иахьагьы, наунагӡагьы Иара Иара иоуп» (Аур. 13:8). «Аԥсҭазаарахылаԥшҩы» ҳәа зызҳәоу Иисус ихаҭа агәхьаа инырит, убри аҟынтә иара «алшара имоуп убас игәаҟуа, аԥышәара иахысуа» рыцхраара (Аус. 3:15; Аур. 2:10, 18). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи игәаҟуа рхьаа шрыцеиҩишо. Иара рцәаныррақәа еиликаауеит, насгьы агәҭынчра риҭоит, дара уи еиҳарак ианырҭаху. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 4:15, 16.)
АҨЫРАҚӘА РҞЫНТӘ АГӘЫРҬЫНЧРА
11. Иарбан библиатә жәеинраалақәоу шәара еиҳараӡак шәгәы зырҭынчуа?
11 Лазарь данԥсы Иисус имаз агәхьаа иазку ахҭыс агәырҭынчра аԥшаара иҳацхраауа зхыԥхьаӡара рацәоу абиблиатә цыԥҵәахақәа ируакуп. Уи џьашьатәӡам, избанзар «ирыҩуаз зырҩуазгьы ҳара иҳалабжьарц акәын, ахачҳара аарԥшуа, урҭ Аҩырақәа ирҳәоз азхаҵаны, гәыӷрала ҳаҟазааразы» (Рим. 15:4). Шәара шәгәырҩозар, абас еиԥш иҟоу Анцәа Иажәа аҟынтә ажәеинраалақәа шәгәы дырҭынчыр рылшоит:
«Згәы хьаала иҭәу, игәырҩо роуп Иара дыззаигәоу, иԥагьам, згәы-зыԥсы анзыршәахьоу рыԥсы ҿихуеит» (Аԥсал. 33:19, 20 [34:18, 19, АдҾ]).
«Схьаақәа анырацәахалак, гәыжьжьаҩыс исымаз Уара уакәын» (Аԥсал. 93:19 [94:19, АдҾ]).
«Иҳақәиҭу Иисус Христоси ҳара бзиа ҳазбо, лыԥха ҳазҭо, гәыӷрала ҳгәалаҟара шьҭызхуа Аб Анцәеи шәгәы-шәыԥсы дырраҳаҭааит, шәдырӷәӷәааит» (2 Фес. 2:16, 17)b.
АИЗАРА ИИАШАҴӘҞЬОУ АГӘЫРҬЫНЧРА ИАХЫҴХЫРҬОУП
12. Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы арҭынчра?
12 Игәырҩо ауаа агәырҭынчра рыԥшаар рылшоит иара убас ақьырсиантә еизарақәа рҿы. (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:11.) Ишԥаҳалшо згәы каҳаны иҟоу ауаа рыдгылареи ргәы ашьҭыхреи? (Ажәам. 17:22). Ишәхашәмыршҭлан «аҿымҭра аамҭеи ацәажәара аамҭеи» шыҟоу (Еккл. 3:7). Далин зыхьӡу аԥҳәысеиба илҳәоит: «Ауаҩы изааигәоу даницәыԥсуа, игәы иҭоу аҳәара иҭахуп. Убри аҟынтә даара ихадоуп ус еиԥш иҟоу ауаҩы иажәа ԥымҟакәа изыӡырҩра». Иуниа лашьа иҽишьит, лара илҳәоит: «Урҭ ирныруа ахьаа аҵыхәтәанынӡа ишәзеилымкаауазаргьы, рцәаныррақәа реилкаара ахьышәҭаху акраҵанакуеит».
13. Иаҳгәалашәалар акәзеи аӡәы игәы арҭынчра анаҳҭаху?
13 Иара убас ишәхашәмыршҭлан ауаа зегьы агәхьаа шырныруа, насгьы уи шаадырԥшуа шеиԥшым. Зны-зынла игәырҩо ауаҩы ихаҭа заҵәык иоуп издыруа шаҟа агәхьаа имоу, насгьы игәаҵаҿы иҭоу аҳәара ицәыцәгьазар алшоит. Анцәа Иажәаҿы иануп: «Ауаҩы игәы игәхьаа адыруеит, иара агәырӷьарагьы даҽаӡәы изацеиҩшом» (Ажәам. 14:10). Ауаҩы ицәаныррақәа ҳзеиҭеиҳәозаргьы, уи ииҳәарц ииҭаху аилкаара зны-зынла имариам.
14. Иаҳҳәар ҳалшозеи игәырҩо ауаҩы игәы шьҭаҳхырц азы?
14 Ҳәарада, зны-зынла агәырҩа змоу ауаҩы иаҳәатәу ҳзымдыруазар ауеит. Аха Абиблиаҿы «иҟәыӷоу рыбз уахәышәтәуеит» ҳәа ануп (Ажәам. 12:18). Аӡәырҩы егьырҭ ргәы зладырҭынчша азхәыцрақәа рыԥшааит аброшиура «Иузааигәаз ауаҩы данԥсы» аҿыc. Аха лассы-лассы еиҳарак алҵшәа аазго уи — алабжьара «Иҵәыуо шәрыцҵәуа» ақәныҟәара ауп (Рим. 12:15). «Зны-зынла сгәы иҭоу ахьаа зегь аарԥшра зласылшо лаӷырӡыла мацара ауп»,— лҳәоит зхаҵа дыԥсыз Габи. «Убри азоуп сҩызцәа ансыцҵәыуо еиҳа изысзымариахо. Усҟан сара сгәаҟраҿы схы заҵәны избом».
15. Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы арҭынчра, хаҭала ауаҩы иацәажәара ҳцәыцәгьазар? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Ажәала аӡәы игәы арҭынчра шҳалшо».)
15 Агәырҩа змоу ауаҩы хаҭала иацәажәара шәцәыцәгьазар, шәара ишәылшоит асахьамҭа жәақәак анҵаны иҭара, иара убас аацҳара, мамзаргьы асаламшәҟәы изышәышьҭыр — ус, ма аелектронтә ԥошьҭала. Иара убас ишәылшоит игәырҩо Абиблиа аҟынтә игәы шьҭызхуа жәақәак шәрылацәажәар, иԥсыз иҟазшьа бзиак игәалашәыршәар, насгьы уи идҳәалоу хҭыск еиҭашәҳәар. Иуниа илҳәоит: «Исызшәаҳәом шаҟа сгәы ҟанаҵо икьаҿу угәы шьҭызхуа аацҳара, ма егьырҭ ақьырсианцәа аамҭа рыцыхгаразы ааԥхьара ансырҭо. Усҟан сара бзиа сшырбо, насгьы ишсеиҷаҳауа збоит».
16. Ргәы зырҭынчыр алшозеи егьырҭ еиҭа?
16 Ахаангьы ишәхашәмыршҭлан анцәаиҳәара шаҟа амч амоу. Ауаҩы изааигәоу даницәыӡуа, ҳара уи изы ҳхала ма иареи ҳареи Анцәа ҳаициҳәар ҳалшоит. Ҳәарада, ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы Анцәа ҳаниҳәо, зны-зынла ҳцәаныррақәа раарԥшра мариам. Аха Анцәа шәаниҳәо шәылаӷырӡ хажжылозаргьы, гәыкала иҟашәҵо аҳәара игәырҩо игәы арҭынчыр алшоит. Далин илгәалашәоит: «Аиаҳәшьцәа сгәы дырҭынчырц ианаауа, зны-зынла Анцәа исызиҳәарц срыҳәоит. Лассы-лассы дара Анцәа иҳәара ианалаго ирҳәо иақәшәом, аха иаарласны еиҳа рҽеизыргоит, насгьы гәыкала Анцәа иҳәоит. Дара иаадырԥшуа агәрахаҵареи, абзиабареи, азҿлымҳареи сыгәрахаҵара даара иарӷәӷәоит».
ИГӘЫРҨО РГӘЫ АРҬЫНЧРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН
17—19. Избан игәырҩо ауаа ргәы арҭынчра анаҩсгьы изҳахәҭоу?
17 Ҳара иҳаздырӡом шаҟаамҭа иҭаху ауаҩы игәырҩа ихигарц азы. Ауаҩы изааигәоу даницәыӡуа, раԥхьа икәша-мыкәша иҩызцәеи иҭынхацәеи ыҟоуп. Аха аамҭа анцалак, дара есыҽнытәи русқәа рахь ихынҳәлароуп. Убри аҟынтә урҭ рыцхраара раԥхьатәи амшқәа раан адагьы, анаҩсгьы шәазхиаз. Абиблиаҿы иануп: «Аҩыза иашаҵәҟьа еснагь абзиабара илоуп, уи арыцҳара аамҭа азы ииз иашьоуп» (Ажәам. 17:17). Ауаҩы игәырҩа данаиааиуа аамҭа зегь аҩныҵҟа ҳицхраалар, насгьы игәы шьҭаҳхлар ауп. (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 3:7.)
18 Ишәхашәмыршҭлан игәырҩо ауаҩы зны-зынла игәалашәарақәа ирыхҟьаны ахьаа ӷәӷәа изцәырҵлар шалшо. Уи мзызс иамазар ауеит еиуеиԥшым амшқәа разгәаҭара, ашәа, уск, апатреҭқәа, мамзаргьы афҩықәа, абжьқәа ма ашықәс аамҭақәа. Зхатә ҩыза дызцәыӡыз еиҳагьы ицәыцәгьоуп уаанӡа еицыҟарҵоз аусқәа ихала аҟаҵара аниқәшәо, иаҳҳәап, Агәаларшәара ахәылԥаз ахь ацара. Абар иашьак ииҳәо: «Схатә ҩыза лыда раԥхьаӡатәи ҳчара ашықәс азгәаҭара шыцәгьахоз здыруан, ииашаҵәҟьангьы исзымариамхеит. Аха сҩызцәа гәакьақәак еизарц рыӡбеит, уи аҽны схала саанымхарц азы».
19 Иаҳхамышҭлароуп ауаҩы изааигәоу даницәыӡуа, уи иалкаау амшқәа рзы мацара шакәым ацхыраара аниҭаху. Иуниа илҳәоит: «Егьырҭ уааигәа иалкаау амшқәа рзы мацара акәымкәа, еснагь ианыҟоу, уи даара угәы шьҭнахуеит. Сара ус еиԥш иҟоу аамҭақәа рыхә сшьоит, урҭ амч сырҭоит». Ҳәарада, ауаҩы игәырҩа зынӡа ихаршҭреи ихы заҵәны имбаларц аҟаҵареи ҳалшом. Ус шакәугьы, ҳицхраалар, насгьы ҳидгылалар, уи игәы арҭынчлоит (1 Иоанн 3:18). Габи илҳәоит: «Сара Иегова иҭабуп ҳәа иасҳәоит сыԥсҭазааратә мҩаҿы иҟаз иуадаҩыз аамҭақәа раан иара азҿлымҳара аазырԥшуаз аизара аиҳабацәа рыла дахьсыцхраауаз. Урҭ санрацәажәоз, абзиабара злоу Иегова дышсеиҷаҳауаз сныруан».
20. Избан Иегова иқәыргәыӷрақәа агәырҭынчра зҳарҭо?
20 Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа Иегова иаарласны агәырҩа наӡаӡа ишықәихуа, насгьы игәырҩо ргәы ширҭынчуа ҳаназхәыцуа! Уи ҟалоит «иԥсхьоу, адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы» анраҳалак (Иоанн 5:28, 29). Абиблиа агәра ҳнаргоит: «Анцәа аԥсра наӡаӡа иқәигоит, Иҳақәиҭу Зегьирхаку Иегова ауаа лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит» (Ис. 25:8). Усҟан ҳара уаҳа иҵәыуо ҳрыцҵәыуалаӡом, избанзар адгьыл аҿы иқәынхало ауаа зегьы игәырӷьо ирыцгәырӷьалоит (Рим. 12:15).
a Абиблиаҿы Иосиф аҵыхәтәаны иӡбахә анаҳәоз Иисус 12 шықәса ихыҵуан. Иисус раԥхьаӡатәи иџьашьахәы аӡы аҩы шалихыз иазку ахҭыс аҿы Иосиф изкны акгьы анӡам. Иисус ашьаҟаҿы данкыдҵаз, иара апостол Иоанн Мариа дылхылаԥшларц идиҵеит. Иисус Иоанн уи адҵа ииҭомызт Иосиф иԥсы ҭазҭгьы (Иоанн 19:26, 27).
b Аӡәырҩы абарҭ ажәеинраалақәа рыцхрааит: Аԥсалом 19:2, 3 (20:1, 2, АдҾ); 30:8 (31:7, АдҾ); 37:9, 10, 16 (38:8, 9, 15, АдҾ); 54:23 (55:22, АдҾ); 120:1, 2 (121:1, 2, АдҾ); Исаиа 57:15; 66:13; Филиппаа рахь 4:13; 1 Пиотр 5:7.
c Шәахәаԥш иара убас «Пять секретов, как быть довольным жизнью» (bp104-U) захьӡу аброшиураҿы астатиа «Утешайте скорбящих, как это делал Иисус».