Избан Иегова дҳараҳклар зҳахәҭоу?
«Иаг дшәырҽхәала!... Шаҟа игәахәароузеи, насгьы иаԥсоузеи иара ирҽхәара» (АԤСАЛ. 147:1, АдҾ).
1—3. а) Ианбаҩыз Аԥсалом 146 (147, АдҾ)? б) Еилаҳкаар ҳалшозеи Аԥсалом 146 (147, АдҾ) аҟынтә?
ҲАРА лассы-лассы егьырҭ ҳарҽхәоит рыдҵа ибзианы иахьыҟарҵаз, мамзаргьы ҳара иаҳгәаԥхо аҟазшьақәа ахьаадырԥшуа азы. Шаҟа еиҳагьы арҽхәара даԥсоузеи Иегова! Иаҳҳәап, Иегова дҳарҽхәалар ҳалшоит иааҳакәыршаны иишаз зегьы ирнубаало ҳәаа змам имч азы, мамзаргьы Иԥа даашьҭны ҳанҿих иааирԥшыз абзиабара ду азы.
2 Аԥсалом 146 (147,АдҾ) автор Иегова ирҽхәара игәазҭаҵан. Иара егьырҭгьы Анцәа ддырҽхәаларц ргәазҭеиҵон. (Уаԥхьа Аԥсалом 147:1, 7, 12.)a
3 Ҳара ари аԥсалом зҩыз дызусҭоу ҳаздырӡом, аха иҟалап уи дынхозҭгьы Иегова израильаа вавилонтәи атҟәара аҟынтә ианиргьежь (Аԥсал. 146:2 [147:2, АдҾ]). Анцәа ижәлар дырҩегь рыԥсадгьыл аҿы имаҵ рулар рылшон, уи хымԥада аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова ирҽхәара игәазҭанаҵеит. Аха иара уи азы егьырҭ амзызқәагьы иман, урҭ ииҩыз аԥсалом аҿы иааигеит. Иарбан мзызқәоу шәара ишәымоу Иегова ирҽхәаразы?
ИЕГОВА ӶӘӶӘАЛА ЗГӘЫ КАҲАНЫ ИҞОУ ИХӘЫШӘТӘУЕИТ
4. Иарбан цәаныррақәоу ирызцәырҵыз израильаа, Кир рхы ианақәиҭитә?
4 Шәхаҿы иаажәг изакәытә ҭагылазаашьаз израильаа ирымаз вавилонтәи атҟәараҿы ианыҟаз. Вавилонаа урҭ ирхыччон: «Иаҳзышәҳәа Сионтәи ашәақәа». Уи аамҭазы Иерусалим еилаҳаны иҟан, убри аҟынтә израильаа зеигәырӷьар рылшоз зегь раасҭа ихадоу амзыз рцәыӡит (Аԥсал. 136:1—3, 6 [137:1—3, 6, АдҾ]). Урҭ ашәаҳәара зынӡаск ирҭахӡамызт. Дара ӷәӷәала ргәы каҳаны иҟан, убри аҟынтә агәырҭынчра рҭахын. Аха Анцәа заа ишиҳәаз еиԥш џьамтәылатәи аҳ Кир урҭ рхы иақәиҭитәит. Иара Вавилон анига ашьҭахь иҳәеит: «Иегова... Иерусалим аҩны изсыргыларц сыдиҵеит... Ижәлар рҟынтә дарбанзаалак Инцәа Иегова дицзааит. Ихы дақәиҭуп, дцааит» (2 Аш. 36:23). Шаҟа еигәырӷьазеи израильаа Кир ус еиԥш иҟоу аусԥҟа анаԥиҵа!
5. Ииҩызеи аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова дышҳацхраауа иазкны?
5 Иегова израильаа жәларык раҳасабала акәымкәа, хаҭала ргәы ирҭынчит. Иара иахьагьы убасҵәҟьа ҟаиҵоит. Абар аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа изкны ииҩыз: «Иара згәы ԥҽу зегь ихәышәтәуеит, ргәаҟрақәа зегь рхаиршҭуеит» (Аԥсал. 146:3 [147:3, АдҾ]). Иегова цәеижьлеи емоциалеи игәаҟуа ауаа дрыцхраауеит. Иара ҳгәы арҭынчреи ҳгәаҵаҿы иҳамоу ахәрақәа рыхәышәтәреи еснагь дазхиоуп (Аԥсал. 33:19 [34:18, АдҾ]; Ис. 57:15). Иегова аҟәыӷареи амчи ҳаиҭоит, ҳауадаҩрақәа зегьы ҳариааирц азы (Иак. 1:5).
6. Иарбан зыхә ҳараку уроку иалҳкаар ҳалшо Аԥсалом 146:4 (147:4, АдҾ)? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
6 Анаҩс аԥсаломшәаҳәаҩ ажәҩан дахцәажәаны иҳәоит Иегова «аеҵәа рхыԥхьаӡара идыруеит; рыхьӡқәа рыла зегь дрыԥхьоит» ҳәа (Аԥсал. 146:4 [147:4, АдҾ). Иара аеҵәақәа ибон, аха урҭ шаҟа ыҟаз ихаҿгьы изаагомызт. Иахьа ауаа еиҳаны аеҵәақәа рбара алшара рымоуп. Аҵарауаа шьоукы ргәаанагарала ҳгалактика Асаррымҩа заҵәык аҿы миллиардла аеҵәақәа ыҟоуп. Жәҩантәылаҿы иҟалап миллиардла агалактикақәа ыҟазар. Ауаҩы аеҵәақәа рыԥхьаӡара илшом. Аха Зегьзшаз урҭ хаҭала ахьӡ риҭоит. Уи иаанарԥшуеит иара изы аки-аки шеиԥшым (1 Кор. 15:41). Иаҳҳәар ҳалшозеи ауаа рзы? Иегова аеҵәақәа зегьы уажәы иахьыҟоу идыруеит. Убас еиԥш иара шәара ишәызкны зегь идыруеит — уажәы шәахьыҟоу, шәцәанырра, насгьы уажәы ишәҭахыҵәҟьоу.
7, 8. а) Еиликаауазеи Иегова ҳганахь ала? б) Иаажәга Иегова агәрыцҳашьара аарԥшны инаӡам ауаа дышрыцхраауа аазырԥшуа аҿырԥштәы.
7 Иегова хаҭала шәара шәахь аинтерес аарԥшра адагьы, гәыкала агәрыцҳашьара ааирԥшуеит, насгьы шәыԥсҭазаараҿы ауадаҩрақәа риааира дшәыцхраар илшоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 146:5 [147:5, АдҾ].) Шәара шәгәы иаанагозар алшоит шәыуадаҩра ӡбашьа амам ҳәа, насгьы уи ахгара шәылшом ҳәа. Анцәа иҳалшои иҳалымшои идыруеит, «иагьигәалашәоит асаба, аццышә ҳшаҩызоу, анышә ҳшалху» (Аԥсал. 102:14 [103:14, АдҾ]). Ҳанамӡара иахҟьаны ҳара ҳагхақәа еиҭаҟаҳҵалар ҳалшоит. Зны-зынла иаҳҳәаз, ма иҟаҳҵаз ӷәӷәала ҳахьхәуазар, мамзаргьы ииашам агәазыҳәареи ашьыцреи ахьҳазцәырҵыз ҳаламыс ҳаргәаҟуазар ауеит. Иегова ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа ахаангьы имамызт, аха иара уеизгьы ҳшеиликаауа ҳхаҿгьы иаҳзаагом (Ис. 40:28).
8 Иҟалап шәыԥсҭазаараҿы иҟазҭгьы аҭагылазаашьақәа аԥышәарақәа раан Иегова даншәыцхрааз (Ис. 41:10, 13). Абар Киоко зыхьӡу пионерс амаҵ зуа аиаҳәшьа лҿырԥштәы. Адҵа ҿыц анлоу, насгьы даҽа еизарак ахь даниас ашьҭахь, лара лгәы каҳаит. Ишԥааирԥши Иегова лыуадаҩрақәа шеиликаауа? Леизара ҿыц аҿы лцәаныррақәа ибзианы еилызкаауаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ыҟан. Лара Иегова абас леиҳәозшәа лбон: «Сара бзиа бзызбо пионерс амаҵ ахьыбуа мацара азы акәӡам, аха сыԥҳа ахьбакәу, насгьы быԥсҭазаара ахьысзыбкызгьы ауп. Сара бгәырӷьалар сҭахуп, избанзар бара Сышаҳаҭ боуп!» Ишԥааирԥши Зегьзымчу шәара шәҭагылазаашьаҿы иара иеиԥш аӡәгьы шәшеилимкаауа?
ИЕГОВА ҲҬАХРАҚӘА ДРЕИҶАҲАУЕИТ
9, 10. Дышԥаҳацхраауеи Иегова зегь раԥхьа иргыланы? Иаажәга аҿырԥштәы.
9 Ҳара зегьы ацәеижьтә ҭахрақәа ҳамоуп. Иҟалап зны-зынла иаҳфо ҳмоур ҳәа ҳшәозар. Аха Иегова Адгьыл уқәаарыхыртә еиԥш ишеит, зегьы афатә рызхарц. Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩуан «алаҳәа хәыҷқәагьы, Иара ианааиҳәалакгьы» афатә шроуа. (Уаԥхьа Аԥсалом 146:8, 9 [147:8, 9, АдҾ].) Иегова алаҳәақәа дреиҷаҳауазар, агәра ганы шәыҟазар шәылшоит иара шәҭахрақәагьы шынаигӡо (Аԥсал. 36:25 [37:25, АдҾ]).
10 Аха зегь раԥхьа иргыланы Иегова ҳагәрахаҵара арӷәӷәара деиҷаҳауеит, насгьы ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго Анцәа иҭынчра ҳаиҭоит (Флп. 4:6, 7). Абар Муцуо зыхьӡу Иапониа инхо аиашьа иԥҳәыси иареи зықәшәаз. 2011 шықәсазы ртәылаҿы ацунами аныҟала, Иегова дышрыцхрааз рбеит. Дара рыҩны ахыб ахь иахьхалаз абзоурала еиқәхеит. Аха уи аҽны урҭ ирымаз аиҳарак рцәыӡит. Дара ауха ахьҭа ахьыҩназ, илашьцаз рыҩны хыхьтәи ауадаҿы ирхыргеит. Ианааша ргәы шьҭызхша адоуҳатә фатәы иашьҭалеит. Аха ирыԥшааз 2006 шықәсазы иҭыҵыз ашәҟәы «Ежегодник Свидетелей Иеговы» ауп. Муцуо иаразнак «Самое смертоносное цунами в истории» захьӡыз ахеиҵа илаԥш ақәшәеит. Уа иҳәан 2004 шықәсазы Суматра адгьылҵысра шыҟалаз. Уи адунеи аҿы ахаан иҟамлахьацыз ацунами цәырнагеит. Муцуо иԥҳәыси иареи ҵәыуон уи арыцҳара зхызгаз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҭарҳәоз ианаԥхьоз. Дара уи аамҭазы ирҭахыз агәырҭынчра рызҭаз Иегова дышреиҷаҳауаз рбон. Иара убас Иегова абзиабара аарԥшны рматериалтә ҭахрақәа дреиҷаҳаит. Рыгәрахаҵара рыцеиҩызшоз рашьцәа рыла дара агәыҳалалратә цхыраара роуит. Аха зегь раҵкыс дара ргәы шьҭнахит афилиал акомитет аҟынтә аишьцәа реизара иахьаҭааз. Муцуо иҳәоит: «Сара Иегова ҳааигәара дыҟоушәа, насгьы ҳара зегьы хаҭала дҳаиҷаҳауашәа сгәы иабон. Шаҟа ҳгәы арҭынчзеи уи!» Ишаҳбо еиԥш, Иегова зегь раԥхьа иргыланы ҳдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит, анаҩс ҳцәеижьтә ҭахрақәагьы.
АНЦӘА АЦХЫРААРА ШӘЫҬАРА ДАЗХИОУП
11. Иҟарҵар акәзеи Иегова иҟынтә ацхыраара иазыԥшу?
11 Иегова еснагь дазхиоуп аҟәымшәышәра аазырԥшуа рыдгылареи рыцхраареи (Аԥсал. 146:6а [147:6а, АдҾ]). Аха иҟаҳҵалар акәзеи ҳара? Ҳара иареи ҳареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа ҳамазар ауп. Уи азы аҟәымшәышәра еизырҳалатәуп (Соф. 2:3). Иҟәымшәышәу ауаа ачҳара аарԥшны Анцәа аиашара анышьақәиргыло, насгьы ргәаҟрақәа рҵыхәтәа анԥиҵәо иазыԥшуп. Аҟәымшәышәра аазырԥшуа ауаа Иегова ддыргәырӷьоит.
12, 13. а) Ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоузеи ҳара, Анцәа ицхыраара ҳаурц ҳҭахызар? б) Дзыргәырӷьода Иегова?
12 Даҽа ганкахьала, Анцәа «ицқьам лаирҟәуеит адгьыл аҟынӡа» (Аԥсал. 146:6б [147:6б, АдҾ]). Ҳара уи аҩыза ҳахьыр ҳҭахӡам! Иегова иааирԥшуа азиашара зныԥшуа абзиабара ҳнырырц, насгьы игәы ԥаҳамжәарц ҳҭахызар, ҳара иара ицәымӷу ҳцәымӷзар ауп (Аԥсал. 96:10 [97:10, АдҾ]). Иаҳҳәап, ҳара асексуалтә гәаԥхашәадара ҳцәымӷзар ауп. Уи азы ҳара агәнаҳахь ҳназго, апорнографиагьы уахь иналаҵаны, ҳхы ацәаҳахьчалар ауп (Аԥсал. 118:37 [119:37, АдҾ]; Матф. 5:28). Уи мариамхар ауеит, аха Иегова азылԥхарақәа ҳаиҭарц азы аџьабаа абара иаԥсоуп.
13 Ари аҿагылараҿы ҳхы акәымкәа, Иегова ҳиқәгәыӷлар ауп. Даҳзылԥхома Иегова ҳхы ма ауаа ҳрықәгәыӷлар, мамзаргьы ауаа зықәгәыӷуа аҿы аиқәырхара ҳашьҭалар? Аԥсалом 146:10 (147:10, АдҾ) аҿы иануп: «Арашь амч акәӡам Иара дызхәаԥшуа, ауаҩы ишьамхы ласра акәӡам Анцәа игәы иахәо». Ҳара Иегова ацхыраара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалар ауп. Ауаа реиԥш акәымкәа, Иегова ҳаҳәарақәа рзыӡырҩра ахаангьы дааԥсаӡом, уи ҳааҟәымҵӡакәа иҟаҳҵозаргьы. Иегова «Иара ицәшәо, Иара игәыԥшқарала инапы ианыԥшыло» ддыргәырӷьоит (Аԥсал. 146:11 [147:11, АдҾ]). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳара ҳахь азиашара зныԥшуа ибзиабара шааирԥшуа. Иара ҳаанижьӡом, насгьы ииашам ҳгәазыҳәарақәа риааира дҳацхраауеит.
14. Зыгәра ганы дыҟази аԥсаломшәаҳәаҩ?
14 Иегова ижәлар арыцҳара ианақәшәо ишаанимыжьуа агәра агаразы амзызқәа зегь ҳамоуп. Абар аԥсаломшәаҳәаҩ Иерусалим аиҭашьақәыргылара иазкны ииҩыз: «Уи угәашәқәа ирӷәӷәеит, уааигәа иҟоу уԥацәа дырзылԥхеит. Уара уахьынӡанаӡааӡо аҭынчра узааигоит» (Аԥсал. 147:13, 14, АдҾ). Шаҟа игәы арҭынчуази аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа имаҵзуҩцәа ихьчарц азы ақалақь агәашәқәа ахьирӷәӷәоз!
Ишԥаҳацхраауеи Анцәа Иажәа, ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15—17.)
15—17. а) Ҳхы шԥаҳбо ҳара зны-зынла ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, насгьы дышԥаҳацхраауеи Иегова Иажәа ацхыраарала? б) Иаажәга Иегова иажәа лассы ишааиуа узырбо аҿырԥштәы.
15 Ауадаҩрақәа агәҭынчымра ҳазцәырыргар алшоит, аха Иегова урҭ ҳариааирц азы аҟәыӷара ҳаиҭар илшоит. Аԥсалом 146 (147, АдҾ) автор иҩуан «Иара иажәа адгьыл ахь иааицҳауеит; Иара иажәа лассы иааиуеит», иара убас «асы ҳзааишьҭуеит; абыб ахәеиԥш икаиԥсоит... акырцх цәаҟьа-цәаҟьа иузынаишьҭуеит» ҳәа. Анаҩс аԥсаломшәаҳәаҩ азҵаара ықәиргылеит: «Изылшарыда уи Иара иҵаа ачҳара?» Иара иациҵеит «Иара иажәала зегьы ӡыҭуеит» ҳәа (Аԥсал. 147:5—7 [147:15—18, АдҾ]). Акырцхи аси аазышьҭуа, аҟәыӷара злоу Зегьзымчу Ҳанцәа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегьы риааира дҳацхраар илшоит.
16 Иахьа Иегова Иажәа, Абиблиа, ала ҳамҩақәиҵоит. Иегова иажәа «лассы иааиуеит» иаанагоит иара аамҭа мгакәа ҳзызгәаҟуа адоуҳатә фатәы шҳаиҭо. Шәазхәыц шаҟа ахәарҭа ду ҳзаанаго Абиблиа аԥхьара, игәрагоу, иҟәышу атәы иҳаиҭо апубликациақәа рыҭҵаара, ҳорганизациа аинтернет ресурсқәа иҳарҭо аматериалқәа рыхәаԥшра, аизара аиҳабацәа рыцхыраара, насгьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҿцәажәара (Матф. 24:45). Ижәбахьома шәара шәыԥсҭазаараҿы Иегова ианаамҭаз иҟашәҵаша шшәыҵеиҳәаз?
17 Симон лхатә ԥышәала илбеит Анцәа Иажәа иамоу амч шаҟа идуу. Лара акгьы даԥсамызшәа лгәы иабон, насгьы Анцәа лыхә шишьоз агәра агара лцәыцәгьан. Еиҳараӡак ианылцәыцәгьаз аамҭақәа рзы лара дааҟәымҵӡакәа Иегова ацхыраара лиҭарц азы диҳәон. Иара убас Абиблиа еснагь иҭылҵаауан. Абар лара Иегова изы илҳәо: «Иҟамызт аамҭа Иегова ицхыраареи имҩақәҵареи анысымбоз». Уи лара агәазыҟашьа бзиа ахьчара илыцхраауан.
18. Избан Иегова шәыхә шишьо агәра зыжәго? Иарбан мзызқәоу шәара Иегова ирҽхәаразы ишәымоу?
18 Аԥсаломшәаҳәаҩ идыруан Анцәа ижәлар лымкаала бзиа ишибоз. Дара заҵәык ракәын иажәа, насгьы «Иара иқәҵара, Иара иӡбарақәа» зиҭаз. (Уаԥхьа Аԥсалом 147:8, 9 [147:19, 20, АдҾ].) Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа роуп аҳаҭыр ду занашьоу — Анцәа ихьӡ аныҟәгара. Иегова дахьаҳдыруа, насгьы Иажәа иану алабжьарақәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳахьрықәныҟәо иабзоураны, иареи ҳареи еизааигәоу аизыҟазаашьақәа ҳамазар ҳалшоит. Аԥсалом 146 (147, АдҾ) автор иеиԥш, ҳаргьы Иегова дҳарҽхәаларц азы амзызқәа рацәаны иҳамоуп.
a Аԥсалом 147:1, 7, 12 (АдҾ): «Иаг дшәырҽхәала! Анцәа изы ашәаҳәара бзиоуп. Шаҟа игәахәароузеи, насгьы иаԥсоузеи иара ирҽхәара... Иҭабуп ҳәа иаҳәо, Иегова дырҽхәо аҩымаа изашәырҳәала... Дырҽхәала Иегова, о Иерусалим. Дырҽхәала Унцәа, о Сион».