Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииуль ад. 21—26
  • Иегова ухықәкқәа рынагӡара дуцхрааит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ухықәкқәа рынагӡара дуцхрааит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • АНАСЫԤ АИУРА ИУЦХРААУА АХЫҚӘКҚӘА
  • ИЗБАН АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ЗЕГЬ ИРЕИӶЬУ АУС ЗАКӘУ?
  • УҾАԤХЬА ИҞОУ АЛШАРАҚӘА РАЦӘОУП
  • ИАРБАН ХЫҚӘКҚӘОУ ИҚӘУРГЫЛО?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииуль ад. 21—26

Иегова ухықәкқәа рынагӡара дуцхрааит

«Нцәа Ҳазшаз ила ухы жьжьала, Иаргьы уара угәы ззыҳәо наигӡашт» (АԤСАЛ. 36:4 [37:4, АдҾ]).

АШӘАҚӘА: 135, 81

ШӘГӘЫ ИШԤААНАГО?

  • Иарбан хықәкқәоу ииашаҵәҟьоу анасыԥ аиура ауаҩы ицхраауа?

  • Иднарҵар алшозеи арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи раамҭа зегь амаҵзура иахьазыркуа?

  • Иарбан лшарақәоу иқәыԥшу ақьырсианцәа апионертә маҵзура ирнаҭо?

1. Иарбан ӡбароу идикылар ихәҭоу иқәыԥшу ауаҩы, насгьы избан уи ацәшәара заҭахым? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

НЫҞӘАРА удәықәлаанӡа уцарц ахьуҭаху уӡбароуп. Ҳаԥсҭазаара иаҿҳарԥшыр ҳалшоит ус еиԥш иҟоу аныҟәара, насгьы уанқәыԥшу зынагӡара уҭаху ахықәкқәа ралхра иаамҭоуп. Ҳәарада, ус еиԥш иҟоу аӡбарақәа рыҟаҵара мариамзар алшоит. Абар Ҳезер зыхьӡу аӡӷаб илҳәаз: «Уԥсҭазаара ззукша уӡбароуп, уи азхәыцраҵәҟьагьы уацәшәоит». Аха уи ацәшәара иаԥсам. Иегова имаҵзуҩцәа иреиҳәоит: «Умшәан, избанзар сара соуп Унцәа. Сара усырӷәӷәоит, суцхраауеит» (Ис. 41:10).

2. Иабантәиаадыруеи Иегова анасыԥ ҳазҭо ахықәкқәа ықәҳаргылалар шиҭаху?

2 Иегова ииашоу ахықәкқәа ықәургылаларц ааԥхьара уиҭоит (Еккл. 12:1; Матф. 6:20). Иара иҭахуп анасыԥ умазарц. Иабантәиаадыруеи ҳара уи? Адунеи ҭәуп илаԥшхкыгоу аԥштәқәеи, зеиԥшыҟам абжьқәеи, афҩы хаақәеи рыла. Иара убас уазхәыц иара бзиабарала зегь раҵкыс еиӷьу аԥсҭазааратә мҩа шалаҳхыша шаҳирҵо. Иегова илабжьарақәа ирзымӡырҩуа иреиҳәоит: «Шәара... сара исгәамԥхо алшәхит. [...] Смаҵзуҩцәа гәырӷьалоит, шәара аԥхашьара жәбоит. Смаҵзуҩцәа ргәырӷьабжь галоит, избанзар ргәы гәырӷьарыла иҭәызаалоит» (Ис. 65:12—14). Иегова имаҵзуҩцәа ииашоу аӡбарақәа анрыдыркыло иара дҳараркуеит (Ажәам. 27:11).

АНАСЫԤ АИУРА ИУЦХРААУА АХЫҚӘКҚӘА

3. Иарбан хықәкқәоу Иегова арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ирыдигало?

3 Иарбан хықәкқәоу Иегова иудигало? Анасыԥ умазарц азы Иегова изкны адыррақәа рырҳареи имаҵ ауреи ахәҭоуп. Иегова ҳара ус ҳаишеит (Аԥсал. 127:1 [128:1, АдҾ]; Матф. 5:3). Аԥстәқәа акрырфаларц, насгьы иҿиаларц азы ауп изшо. Аха Иегова иҭахуп ҳара анасыԥ ҳамазарц, ҳаԥсҭазаарагьы аҵакы амазарц. Ҳазшаз — абзиабара Анцәа, насгьы «насыԥшара змоу Анцәа», ауаҩы «иара диеиԥшны дишеит» (2 Кор. 13:11; 1 Тим. 1:11; Аҟаз. 1:27). Уара бзиа ҳазбо Анцәа уиҿыԥшлар анасыԥ уоуеит. Агәра ганы уҟоума уара Аусқәа 20:35 иану ажәақәа шиашоу: «Аӡәы ак ануиҭо аасҭа, наҟ ак аниуҭо — еиҳа инасыԥуп, еиҳа игәахәоуп»? Ари ихадоу апринцип ауп. Убри азоуп Иегова иқәургыло ахықәкқәа иара иахь, насгьы ауаа рахь абзиабара аныԥшлар зиҭаху. (Уаԥхьа Матфеи 22:36—39.)

4, 5. Изаазгози Иисус анасыԥ?

4 Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Иисус ишәиҭеит инаӡоу аҿырԥштәы. Иара данхәыҷыз, ҳәарада, егьырҭ ахәыҷқәа дрыцыхәмаруан. Анцәа Иажәаҿы иануп «аччара аамҭеи акәашара аамҭеи» шыҟоу (Еккл. 3:4). Иара убас Иисус Иԥшьоу Аҩыра ҭҵаауа Иегова дизааигәахон. Иара 12 шықәса анихыҵуаз ауахәамаҿы иҟаз арҵаҩцәа даара иџьаршьон адоуҳатә темақәа дахьрылацәажәоз, насгьы уи «иҟәыӷареи иҟаиҵоз аҭакқәеи рзымбатәбаран» (Лука 2:42, 46, 47).

5 Изаазгози Иисус агәырӷьара дандуха? Иара еиликаауан Иегова дшааишьҭыз «арыцҳацәа агәырӷьажәа» рзеиҭаҳәаразы, насгьы «илашәу рыблақәа рыхтразы» (Лука 4:18). Анцәа игәаԥхара анагӡара Иисус агәырӷьара изаанагон. Абар уи ицәаныррақәа ирызкны Аԥсалом 39:9 (40:8, АдҾ) аҿы иану: «Сара Уара уҭахра насыгӡар сҭахуп, иа, Анцәа ду». Иисус жәҩантәи Иаб иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара даара игәаԥхон. (Уаԥхьа Лука 10:21.) Зны Иисус ԥҳәыск ииашоу Анцәа имҵахырхәара иазкны данлацәажәоз иҳәеит: «Сара фатәыс исымоу Саазышьҭыз игәаԥхара аҟаҵареи иусқәа рынагӡареи ауп» (Иоанн 4:31—34). Иисус Анцәеи ауааи бзиа ибон, уи анасыԥ инаҭон. Уи уаргьы анасыԥ узаанагар алшоит.

6. Избан изаԥсоу доуҳала ишәу ақьырсиан хықәкыс иумоу изеиҭаҳәара?

6 Ақьырсианцәа аӡәырҩы ианқәыԥшыз пионерс амаҵ аура иахьалагаз анасыԥ рзаанагеит. Ус еиԥш иҟоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хықәкыс ишәымоу рзеиҭашәҳәалар шәылшоит. Ажәамаанақәа 15:22 аҿы иануп: «Гәрагарада аицәажәара апланқәа хнарбгалоит, абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит». Доуҳала ишәу урҭ амаҵзуҩцәа ирылшоит иузеиҭарҳәар уаамҭа зегь амаҵзура ианазукуа, уаԥхьаҟа иухәо аԥышәеи адыррақәеи шунаҭо. Иисус ажәҩан аҿы Иаб иҿиҵааз рацәан, насгьы адгьыл аҿы даныҟазгьы уи иҿыԥшра даҟәыҵуамызт. Иаҳҳәап, иара еиликааит шаҟа агәырӷьара узаанаго ажабжь бзиа аиҭаҳәареи аԥышәарақәа раан Анцәа иахь азиашара аарԥшреи. (Уаԥхьа Исаиа 50:4; Аур. 5:8; 12:2.) Шәааи еилҳаргап шәаамҭа зегь амаҵзура ианазышәкуа, уи анасыԥ зышәзаанаго.

ИЗБАН АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ЗЕГЬ ИРЕИӶЬУ АУС ЗАКӘУ?

7. Избан иқәыԥшу аӡәырҩы аҵаҩцәа разыҟаҵара зыргәаԥхо?

7 Иисус иҳәеит: «Шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа... идшәырҵала» (Матф. 28:19, 20). Ари уԥсҭазаара ззукыр улшо зегь иреиӷьу усуп, избанзар уи Анцәа дҳаранакуеит. Иарбанзаалак уск аҿы еиԥш, уи аҿы аԥышәа уоурц азы аамҭа аҭахуп. Абар 19 шықәса анихыҵуаз пионерс амаҵ аура иалагаз Тимоти зыхьӡу аиашьа ииҳәо: «Саамҭа зегь Иегова имаҵ аура иахьазыскуа сгәаԥхоит. Уи ала сара Иегова бзиа дшызбо аарԥшра сылшоит. Раԥхьа сара абиблиатә ҵара амҩаԥгара сзалагомызт, аха нас даҽа территориак ахь саниас, мызкала акымкәа-ҩбамкәа абиблиатә ҵарақәа мҩаԥызгон. Абиблиа зсырҵоз рҟынтә аӡәы Аҳратә зал ахь анеира далагеит. Аҭаацәара иалам аишьцәа рзы абиблиатә школa аҿы ҩымз аҵара анысҵа ашьҭахь, даҽа еизарак ахь срышьҭит, уа абиблиатә ҵарақәа ԥшьба рымҩаԥгара салагеит. Сара ауаа аҵабырг дырҵара даара исгәаԥхоит, избанзар урҭ иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала рыҽшырыԥсахуа збоит» (1 Фес. 2:19).

8. Иҟарҵозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа шьоукы, еиҳаны ауаа аҵабырг ддырҵарц азы?

8 Иқәыԥшу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шьоукы даҽа бызшәак рҵеит. Абар Еиду Аштатқәа рҿы инхо Џьеикоб иҿырԥштәы. Иара иҩуеит: «Сара быжьшықәса ансхыҵуаз, сыкласс аҿы авиетнамаа рацәаҩны аҵара сыцырҵон. Сара урҭ Иегова иӡбахә рзеиҭасҳәар сҭахын, убри аҟынтә аамҭақәак рышьҭахь рбызшәа сҵарц сыӡбеит. Уи азы англыз бызшәеи авиетнам бызшәеи рыла икьыԥхьыз „Сторожевая башня“ захьӡу ажурналқәа еиҿсырԥшуан. Иара убас ааигәа иҟаз авиетнамтә еизара аҟынтә аишьцәеи аиаҳәшьцәеи сареи ҳаиҩызцәахеит. 18 шықәса ансхыҵ, сара пионерс амаҵ аура салагеит. Уи ашьҭахь аҭаацәара иалам аишьцәа рзы абиблиатә школ аҿы аҵара сахысит. Уажәы сара пионерс амаҵ зуеит авиетнамтә гәыԥ аҿы, уи агәыԥ аҿы аизара еиҳабыс иҟоу сара заҵәык соуп, насгьы ашкол аҿы исҵаз уи аҿы даара исыцхраауеит. Лассы-лассы авиетнамцәа рбызшәа ахьысҵаз џьаршьоит. Дара аҩныҟа ааԥхьара сырҭоит, уи алшара снаҭоит имаҷымкәа абиблиатә ҵарақәа ралагара. Урҭ рҟынтә шьоукы рыҽӡаархит». (Иаҿшәырԥш Аусқәа 2:7, 8.)

9. Иаҳнарҵозеи аҵаҩцәа разыҟаҵара аус аҽалархәра?

9 Аҵаҩцәа разыҟаҵара аус уанаҿу уара гәыкала аусуреи, аиҿцәажәареи, аҳаҭырбара аарԥшреи уҵоит, иара убас еиҳа ухы уақәгәыӷлоит (Ажәам. 21:5; 2 Тим. 2:24). Аха аҵаҩцәа разыҟаҵара еиҳарак агәырӷьара аанагоит, избанзар уи еиҳагьы агәра унаргоит иумоу агәрахаҵара иӷәӷәоу абиблиатә шьаҭа шамоу. Уи адагьы, уара иуҵоит Иегова уизааигәаханы аус ицура (1 Кор. 3:9).

10. Избан аҵаҩцәа разыҟаҵара аус агәырӷьара заҳзаанаго, ауаа ахьаҳзымӡырҩуа аҭыԥ аҽы амаҵ ҳуазаргьы?

10 Уара ажәабжь бзиа ахьрылоуҳәо аҭыԥ аҿы иӡырҩуа ауаа маҷзаргьы, аҵаҩцәа разыҟаҵара аус агәырӷьара узаанагалар алшоит. Уи аус — аизара иалахәу зегьы рџьабаа ауп. Ҳәарада, иқьырсианхо ауаҩы Абиблиа изырҵо аӡә иоуп, аха ҳара зегьы уи агәырӷьара ҳзаанагоит, избанзар уи аус ҳара зегьы ҳалахәуп. Абар ажәабжь бзиа иазыӡырҩуа ауаа ахьмаҷу аҭыԥ аҿы пионерс амаҵ зуа Брендон ииҳәо: «Сара ажәабжьҳәара бзиа избоит, избанзар уи Иегова иҳадиҵаз аус ауп. Ашкол саналга ашьҭахь пионерс амаҵ аура салагеит. Сара исгәаԥхоит иқәыԥшу аишьцәа адоуҳатә хықәкқәа ықәдыргылаларц ргәазҭаҵара, насгьы сеигәырӷьоит урҭ ахықәкқәа анынарыгӡо. Аҭаацәара иалам аишьцәа рзы абиблиатә школ саналга, иҿыцу аҭакԥхықәра соуит. Сара Абиблиа зсырҵоз рҟынтә аӡәгьы иҽӡааимхит, аха егьырҭ ақьырсианцәа Абиблиа здырҵоз рыҽӡаархуан. Сара даара сеигәырӷьоит аҵаҩцәа разыҟаҵара аус саамҭа зегь ахьазыскуа» (Еккл. 11:6).

УҾАԤХЬА ИҞОУ АЛШАРАҚӘА РАЦӘОУП

11. Иарбан аинтерес зҵоу маҵзура хку иқәыԥшу ақьырсианцәа рзы иҟоу?

11 Иҟоуп еиуеиԥшым амаҵзура ахкқәа. Иаҳҳәап, иқәыԥшу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи хатәгәаԥхарала аргыларатә усқәа рыҽрыладырхәуеит. Шәкыла Аҳратә залқәа ргылатәуп. Ус еиԥш иҟоу аргыларатә ус уҽаналаурхәуа, уи Анцәа дҳаранакуеит, насгьы агәырӷьара ду узаанагоит. Уазхәыц иара убас шаҟа агәахәара узаанаго еиуеиԥшым аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыҿцәажәара. Атеократиатә ргыларатә ус аҽалархәра иунарҵо рацәоуп: ашәарҭадаратә техника ақәныҟәара, гәыкала аусура, насгьы аргыларатә ус иахагылоу аус рыцура.

Заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа азылԥхара дуқәа рзыԥшуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11—13.)

12. Иарбан лшарақәоу ироуа пионерс амаҵ зуа?

12 Кевин зыхьӡу аиашьа иҳәоит: «Схәыҷаахыс саамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазысклар сҭахын. 19 шықәса ансхыҵуаз пионерс амаҵ аура салагеит. Сара ргылаҩыс аус зуаз аиашьа иҿы амш абжа аус зуан. Уа ахыб ақәҵашьеи, аԥенџьырқәа рҭаргылашьеи, аҩнашәқәа рҿаҵашьеи сҵеит. Анаҩс сара афырҭын иарбгоз Аҳратә залқәеи аишьцәа рыҩнқәеи реиҭашьақәыргылараҿы аус зуаз абригада срыцхраауан. Аладатәи Африка аргылаҩцәа аҭахуп ҳәа ансаҳа арзаҳал хасырҭәааит, уи ашьҭахь уахь ааԥхьара соуит. Ара, Африка, сара мчыбжьқәак рыҩныҵҟа ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь Аҳратә залқәа рыргыларазы сиасуеит. Аргыларатә гәыԥ ҭаацәак еиԥш исзыҟалеит. Ҳара ҳаицынхоит, Абиблиа еицаҳҵоит, аус еицаҳуеит. Иара убас сара даара исгәаԥхоит есымчыбжьа аҭыԥантәи аишьцәа ажәабжьҳәара рыццара. Сара схаҿгьы исзаагомызт санхәыҷыз иқәсыргылаз ахықәкқәа абриаҟара агәырӷьара сзааргоит ҳәа».

13. Избан иқәыԥшу ақьырсианцәа вефильтәи амаҵзура агәырӷьара зырзаанаго?

13 Пионерс амаҵ зуаз қьырсианцәақәак уажәы Вефиль амаҵ руеит. Урҭ рџьабаа абзоурала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, иара убас егьырҭ ауааи адоуҳатә фатәы роуеит. Абар Вефиль амаҵ зуа Дастин ииҳәо: «Жәышықәса ансхыҵуаз сара иқәсыргылеит ахықәкы саамҭа зегь амаҵзура иазыскларц. Ашкол саналга пионерс амаҵ аура салагеит. Шықәсыбжак ашьҭахь Вефиль ахь ааԥхьара соуит. Уаҟа сара акьыԥхьгатә машьынкаҿы аусушьеи акомпиутертә программақәа рышьақәыргылашьеи сҵеит. Сара исгәаԥхоит Вефиль аҿы адунеи зегь аҿы аҵаҩцәа разыҟаҵаратә ус иадҳәалоу аихьӡарақәа ртәы иаразнак иахьуаҳауа. Сара смаҵзура бзиа избоит, избанзар инасыгӡо аус егьырҭ ауаа Иегова изааигәахара ирыцхраауеит».

ИАРБАН ХЫҚӘКҚӘОУ ИҚӘУРГЫЛО?

14. Иарбан шьаҿақәоу иуцхраауа уаамҭа зегь амаҵзура азкразы ахықәкы ақәыргылара?

14 Ишԥаулшо уаамҭа зегь амаҵзура азкразы иумоу ахықәкы анагӡара? Зегь раԥхьаӡа ақьырсиантә ҟазшьақәа еизурҳалароуп. Убри аҟынтә гәацԥыҳәарала Анцәа Иажәа ҭҵаала, узыԥхьо инарҵауланы уазхәыцла, насгьы аизарақәа рҿы аҭак аҟаҵара уҽазышәала. Ашкол аҿы аҵара ануҵо аамҭазы ажәабжьҳәаратә ус аҿы аԥышәа еизырҳала. Ауаа рахь аинтерес аарԥшышьа ҵала: ҳаҭырбарала ргәаанагара еилкаала, насгьы зҿлымҳарала урзыӡырҩла. Иара убас аизараҿы ацхыраара рыдугалалар улшоит, иаҳҳәап, Аҳратә зал аилыргара ма арҽеира иадҳәалоу аусқәа рҿы. Ахынраалара ааурԥшуазар, насгьы егьырҭ рыцхраара уазхиазар, Иегова анаҩсгьы амаҵзураҿы ихы уаирхәалоит. (Уаԥхьа Аԥсалом 109:3 [110:3, АдҾ]; Аус. 6:1—3.) Апостол Павел Тимофеи ааԥхьара ииҭеит амиссионертә маҵзурахьы диццарц, избанзар «аишьцәа уи иӡбахә бзианы ирҳәон» (Аус. 16:1—5).

15. Ишԥалхтәу уаамҭа зегь амаҵзура азкра иуцхраауа азанааҭ?

15 Ишаԥу еиԥш заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа амаҵзуҩцәа рхала рхы ныҟәыргалароуп (Аус. 18:2, 3). Алшара умазар, пионерс амаҵ аура иуцхраауа занааҭк уоурц азы аамҭа маҷны изго ҵарак уахысыр улшоит. Уахьынхо аҭыԥ аҿы амаҵ зуа араионтә хылаԥшҩы ма апионерцәа урацәажәар улшоит. Урҭ уразҵаар ауеит пионерс амаҵ ауразы иалухыша аусура. Абиблиаҿы иануп: «Уусқәа Иегова инапы иануҵар, ухықәкқәа наӡоит» (Ажәам. 16:3; 20:18).

16. Ишԥаицхраауеи иқәыԥшу ақьырсиан иаамҭа зегь амаҵзура ианазикуа?

16 Агәра ганы уҟаз: Иегова иҭахуп уара уаԥхьаҟа иузыԥшу насыԥ змоу, «наунагӡатәи аԥсҭазаара» уоурц. (Уаԥхьа 1 Тимофеи иахь 6:18, 19.) Уаамҭа зегь амаҵзура ианазку, уара егьырҭ апионерцәа урыҿцәажәоит, уи доуҳала аизҳара иуцхраауеит. Ақьырсианцәа аӡәырҩы ишырҳәо ала, дара анқәыԥшыз Иегова имаҵ ауразы ирылшо зегь ахьыҟарҵоз, иӷәӷәоу аҭаацәалазаара аԥҵара ирыцхрааит. Аҭаацәара иалалаанӡа пионерс амаҵ зуаз лассы-лассы рхатә ҩызцәеи дареи уи амаҵзура иацырҵоит (Рим. 16:3, 4).

17, 18. Ишԥадҳәалоу ҳхықәкқәа ҳгәы ззыҳәо?

17 Аԥсалом 19:5 (20:4, АдҾ) аҿы Иегова изкны иануп: «Иа, угәы дҭаԥшны, иухәҭоу уанаишьааит, иа угәы иҭо зегьы унаиргӡааит». Убри аҟынтә уԥсҭазаара ззукырц уҭаху уазхәыц. Уазхәыц изакәытә усу Иегова иахьа инаигӡо, насгьы уи аус уацхраар шулшо. Нас иара дзыргәырӷьо ахықәкқәа ықәыргыл.

18 Иегова имаҵ аураҿы иулшо зегь ҟауҵалар, уи агәырӷьара ду узаанагоит, избанзар уи аҩыза аԥсҭазаара Анцәа дҳаранакуеит. Убри аҟынтә Иегова «ила ухы жьжьала, Иаргьы уара угәы ззыҳәо наигӡашт» (Аԥсал. 36:4 [37:4, АдҾ]).

a Уи ашкол Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол ала иԥсахын.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра