Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа
14 Галилеиа напхгаҩыс иҟаз И́род* Иисус иӡбахә иаҳан, 2 имаҵуцәа ус реиҳәеит: «Ари Иоанн Аӡӡаахҩы иоуп. Уи иԥсы ҭалеит, убри азоуп аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы амч зимоу». 3 Иродиа́да лҵыхәала И́род Иоанн зынџьырла* дҿаҳәаны абахҭа дҭеикхьан. Лара И́род иашьа Филипп иԥҳәыс лакәын азы, 4 Иоанн И́род иеиҳәон: «Уара уи ԥҳәысс лгара азин умаӡам». 5 И́род Иоанн дишьыр иҭахын, аха ажәлар дрыцәшәон, избанзар урҭ уи ԥааимбарс дрыԥхьаӡон. 6 И́род имшира аназгәарҭоз, Иродиа́да лыԥҳа асасцәа рзы дкәашон. И́род уи лыкәашашьа даараӡа игәаԥхеит. 7 Убри азы дқәит, иаалҭаххо зегь шлиҭо. 8 Ларгьы, лан ишлыҵалҳәаз еиԥш, ус иалҳәеит: «Иоанн Аӡӡаахҩы ихы асаан ианҵаны исзаага». 9 И́род уи игәамԥхеит, аха асасцәа ишраҳауаз дықәхьан азы, аӡӷаб илҭахыз лзааргарц адҵа ҟаиҵан, 10 Иоанн ихы хырҵәарц азы ауаа абахҭахь ишьҭит. 11 Даргьы Иоанн ихы рыманы иаан, аӡӷаб илырҭеит, аӡӷаб — лан илзылгеит. 12 Ԥыҭрак ашьҭахь Иоанн иҵаҩцәа аԥсы дганы дыржит. Анаҩс ицан, иҟалаз зегь Иисус иарҳәеит. 13 Иисус уи аниаҳа, анышь днақәтәан, аӡәгьы дахьиԥырхагамхоз аҭыԥ ахь дцеит. Аха ажәлар уи анеилыркаа, рықалақьқәа рҟынтә шьапыла ишьҭаланы уахь ицеит.
14 Иисус анышь данақәҵ, ауаа рацәа ибеит. Иара урҭ рыцҳаишьеит, ичмазҩызгьы ихәышәтәит. 15 Ахәлара ианалага, иҵаҩцәа наидгылан, ус иарҳәеит: «Ари аҭыԥ аҿы уаҩ дынхом, аамҭагьы акыр инеихьеит, ажәлар наҟ ишьҭы, ақыҭақәа рахь ицаны, ирфаша аархәарц азы». 16 Аха Иисус иҳәеит: «Иаҭахӡам, ирфаша шәара ирышәҭ». 17 Дара ирҳәеит: «Ҳара хә-чаки ҩ-ԥсыӡки роуп иҳамоу, уаҳа акгьы ҳамаӡам». 18 Иара ус реиҳәеит: «Арахь исзаажәг». 19 Анаҩс ажәлар ашьац илатәарц реиҳәеит. Нас хә-чаки ҩ-ԥсыӡки иган, ажәҩан днаҵаԥшны Анцәа диҳәеит*. Уи ашьҭахь ача ԥҽны иҵаҩцәа ириҭеит, иҵаҩцәа — ауаа ирырҭеит. 20 Зегьы рызхара рфеит. Иаанхаз ача анеизырга, 12 каҵкәыр ҟалеит. 21 Акрызфаз 5 000-ҩык раҟара ахацәа ыҟан, аҳәсеи ахәыҷқәеи аламҵаӡакәа. 22 Уи ашьҭахь аамҭа мгакәа, Иисус иҵаҩцәа анышь иақәтәаны, нырцәҟа ицарц реиҳәеит. Иара ихаҭа ажәлар наскьеигарц даангылеит.
23 Ажәлар анынаскьеига, Анцәа диҳәарц азы ашьха дхалеит. Аҵх кыр ишцахьазгьы, иара уа ихала дыҟан. 24 Уи аамҭазы анышь амшын агәахьы инеихьан. Ус, аԥша цәгьа аашьҭыҵын, ацәқәырԥақәа анышь кыдҟьо ирыманы идәықәлеит. 25 Ашара иалагаанӡа, Иисус аӡы дықәгыланы, иҵаҩцәа рахь иҿынеихеит. 26 Иисус иҵаҩцәа аӡы иқәгыланы иааиуаз ауаҩы игага анырба, ишәан: «Лаԥшҵашәароума?! Иаауа закәызеи?!» — ҳәа иҳәҳәеит. 27 Иисус ус реиҳәеит: «Шәымшәан! Сара соуп». 28 Пиотр иҳәеит: «Уара уакәзар, Исықәиҭу, саргьы аӡы сықәгыланы уара уахь снеиртә иҟаҵа». 29 Иисус иҳәеит: «Уааи!» Пиотргьы анышь дақәҵын, аӡы дықәгыланы, Иисус иахь иҿынеихеит. 30 Аха ацәқәырԥақәа данрыхәаԥш, дшәеит, дӡааҟәрыло даналага, дыҳәҳәаны ҿааиҭит: «Исықәиҭу, сеиқәырха!» 31 Иисус иаразнак Пиотр инапы дамҵасын, иҳәеит: «Иабаҟоу ухаҵара? Сыгәра зумгеи?» 32 Рҩыџьагьы анышь ианақәтәа, аԥша еиқәтәеит. 33 Усҟан анышь иақәтәаз зегь иеихырхәан, ус рҳәеит: «Уара Анцәа Иԥа уакәҵәҟьоуп». 34 Нас нырцәҟа рхы дырхан, геннисаре́ттәи аԥшаҳәаҿы иӡхыҵит.
35 Уи аҭыԥ аҿы инхоз ауаа Иисус данырдыр, дшааз зегьы ирыларҵеит, ауаагьы рчымазцәа зегь рыманы изнеит. 36 Дара иҳәон ма имаҭәа акалҭ иалаиркьысырц. Иалакьысуазгьы зегь бзиахон.