Руфь
1 Аӡбаҩцәа рхаан атәылаҿы амлакра ҟалеит. Хаҵак иԥҳәыси ҩыџьа иԥацәеи иманы, иудеиатәи Вифлеем дықәҵны, Моа́вҟа нхара дцеит. 2 Уи ахаҵа Елимеле́х* ихьӡын, иԥҳәыс Ноеми́нь* лыхьӡын, ҩыџьа иԥацәа Махло́ни* Хилео́ни* рыхьӡын. Дара иудеиатәи Вифлеем иатәыз ефрафаа ракәын. Урҭ Моа́вҟа нхара ииасит.
3 Ԥыҭрак ашьҭахь Ноеми́нь лхаҵа Елимеле́х дыԥсит. Ҩыџьа лыҷкәынцәеи лареи рхала иаанхеит. 4 Аамҭак ашьҭахь дара Моа́в иатәыз аҳәса ааргеит. Аӡәы О́рфа лыхьӡын, егьи — Руфь. Дара уа 10 шықәса раҟара инхон. 5 Нас Махло́ни Хилео́ни ԥсит. Ноеми́нь лхаҵеи лхәыҷқәеи рыда даанхеит. 6 Лхала данаанха, лҭацацәа аашьҭыхны Моа́вынтәи аҩныҟа дхынҳәырц лыӡбеит, избанзар илаҳаит Иегова ижәлар шигәалашәаз, афатәгьы* шриҭаз.
7 Лҭацацәеи лареи иахьынхоз аҭыԥ аанрыжьын, Иудеиаҟа идәықәлеит. 8 Амҩан Ноеми́нь лҭацацәа ус ралҳәеит: «Сыӡӷабцәа, шәанацәа рахь шәхынҳәы. Иааирԥшааит Иегова шәара шәахь гәыбылрала иҭәу абзиабара, иԥсыз шәхацәеи сареи ҳахь уи абзиабара шаашәырԥшуаз еиԥш. 9 Иегова дышәзылԥхааит, дасу шәынасыԥ шәыԥшааит, аҭаацәара ҿыц аҿы аԥсҭазаара бзиа шәоуааит». Нас иаагәыдылкылеит*. Дара рыҽрызнымкылакәа рыбжьы ҭыганы аҵәыуара иалагеит. 10 Дара ирҳәон: «Мап, ҳара быжәлар рахь ҳбыцны ҳцоит». 11 Аха Ноеми́нь илҳәеит: «Шәхынҳәы, сыӡӷабцәа. Баша шәызсыццои? Хаҵа шәзыццар шәылшо уаҳа аԥацәа схылҵраны сыҟоума сара? 12 Шәхынҳәы, сыӡӷабцәа, сара хаҵа ацаразы уажәшьҭа сажәхьеит. Уаха хаҵа сцаны аԥацәа соуеит ҳәа сгәыӷуазаргьы, 13 шәыԥшрызма шәара урҭ ирызҳаанӡа? Шәақәшаҳаҭхарызма урҭ рзы хаҵа шәымцаӡакәа аанхара? Мап, сыӡӷабцәа, шәара саншәызхәыцуа, сыԥсҭазаара еиҳагьы иашахоит, избанзар Иегова арыцҳара сақәиршәеит».
14 Дара еиҭах рыбжьы ҭыганы аҵәыуара иалагеит. Нас О́рфа ланхәа даагәыдылкылан*, дцеит, аха Руфь дымцаӡеит. 15 Ноеми́нь ус лҳәеит: «Иббома, О́рфа лыжәлари лынцәақәеи рахь дхынҳәит. Баргьы бхынҳәы».
16 Руфь илҳәеит: «Бкажьны шьҭахьҟа сгьежьырц бысмыҳәан. Бара бахьцо саргьы сцоит, бара бахьынхало саргьы сынхалоит, бара быжәлар сара сыжәлар ракәхоит, Бынцәагьы Сынцәа иакәхоит. 17 Бара бахьыԥсуа саргьы сыԥсуеит, убра анышәгьы сарҭоит. Сыԥсаанӡа баансыжьуазар, Иегова еиҳа еицәоу сақәиршәааит».
18 Ноеми́нь Руфь ишылымуаз анылба, лыҳәара даҟәыҵит. 19 Нас рҩыџьагьы Вифлеемҟа рымҩа иацырҵеит. Ианнеи, уи ақалақь аҿы инхоз зегьы даараӡа иџьаршьеит. Аҳәса еизҵаауан: «Ари Ноеми́нь лакәҵәҟьоума?» 20 Лара илҳәон: «Уаҳа Ноеми́нь* ҳәа сашәымҳәалан, Мара* ҳәа сашәҳәала, избанзар Зегьзымчу сыԥсҭазаара гәаҟрала ирҭәит*. 21 Арантәи сықәҵны санцоз зегь сыман, аха Иегова снапы ҭарцәны сааишьҭит. Ноеми́нь ҳәа зсашәҳәои, Иегова саанижьзар, Зегьзымчу агәаҟра сақәиршәазар?»
22 Убасала Ноеми́нь Моа́в иатәыз лҭаца Руфь длыманы Моа́вынтәи дхынҳәит. Урҭ Вифлеемҟа ихынҳәит ауаа ачаԥшь аҭагалара ианалагоз.