Руфь
2 Ноеми́нь лхаҵа Елимеле́х иганахьала амал ду змаз ҭынхак длыман. Уи Боа́з ихьӡын.
2 Моа́в иатәыз Руфь Ноеми́нь ус лалҳәеит: «Мап бымкуазар, ачаԥшь аизгара азин ахьсырҭо амхахьы сцоит». Ноеми́нь ус лҳәеит: «Бца, сыӡӷаб». 3 Руфь дцан, аҽаҩра ҭазгалоз ирцәынхаз ачаԥшь аизгара далагеит. Машәыршәа лара Елимеле́х иҭынха Боа́з имхахьы днанагеит. 4 Уи аамҭазы Боа́з Вифлеемынтәи дааит. Иара аҽаҩра ҭазгалоз днарыдгылан: «Иегова дшәыцзааит», — иҳәан, аԥсшәа реиҳәеит. — «Иегова дузылԥхааит», — рҳәеит даргьы.
5 Боа́з аусуцәа ирхагылаз ус диазҵааит: «Дызтәыда ари аҭыԥҳа?» 6 Иара иҳәеит: «Ари аҭыԥҳа Моа́в датәуп, Ноеми́нь длыцны Моа́вынтәи дааит. 7 Лара дсыҳәеит: „Идырхыз ачаԥшь* аҟынтә иаанхаз аизгара азин сыҭ“. Лара шьыжьы аахыс лшьапы дықәгылоуп, абыржәоуп маҷк лыԥсы лшьарц азы ахыҵакырҭа даныҵатәа».
8 Боа́з Руфь ус леиҳәеит: «Бысзыӡырҩы, сыӡӷаб. Ачаԥшь сыҟәшәоит ҳәа даҽа мхык ахь бымцан, ара быҟаз. Сымхаҿы аус зуа аҳәса рышьҭа бхыз. 9 Дара ахьцо амхахьы брыцны бцала. Сусуцәа бԥырхагамхарц расҳәеит. Аӡба бакыр, сусуцәа идырҭәуа аԥҳалқәа рҟынтә аӡы ыжәла».
10 Руфь дшьамхышгыланы диеихырхәан, ус иалҳәеит: «Уразра сызлаԥсахазеи, сара атәымуаҩ хьаас сзукзеи?» 11 Боа́з иҳәеит: «Бхаҵа данԥсы, банхәа лзы иҟабҵаз зегь сзеиҭарҳәеит, бани баби ааныжьны, быԥсадгьыл ааныжьны, ибзымдыруаз ажәлар рахь бшааз. 12 Иҟабҵаз азы Иегова дыбзылԥхааит, ахыхьчаразы зымҵәыжәҩақәа быҽрыҵабкыз израильаа Рынцәа Иегова аҳамҭа ду биҭааит». 13 Лара илҳәеит: «Ухаҵкы, анаҩсгьы уразра сыгумыжьын. Уара умаҵуҩы лгәы урҭынчит, умаҵуцәа сышреиуамгьы, сгәы ҟауҵеит».
14 Шьыбжьон акрыфара ҳәа иантәа, Боа́з ус леиҳәеит: «Бааи арахь, акы бнацҳа, бча абжьеи иларчачаны иф». Ларгьы днеин, аусуцәа днарыдтәалеит. Иара иӡны́ иҟаз арыцқәа лиҭеит. Руфь лызхара лфеит, иҵегь аанхеит. 15 Ачаԥшь еизылгарц азы дангыла, Боа́з иусуцәа ус реиҳәеит: «Ачаԥшь ахьдырххьоугьы* еизылгалааит, лгәы ншәмырхан. 16 Аҿаҳәарақәагьы ирхыхны иааншәыжьла, шәылԥырхагамхан, еизылгалааит».
17 Убасала Руфь амра ҭашәаанӡа ачаԥшь еизылгон. Нас еизылгаз лҭәаҭәан*, е́фак* аҟара ачаԥшь ҟалеит. 18 Лара еизылгаз ақалақь ахь иаалгеит. Ноеми́ньгьы илбеит Руфь шаҟа еизылгаз. Руфь шьыбжьон илфоз аҟынтә иаанхаз иӡны́ иҟаз арыцқәагьы ланхәа илзаалгеит.
19 Ланхәа ус длазҵааит: «Иабеизыбгоз иахьа ачаԥшь? Аус абабуаз? Анцәа диныҳәааит абриаҟара абзиара бзыҟазҵаз ауаҩы». Руфь ланхәа зыҟны аус луаз дызусҭаз лалҳәеит. «Уи ауаҩ Боа́з ихьӡуп», — лҳәеит лара. 20 Ноеми́нь ус лҳәеит: «Зыԥсы ҭоуи иԥсхьоуи рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара аазырԥшуа Иегова уи ауаҩ дизылԥхааит». Нас иацылҵеит: «Уи ахаҵа ҳара дҳауоуп, иара ҳҿихыр илшоит». 21 Моа́в иатәыз Руфь ус лҳәеит: «Иара иҵегь ус сеиҳәеит: „Сусуцәа аҽаҩра зегь ҭаргалаанӡа рышьҭа бхыз“». 22 Ноеми́нь лҭаца Руфь ус лалҳәеит: «Уи бзиами, сыӡӷаб. Имхаҿы аус зуа аҳәса брыцзар еиҳа еиӷьуп, даҽа мхык аҿы бгәы ндырхар аасҭа».
23 Ачаԥшьгьы ачарыцгьы ҭаргалаанӡа, лара Боа́з иусуцәа рышьҭа дхыланы ирцәынхоз лыҟәшәон. Руфь ланхәа даанмыжьӡакәа длыцынхон.