Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа
11 Иисус 12-ҩык иҵаҩцәа иҟарҵалаша-ирулаша анреиҳәа, егьырҭ ақалақьқәа рахь ддәықәлеит, ауаа Анцәа иажәа дирҵаларц, насгьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәаларц азы.
2 Абахҭа иҭакыз Иоанн Христос иҟаиҵаз атәы аниаҳа, иҵаҩцәа ишьҭит, 3 иазҵаарц: «Уара уоума иаараны иҟаз, мамзаргьы даҽаӡә даараны дыҟоу?» 4 Иисус урҭ ус реиҳәеит: «Шәцаны, ижәбаз-ишәаҳаз Иоанн иашәҳәа: 5 илашәыз ирбоит, ицыркьуаз ныҟәоит, ацәеилабаара змаз бзиахоит, идагәаз ираҳауеит, иԥсыз рыԥсы ҭалоит, иӷаругьы ажәабжь бзиа раҳауеит. 6 Насыԥ имоуп сара исыхҟьаны зхаҵара зцәымӡуа ауаҩы*».
7 Иоанн иҵаҩцәа анца, Иисус ажәлар Иоанн иӡбахә рзеиҭаҳәара далагеит. Иара иҳәеит: «Шәызцеи ацәҳәырахь? Ижәбарц ишәҭахызи? Аԥша иарҵысуа акалам акәызма шәызхәаԥшуаз? 8 Нас, ижәбарц ишәҭахыдаз? Амаҭәа бзиа зшәу ауаҩ иоума ижәбарц ишәҭахыз? Аҳҭынраҿы акәӡами амаҭәа бзиа зшәу ахьынхо? 9 Нас, шәызцеи уахь? Аԥааимбар дыжәбарц азоума? Ааи, уи дԥааимбаруп, аԥааимбар иаасҭагьы деиҳауп. 10 Иара иоуп изызку Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: „Сара уара уаԥхьа ажәабжьҳәаҩ дсышьҭуеит. Иара амҩа узааиртуеит“. 11 Аиаша шәасҳәоит: адгьыл аҿы инхоз ауаа рыбжьара Иоанн Аӡӡаахҩы иаасҭа еиҳау дыҟамызт, аха жәҩантәи Аҳраҿы зегь иреиҵоу иара диеиҳауп. 12 Иоанн Аӡӡаахҩы имаҵзура даналага инаркны иахьа уажәраанӡа ауаа жәҩантәи Аҳра иашьҭоуп. Зхы иамеигӡакәа уи иашьҭоу ироуеит. 13 Избанзар Иоанн даанӡагьы аԥааимбарцәеи Моисеи изакәани иҟалараны иҟаз рҳәон. 14 Аиаша шәҭахызар, уи „иаараны иҟоу Илиа“ иоуп. 15 Алымҳақәа змоу дӡырҩлааит.
16 Изыҿсырԥшрыда ари абиԥара? Урҭ аџьармыкьаҿы итәаны ихәмаруа ахәыҷқәа иреиԥшуп. Дара егьырҭ ахәыҷқәа ирықәҿыҭны, 17 абас рҳәоит: „Ҳара аҿарпын шәзаҳарҳәон, аха шәара шәкәашаӡомызт. Ҳара ҳқьызқьызуа ҳҵәыуон, аха шәара шәҳацҵәыуаӡомызт“. 18 Убас еиԥш, Иоанн ифом-ижәуам, аха ауаа адемон дихоуп рҳәоит. 19 Ауаҩытәыҩса Иԥа акрагьифоит, акрагьижәуеит, аха ауаа аԥсыцәгьеи аҩыжәҩи ҳәа изырҳәоит, ашәахтә еизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи рҩыза иоуп ҳәа рҳәоит. Аха ауаҩы дышҟәыӷоу иус бзиақәа роуп иаазырԥшуа».
20 Анаҩс Иисус иџьашьахәқәа реиҳарак ахьыҟаиҵаз ақалақьқәа дрықәыӡбо далагеит, избанзар уа инхоз ауаа рыгәнаҳақәа ирхьымхәӡеит. 21 Иара иҳәеит: «Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Хорази́н! Изакә рыцҳароузеи иузыԥшу, ақалақь Вифсаи́да! Шәара ижәбаз аус џьашьахәқәа Ти́ри Сидо́ни ирбазҭгьы, аџьабарамаҭәа рышәҵаны, ахәа илатәаны, рыгәнаҳақәа ирыхьхәхьазаарын. 22 Сара ишәасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Ти́ри Сидо́ни еиҳа ирзымариахоит, шәара шәаасҭа. 23 Уаргьы, Капернау́м, ажәҩан аҟынӡа унаӡоит ҳәа угәыӷуама? Анышә* ахь ауп уахьцо. Уара иубаз аус џьашьахәқәа Содом иабазҭгьы, уи иахьа уажәраанӡагьы иҟазаарын. 24 Сара иуасҳәоит: Аӡбара амш аҽны Содом еиҳа иазымариахоит, уара уаасҭа».
25 Анаҩс Иисус иҳәеит: «Дгьыли-жәҩани знапаҿы иҟоу Саб, зегьы рҿаԥхьа уҳараскуеит, избанзар уара абарҭ аҵабыргқәа аҵара змоу, иҟәышу ауаа ирцәуҵәахит, аха ахәыҷқәа ирзаауртит! 26 Ааи, Саб, уара ус иуҭаххеит. 27 Саб зегьы снапы ианиҵеит. Аԥа ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аб ида, Абгьы ибзианы дыздыруа аӡәгьы дыҟам Аԥа ида, насгьы Аԥа Иаб иӡбахә ззеиҭеиҳәар иҭаху рыда. 28 Шәааи сара сахь икараханы иҟоу, аидара хьанҭа иаҵоу, сара шәымч ҭасҵоит. 29 Шәаҵал сара суӷә, сара шәысҿыԥшла, избанзар сара сҟәымшәышәуп, аԥагьара сылам*, шәымч шҭалогьы жәбап. 30 Избанзар суӷә маншәалоуп, сеидарагьы ласуп».