Иона
3 Иегова еиҭах Ио́на иеиҳәеит: 2 «Уца ақалақь ду Нине́виаҟа, иуасҳәогьы рылаҳәа».
3 Ио́на Иегова дизыӡырҩын, Нине́виаҟа дцеит. Нине́виа даараӡа идууз қалақьын. Уи алсразы хымш аҭахын. 4 Ио́на ақалақь далаланы, шьыжьы инаркны хәлаанӡа абас рылеиҳәон: «40 мшы рышьҭахь Нине́виа ықәгахоит!»
5 Нине́виа инхоз Анцәа игәра ргеит. Дара ақалақь аҿы зегьы ачгара иҵаларц рыларҳәеит. Усҟан ауаа зегьы — ауаа дуқәагьы анхацәагьы — аџьабарамаҭәа ршәырҵеит. 6 Ио́на ииҳәоз ажәабжь ниневиатәи аҳ иҟынӡа ианнеи, иара аҳ итәарҭа аҟынтә дгылан, аҳцәа рымаҭәа ишәихын, аџьабарамаҭәа ишәҵаны, ахәа дылатәеит. 7 Иара убас иара Нине́виа инхоз зегьы абас рыларҳәарц адҵа ҟаиҵеит:
«Абар аҳ ицхырааҩцәеи иареи ирҳәо: ауаагьы аԥстәқәагьы — ашьамаҟагьы аԥсасагьы — афатә иаламкьысроуп. Аӡәгьы ҿаҵакгьы имфароуп, ҿамҩакгьы имжәыроуп. 8 Ауаа аџьабарамаҭәа ршәырҵааит, аԥстәқәагьы ирықәдыршәааит, зегь ӷьаҵәыӷьаҵәуа Анцәа иҳәалааит, рус цәгьақәа аанрыжьааит, ауаа рыргәаҟрагьы иаҟәыҵааит. 9 Издыруада Анцәа ду иӡбара иԥсахыр, игәыԥжәарагьы ааникылар, ҳҭамхарц азы».
10 Анцәа ду ари зегь аниба, ианиба рус цәгьақәа шаанрыжьыз, иӡбара иԥсахит, зыӡбахә иҳәоз арыцҳарагьы иақәимыршәаӡеит.