1 Коринфаа рахь
2 Сашьцәа, сара Анцәа имаӡа ԥшьа шәзеиҭасҳәарц азы саншәызнеи, ажәа ҟәазқәа рыла ма сҟәышра ала шәсыршанхарц сашьҭамызт. 2 Сара исыӡбеит Иисус Христос иӡбахәи уи ашьаҟа дкыдҵаны дшыршьыз атәи ада уаҳа акгьы шәасымҳәаларц. 3 Шәара шәахь саннеи, сара сыӷәӷәамызт, сшәаԥырҳаԥуа сыҟан, сгәы ҭыԥсаауан. 4 Анцәа иажәа анышәзеиҭасҳәоз, ауаа ҟәышқәа рхы иадырхәо ажәа ҟәазқәа сҳәаӡомызт, сажәақәа ирныԥшуаз Анцәа идоуҳамч акәын. 5 Ус зыҟасҵоз, ауаа рҟәышра акәымкәа, Анцәа имч агәра жәгаларц азоуп.
6 Ҳара аҟәышра аӡбахә доуҳала ишәхьоу ираҳҳәоит, аха зыӡбахә ҳҳәо ари адунеи* аҟәышра акәӡам, иқәӡаараны иҟоу анапхгаҩцәа рҟәышрагьы акәӡам. 7 Ҳара зыӡбахә ҳҳәо Анцәа иҟәыӷара ауп — иҵәаху аҟәыӷара. Уи аҟәыӷара иԥшьоу амаӡаҿы иааԥшит. Анцәа уи аханатә аахыс* игәы иҭеикит, ҳара ахьӡ-аԥша ҳаурц азы. 8 Ари адунеи* анапхгаҩцәа рҟынтә уи аҟәыӷара аӡәгьы изеилымкааӡеит. Еилыркаазҭгьы, хьӡи-ԥшеи змоу Иҳақәиҭу ашьаҟа дкыдҵаны дыршьрымызт. 9 Аҩыраҿы иануп: «Анцәа бзиа иибо рзы ирхианы имоу ала иамбацт, алымҳа иамаҳацт, уаҩ ихаҿгьы имааицт». 10 Анцәа идоуҳала ҳара уи ҳзааиртит, избанзар уи адоуҳа зегь аанартуеит, Анцәа иҟәыӷара ҵауларас иамоугьы.
11 Ауаҩы иихәыцуа здыруа ӡәыр дыҟоума? Иара ида уи аӡәгьы издырӡом. Убас еиԥш Анцәа иихәыцуагьы аӡәгьы издырӡом, иԥшьоу адоуҳа иззаанартуа ида. 12 Ҳара иҳауз ари адунеи адоуҳа акәӡам, Анцәа идоуҳа ауп, агәыҭбаара аарԥшны иҳаиҭаз ҳдыруазарц азы. 13 Уи атәы анаҳҳәо, ҳара ҳхы иаҳархәо ауаа ҟәышқәа иаҳдырҵаз ажәақәа ракәӡам, иԥшьоу адоуҳа иаҳнарҵаз ауп. Адоуҳатә зҵаарақәа ҳанрылацәажәо, иԥшьоу адоуҳа иаҳнарҵаз ажәақәа роуп ҳхы иаҳархәо.
14 Аха згәаҳәарақәа ирышьҭоу ауаҩы Анцәа идоуҳа иаҳәо изеилкааӡом, иагьидикылаӡом, избанзар иара изы уи гаӡароуп. Ауаҩы уи еиликаарц азы Анцәа идоуҳа имазароуп. 15 Иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ҟазҵо ауаҩы зегь еиликаартә дыҟоуп, аха иԥшьоу адоуҳа иаҳәо ҟазымҵо иара дырзеилкааӡом, иқәыӡбарагьы рылшаӡом. 16 «Иегова* ихшыҩ еилызкаахьада? Ӡәыр илшома уи ак иҵаҳәара?» Ҳара ҳакәзар, Христос ихәыцшьа ҳамоуп.