Ақәҵра
21 Абар уара урҭ ирылоуҳәар ухәҭоу азакәанқәа:
2 Аӡәы иауриоу маҵуҩык дааихәар, уи амаҵуҩы фышықәса иԥшәма имаҵ иулоит, абыжьбатәи ашықәс азы ихы дақәиҭхоит, аха ахақәиҭра ахьиоуа ахә ахишәаар акәӡам. 3 Данаауаз ихала даазар, данцогьы ихала дцоит. Аԥҳәыс димазар, данцо иԥҳәысгьы диццоит. 4 Аԥҳәыс дизҭаз иԥшәма иакәзар, насгьы лара аԥацәа ма аԥҳацәа лхылҵзар, иԥҳәысгьы ихәыҷқәагьы иԥшәма итәызаауеит, иара ихала дцоит. 5 Аха амаҵуҩы „сара сыԥшәмеи, сыԥҳәыси, сыҷкәынцәеи бзиа избоит, ахақәиҭра соургьы сҭахӡам“ ҳәа иҳәар, 6 иԥшәма уи Анцәа ду иҿаԥхьа диргылароуп, анаҩс ашә ма ашәваз ахь днаганы, илымҳа аӡаӡ ала икылиҵәароуп. Усҟан иара иԥсы ахьынӡаҭоу иԥшәма маҵуҩыс димазаауеит.
7 Аӡәы иԥҳа маҵуҩыс диҭиир, лара ахацәа-амаҵуҩцәа ахақәиҭра шроуа еиԥш ахақәиҭра лоуӡом. 8 Аха даазхәаз аԥшәма дигәамԥхар, насгьы ԥҳәысс дахьигаз дахьхәны, диҭиирц иӡбар, даҽа милаҭк иатәу ауаҩы дизиҭиир ҟалаӡом, избанзар ииашаӡамкәа длызныҟәеит. 9 Иҷкәын дииҭарц иҭаххар, аԥҳа илымоу азинқәа лиҭароуп. 10 Даҽа ԥҳәыск дигар, раԥхьатәи иԥҳәыс фатәыдеи, маҭәадеи, хаҵеи-ԥҳәыси ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи рыда даанижьыр ҟалаӡом. 11 Абарҭ зегь лимҭар, лара лхы дақәиҭуп, акгьы мшәаӡакәа дцар лылшоит.
12 Аӡәы даҽаӡәы дисны дишьыр, ашьра ҟазҵаз дышьтәуп. 13 Аха уи машәырла ихьзар, насгьы Анцәа ду ус ҟалартә алиршазар, сара уи иҽахьиҵәахша исырбоит. 14 Аӡәы изааигәоу ӷәӷәала дахьизгәааз азы игәы иҭакны дишьыр, уара уи душьыроуп, схы сыхьчоит ҳәа скәырбаннагарҭахь днеиргьы. 15 Зан лахь ма заб иахь знапы шьҭызхыз дышьтәуп.
16 Аӡәы ауаҩы дӷьычны диҭиир, ма дӷьычны диҵәахыр, дышьтәуп.
17 Зан ма заб дызшәиуа дышьтәуп.
18 Ҩыџьа ажәа анеимаркуа аӡәы хаҳәла ма ҭаҷкәымла* даҽаӡәы дисыр, аха уи дымԥсӡакәа аиарҭа дылахар, 19 насгьы дгыланы алаба ааиҵшьуа, аҩны дыздәылҵуа дҟалар, исыз ахара идлаӡом. Аха иара дзысыз дыбзиахаанӡа, аусура далагаанӡа, дныҟәигалароуп.
20 Ауаҩы лабала имаҵуҩы дисны, ма имаҵуҩԥҳәыс длысны дишьыр, усҟан урҭ ршьа утәуп. 21 Аха амаҵуҩы ма амаҵуҩԥҳәыс данырыпҟа ашьҭахь мышкы ма ҩымш днеир, ршьа аура аҭахӡам, избанзар дара иара итәуп.
22 Ахацәа анеисуа зцәазтәымкәа иҟоу аԥҳәыс илысыр, ларгьы лаамҭа ааиаанӡа ахшара длоур, аха аӡәгьы дымԥсыр*, ахара зду ауаҩы уи аԥҳәыс лхаҵа иқәиҵо аӡбаҩцәа рыла ишәароуп. 23 Аха руаӡәк дыԥсыр, аԥсҭазаара иахшәаатәуп аԥсҭазаара*. 24 Абла иахшәаатәуп абла, ахаԥыц — ахаԥыц, анапы — анапы, ашьапы — ашьапы, 25 аблыра — аблыра, ахәра — ахәра, ашәыта — ашәыта.
26 Ауаҩы имаҵуҩы ила дҭасны, ма имаҵуҩԥҳәыс лыла дҭасны иҭихыр, рыла ахьҭихыз азы рхы иақәиҭитәыр ауп. 27 Имаҵуҩы дисны, ма имаҵуҩԥҳәыс длысны, рхаԥыц ыҵижәар, рхаԥыц ахьыҵижәаз азы рхы иақәиҭитәроуп.
28 Ацә ахаҵа ма аԥҳәыс дашьыр, уи ахаҳә иарганы ишьтәуп, акәацгьы уфар ҟалаӡом. Ацә зтәу дахьырхәтәӡам. 29 Аха ацә кшозҭгьы, уи зтәу игәиҽанырҵахьазҭгьы, аха иара дахьахыламԥшуаз азы хаҵак ма ԥҳәыск дашьызар, ацә ахаҳә иарганы ишьтәуп, аԥшәмагьы дышьтәуп. 30 Аха ахә ахшәаара иқәдыршәар, усҟан иԥсҭазаара ҿихырц азы ирҳәаз ахә ахишәаароуп. 31 Ацә иашьыз аҷкәын иакәзаргьы, аӡӷаб лакәзаргьы, ацә зтәу ари азакәан инақәыршәаны изныҟәатәуп. 32 Ацә аӡәы имаҵуҩы ма имаҵуҩԥҳәыс дашьыр, ацә зтәу 30 ше́кель* араӡны урҭ амаҵуцәа рыԥшәма изишәароуп. Ацә акәзар, ахаҳә иарганы ишьтәуп.
33 Ауаҩы ажра аартны иаанижьыр, мамзаргьы ажра жны ихымҩаӡакәа дцар, насгьы уахь ацә ма аҽада ҭаҳар, 34 ажра зтәу иақәнагоу ахә ишәароуп. Иара аԥстәы зтәу уи ахә ииҭароуп, иԥсыз аԥстәы иара изынхоит. 35 Аӡәы ицә даҽаӡәы ицә ашьыр, урҭ ацәқәа зтәу зыԥсы ҭоу ацә ҭины, иаҭнырхыз аԥара еиҩыршароуп, иԥсыз ацәгьы еиҩыршароуп. 36 Ацә шыкшоз зегьы ирдыруазҭгьы, аха ацә зтәыз уи дахыламԥшуазҭгьы, иара ацә азы ацә иҭаны, иақәнагоу ахә ишәароуп, иԥсыз ацә иара изынхоит.