Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
4 Афарисеицәа ираҳаит Иисус Иоанн иаасҭа аҵаҩцәа имоуп ҳәа, Иоанн иаасҭагьы еиҳаны ауаа аӡы иӡааихуеит ҳәа, 2 иӡаазхуаз Иисус ихаҭа шиакәмызгьы, уи ҟазҵоз иҵаҩцәа ракәын. 3 Иҳақәиҭу уи аниаҳа, Иудеиа далҵын, еиҭа Галилеиаҟа дцеит. 4 Иара Сама́риа ала дцар акәын. 5 Ус иара самариатәи ақалақь Сиха́рьҟа днеит. Уи Иаков иҷкәын Иосиф ииҭаз адгьыл иазааигәан. 6 Уа Иаков иҵеџь ыҟан. Амҩа иаркараз Иисус аҵеџь азааигәара днатәеит. Шьыбжьонын*.
7 Уахь аӡы лтарц самариатәи ԥҳәыск днеит. Иисус уи ус леиҳәеит: «Аӡы сыржә». 8 (Иҵаҩцәа ицӡамызт. Дара фатәык аархәарц ақалақь ахь ицеит.) 9 Самариатәи уи аԥҳәыс ус диазҵааит: «Уара уауриаӡами? Сара, Сама́риа иатәу аԥҳәыс, аӡы сыржә ҳәа зласоуҳәеи?» (Ауриацәа самариаа ирацәажәаӡомызт.) 10 Иисус иҳәеит: «Анцәа ауаа ҳамҭас ириҭо бдыруазҭгьы, „аӡы сыржә“ ҳәа базҳәо дызусҭоугьы бдыруазҭгьы, бхаҭа аӡы биҭарц биҳәарын, иаргьы зыԥсы ҭоу аӡы биҭарын». 11 Лара ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, уара аӡы злоуташагьы умаӡам, арахь аҵеџь ҵаулоуп, иузҭеи зыԥсы ҭоу уи аӡы? 12 Ари аҵеџь ҳазҭаз ҳабацәа раб Иаков иоуп. Уи аҵеџь аҟынтә ихаҭагьы, ихәыҷқәагьы, ирахәгьы аӡы ржәуан. Нас, уара Иаков иаасҭа уеиҳаума?» 13 Иисус ус леиҳәеит: «Ари аӡы зжәуа еиҭа аӡба дакуеит. 14 Аха сара исҭо аӡы зжәуа уаҳа ахаангьы аӡба дакӡом. Сара исҭо аӡы иҩныҵҟа ахьхьаҳәа иаауа наӡаӡатәи аԥсҭазаара узҭо аӡы ахьыҵыҵуа ӡыхьхоит». 15 Аԥҳәыс ус лҳәеит: «Ухаҵкы, исыҭ убри аӡы, уаҳа аӡба самкырц азы, аӡаагарагьы арахь смааларц азы».
16 Иара ус леиҳәеит: «Бцаны, бхаҵа дбыманы баа». 17 Аԥҳәыс илҳәеит: «Сара ахаҵа дсымаӡам». Иисус ус леиҳәеит: «Аиаша бҳәеит, ахаҵа дбымаӡам. 18 Бара хәынтә хаҵа бцахьан, уажәы ибымоугьы бхаҵа иакәӡам. Уа аиаша бҳәеит». 19 Аԥҳәыс ус иалҳәеит: «Ухаҵкы, излазбо ала, уара уԥааимбаруп. 20 Ҳабацәеи ҳабдуцәеи Анцәа абри ашьхаҿы имҵахырхәон, аха шәара ишәҳәоит Анцәа иахьимҵахырхәалатәу Иерусалим ауп ҳәа». 21 «Аԥҳәыс, аиаша басҳәоит, — иҳәеит Иисус, — иааиуеит аамҭа шәара Анцәа ари ашьхаҿгьы, Иерусалимгьы шәанимҵамхырхәало. 22 Шәара шәзымҵахырхәо ишәзымдыруа ауп, ҳара ҳзымҵахырхәо иаҳдыруа ауп, избанзар аиқәырхара злалаго ауриацәа рыла ауп. 23 Аха иааиуеит аамҭа, уи иагьааихьеит, Анцәа* ииашаны имҵахырхәо доуҳалеи ҵабырглеи ианимҵахырхәало, избанзар иара дзышьҭоу убас имҵахырхәо роуп. 24 Анцәа ддоуҳауп, убри аҟынтә иара имҵахырхәо доуҳалеи ҵабырглеи имҵахырхәалароуп». 25 Аԥҳәыс ус иалҳәеит: «Сара издыруеит Христос ҳәа изышьҭоу Месси́а даараны дшыҟоу. Уи данаалак, зегь ҳзеиҭеиҳәоит». 26 Иисус ус леиҳәеит: «Уи сара соуп, абыржәы ибацәажәо».
27 Убри аамҭазы иҵаҩцәа ааит. Дара Иисус аԥҳәыс дахьлацәажәоз џьаршьеит, аха «иуҭахуи?» ма «узлацәажәои?» ҳәа аӡәгьы дымҵааӡеит. 28 Аԥҳәыс лыԥҳал ааныжьны ақалақь ахь дцан, ауаа ус ралҳәеит: 29 «Шәаала. Иҟасҵахьаз зегь сазҳәаз дыжәбап. Уи Христос иакәымхари?» 30 Даргьы ақалақь иалҵын, Иисус иахь ицеит.
31 Уи аамҭазы аҵаҩцәа Иисус иҳәон: «Арҵаҩы*, акрыф». 32 Аха иара иҳәеит: «Сара исымоу афатә шәара ишәыздырӡом». 33 Усҟан аҵаҩцәа ус еибырҳәо иалагеит: «Иифаша ӡәыр изааигазма?» 34 Иисус ус реиҳәеит: «Сара фатәыс исымоу саазышьҭыз ииҭаху аҟаҵареи исыдиҵаз аус ахыркәшареи ауп. 35 Аҭагалара аҟынӡа ԥшьымз нхеит ҳәа шәымҳәаӡои? Сара ишәасҳәоит: шәхы шьҭыхны амхқәа шәырҭаԥшы, аҽаҩра ҟалахьеит*, аҭагалара иазхиоуп. 36 Аҭагалаҩ ихә изыршәахьеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаара азгьы аҽаҩра аҭагалара даҿуп, убри аҟынтә алаҵаҩгьы аҭагалаҩгьы еицгәырӷьоит. 37 Ирҳәо иашоуп: „Аӡәы илеиҵоит, егьи иҭеигалоит“. 38 Сара илашәымҵаз аҭагалара шәсышьҭит. Илазҵоз даҽа шьоук роуп, шәара урҭ рџьабаа иаанагаз алҵшәа шәалахәхеит».
39 Уи ақалақь аҿы имаҷҩымкәа самариаа Иисус дхарҵеит, избанзар ираҳаит аԥҳәыс ишылҳәоз: «Иара иҟасҵахьаз зегь сеиҳәеит». 40 Убри аҟынтә самариаа иара иахь иаан, дара рҿы даангыларц иҳәеит. Иаргьы уа ҩымш дыҟан. 41 Иисус ииҳәоз анраҳа, дхазҵаз иҵегь еиҳахеит. 42 Дара уи аԥҳәыс ус ларҳәеит: «Уажәшьҭа дызхаҳҵо бара иӡбахә ахьҳабҳәаз азы акәӡам. Ҳара ҳхаҭа ииҳәо ҳлымҳақәа рыла иҳаҳаит. Уажәшьҭа иаҳдыруеит ари ауаҩ адунеи еиқәзырхо шиакәҵәҟьоу».
43 Ҩымш рышьҭахь иара уантәи Галилеиаҟа дцеит, 44 аԥааимбар итәылаҿы ҳаҭыр иқәырҵаӡом ҳәа ихаҭа ишиҳәозгьы. 45 Галилеиаҟа даннеи, галилеиаа гәырӷьаҵәа дрыдыркылеит, избанзар даргьы аныҳәа азгәарҭарц Иерусалим ианыҟаз, иҟаиҵаз зегь рбеит.
46 Иисус аӡы аҩы ахьалихыз галилеиатәи Ка́наҟа еиҭа дцеит. Капернау́м дынхон аҳ иҿы аус зуаз чынуаҩык. Уи иҷкәын дычмазаҩны дышьҭан. 47 Иара Иисус Иудеиантәи Галилеиаҟа дшыхынҳәыз аниаҳа, Иисус дахьыҟаз даан, диццарц иҳәара далагеит, аԥсра иаҿыз иҷкәын дихәышәтәырц азы. 48 Аха Иисус уи ус иеиҳәеит: «Аџьашьахәқәеи адыргақәеи жәбаанӡа агәра жәгараны шәыҟаӡам». 49 Аҳ ичынуаҩ ус иҳәеит: «Иҳақәиҭу, усыцаала, сыҷкәын дыԥсаанӡа уихьӡа». 50 Иисус иҳәеит: «Аҩныҟа уца, уҷкәын дыбзиахеит». Иаргьы Иисус игәра иган, дцеит. 51 Амҩан имаҵуцәа иԥылан, иҷкәын дшеиӷьхаз* иарҳәеит. 52 Уи шаҟа рзы иҟалеи ҳәа данразҵаа, дара ус рҳәеит: «Иацы асааҭ акы шыҟаз* ишоура тәеит». 53 Аб еиликааит Иисус уҷкәын дыбзиахеит ҳәа аниеиҳәаз асааҭ азы шакәыз уи аныҟалаз. Убас иҩнаҭа иатәызгьы иаргьы Иисус дхарҵеит. 54 Уи Иисус Иудеиантәи Галилеиаҟа данаа иҟаиҵаз аҩбатәи аџьашьахәы акәын.