Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
5 Ҽнак зны Иисус Геннисаре́ттәи аӡиа ахықәан ауаа Анцәа иажәа дирҵон. Изыӡырҩырц иааз ауаа икәшаны игылан, шьапыргыларҭа ыҟамызт. 2 Иисус аҟәараҿы ҩ-нышьк ибеит. Аԥсыӡкыҩцәа рнышьқәа ирықәҵны, рыкаҭақәа рыӡәӡәара иаҿын. 3 Иисус Си́мон инышь днақәтәан, аҟәара аҟынтә маҷк днаскьарц диҳәеит. Нас днатәан, анышь аҟынтәи ауаа Анцәа иажәа дырҵара далагеит. 4 Даналга, Си́мон ус иеиҳәеит: «Аӡиа агәахьы унаскьа, убра акаҭа ҭашәыжь». 5 Аха Си́мон иҳәеит: «Арҵаҩы, ҳара иахантәарак ҳхын, аха акымзарак ҳзымкит. Аха уара иуҳәазар, иҭасыжьып». 6 Акаҭақәа анҭарыжь, аԥсыӡ рацәаны иркит, рыкаҭақәагьы рызҭымго, аԥыжәжәара иалагеит. 7 Усҟан рнапы ҟьаны, егьи анышь иақәтәаз рҩызцәа ацхыраара шырҭахыз ддырбеит. Урҭ анааи, аҩнышькгьы ӡааҟәрыло аҟынӡа ԥсыӡла идырҭәит. 8 Си́мон Пиотр ари аниба, Иисус иҿаԥхьа дшьамхышгыланы иҳәеит: «Сааныжь, Исықәиҭу, сабоуҭаху, сара агәнаҳа иаҵоу уаҩуп». 9 Пиотр ицызгьы иаргьы абриаҟара аԥсыӡ ахьыркыз иаршанханы иҟан, убри азоуп ус зиҳәаз. 10 Убасҵәҟьа ишанханы иҟан Си́мон аԥсыӡ ицызкуаз Зеведе́и иԥацәа Иакови Иоанни. Аха Иисус Си́мон ус иеиҳәеит: «Умшәан, уажәшьҭарнахыс уара ауаа уклоит». 11 Аҟәарахьы ианнеи, дара зегь аанрыжьын, Иисус ишьҭаланы ицеит.
12 Зны Иисус қалақьк аҿы даныҟаз, зхы инаркны зшьапаҟынӡа зцәа еилабааз ауаҩы диқәшәеит. Уи ауаҩ Иисус даниба, иҿаԥхьа дшьамхышгыланы иҳәара далагеит: «Исықәиҭу, иуҭаххар, сухәышәтәыр улшоит». 13 Иисус инапы неиҵыхны уи ахаҵа дилакьысын, иҳәеит: «Исҭахуп! Убзиаха». Ачымазаҩгьы иаразнак дыбзиахеит. 14 Иисус уи ауаҩ иеиҳәеит иҟаиҵаз аӡәгьы иеимҳәарц, иагьнациҵеит: «Уцаны, аԥшьаҩы ухы ирба. Моисеи изакәан ишану еиԥш, уахьыбзиахаз азгьы акәырбан наг, аԥшьаҩцәа ушыбзиахаз рбарц азы». 15 Аха уеизгьы Иисус иӡбахә зегьы ирылаҵәон. Убри аҟынтә ажәлар изыӡырҩырц, насгьы рчымазарақәа рҟынтә ихәышәтәырц азы идеизалон. 16 Иара лассы-лассы аӡәгьы дахьыҟамыз аҭыԥқәа рахь дцон, Анцәа диҳәарц азы.
17 Зны Иисус ҩнык аҿы ауаа Анцәа иажәа дирҵон. Уа иҟан Галилеиеи, Иудеиеи, Иерусалими рҟынтә иааз афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи. Иегова* Иисус амч ииҭон. Уи амч ала иара ауаа ихәышәтәуан. 18 Ус, шьоукы зхы иамыхәоз ахаҵа асакаса данҵаны дааргеит. Дара ачымазаҩ аҩны дыҩнагаланы, Иисус дидырбарц рҭахын. 19 Аха ажәлар ирылсны ианзымнеи, ахыб ахь ихалан, ҭыԥк аҿы еимыхны, асакаса дшаныз дылбаарган, Иисус иҿаԥхьаҵәҟьа дышьҭарҵеит. 20 Иисус урҭ рхаҵара шыӷәӷәаз аниба, ачымазаҩ ус иеиҳәеит: «Угәнаҳақәа уанасыжьуеит». 21 Усҟан азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи ус еибырҳәо иалагеит: «Дызусҭада, уара, ари, Анцәа иҭыԥ аанкылара иашьҭоу? Анцәа ида ауаҩы игәнаҳа ианажьра зылшода?» 22 Иисус урҭ еибырҳәоз идырын, ус дразҵааит: «Ус шәызхәыцуеи? 23 „Угәнаҳақәа уанасыжьуеит“ ҳәа аҳәара еиҳа имариаӡами, „угыланы уца“ ҳәа аҳәара аасҭа? 24 Аха ауаҩытәыҩса Иԥа адгьыл аҿы ауаа рыгәнаҳақәа ранажьра шилшо жәдыруазарц азы...» Нас иара ачымазаҩ иеиҳәеит: «Угыл, усакаса аашьҭыхны, аҩныҟа уца». 25 Иаргьы зегьы ишырбоз дҩагылан, исакаса аашьҭихын, Анцәа дырҽхәо иҩныҟа дцеит. 26 Ажәлар ирбаз иаршанхеит, Анцәа ирҳаракрагьы иалагеит. Дара иџьашьаны ирҳәон: «Ҳара иахьа аџьашьахәы ҳбеит!»
27 Уантәи данца, ашәахтә усҳәарҭаҿы итәаз ашәахтәеизгаҩ Леви дибеит. Иисус уи иеиҳәеит: «Усышьҭаланы уаала». 28 Иаргьы дҩагылан, зегь ааныжьны дишьҭаланы дцеит. 29 Леви Иисус изы ачеиџьыка ду ирхиеит. Асасцәа рыбжьара иҟан имаҷҩымкәа ашәахтәеизгаҩцәагьы. 30 Афарисеицәеи азакәанрҵаҩцәеи уи ргәамԥхан, Иисус иҵаҩцәа ус рарҳәеит: «Ашәахтәеизгаҩцәеи агәнаҳаҟаҵаҩцәеи акрыфо-акрыжәуа шәышԥарыдтәалоу?» 31 Иисус иҳәеит: «Згәы бзиоу ракәӡам аҳақьым дызҭаху, ичмазҩу роуп. 32 Сара сзааз сиашоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо рзы акәӡам, агәнаҳаҟаҵаҩцәа рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц азоуп».
33 Дара ирҳәеит: «Иоанн иҵаҩцәа еснагь ичгоит, гәык-ԥсыкала Анцәа иҳәоит. Афарисеицәа рҵаҩцәагьы убас ҟарҵоит. Аха уара уҵаҩцәа акрагьырфоит, акрагьыржәуеит». 34 Иисус иҳәеит: «Зчара рураны иҟоу иҩызцәа данрыцу, урҭ чгаларц шәызрыдцалома? 35 Аха иааиуеит аамҭа, зчара руа иҩызцәа данрымырхуа, убасҟан ауп дара ачгара ианалаго».
36 Анаҩс Иисус аҿырԥштәы ааигеит: «Иҿыцу амаҭәа ԥҟаны иажәхьоу иақәдыршәӡом, избанзар ақәыршә ҿыц тланы иамҵуеит. Ақәыршә ҿыц иажәхьоу амаҭәа ианаалаӡом. 37 Аҩҿагьы иажәхьоу аҩҭра* иҭарҭәаӡом, избанзар аҩҿа аҩҭра еиҟәнажәоит, усҟан аҩгьы каҭәоит, аҩҭрагьы ԥхасҭахоит. 38 Аҩҿа аҩҭра ҿыц ауп изҭарҭәо. 39 Ҵыԥхтәи аҩы агьама збаз аҩҿа иҭаххаӡом, ҵыԥхтәи бзиоуп иҳәоит».