Лука иҟынтә ажәабжь бзиа
2 Урҭ амшқәа раан ацезарь Август адҵа ҟаиҵеит, Римтәи аимпериа зегь аҿы инхоз ауаа ашәҟәы рҽанырҵарц. 2 (Усҟан Квири́ни Сириа дахагылан. Иара ихаан ауаа ашәҟәы рҽанырымҵаӡацызт). 3 Убри аҟынтә зегьы ашәҟәы рҽанырҵарц идәықәлеит, дасу иқалақь ахь. 4 Иосифгьы Галилеиа иҟаз ақалақь Назаретынтәи Иудеиаҟа дцеит, Давид иқалақь Вифлеемҟа, избанзар иара Давид ишьҭра датәын. 5 Иосиф уахь Мариа диманы дцеит, усҟан уи ԥҳәысс дигахьан, ахшарагьы длоураны дыҟан. 6 Уа ишыҟаз, лыхшараиура аамҭа ааит, 7 аԥагьы длоуит, раԥхьатәи лыхшара. Ахәыҷы акәырша днылалҳәан, ачыхәчара дҭалыриеит, избанзар асасааирҭаҿы дара рзы аҭыԥ ҟамлеит.
8 Уи аҭыԥ аҿы ахьчацәа уахынла адәаҿы руасақәа шырыхьчоз, 9 иаалырҟьаны Иегова* имаалықь даацәырҵит, Иегова ихьӡ-иԥшагьы аарықәыҷҷеит. Ахьчацәа уи даара иаршәеит. 10 Аха амаалықь ус реиҳәеит: «Шәымшәан! Сара ауаа зегьы агәырӷьара ду рзаазго агәырӷьаҿҳәаша жәабжь шәасҳәарц азоуп сзааз. 11 Иахьа Давид иқалақь аҿы диит шәеиқәырхаҩ, Ишәықәиҭу Христос. 12 Уи дызлажәдыруагьы шәасҳәоит: ахәыҷы акәырша дылаҳәаны, ачыхәчара дышҭаиоу жәбоит». 13 Ус, иаалырҟьаны, ԥхьаӡашьак змамыз жәҩантәи ар аацәырҵын, уи амаалықьи дареи Анцәа ирҳаракра иалагеит: 14 «Ажәҩан аҿы хьӡи-ԥшеи имазааит Анцәа, адгьыл аҿы аҭынчра рыгымзааит дыззыразу ауаа!»
15 Амаалықьцәа ажәҩан ахь ианхала, ахьчацәа ус еибырҳәо иалагеит: «Шәааи абыржәыҵәҟьа Вифлеемҟа ҳцап, Иегова иҳаиҳәаз шыҟалазгьы ҳбап». 16 Нас иццакы-ццакуа уахь идәықәлеит. Ианнеи, Мариеи Иосифи рбеит, ахәыҷгьы ачыхәчара дҭаиан. 17 Ахьчацәа ахәыҷы данырба, амаалықь ахәыҷы изкны иреиҳәаз еиҭарҳәеит. 18 Уи заҳауаз зегь даара иџьаршьон. 19 Мариа лакәзар, илаҳауаз зегь гәнылкылон, дагьазхәыцуан. 20 Уи ашьҭахь ахьчацәа ирбаз-ираҳаз зегь азы Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәо, дырҽхәо, руасақәа рахь игьежьит. Ираҳаз зегьы ак агмыжькәа иҟалеит.
21 Ахәыҷы 8 мшы анихыҵ, иаԥхьатә хырсеит, Иисус ҳәагьы ихьӡырҵеит. Мариа лцәалтәымкәа дҟалаанӡагьы, амаалықь ахәыҷы уи ахьӡ ииҭахьан.
22 Моисеи изакәан ишаҳәоз еиԥш, аҽрыцқьаразы иҟаз аҵас анагӡаразы аамҭа анааи, Мариеи Иосифи ахәыҷы Иерусалимҟа дыргеит, Иегова дидырбарц азы, 23 избанзар Иегова изакәан аҿы иҳәоуп «раԥхьа ииуа аҷкәынцәа зегьы Иегова итәызароуп» ҳәа. 24 Иегова изакәан аҿы иҳәан ҩ-ҳәыҳә дук ма ҩ-ҳәыҳә хәыҷык кәырбанс инаргар шрылшоз. Дара убас иагьыҟарҵеит.
25 Иерусалим дынхон Симеон зыхьӡыз Анцәа иҿаԥхьа ииашаз, Анцәа ицәшәоз* ауаҩы. Иара Анцәа Израиль анеиқәирхо ҳәа дыԥшын, иԥшьоу адоуҳагьы иман. 26 Иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны, Анцәа Симеон иеиҳәеит Иегова Иалихыз* дибаанӡа дшымԥсуа. 27 Иԥшьоу адоуҳа Симеон игәазҭанаҵеит аныҳәарҭахь ацара. Иисус иҭаацәа азакәан иаҳәоз нарыгӡарц азы рхәыҷы дрыманы уахь ианнеи, 28 Симеон ахәыҷы даашьҭихын, абас Анцәа ирҽхәара далагеит: 29 «Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ, ишсоуҳәахьаз еиԥш, сара ахәыҷы дызбеит, уажәшьҭа сгәы рҭынчны сыԥсыр сылшоит, 30 избанзар сыла дабеит ауаа еиқәзырхо, 31 ажәларқәа зегьы дырбарц азы иааушьҭыз. 32 Иара ажәларқәа ирхаԥоу алашьцара рхызхуа лашароуп, ужәлар — Израиль — ҳаразкуа иоуп». 33 Иисус иани иаби Симеон ииҳәоз иазыӡырҩуан, уамашәагьы ирбон. 34 Иара ахәыҷы иҭаацәа иныҳәан, Мариа ус леиҳәеит: «Ари ахәыҷы ихҟьаны израильаа рыбжьара икаҳауа рацәаҩхоит, аха ибзоурала игылогьы рацәаҩхоит. Ауаа уи иҟоу зегь изырҳәалоит, Анцәа дышицу дзырбо адыргақәа шырацәахогьы. 35 Уи зегь зыҟало, аӡәырҩы ргәы иҭоу ааԥшырц азоуп. Бара бакәзар, бгәы аҳәа аларҵазшәа ибыхьуеит».
36 Уа дыҟан зықәрахь инеихьаз аԥааимбарԥҳәыс Аннагьы, Аси́р ишьҭра иатәыз Фануи́л иԥҳа. Лара дыԥҳәысеибан, лхаҵеи лареи 7 шықәса роуп иахьеицынхаз. 37 Уажәы лара 84 шықәса лхыҵуан. Анна ҽнакгьы аныҳәарҭа аанылмыжьӡацызт, уахи-ҽни Анцәа имаҵ луан, дычгон, гәык-ԥсыкала Анцәа диҳәон. 38 Ларгьы Иосифи Мариеи днарыдгылан, Анцәа иҭабуп ҳәа иалҳәеит, насгьы Анцәа Иерусалим анеиқәирхо аамҭа иазыԥшыз зегьы ахәыҷ иӡбахә рзеиҭаҳәара далагеит.
39 Иосифи Мариеи Иегова изакәан ишаҳәоз еиԥш зегь аныҟарҵа, Галилеиа иҟаз рықалақь Назаретҟа ихынҳәит. 40 Ахәыҷы изҳауан, еиҳа-еиҳа дыӷәӷәахон, дҟәышхон, Анцәагьы уи дизыразын.
41 Иҭаацәа есышықәса Мшаԥныҳәа азгәаҭаразы Иерусалимҟа ицалон. 42 Ахәыҷы 12 шықәса анихыҵуаз, еснагь ишыҟарҵоз еиԥш, аныҳәа азгәаҭара ицеит. 43 Аныҳәа ашьҭахь рыҩныҟа идәықәлеит. Иисус иакәзар, Иерусалим даанхеит, аха иҭаацәа уи рызгәамҭаӡеит. 44 Ирыцыз шьоукы дрыцны даауаз џьшьаны, мышкы хәлаанӡа ргәы рҭынчны амҩа иқәын. Нас рыуацәеи ирдыруази рыбжьара иԥшаара иалагеит. 45 Данырымба, Иерусалимҟа ихынҳәын, зехьынџьара иԥшаара иалагеит. 46 Хымш рышьҭахь аныҳәарҭаҿы дрыԥшааит. Иара арҵаҩцәа дрыдтәаланы дырзыӡырҩуан, азҵаарақәагьы риҭон. 47 Изыӡырҩуаз зегьы аҭакқәа шыҟаиҵоз уамашәа ирбон, зегь шаҟа ибзианы еиликаауаз џьаршьон. 48 Иани иаби данырыԥшаа, даараӡа иџьаршьеит. Иан ус иалҳәеит: «Сыҷкәын, абас заҳзууи? Уаби сареи ҳушьҭанаҵы, ҳгәы ҭҟьахьан». 49 Иара иҳәеит: «Зехьынџьара шәызсышьҭази? Саб иҩнаҿы сыҟазар шсыхәҭоу шәзымдырӡози?» 50 Аха дара ииҳәаз иаанагоз рзеилымкааӡеит.
51 Иисус иҭаацәа дрыцны Назаретҟа дхынҳәит. Иара урҭ рҳәатәы дахыԥомызт. Иан Мариа лакәзар, ииҳәоз зегь гәнылкылон. 52 Иисус изҳауан, еиҳа-еиҳа дҟәышхон, Анцәагьы ауаагьы бзиа дырбон.