Римаа рахь
13 Ҳара напхгара ҳзызуа аиҳабыра ҳарзыӡырҩлароуп, избанзар урҭ амчра рызҭаз Анцәа иоуп. Иахьа иҟоу аиҳабырагьы иааныркыло аҭыԥ рызҭаз иара иоуп. 2 Аиҳабыра ҳарҿагылозар, Анцәа ҳаиҿагылоит. Анцәа еиҿикааз иаҿагыло, ирыхәҭоу иақәшәоит. 3 Абзиара ҟазҵо ауаа аиҳабыра ирыцәшәаӡом, ацәгьара ҟазҵо роуп урҭ ирыцәшәо. Урцәымшәаларц уҭахызар, абзиара ҟаҵала, усҟан дара удырҽхәоит. 4 Урҭ иухәо аусқәа ҟарҵоит, убасала Анцәа имаҵ руеит. Аха ацәгьара ҟауҵозар, урыцәшәала, избанзар дара ацәгьара ҟазҵо ирықәнагоу иақәдыршәаларц азы амчра рымоуп. Урҭ ацәгьара ҟазҵо ахьдырхәуеит, убасала Анцәа имаҵ руеит.
5 Шәара аиҳабыра шәырзыӡырҩлароуп, аха шәахьдырхәыр ҳәа шәшәаны мацара акәымкәа, шәыламыс цқьаны иаанхарц азгьы. 6 Убри азоуп шәара ашәахтәқәа зышәшәогьы. Дара есымша ауаа рымаҵ руеит, убасала Анцәагьы имаҵ руеит. 7 Дасу иитәу ишәҭала: ашәахтә зҭатәу — ашәахтә, аҳаза зҭатәу — аҳаза, аҳаҭыр зҭатәу — аҳаҭыр, апату зықәҵатәу — апату.
8 Ишәзымшәо ауал шәаҵамлан. Уалс ишәыду бзиа аибабара ауп, избанзар зашьа бзиа дызбо азакәан наигӡеит. 9 Азакәан иануп: «Ухатә ҩыза думԥсахын, ауаҩы думшьын, умӷьычын, аӡәы иитәу уамеилаҳан». Абарҭ аԥҟарақәеи егьырҭ аԥҟарақәеи еидукылозар, шьаҭас ирымоу ԥҟарак ауп: «Иузааигәоу ухы бзиа ишубо еиԥш бзиа дбала». 10 Абзиабара аазырԥшуа ауаҩы изааигәоу ацәгьара изиуӡом, убри аҟынтә абзиабара аазырԥшуа азакәан наигӡоит.
11 Ишәасҳәаз ҟашәҵалароуп, избанзар ацәа шәаналҵша аамҭа ааит. Иисус иҵаҩцәаны ҳаныҟала аамҭазы ҳаиқәхара аамҭа ааигәан, аха уажәы еиҳагьы иааигәахеит. 12 Аҵх акыр инаскьахьеит, иаарласынгьы ишоит, убри аҟынтә алашьцара иатәу аусқәа ҳарҟәаҵны, алашара иатәу абџьар шьҭаҳхып. 13 Икаххаа ианшоу рхы шымҩаԥырго еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалап. Ҳҽеиужьны, иааҳҭаху ҟаҵо, ифо-ижәуа ҳаидымтәалалап, аҩы ҳҽаҳмыршьлап, иламысдоу, ԥхашьарак злам ахымҩаԥгашьа* ҳҽалаҳамҟьашьлап, ҳмеислап, ҳамшьыцлап. 14 Иҳақәиҭу Иисус Христос шәиҿыԥшла, шәгәаҳәара ҟьашьқәа шынашәыгӡалаша шәазымхәыцлан.