Иоанн иҟынтә ажәабжь бзиа
19 Усҟан Пилат Иисус ҟамчыла дрыпҟарц адҵа ҟаиҵеит. 2 Аруаа амаӷ иалхны агәыргьын ҟарҵан, ихарҵеит, насгьы апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәырҵеит, 3 нас инеины: «Бзиара умаз, аиудеиаа раҳ!» — ҳәа иаҳәаны, иҿасуан. 4 Пилат еиҭах ажәлар рахь дцәырҵын, ус иҳәеит: «Шәыԥшы! Сара ари ауаҩ шәара шәахь ддәылызгоит, ихароу ҳәа акгьы шидсымбало жәдыруазарц азы». 5 Иисус апурпурԥштәы змаз амаҭәа ишәҵаны, амаӷ иалхыз агәыргьын ихаҵаны даацәырҵит. Пилат ажәлар ус реиҳәеит: «Абар, ауаҩы!» 6 Аха аԥшьаҩ еиҳабацәеи аныҳәарҭа ахьчаҩцәеи Иисус данырба, аҳәҳәара иалагеит: «Ашьаҟа дкыдҵа! Ашьаҟа дкыдҵа!» Пилат ус реиҳәеит: «Шәхаҭа дганы дкыдышәҵа. Сара ихароу ҳәа акгьы збом». 7 Аиудеиаа ус иарҳәеит: «Ҳара азакәан ҳамоуп, ҳзакәан инақәыршәаны уи дыԥсыроуп, избанзар Анцәа иԥа соуп иҳәон».
8 Пилат ари аниаҳа, еиҳагьы дшәеит. 9 Иара еиҭах аҳҭынрахьы днеин, Иисус диазҵааит: «Уабатәиу?» Аха Иисус аҭак иимҭаӡеит. 10 Пилат иҳәеит: «Сацәажәара уҭахӡам акәу? Иузымдырӡои сара уоусышьҭыргьы шсылшо, ашьра уқәысҵаргьы шсылшо?» 11 Иисус иҳәеит: «Уара сҿаԥхьа амчра уоуамызт, уи хыхьынтәи иуҭамызҭгьы. Убри аҟынтә еиҳау агәнаҳа зқәу сузҭаз иоуп».
12 Пилат Иисус доуишьҭырц азы иҟаиҵаша еиҭах азхәыцра далагеит. Аха аиудеиаа ҳәҳәо, ус рҳәон: «Доуушьҭыр, ацезарь уиҩызаӡам. Аҳас зхы ҟазҵо дарбанзаалак ацезарь диҿагылоит». 13 Пилат ари аниаҳа, Иисус ддәылиган, хаҳәла ичаԥаз аҭыԥ аҿы (ауриа бызшәала Габба́та) иӡбарҭаҭыԥ днықәтәеит. 14 Уи Мшаԥы рҽаназыҟарҵоз амш акәын, шьыбжьонын, асааҭ 12 раҟара ыҟан*. Пилат аиудеиаа ус реиҳәеит: «Абар, шәаҳ!» 15 Аха дара ҳәҳәон: «Дшьы наҟ, дшьы! Ашьаҟа дкыдҵа!» Иара ус реиҳәеит: «Шәаҳ ашьаҟа дкыдысҵома?» Аԥшьаҩ еиҳабацәа ус рҳәеит: «Ацезарь ида ҳара аҳас ҳәа аӡәгьы дҳамаӡам». 16 Усҟан Пилат Иисус ашьаҟа дкыдырҵарц азы дриҭеит.
Иисус наҟ дыргеит. 17 Иара Ахыбаҩ ҳәа изышьҭаз, ауриа бызшәала Голго́фа ҳәа изышьҭаз, аҭыԥ аҟынӡа ашьаҟа даҵаланы дцон. 18 Уа иара ашьаҟа дкыдырҵеит. Наҟ-ааҟ даҽа ҩыџьа ицкнаҳан, иара рыбжьара дыкнаҳан. 19 Пилат Иисус иханы ианиҵеит: «Назареттәи Иисус, аиудеиаа раҳ». 20 Уи иаԥхьаз ауриацәа рацәаҩын, избанзар уи аҭыԥ ақалақь иазааигәан, иаргьы ауриа бызшәалеи, алаҭын бызшәалеи, абырзен бызшәалеи иҩын. 21 Иудеиатәи аԥшьаҩ еиҳабацәа Пилат иарҳәеит: «Аиудеиаа раҳ ҳәа умҩын. Ианҵа аиудеиаа раҳ соуп ҳәа шиҳәоз». 22 Аха Пилат иҳәеит: «Изҩыз зҩит».
23 Аруаа Иисус ашьаҟа данкыдырҵа, хыхьтәи имаҭәа рган, ԥшьыџьара ишаны, акака ргеит. Иара убас ҵаҟатәи имаҭәагьы ргеит. Аха ҵаҟатәи имаҭәа аӡахырсҭа амаӡамызт, ахы инаркны акалҭ аҟынӡа исны иҟан. 24 Усҟан дара ус еибырҳәеит: «Шәааи иԥаҳамжәап, изтәхо ҳаӡбарц азы аҵәы ҭаҳаԥсап*». Убас инаӡеит Аҩыра иану абарҭ ажәақәа: «Рыбжьара сымаҭәа ршон, ҵаҟатәи сымаҭәа азы аҵәы ҭарыԥсон». Аруаагьы убри ауп иҟарҵаз.
25 Иисус ишьаҟа азааигәара иани, иан лаҳәшьеи, Кло́пас иԥҳәыс Мариеи, Мариа Магдалинеи гылан. 26 Иисус иани лааигәара игылаз бзиа иибоз аҵаҩи аниба, иан ус леиҳәеит: «Аԥҳәыс*, уажәшьҭарнахыс ари быҷкәын иоуп!» 27 Нас иҵаҩы ус иеиҳәеит: «Уажәшьҭарнахыс ари уан лоуп!» Аҵаҩгьы уи иара иахь дигеит.
28 Нас зегь шынаӡаз дырны, Иисус иҳәеит: «Аӡба». Убас Аҩыра ианыз ажәақәа наигӡеит. 29 Уа абжьеи зҭаз аԥҳал гылан. Уа иҟаз шьоукы абамба* абжьеи иладырчачан, аиссоп* ахәҵәы иахаҵаны иқьышә иқәыркит. 30 Иисус абжьеи днаҿыхәан, ҿааиҭит: «Инаӡеит!» Уи ашьҭахь ихы наикәаҽын, дыԥсит.
31 Уи аҽны асабша рҽаназыҟарҵоз амш акәын. Аиудеиаа ирҭахӡамызт асабшаҽны аԥсцәа ашьаҟа ишкыду иаанхар, убри азы Пилат иахь инеин, ршьапқәа ԥҵәаны, икыдырхырц и́ҳәеит. Уи асабша сабша дуун. 32 Аруаа аннеи, Иисус ицкнаҳақәаз ршьапқәа ԥырыҵәҵәеит, зны аӡәы, нас даҽаӡәы. 33 Иисус иахь ианнеи, дшыԥсхьаз рбеит, убри аҟынтә ишьапқәа ԥырымҵәаӡеит. 34 Аруаа руаӡәк Иисус ивара аԥса налаикшан, уантәи иаразнак ашьеи аӡи дәықәлеит. 35 Уи иазышаҳаҭуа избаз иоуп, ишаҳаҭрагьы иашоуп. Иара аиаша шиҳәо идыруеит, уи зегь зеиҭеиҳәо, шәаргьы агәра жәгарц азоуп. 36 Уи зегь зыҟалаз, Аҩыра иану абарҭ ажәақәа наӡарц азоуп: «Ибаҩқәа рҟынтә баҩыкгьы ԥҵәахом». 37 Даҽа ҭыԥҩырак аҿгьы иануп: «Аԥса зларҵаз ихәаԥшлоит».
38 Уи ашьҭахь аиудеиаа ирыцәшәаны Иисус иҵаҩ шиакәыз зӡоз Аримафе́иа иатәыз Иосиф Пилат диҳәеит Иисус иԥсыбаҩ ииҭарц. Пилат азин анииҭа, Иосиф дцан, аԥсы дигеит. 39 Иара убас уахь днеит зны уахынла Иисус иахь инеихьаз Никодим. Иара 100 фунтк* раҟара амирреи алоеи еилаҵаны* инеигеит. 40 Дара аԥсы дырган, аиудеиаа рыԥсыжшьа ала зыфҩы хааз аҳаскьынқәа ақәны иалхыз аба ианырҵан, Иисус уи аба дыларҳәеит. 41 Иисус ашьаҟа дахькыдырҵаз азааигәара абаҳча ыҟан, уи абаҳчаҿы аӡәгьы дызҭарымҵацыз адамра ҿыц ыҟан. 42 Аиудеиаа уи аҽны асабша рҽазыҟарҵон, адамрагьы ааигәа иҟан, убри аҟынтә Иисус уи адамра дҭарҵеит.