Римаа рахь
15 Ҳара — зхаҵара ӷәӷәоу — зхаҵара ԥсыҽу аԥсыҽрақәа шрымоу дырны, рыламыс ҳазхәыцлароуп. Ҳхы мацара ҳазымхәыцлароуп. 2 Иаҳзааигәоу игәы ҟаҳҵарц азы хәарҭа изаазго, игәы иахәо аусқәа рыҟаҵара ҳашьҭазароуп, 3 избанзар Христосгьы ихы акәӡамызт дзызхәыцуаз, ишану еиԥш: «Уара иузырҳәоз ацәгьарақәа зегьы сара исықәшәеит». 4 Аханатә аахыс ирыҩуаз зырҩуаз ҳара ак ҳнарҵарц азоуп, убри аҟынтә ҳара агәыӷра ҳамоуп, избанзар Аҩыра амч ҳнаҭоит, насгьы ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит. 5 Анцәа ҳгәы ирҭынчуеит, ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраауеит, убри аҟынтә сиҳәоит, Христос дышхәыцуаз еиԥш ахәыцра дшәыцхраарц. 6 Убасала шәара аӡәк иеиԥш шәеицҿакны, Ҳанцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос Иаб, дҳарашәклоит.
7 Христос гәаартыла шәышидикылаз еиԥш, гәаартыла аишьцәа зегь шәыдышәкылала, уи ала Анцәа дҳарашәклоит. 8 Сара ишәасҳәоит: Христос ауриацәа дырмаҵуҩхеит, Анцәа амц шимҳәо дирбарц, насгьы рабацәа зықәиргәыӷыз шынаӡо шьақәирӷәӷәарц, 9 иара убас егьырҭ ажәларқәагьы Анцәа арыцҳашьара ахьааирԥшуа азы дҳараркырц, Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Убри азы сара егьырҭ ажәларқәа рыбжьара усырҽхәалоит, ухьӡ ашәа азысҳәалоит». 10 Иара убас иануп: «Шәгәырӷьала, ажәларқәа, ижәлар шәрыцгәырӷьала». 11 Еиҭа иануп: «Дшәырҽхәала Иегова*, ажәларқәа зегьы, ддырҽхәалааит иара ауаа зегьы». 12 Иса́иагьы иҳәоит: «Иессе́и дихылҵуеит ажәларқәа напхгара рзызуло, ажәларқәагьы иара иқәгәыӷлоит». 13 Агәыӷра ҳазҭо зыгәра жәго Анцәа агәырӷьареи аҭынчреи шәиҭааит, иԥшьоу адоуҳа абзоурала шәгәыӷра еиҳагьы иӷәӷәахарц азы.
14 Сашьцәа, сара агәра ганы сыҟоуп шәара абзиара аҟаҵара шәшазхиоу, адырра шшәымоу, шәеилабжьаларгьы шшәылшо. 15 Аха зхәыцрақәак аартны ишәзызҩит, даҽазнык ишәгәаласыршәарц азы, избанзар Анцәа сара сахь сзыԥсам ақьиара ааирԥшит. 16 Иара Иисус Христос имаҵзуҩыс сҟаиҵеит, егьырҭ ажәларқәа ажәабжь бзиа рыласҳәаларц азы. Сара иԥшьоу уи аус насыгӡоит, Анцәа егьырҭ ажәларқәагьы идикыларц, убасала дара иԥшьоу адоуҳа иԥшьаны иҟанаҵо акәырбан иаҩызахарц азы.
17 Сара Христос Иисус иҵаҩ ахьсакәу сеигәырӷьоит, Анцәа иус ахьынасыгӡогьы сгәырӷьоит. 18 Сызлацәажәарц исҭаху сара иҟасҵаз акәӡам, егьырҭ ажәларқәа Христос изыӡырҩларц азы сара сыла иара иҟаиҵази ииҳәази ауп. 19 Дара Христос изыӡырҩит, избанзар Анцәа идоуҳала иҟаҵаз аџьашьахәқәа рбеит. Убасала сара Христос изку ажәабжь бзиа Иерусалим инаркны Илли́рикынӡа ауаа ирыласҳәеит. 20 Сара исҭахӡамызт Христос дахьырдыруаз аҭыԥ аҿы ажәабжь аҳәара, аӡәы ишьҭеиҵаз ашьаҭаҿы аргылара саламгарц азы, 21 избанзар Аҩыраҿы иануп: «Иӡбахә ззеиҭарымҳәац дырбоит, измаҳац еилыркаауеит».
22 Убри азоуп шәара шәахь акырынтә анеира шысҭахызгьы, изсылымшоз. 23 Аха уажәы ара ажәабжь ахьысымҳәац, сахьымнеиц ҭыԥ ыҟаӡам. Шәызбар сҭахуижьҭеи акыршықәса ҵуеит азы, 24 Испаниаҟа санцо, амҩан шәызбап ҳәа сгәыӷуеит. Ҳанеибабалак ашьҭахь, хәыҷык снаскьажәгап. 25 Уажәазы Иерусалимҟа сцарц сгәы иҭоуп, иԥшьоу срыцхраарц азы. 26 Македониеи Аха́иеи иҟоу аишьцәа иӷарны инхо иерусалимтәи аишьцәа гәык-ԥсыкала ҳамҭақәак рзыҟарҵарц рҭаххеит. 27 Дара урҭ руал рықәуп ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар иерусалимтәи аишьцәа Анцәа иҟынтә ироуз Македониеи Аха́иеи иҟоу аишьцәа ирыцеиҩыршахьан. Уажәшьҭа даргьы ирымоу иерусалимтәи аишьцәа ирыцеиҩыршароуп. 28 Арҭ аҳамҭақәа анрызназгалак ашьҭахь Испаниаҟа сдәықәлоит, амҩан ҳаибабап. 29 Сара издыруеит, шәара шәахь саннеиуа, Христос меигӡарахда исиҭаз сыманы сышшәызнеиуа.
30 Сашьцәа, шәареи сареи Иҳақәиҭу Иисус Христос дхаҳҵоит, иара убас иԥшьоу адоуҳа бзиа аибабара ҳгәазҭанаҵоит, убри аҟынтә сшәыҳәоит: схазы Анцәа сышиҳәо еиԥш, шәаргьы сара сзы гәыкала шәиҳәала. 31 Анцәа шәиҳәала, Иудеиа саныҟало, Иисус дхазымҵо ауаа сырцәихьчарц азы, иара убас Иерусалим иҟоу Анцәа ижәлар ирзызго аҳамҭақәа пату ақәҵаны ирыдыркыларц азы. 32 Нас, Анцәа игәаԥханы иҟалар, сгәырӷьаҵәа шәара шәахь снеиуеит, ҳагәқәагьы шьҭибахуеит. 33 Аҭынчра ҳазҭо Анцәеи шәареи шәеигымзааит. Амин.