Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • 1 Иоанн 4
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

1 Иоанн. Ахҳәаа

      • «Ишәарҳәо Анцәа иҟынтә акәу-акәму гәашәҭала» (1—6)

      • «Абзиабара аазмырԥшуа Анцәа диздырӡом» (7—21)

        • «Анцәа дыбзиабароуп» (8, 16)

        • «Абзиабара злоу ашәара илаӡам» (18)

1 Иоанн 4:8

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 7

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/11/2015, ад. 18

1 Иоанн 4:9

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 28

1 Иоанн 4:10

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 28

1 Иоанн 4:11

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 28

1 Иоанн 4:19

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!», аур. 46

    «Ахьчаратә бааш»,

    1/9/2015, ад. 28

    «Анцәа ибзиабара», ад. 5

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
1 Иоанн 4:1–21

1 Иоанн

4 Бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, иаҳҳәо Анцәа иҟынтә ауп ҳәа шәазҳәо зегь рыгәра шәымгалан. Аха ишәарҳәо Анцәа иҟынтә акәу-акәму гәашәҭала, избанзар амцԥааимбарцәа рацәаҩхеит.

2 Абар ишәарҳәо Анцәа иҟынтә акәу-акәму злажәдыруа: Иисус Христос ауаҩ иеиԥш дааит ҳәа зҳәо ииҳәо Анцәа иҟынтә ауп. 3 Иисус ауаҩ иеиԥш дмааӡеит ҳәа зҳәо ииҳәо Анцәа иҟынтә акәӡам. Уи ишшәаҳахьоу еиԥш, ицәырҵраны иҟаз, иагьцәырҵыз антихристцәа рҵароуп.

4 Анцәа иитәу схәыҷқәа, шәара урҭ ауаа шәыриааит, избанзар шәара ишәыцу дара ирыцу иаасҭа деиҳауп. 5 Дара ари адунеи иатәуп, убри азоуп адунеи иатәу зырҳәо, ари адунеигьы урҭ ирҳәо изазыӡырҩуа. 6 Ҳара Анцәа ҳаитәуп. Анцәа иеилкаара иашьҭоу иаҳҳәо дазыӡырҩуеит, иашьҭам — даҳзыӡырҩӡом. Убасала, ҳара ииашоу аҵареи амцҵареи еиҩаҳдыраауеит.

7 Бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, бзиа ҳаибабалап, избанзар абзиабара Анцәа иитәу акоуп. Абзиабара аазырԥшуа Анцәа иҟынтә диит, Анцәа дидыруеит. 8 Абзиабара аазмырԥшуа Анцәа диздырӡом, избанзар Анцәа дыбзиабароуп. 9 Анцәа Иԥазаҵә дааишьҭит, убри ила аԥсҭазаара ҳаурц азы. Убасала иара бзиа ҳшибо ааирԥшит. 10 Анцәа иареи ҳареи ҳаиниршәарц азы Иԥа кәырбанс дааишьҭит. Иара уи зыҟаиҵаз ҳара бзиа дахьаҳбаз азы акәӡам, иара бзиа ҳахьибаз азоуп.

11 Бзиа избо сашьцәеи саҳәшьцәеи, Анцәа абас бзиа ҳаибазар, ҳаргьы бзиа ҳаибабалароуп. 12 Анцәа дызбахьоу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Бзиа ҳаибабозар, Анцәа ҳара дҳацуп, абзиабарагьы нагӡаҵәҟьаны иааҳарԥшуеит. 13 Иара идоуҳа ҳаиҭеит. Убри ала иареи ҳареи аӡәк иеиԥш ҳшыҟоу еилаҳкаауеит. 14 Ҳара ҳхаҭа иаҳбеит, Ҳаб адунеи еиқәирхарц азы Иԥа дшааишьҭыз, уи шаҳаҭрагьы азаҳуеит. 15 Иисус Анцәа Иԥа шиакәу хазҵои Анцәеи аӡәк иеиԥш иҟоуп. 16 Ҳара Анцәа бзиа ҳшибо еилаҳкааит, уи ус шакәугьы агәра ҳгеит.

Анцәа дыбзиабароуп. Еснагь абзиабара аазырԥшуа ауаҩи Анцәеи аӡәк иеиԥш иҟоуп. 17 Убасала ҳара абзиабара инагӡаны аарԥшра ҳалагеит, аӡбара амш аҽны ҳамшәакәа ҳцәажәарц азы, избанзар ари адунеи аҿы ҳара Христос ҳаиҿыԥшуеит. 18 Абзиабара злоу ашәара илаӡам, инаӡоу абзиабара ашәара улнацоит. Ашәара ауаҩы дашьаҳауеит. Ишәо ауаҩы абзиабара нагӡаны изаарԥшӡом. 19 Ҳара Анцәа бзиа даҳбоит, избанзар иара иоуп раԥхьа бзиа ҳазбаз.

20 Аӡәы Анцәа бзиа дызбоит ҳәа иҳәозар, аха иашьа дицәымӷзар, амц иҳәоит. Иубо уашьа бзиа думбозар, иумбо Анцәа бзиа дызлоубои? 21 Абар иара иҳаиҭаз аԥҟара: Анцәа бзиа дызбо иашьагьы бзиа дибалароуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра