Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 8
  • Адгьылаҿы адауцәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адгьылаҿы адауцәа
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Адоуҳатә сфераҿы аҿагылара
    Аԥсцәа рдоуҳақәа. Ирылшома урҭ уцхраарц, мамзаргьы иуԥырхагахарц? Иҟаҵәҟьоума урҭ?
  • Адунеизегьтәи аӡхыҵра: иаазырԥшыда, насгьы иаазмырԥшыда азыӡырҩра?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Адунеизегьтәи аӡхыҵра
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Нои аковчег иргылоит
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 8

АЖӘАБЖЬ 8

Адгьылаҿы адауцәа

АҬУАН иаҵасуа ауаҩы дааудгылар, угәы иаанагози? Уи адауы ихаҭаҵәҟьа иоуп! Аамҭала зны адгьылаҿы инхаҵәҟьон адауцәа. Абиблиа излаҳнарбо ала, урҭ рабацәа ажәҩан аҿы иҟаз амаалықьцәа ракәын. Аха ҟалашьаз иаиузеи абри аҩыза?

Иугәаларшәа, Аҩсҭаа еснагь дааҟәымҵӡакәа ауаа дырԥышькласуан. Уи Анцәа имаалықьцәагьы ԥхасҭеитәырц даҿын. Ус ишааиуаз, маалықьцәақәак Аҩсҭаа изыӡырҩуа иалагеит. Урҭ иаанрыжьит Анцәа ажәҩанаҿы иридиҵаз аус. Ауаҩытәыҩс цәеижь аахәаны адгьылахь илбааит. Иудыруама избан?

Абиблиа иаҳәоит — урҭ адгьылаҿы ирбеит аҳәса ԥшӡақәа, егьырҭаххеит ирыцынхаларц. Усҟан урҭ адгьылахь илбааит, ҳәсақәасгьы иргеит дара. Абиблиаҿы иаҳәоит ари ацәгьара ишатәыз, избанзар Анцәа амаалықьцәа зишаз ажәҩан ԥсҭазаара азоуп.

Урҭ амаалықьцәеи рыҳәсақәеи ирхылҵыз иаабахьоу ахшаара иреиԥшымызт. Раԥхьа уи убаратәы иҟамзаргьы ҟаларын. Аха урҭ еиҳа-еиҳа рызҳауан, еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, аҵыхәтәаны урҭ дауцәахон. Арҭ даара цәгьара злаз дауцәан. Урҭ усгьы роурақәа дуун, рымчқәа ӷәӷәан, убри азы еснагь ауаа ирԥырхаган. Дазусҭазаалак, дара реиԥш, дуаҩыцәгьаны иҟаҵара иашьҭан.

Усҟан Енох дыԥсхьан, аха адгьылаҿы уаҩ бзиак дынхон. Уи ихьӡын Нои. Уи еснагь Анцәа идҵақәа наигӡон.

Ҽнак зны Анцәа Нои изааицҳаит — иааит ауаа цәгьақәа рықәхра аамҭа. Аха уи Нои иҭаацәеи иареи нас аԥстәқәагьы рацәаны иеиқәирхарц игәиҭоуп. Уааи, еилаҳкаап Анцәа уи ҟаҵашьаз иеиҭаз.

Аҟазаара 6:1—8; Иуда 6.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра