Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • sp ад. 8—10
  • Адоуҳатә сфераҿы аҿагылара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Адоуҳатә сфераҿы аҿагылара
  • Аԥсцәа рдоуҳақәа. Ирылшома урҭ уцхраарц, мамзаргьы иуԥырхагахарц? Иҟаҵәҟьоума урҭ?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • Егьырҭ амаалықьцәа рҿагылара
  • Аҩсҭаа ажәҩан аҟынтәи дыршәуп
  • Уаӷа ибзианы дудыруаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Изеиԥшразеи аԥсҭазаара Џьанаҭ аҟны?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Адами Евеи Анцәа изымӡырҩӡеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Адоуҳатә шамҭақәа. Ишԥаҳныруеи урҭ ҳара?
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Аԥсцәа рдоуҳақәа. Ирылшома урҭ уцхраарц, мамзаргьы иуԥырхагахарц? Иҟаҵәҟьоума урҭ?
sp ад. 8—10

Адоуҳатә сфераҿы аҿагылара

Аҩсҭаа амаҭ ихы иархәаны Ева данлацәажәа, лара Аҩсҭаа дидгыланы Анцәа диҿагылеит

Иегова адоуҳатә хаҭарақәа зегьы қьиақәаны ишеит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь маалықьк дыцәгьаны дҟалеит. Уи Аҩсҭаа Аџьныш иоуп. Аҩсҭаа иҭахын ауаа адгьыл аҿы Иегова иакәымкәа, иара имҵахырхәаларц. Абар иҟалаз.

Едемтәи абаҳчаҿы иҟан ашәыр хаақәа зҿалоз аҵлақәа рацәаны. Иегова Адами уи иԥҳәыс Евеи иреиҳәеит арҭ аҵлақәа зегьы рҟынтә ашәыр афара ишақәиҭу. Аха иҟан зшәыр афара Анцәа дара зқәиҭимтәыз ҵлак. Иара агәҽанызаара риҭеит абри аҵла иҿоу ашәыр ҿыхны ирфар, хымԥада ишыԥсуа (Аҟазаара 2:9, 16, 17).

Ҽнак зны Ева лымацара даныҟаз, амаҭ лацәажәеит. Ҳәарада, амаҭ ахаҭа цәажәомызт — уи Аҩсҭаа Аџьныш ихы иаирхәеит Ева длацәажәарц. Аҩсҭаа Ева илеиҳәеит дызқәиҭым ашәыр лфар, Анцәа еиԥшҵәҟьа дышҟәыӷахо. Иара убасгьы ажәа лиҭеит лара дшымԥсуа ала. Илиҭаз арҭ ажәақәа зегьы мцын. Аха Ева Аҩсҭаа игәра лган, ашәыр лфеит. Анаҩс ари аҵла аҟынтә ашәыр Адам илҭеит, иаргьы ифеит (Аҟазаара 3:1—6).

Ииашоу ари аҭоурых аҟнытә еилаҳкаауеит Аҩсҭаа дышҿагылаҩу, насгьы дшымцҳәаҩу. Уи Ева илеиҳәеит Анцәа дизымӡырҩыр дшымԥсуа. Аха ари мцын! Ииашаҵәҟьаны лара дыԥсит, дыԥсит Адамгьы. Аҩсҭаа усҟан дымԥсӡеит, аха уеизгьы аԥсра изыԥшуп, избанзар иара агәнаҳа ҟаиҵеит. Уажәы иара иԥсы ҭоуп, ауаатәыҩса ржьарагьы даҿуп. Иара убри амцҳәаҩ иоуп ауаа Анцәа изакәан аилагара рыдызцало (Иоанн 8:44).

Егьырҭ амаалықьцәа рҿагылара

Аамҭак ашьҭахь егьырҭ амаалықьцәагьы ицәгьоуцәаны иҟалеит. Урҭ рылаԥш иҵашәеит адгьыл аҿы даара иԥшӡаз аҳәса, иагьырҭаххеит цәеижьла ирзааигәахарц. Адгьыл ахь илбааны, ахацәа рцәеижь рхы иархәаны, урҭ ҳәсақәас иргеит. Иара убри алагьы Анцәа игәаԥхара иаҿагылеит (Аҟазаара 6:1, 2; Иуда 6).

Ицәгьоу амаалықьцәа адгьыл ахь илбааит, аҳәсақәа цәеижьла ирзааигәахарц

Ари ауаатәыҩса ауадаҩрақәа рацәаны ирзаанагеит. Арҭ амаалықьцәа рыҳәсақәа ирыхшон ахәыҷқәа, аха дара егьырҭ иаҳбац ахәыҷқәа иреиԥшымызт. Урҭ ирызҳауан ицәгьоуцәоу, игәымбылџьбароу доуцәаны. Иаарласны адунеи зегьы қәымчрала иҭәит, убри азы Иегова иӡбеит Аӡхыҵра дуӡӡа ҟаҵаны, ауаа цәгьақәа зегьы ықәихырц. Ауаҩ иаша Нои иҭаацәеи иареи рымацара роуп ари Аӡхыҵра иацәынхаз (Аҟазаара 6:4, 11; 7:23).

Аха ицәгьаз амаалықьцәа ҭамхаӡеит, урҭ хынҳәит адоуҳатә сферахь. Дара ахьырхәын. Урҭ азин рыҭамызт ииашоу амаалықьцәа рыла ишьақәгылоу Анцәа иҭаацәарахь ахынҳәра. Убри инаркны Иегова урҭ ирылшоз ауаатәыҩсатә цәеижь агара уаҳа иақәиҭимтәит. Зегь акоуп дара аӡбара дуӡӡа аамҭазы иҭахоит (2 Пиотр 2:4; Иуда 6).

Аҩсҭаа ажәҩан аҟынтәи дыршәуп

Аҩсҭааи ицәгьоу имаалықьцәеи ажәҩан аҟынтәи иршәын

ХХ ашәышықәса алагамҭазы ажәҩан аҟны иҟалеит аибашьра. Абар абиблиатә шәҟәы Аатра ишаҳәо: «Абри аамҭазы ажәҩан аҟны еибашьрахеит: ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил [зыԥсы ҭалаз Иисус Христос] Имаалықьцәеи [иқьиоу] иареи, егьи аганахь — агәылшьап [Аҩсҭаа], иара амаалықьцәа [ицәгьоу] аваргыланы. Аха урҭ уиаҟараҵәҟьа иӷәӷәамызт, убри аҟнытә ажәҩан аҿтәи аҭыԥ рцәыӡит. Абасала, ари агәылшьап ду, ажәытә маҭ, аҵархан, уи, аџьныш, аҩысҭаа ҳәа изышьҭаз акәын; адунеи зегьы зжьахьаз ари агәылшьап иацыз амаалықьцәеи [ицәгьоу] иареи хыла адгьыл ахь иҭаҵан».

Ишԥеилгеи ари аибашьра? Анаҩс абиблиатә ҳәамҭаҿы иҳәоуп: «Убри аҟнытә угәырӷьа, ажәҩан, шәгәырӷьа, ижәҩантәу зегьы!» Иқьиоу амаалықьцәа ари агәырӷьара ду рзаанагеит, избанзар Аҩсҭааи иара ицәгьоу имаалықьцәеи, мамзаргьы адоуҳақәа, уаҳа ажәҩан аҿы иҟаӡам. Ишԥарныри ари адгьыл аҿы иқәынхоз ауаа? Абиблиаҿы иҳәоуп: «Аха адгьылгьы амшынгьы митәеиқәаҵәа шәԥеиԥшуп, избанзар шәара шәахь ԥсахеибакрала аҩысҭаа днеит, уи идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу!» (Аатра 12:7—9, 12).

Аҩсҭааи ицәгьоу иара имаалықьцәеи ииашаҵәҟьаны ауаа дырҩашьоит, насгьы ирзааргоит арыцҳарақәа. Ицәгьоу арҭ амаалықьцәа адемонцәа ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ зегьы Анцәа иаӷацәоуп, насгьы дара зегьы ацәгьара дырҿиоит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра