АЖӘАБЖЬ 18
Иаков Харранҟа дцоит
ИУДЫРУАМА Иаков дзацәажәо? Акырымштәи иныҟәарақәа рышьҭахь, Иаков арҭ ауаа иқәшәеит аҵеџь аҟны. Урҭ ауасақәа ирхылаԥшуеит. Иаков урҭ дразҵааит: ‘Шәабанӡатәиқәоу?’
— Харрантәиқәоуп,— иаҭаркит дара.
— Лаван дышәзымдырӡои? — дразҵааит урҭ Иаков.
— Даҳдыруеит,— рҳәеит урҭ.— Уԥши, абан иара иԥҳа Рахил, уаса гәарҭак дрыцны дахьаауа.
Дубома нахьхьи, хара Рахил?
Иаков иаб иашьа, Лаван иԥсаса, Рахил дрыцны даауашәа аниба, Иаков днеин ауасақәа аӡы диржәырц аҵеџь ахаҳә адихит. Нас уи Рахил дгәыдикылеит, дызусҭазгьы леиҳәеит. Рахил лгәы еилашуа аҩныҟа дцеит, лаб Лавангьы зегьы изеиҭалҳәеит.
Лаван даара деигәырӷьон, Иаков иҩны дахьаанҿасыз. Иара убас, уи даара деигәырӷәьеит, иԥҳа Рахил ԥҳәысс дииҭаразы даниҳәа. Аха уи Иаков диҳәеит, Рахил лзы бжьышықәса имхурсҭақәа рҿы аус иурц. Иаков дақәшаҳаҭхеит, избанзар Рахил даара бзиа дибон. Аха иҟалаз удыруама, ачара аамҭа анааигәаха?
Рахил лцынхәрас Лаван иԥҳа еиҳабы Лиа ԥҳәысс дииҭеит. Иаков еиҭах даҽа бжьышықәса аусура данақәшаҳаҭха, Лаван убас еиԥшҵәҟьа Рахил ԥҳәысс дииҭеит. Усҟантәи аамҭазы Анцәа азин риҭон ахацәа аҳәсақәа ԥыҭҩык рымазарц. Аха уажәы, Абиблиа ишаҳнарбо еиԥш, ахаҵа ԥҳәыс заҵәык лоуп имазарц ихәҭоу.