Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 19
  • Иаков иҭаацәара ду

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иаков иҭаацәара ду
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иаков Харранҟа дцоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иакови Исави еинышәеит
    Учимся на примерах из Библии
  • Алагамҭа. Ахҳәаа
    Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 19

АЖӘАБЖЬ 19

Иаков иҭаацәара ду

УНРЫЛАԤШИ ари аҭаацәаара ду. Арҭ Иаков 12-ҩык иҷкәынцәа роуп. Уи, иара убас, аԥҳацәагьы имоуп. Ихшаара аӡәыр рыхьӡ удыруама? Уааи, урҭ рахьтә џьоукы ҳрабадырп.

Лиа илыхшеит Рувим, Симеон, Леви, Иуда. Рахил даара лгәы лнархьит, лара ахшаара шылмоуаз анылба. Убри аҟнытә, Иаков дилҭеит лмаҵуҩԥҳәыс Ваал. Уи ҩыџьа аԥацәа лыхшеит: Дан, Неффалим. Усҟан Лиагьы лмаҵуҩԥҳәыс Зелфа Иаков дилҭеит, Зелфагьы илхылҵит Гади Асири. Нас Лиа даҽа ҩыџьа аҷкәынцәа лхылҵит: Иссахари Завулони.

Аҵыхәтәан Рахилгьы ахшаа длоуит. Уи Иосиф ихьӡылтәит. Наҟ-наҟ ҳара иҵегь деилаҳкаауеит Иосиф, избанзар уи дуаҩ дуны дҟалоит. Абасала, абарҭ Иаков Рахил лаб Лаван иҩны аҟны данынхоз ихылҵыз 11-ҩык аҷкәынцәа роуп.

Иаков, иара убас, аԥҳацәагьы иман, аха Абиблиаҿы аӡәы лыхьӡ ауп иҳәоу. Дина.

Иааит аамҭа Иаков Лаван иҟынтә Ханаанҟа ахынҳәра аниӡбаз. Убри аҟнытә уи еизигеит иҭаацәара ду, иара убас иуасақәеи, егьырҭ иԥсасеи, дагьықәлеит амҩа хара.

Иаков иҭаацәа иманы Ханаанҟа даныхынҳә ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Рахил даҽа ԥак длоуит. Ари амҩан ауп иахьыҟалаз. Рахил ӷәӷәала дгәаҟуан, аҵыхәтәан, ахшараиураан дыԥсит. Аха аԥшқа деиқәхеит. Иаков уи Вениамин ихьӡитәит.

Иаҳгәалаҳаршәароуп Иаков 12-ҩык иԥацәа рыхьӡқәа, избанзар урҭ ирхылҵит израил жәлар зегьы. Убас егьыҟоуп, 12 израилтә биԥара Иаков иԥацәа 10-ҩыки Иосиф иҩԥацәеи рыхьӡ рхыуп. Исаак акраамҭа дынхон Иаков аԥацәа анихша ашьҭахьгьы, насыԥ имазаргьы акәхарын абас ирацәаны амоҭацәа ахьимаз. Аха, уааи, ҳахәаԥшып, имоҭа Дина илыхьыз.

Аҟазаара 29:32—35; 30:1—26; 35:16—19; 37:35.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра