АЖӘАБЖЬ 39
Ишәҭыз Аарон илабашьа
УРЫХӘАԤШИ ицәырҵыз ашәҭқәа, акакан иеиԥшшәа алабашьа иҿалаз ашәыргьы. Ари Аарон илабашьа ауп. Уахыкала урҭ Аарон илабашьа аҟны иаацәырҵит. Уааи, уи зыҟалаз еилаҳкаап.
Израилаа ацәҳәыраҿы иҟьалан иқәижьҭеи, абар, уажәшьҭа акыр ҵуеит. Урҭ рахьынтә џьоукгьы ргәы иаанагоит, Моисеи ԥызас дыҟамзароуп, Ааронгьы-ԥшьаҩыс ҳәа. Ус ихәыцуеит Кореи, Дафан, Авирон, насгьы 250-ҩык ажәлар рхагылацәа. Арҭ ауаа зегь Моисеи иахь иаауеит, ргәаԥсахгьы ԥжәоит: ‘Ҳара ҳаасҭа,— егьырҭ ауаа раасҭа — шәхы зышьҭышәхуазеи?’
Моисеи Кореи илахәызи иареи ирыдиҵеит: ‘Уаҵәы ишьҭышәх арафы зҭарҭәо амаҭәарқәа, уаҟагьы арафы хышәҵа. Нас Иегова ихьӡ зхыу, иеиҭарго ашьаԥахь шәнеи. Иаабап, Иегова иалихуа дызусҭоу’.
Адырҩаҽны Кореии уи илахәыз 250-ҩыки ашьаԥахь инеиуеит. Урҭ ирыцны иара идгылақәоу егьырҭ ауаагьы рацәаны иаауеит. Иегова даара дгәаауеит. ‘Шәырԥырҵ арҭ ауаа хәымгақәа рқьалақәа,— рыдиҵоит Моисеи.— Иртәугьы акы шәакьымсын’. Ажәлар уи изыӡырҩуеит, Кореии, Дафани, Авирони, ршьаԥақәагьы ирԥырҵуеит.
Нас Моисеи ирылеиҳәоит: ‘Абар дызлажәдыруа Анцәа иалихыз. Адгьыл рыҵабгоит, иагьынҵәоит арҭ ауаа хәымгақәа’.
Иара убри аминуҭ азы адгьыл нарыҵабгоит. Кореи иқьалеи имазара зегьи, иара убас Дафан, Авирон, урҭ ирылахәқәази уа илҭабгеит, нас адгьылгьы еималеит. Ажәлар адгьыл иҭабгоз рыҵәаабжьы анраҳа, урҭ даара ишәоит: ‘Ҳаҩп! Мамзар ҳаргьы адгьыл ҳалбаанадоит’.
Кореи илахәыз 250-ҩыки иареи макьана ашьаԥа иадгылоуп. Усҟан Иегова амца ааишьҭуеит, урҭ зегьы ҭахоит. Ашьҭахь Иегова Аарон иҷкәын Елеазар идиҵоит, иҭахақәаз ауаа ррафы зҭарҵо ргарц, уи иалхны акәырбан нагарҭа ахыбгьы ҟарҵарц. Ари ахыб израилаа иргәаланаршәар ахәҭан, Аарон иҷкәынцәеи иареи рыда, Иегова ԥшьаҩцәас изыҟалара аӡәгьы азин шимамыз.
Аха Иегова ахааназ еилкка идирбарц иҭахыуп, Аарон иҷкәынцәеи иареи шракәу ԥшьаҩцәас иалихыз. Убри азы уи Моисеи идиҵоит: ‘Израил абиԥарақәа зегьы иреиҳабацәоу рлабашьақәа ааргааит. Леви абиԥара аҟынтә илабашьа ааигааит Аарон. Нас арҭ алабашьақәа Анцәа ихьӡ зхыу ашьаԥаҿы ишьҭаҵа, ауасиаҭ аковчег аԥхьа. Сара ԥшьаҩыс иалсхыз илабашьагьы шәҭуеит’.
Ашьыжьымҭан Моисеи дааит ибарц — абар, Аарон илабашьа шәҭит, ашәыргьы ҿалеит! Уажәшьҭа уара еилукаама, Иегова Аарон илабашьа шәҭыртә изыҟаиҵаз?
Ахыԥхьаӡарақәа 16:1—49; 17:1—11; 26:10.