Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 40
  • Моисеи ацаҟьа дасуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Моисеи ацаҟьа дасуеит
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иисус Навин ажәлар драԥызаны дҟалоит
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Захь ирхада уара ублақәа?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • 12-ҩык аԥшыхәыҩцәа
    Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Израильаа ражәа иахыԥеит
    Учимся на примерах из Библии
Шәахәаԥш еиҳаны
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 40

АЖӘАБЖЬ 40

Моисеи ацаҟьа дасуеит

ИҴИТ 10 шықәса, 20 шықәса, 30 шықәса, 39 шықәса. Израилаа уажәыгь ацәҳәыраҿы иҟьаланы иқәуп. Аха арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Иегова иуаажәлар дреиҷаҳауеит. Урҭ маннала ирчоит. Ҽынла уи анаҟә шьаҟа ала игон, уахынла — амцатә ала. Абарҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟала урҭ рымаҭәақәа хомызт, ршьапқәагьы цәҟьомызт.

Абар иалагеит 40-тәи ашықәс, раԥхьатәи амза, Мсыр иалҵиижьҭеи. Израилаа рлагер еиҭах Кадес еиҩыршоит. 40 шықәса раԥхьаҟа Ханаантәи адгьылахь 12-ҩык аԥшыхәҩцәа иахьынтәацаз аҭыԥ ауп ари. Кадес Моисеи иаҳәшьа Мариам дыԥсуеит. Еиҭах ара арыцҳара ҟалоит.

Ажәлар аӡы рзыԥшаауам. Урҭ Моисеи изашшуеит: ‘Ҳаԥсыр еиҳа еиӷьын. Мсыр ҳалганы абри ихлымӡаахыу, акгьы ахьыҟамло адгьылахь ҳзааугеи? Араҟа ачарыц ыҟам, алаҳа, ажь, амыҵмыџь. Аӡыржәтәҵәҟьагьы ыҟам’.

Моисеии Аарони Анцәа иҳәарц, ихьӡ зхыу ашьаԥахь ианааи, Иегова Моисеи иеиҳәоит: ‘Ажәлар зегьы еизга. Зегьы ишырбо ари ацаҟьа ухы назырха. Усҟан уи аҟнытә ауааи арахәи ирызхаша аӡы леиуеит’.

Моисеи ажәлар еидкыланы иреиҳәоит: ‘Шәӡырҩы, шәара Анцәа дхазымҵо! Аарони сареи ҳаума ари ацаҟьа аӡы алганы шәыҭара злымшо?’ Уи ашьҭахь уи ҩынтә лабашьала ацаҟьа дасуеит, уаантәгьы аӡы аҽыр-ҽырҳәа аҿаанахоит. Аӡы рызхоит ауаа зегьи арахәи.

Аха Иегова Моисеии Аарони дрызгәааит. Иудыруама избан? Избанзар Моисеии Аарони ацаҟьа аӡы дара иалырхызшәа рҳәеит. Аха уи Иегова иоуп иҟазҵаҵәҟьаз. Моисеии Аарони аиаша ахьырымҳәаз азы, Иегова урҭ ақәнага ишақәиршәоз атәы иҳәеит. ‘Сыжәлар Ханаанҟа ишәызнагом’,— иҳәеит уи.

Дук хара имгакәа Израилаа Кадес аҟынтә ицоит. Ор ашьхахьгьы ихалоит. Араҟа, уи ақәцәаҿы, дыԥсуеит Аарон. Уи 123 шықәса ихыҵуан. Израилаа даара иџьабоит: 30 мшы Аарон дырҵәыуоит. Уи ашьҭахь Израил ԥхьаԥшьаҩыс уи иҷкәын Елеазар дҟалоит.

Ахыԥхьаӡарақәа 20:1—13, 22—29; Ҩынтәзакәан 29:5.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра