Захь ирхада уара ублақәа?
«Жәҩан иҟоу уахь, Уара уахь сыблақәа шьҭысхуеит» (АԤСАЛОМ 122:1 [123:1, АдҾ]).
1, 2. Иаанагозеи ҳаблақәа Иегова иахь рырхара?
ҲАРА ихьанҭоу аамҭақәа раан ҳанхоит (2 Тимофеи иахь 3:1). Иегова ицәгьоу ари адунеи ықәихаанӡа, насгьы адгьыл аҿы ииашаҵәҟьоу аҭынчра шьақәиргылаанӡа аԥсҭазаара еиҳагьы еицәахоит. Убри аҟынтә ҳара ҳхы ҳазҵаар ауп: «Сзықәгәыӷуада сара ацхыраареи анапхгареи санрышьҭо?» Ҳәарада, аҭак «Иегова» ҳәа иҟаҳҵоит, уи зегь иреиӷьу ҭакуп.
2 Иаанагозеи Иегова иахь ҳаблақәа рырхара? Насгьы игәаҳҭар шԥаҳалшо ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо иара иахь ҳаблақәа рырхара ҳшаҟәымҵуа? Ажәытәан Абиблиа зыҩуаз аӡәы иҳәеит ацхыраара ҳаназгәаҟуа ҳаблақәа Иегова иахь рырхара даара ишхадоу. (Шәаԥхьа Аԥсалом 122:1—4 [123:1—4, АдҾ].) Иара иҳәеит ҳаблақәа Иегова иахь ианҳархо зыбла ҭырхаха зыԥшәма инапы ианԥшыло атәы ҳашиеиԥшу. Уи ишԥа? Атәы иԥшәма инапы данԥшылоит афатәи ахьчареи иоурц азы. Аха убри аамҭазгьы иара еснагь иԥшәма дихәаԥшуеит уи дыззыԥшу, насгьы иҟаиҵаша еиликаарц азы. Убас еиԥш ҳаргьы Иегова ииҭаху еилаҳкааларц, анаҩс уи наҳагӡаларц азы есыҽны Анцәа Иажәа инҭырҳәыцааны иҭаҳҵаалар ауп. Усҟан ацхыраара анаҳҭаххо Иегова дышҳацхраауа агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит (Ефесаа рахь 5:17).
3. Иаҳԥырхагахар алшозеи Иегова инапхгара аԥшаара?
3 Ҳара иаҳдыруеит еснагь Иегова инапхгара ҳашьҭазар шҳахәҭоу, аха зны-зынла уи ҳхашҭлар алшоит. Убас лыхьит Иисус иҩыза гәакьа Марфа. Лара «хьаас илыман Уи афатә-ажәтә ду ахьизлырхиашаз» (Лука 10:40—42). Азиашара аазырԥшуаз Марфа Иисус лыҩны дшыҟаз абас лыхьзар, ҳаргьы убас ҳахьыр шалшо џьаҳамшьозар ауп. Иаҳԥырхагахар алшозеи еснагь Иегова инапхгара аԥшаара? Ари астатиаҿы еилҳаргоит егьырҭ рыгхақәа ҳнырыр шауа, насгьы еснагь ҳалаԥш Иегова иқәкзарц азы иҟаҳҵар ҳалшо.
АЗИАШАРА ААЗЫРԤШУАЗ АУАҨЫ АҲАМҬА ИЦӘЫӠИТ
4. Избан Моисеи Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира алшара ахьицәыӡыз уамашәа иаҳбар залшо?
4 Моисеи, ҳәарада, Иегова иҿы анапхгара дашьҭан. Абиблиаҿы иануп иара «аӡәгьы Ибарҭамыз дибозшәа иныруан, дагьарӷәӷәон» ҳәа. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:24—27.) Иара убас уа иануп: «Израиль ахаан дыҟамызт Моисеи иеиԥш ԥааимбарк, абас Иегова ибзианы иидыруаз» (Ҩынтәзакәан 34:10). Моисеи Иегова иҩыза гәакьа шиакәызгьы, Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира алшара ицәыӡит (Ахыԥхьаӡарақәа 20:12). Иарбан гхоу иара иҟаиҵаз?
5—7. Иҟалазеи израильаа Мысра анаанрыжь дук мырҵыкәа, насгьы иҟаиҵазеи Моисеи?
5 Израильаа Мысра анаанрыжь ашьҭахь ацәҳәыра Синаи инеиаанӡа ҩымзгьы мҵӡацызт даара ишәарҭаз ак аныҟалаз. Аӡы ахьыҟамыз азы ажәлар ашшра иалагеит. Дара Моисеи иахь агәынамӡара аадырԥшуан, насгьы убриаҟара рыԥсахы еибакит, Моисеи дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Иегова иеиҳәеит: «Ирзызурызеи сара ари ажәлар? Хәыҷык ауп ирыгу ахаҳә сгәыдҵаны сыршьырц азы» (Ақәҵымҭа 17:4). Иегова Моисеи ииҭеит еилыкка иҟаз адҵа. Иегова иеиҳәеит Моисеи илабала Хорив аҿы ацаҟьа дасырц. Абиблиаҿы иануп: «Моисеи Израиль аиҳабацәа ишырбоз убасҵәҟьа ҟаиҵеит». Усҟан аӡы ацара иалагеит, убри аҟынтә израильаа иржәшаз аӡы рацәаны ироуит, убас ала ауадаҩра ӡбахеит (Ақәҵымҭа 17:5, 6).
6 Абиблиаҿы иануп Моисеи уи аҭыԥ Масса ахьӡиҵеит ҳәа, уи иаанагон «аԥышәара», иара убас Мерива, уи иаанагон «ажәеимакра». Избан? «Избанзар Израиль аԥацәа ажәа еимаркуан, насгьы Иегова дԥыршәон, абас ҳәауа: „Дыҟоума Иегова ҳабжьара, мамзаргьы дыҟаму?“» (Ақәҵымҭа 17:7).
7 Иахиҳәаазеи Иегова Мерива иҟалаз ахҭыс? Иара иԥхьаӡеит израильаа Моисеи иакәымкәа, Иегова ихаҭа иоуп изҿагылаз ҳәа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 94:8, 9 [95:8, 9, АдҾ].) Израильаа иҟарҵаз даара ииашамызт. Аха Моисеи иҟаиҵаз иашан. Иара Иегова инапхгара дашьҭан, насгьы уи дықәныҟәеит.
8. Иҟалазеи ацәҳәыраҿы израильаа рымҩа ахыркәшамҭаз?
8 Иҟалазеи 40 шықәса рышьҭахь? Израильаа ацәҳәыраҿы рымҩа ахыркәшара иаҿын. Дара Кадес азааигәара инеит, Изқәыргәыӷыз адгьыл аҳәааҿы. Ари аҭыԥгьы Мерива ахьӡҵахеит.a (Шәахәаԥш албаага.) Избан? Избанзар израильаа аӡы ахьрымамыз азы дырҩегь ашшра иалагеит (Ахыԥхьаӡарақәа 20:1—5). Аха уажәы Моисеи агха ду ҟаиҵеит.
9. Иарбан мҩақәҵароу Иегова Моисеи ииҭаз, аха иҟаиҵазеи Моисеи? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
9 Иҟаиҵазеи Моисеи ауаа аҿагылара аанадырԥш? Иара еиҭа Иегова иҿы анапхгара дашьҭан. Аха уажәы Иегова Моисеи ацаҟьа дасырц иеимҳәаӡеит. Иара Моисеи алаба аашьҭыхны, ажәлар ацаҟьахь инаганы, ацаҟьахь ихы рханы дцәажәарц иеиҳәеит (Ахыԥхьаӡарақәа 20:6—8). Иҟаиҵама Моисеи убас? Мап. Иара игәы ԥжәан, ажәлар дрықәыҳәҳәеит: «Шәӡырҩы, аҿагылаҩцәа! Абри ацаҟьа аҟынтәи ҳара аӡы шәаҳҭар аума?» Анаҩс иара ацаҟьа ҩынтә дасит (Ахыԥхьаӡарақәа 20:10, 11).
Моисеи Иегова ииҭаз амҩақәҵара ҿыцқәа дырзымӡырҩит
10. Дышԥазнеи Иегова Моисеи иҟаиҵаз?
10 Иегова Моисеи даара игәы изыԥжәеит (Ҩынтәзакәан 1:37; 3:26). Избан? Иҟалап актәи амзыз Моисеи Иегова имҩақәҵара ҿыц дахьықәымныҟәаз акәзар.
11. Моисеи ацаҟьа данас, избан израильаа Иегова аџьашьахәы ҟаимҵаӡеит ҳәа ргәы иаанагар залшоз?
11 Иҟалап Иегова игәы зыԥжәаз даҽа мзызкгьы ыҟазҭгьы. Актәи Мериваҿы ацаҟьа дуқәа икьакьоу ашьхахаҳәқәоуп. Ауаҩы шаҟа даслакгьы, уантәи аӡы аауеит ҳәа дгәыӷуам. Аха аҩбатәи Мериваҿы ацаҟьақәа даҽакала иҟоуп. Реиҳарак кьырхаҳәқәоуп. Акьырхаҳә уиаҟара икьакьаӡам аҟынтә, аӡы ыҵыҵуеит. Убри аҟынтә ауаа ацаҟьаҿы акылҵәара ҟаҵаны аӡы рышьҭыр рылшоит. Ус анакәха, Моисеи ацаҟьа аҿаԥхьа ацәажәара аҭыԥан данас, иалшозма израильаа Иегова аџьашьахәы ҟаиҵеит ҳәа акәымкәа, уи ахала иҟалеит ҳәа ргәы иаанагар?b (Шәахәаԥш албаага.) Уи шьақәырӷәӷәаны иҳазҳәом.
МОИСЕИ АНЦӘА ДШИҾАГЫЛАЗ
12. Иарбан мзызу еиҭа иҟазар алшоз Иегова Моисеии Аарони игәы зырзыԥжәаз?
12 Иегова Моисеии Аарони игәы зырзыԥжәаз даҽа мзызкгьы ыҟазар ауан. Моисеи ажәлар иреиҳәеит: «Абри ацаҟьа аҟынтәи ҳара аӡы шәаҳҭар аума?» Моисеи «ҳара» аниҳәоз, иҟалап зыӡбахә иҳәоз Аарони иареи ракәызҭгьы. Моисеи ииҳәаз зынӡа патуқәҵарамызт, избанзар иара уи аџьашьахәы азы Иегова дзыԥсаз аҳаҭыр иимҭеит. Аԥсалом 105:32, 33 (106:32, 33, АдҾ) аҿы иҳәоуп: «Анцәа ддыргәааит урҭ Мерива аӡы ахықәангьы, дара ирыхҟьангьы Моисеи иқәшәеит. Избанзар, Моисеи игәы ндырхеит урҭ, иаргьы агәнаҳа иамхаҳәеит»c. (Шәахәаԥш албаага.) (Ахыԥхьаӡарақәа 27:14). Моисеи Иегова дзыԥсаз ахьӡ-аԥша иимҭеит. Иегова Моисеии Аарони иреиҳәеит: «Шәара иҟасҵаз адҵа шәаҿагылеит» (Ахыԥхьаӡарақәа 20:24). Ари даара гәнаҳа ӷәӷәан!
13. Избан Иегова Моисеи дахьахьирхәыз зиашаз?
13 Иегова Моисеии Аарони рҟынтә дыззыԥшыз рацәан, избанзар дара ижәлар ирхагылан (Лука 12:48). Уаанӡа Иегова иҿагылаз Израиль ахылҵшьҭра зегьы Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира алшара рымихит (Ахыԥхьаӡарақәа 14:26—30, 34). Убри аҟынтә Моисеи аҿагылара анааирԥш, Иегова уигьы убас дахьахьирхәыз иашан. Аҿагылара аазырԥшыз егьырҭ реиԥш, Иегова Моисеи Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь анеира алшара имихит.
АУАДАҨРА ЗЫХҞЬАЗ
14, 15. Избан Моисеи Иегова дзиҿагылаз?
14 Избан Моисеи Иегова дзиҿагылаз? Шәахәаԥш еиҭа Аԥсалом 105:32, 33 (106:32, 33, АдҾ) аҿы иҳәоу: «Анцәа ддыргәааит урҭ Мерива аӡы ахықәангьы, дара ирыхҟьангьы Моисеи иқәшәеит. Избанзар, Моисеи игәы ндырхеит урҭ, иаргьы агәнаҳа иамхаҳәеит». Израильаа Иегова иоуп изҿагылаз, аха згәы ԥжәаз Моисеи иоуп. Иара аҽынкылара ааимырԥшӡеит, насгьы ииҳәаз зыхҟьаз анаҩс иҟалар алшоз дахьазымхәыцыз ауп.
15 Моисеи Иегова инапхгара аԥшаара даҟәыҵит, избанзар егьырҭ рхымҩаԥгашьа дшьақәнарҟьартә алиршеит. Раԥхьа ажәлар аӡы азы ашшра ианалага, Моисеи зегь иашаны иҟаиҵеит (Ақәҵымҭа 7:6). Аха иҟалап уи дааԥсазар, избанзар израильаа акыршықәса аҿагылара аадырԥшуан. Иҟалап Моисеи уажәы дзызхәыцуаз ицәаныррақәа ракәызҭгьы, Иегова ахьӡ-аԥша шиҭатәу акәымкәа.
Ҳара ҳаблақәа еснагь Иегова иахь ирхазар ауп, насгьы еснагь ҳаизыӡырҩлар ауп
16. Избан ҳара Моисеи иҟаиҵаз ҳзазхәыцлар ҳахәҭоу?
16 Азиашара аазырԥшуаз аԥааимбар Моисеи акы дшьақәнаҟьазар, насгьы агәнаҳа ҟаиҵазар, ҳаргьы ус ҳахьыр ауеит. Моисеи Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь днеирц маҷк ауп изынхаз, ҳаргьы адунеи ҿыц ашәхымс ҳалагылоуп (2 Пиотр 3:13, АдҾ). Ҳәарада, ҳара уи алшара ҳцәыӡырц ҳҭахӡам. Аха адунеи ҿыц ахь ҳнеирц азы ҳаблақәа еснагь Иегова иахь ирхазар ауп, насгьы еснагь ҳаизыӡырҩлар ауп (1 Иоанн 2:17). Хәарҭас иалҳхыр ҳалшозеи Моисеи игха?
ЕГЬЫРҬ РХЫМҨАԤГАШЬА ШӘШЬАҚӘНАРҞЬАРТӘ АЛШӘМЫРШАН
17. Ишԥаҳалшо ҳгәы анԥыржәо аҽынкылара аарԥшра?
17 Егьырҭ шәгәы анԥыржәо аҽынкылара аашәырԥшла. Зны-зынла ҳара уадаҩрак зныкымкәа ҳақәшәоит. Аха Абиблиаҿы иануп: «Абзиара аҟаҵара гәырҩа ҳзацмыз; аамҭа анааилакь, ҳамчыдамхар, ҳҽаҩра ҭаҳгалоит» (Галаҭаа рахь 6:9; 2 Фессалоникаа рахь 3:13). Ҭагылазаашьақәак, мамзаргьы шьоукы ҳгәы ԥыржәозар, ҳхәыцуама ҳара ак ҳҳәаанӡа? Иааҳарԥшуама аҽынкылара? (Ажәамаанақәа 10:19; 17:27; Матфеи 5:22). Егьырҭ ҳгәы ԥыржәарц ианашьҭоу, ҳаԥсахеибакра Анцәа имаҳдароуп, даҽакала иуҳәозар, аус Анцәа изынҳажьроуп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:17—21.) Иаанагозеи уи? Агәыԥжәара аҭыԥан, ачҳара аарԥшны Иегова ҳауадаҩра иазалихыз аамҭазы ианиӡбо ҳазыԥшуп. Иегова изыԥшра аҭыԥан, ҳшьа ҳуазар, ҳара Иегова иахь апатуқәҵара ааҳарԥшуам.
18. Иаҳгәалашәалар ҳахәҭоузеи амҩақәҵара ҿыцқәа рганахь ала?
18 Иҿыцу амҩақәҵарақәа еснагь шәрықәныҟәала. Ҳрықәныҟәома ҳара азиашара аарԥшуа Иегова иҳаиҭо амҩақәҵара ҿыцқәа? Ҳара уаанӡа ҳшашьцылахьаз еиԥш ак аҟаҵара ҳахәҭам. Иегова иорганизациа ала амҩақәҵара ҿыц шааҳауз иаразнак ҳақәныҟәароуп (Ауриацәа рахь 13:17). Иара убас ҳацклаԥшлароуп «аҩыра иану иаԥганы», иаҭахым ҟаҳамҵаларц азы (1 Коринфаа рахь 4:6). Ҳара еснагь Иегова имҩақәҵарақәа ҳанрықәныҟәо, уи иаанагоит ҳаблақәа иара иахь ишырхо.
Иаҳҵозеи ҳара Моисеи егьырҭ рыгхақәа дшырзыҟаз аҟынтә? (Шәахәаԥш абзац 19.)
19. Ишԥаҳалшо егьырҭ рыгхақәа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьырхыртә алҳмыршар?
19 Егьырҭ рыгхақәа Иеговеи шәареи шәеиҩызара бжьырхыртә алшәмыршалан. Иегова иҿы анапхгара еснагь ҳашьҭазар, иареи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәазаауеит, насгьы егьырҭ иҟарҵо ҳгәы ԥнажәартә алҳаршом. Еиҳарак уи хадоуп ҳаргьы, Моисеи иеиԥш, Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра ҳамазар. Ҳәарада, аиқәхара ҳаурц азы ҳара зегьы аџьабаа ҳбалар, насгьы Иегова ҳаизыӡырҩлар ауп (Филиппаа рахь 2:12). Шаҟа аҭакԥхықәра ҳаду аҟара, Иегова ҳара ҳҟынтә еиҳаны дазыԥшуп (Лука 12:48). Аха ҳара ииашаҵәҟьаны Иегова бзиа даҳбозар акгьы ҳшьақәнарҟьом, насгьы ибзиабара ҳамнахуам (Аԥсалом 118:165 [119:165, АдҾ]; Римаа рахь 8:37—39).
20. Ҳзызхиазар акәзеи ҳара?
20 Ҳара ҳанхоит даара ицәгьоу аамҭақәа раан. Убри аҟынтә жәҩан иҟоу Иегова иахь ҳаблақәа ҳархалар ауп, ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу еилаҳкааларц азы. Ҳара егьырҭ рыгхақәа Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара бжьырхыртә алҳмыршалар ауп. Моисеи ихьыз уи ҳнарҵоит. Егьырҭ агхақәа аныҟарҵо мыцхәы агәыԥжәара аарԥшра аҭыԥан, шәааи Анцәа иразра ҳауаанӡа ҳаблақәа иара иахь иҳархалап (Аԥсалом 122:1, 2 [123:1, 2, АдҾ]).
a Мерива захьӡыз ари аҭыԥ Рефидим азааигәара иҟаз Масса ҳәа зырҳәоз Мерива акәмызт. Аха аҩ-ҭыԥк Мерива рыхьӡын, избанзар уа израильаа ажәа еимаркуан, мамзаргьы иашшуан. (Шәахәаԥш аброшиура «Слово Бога в картах и схемах», ахсаала 7.)
b Библиаҭҵааҩык ишиҳәо ала, ауриатә ҳәамҭак инақәыршәаны аҿагылаҩцәа ашшуан аџьашьахәы ыҟамызт ҳәа, избанзар ргәы иаанагон Моисеи ари ацаҟьаҿы аӡы шыҟаз идыруан ҳәа. Убри аҟынтә дара ирҭахын аџьашьахәы егьи ацаҟьаҿы иҟаҵазарц. Ҳәарада, ари баша ҳәамҭоуп.
c Шәахәаԥш ианвар 1, 1989 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Сторожевая башня» аҿы «Вопросы читателей».